КОРИНФАА РАХЬ АҨБАТӘИ АСАЛАМШӘҞӘЫ
1 Анцәа иҭахны, Христос Иисус иапостолс иалху сара, Павели, ҳашьа Тимофеии ҳҟынтә Кори́нф иҟоу Анцәа иеизарахь, иара убас Аха́иа инхо иԥшьоу зегь рахь асаламшәҟәы сыҩуеит.
2 Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳарҭо аҭынчреи шәыгымзааит.
3 Аҽхәаԥхьыӡ игымзааит Иҳақәиҭу Иисус Христос Инцәеи Иаби, арыцҳашьара Аби агәырҭынчра Анцәеи. 4 Иара ҳауадаҩрақәа зегь рҿы ҳгәы ирҭынчуеит, ҳаргьы егьырҭ зықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы ргәы арҭынчра ҳалшарц азы, Анцәа ҳара ҳгәы злаирҭынчуа ала даргьы ргәы ҳарҭынчырц азы. 5 Ҳара Христос изы иаҳхаҳго рацәоуп, аха Христос ибзоурала имаҷымкәа агәҭынчрагьы ҳауеит. 6 Ҳара арыцҳарақәа ҳрықәшәозар, шәара агәҭынчреи аиқәхареи шәоурц азоуп. Ҳара ҳгәы дырҭынчуазар, шәаргьы агәҭынчра шәоуеит, ҳара ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рҩызцәа ачҳара аарԥшны ишәхыжәгарц азы. 7 Ҳара лакҩакрак ҟамҵаӡакәа ҳшәықәгәыӷуеит, избанзар иаҳдыруеит ҳгәаҟрақәа ҳацеиҩышәшозар, иҳауа агәҭынчрагьы шшәоуа.
8 Ҳашьцәа, ижәдыруазар ҳҭахуп Азиа* ҳаныҟаз иаҳхаҳгаз. Ҳара ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәеит. Ҳҭагылазаашьа даараӡа ицәгьан, уи зегь ҳамчала иаҳзыхгарымызт, иара ҳаԥсы ҭаны ҳаанхоугьы ҳаздыруамызт. 9 Ашьра ҳақәырҵазшәа ҳхы ҳбон. Уи зегь зыҟалаз ҳхы акәымкәа, аԥсцәа рыԥсы ҭазҵо Анцәа ҳиқәгәыӷларц азоуп. 10 Иара злакҭа ҳҭаԥшуаз аԥсра ҳацәихьчеит, агәра ганы ҳаҟоуп анаҩсгьы ҳшихьчало. 11 Шәаргьы шәҳацхраар шәылшоит, шәӷьаҵәыӷьаҵәуа ҳара ҳзы Анцәа шәиҳәалар, избанзар ҳара ҳзы Анцәа иҳәо рацәаҩхар, Анцәа урҭ рыҳәарақәа иаҳауеит, дагьҳацхраауеит. Усҟан уи азы ҭабуп ҳәа иазҳәо рацәаҩхоит.
12 Ҳара ламысцқьала абас ҳҳәар ҳалшоит, уи ҳагьалаҽхәоит: ари адунеи иатәу ауаа рыбжьара ҳхымҩаԥгашьа цқьоуп, аха еиҳарак шәара шәыбжьара; Анцәа ишаҳирҵо еиԥш гәык-ԥсыкала ҳаҟоуп, ауаа рҟәыӷара ҳақәгәыӷӡом, ҳзықәгәыӷуа Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ауп. 13 Ишәзаҳаҩуа шәзыԥхьар, насгьы еилышәкаар шәылшо* ауп. Сгәыӷуеит уи аҵыхәтәанынӡа аилкаара шәылшап ҳәа. 14 Шәара шәҟынтә шьоукы еилыркаахьеит шәҳалаҽхәалар шшәылшо, Иисус имш аҽны ҳаргьы ҳшәылаҽхәалар шҳалшо еиԥш.
15 Уи ус шакәу агәра гаҵәҟьаны сыҟан азы, аҩынтә раан шәара шәахь снеир сҭахын, еиҭах шәгәырӷьарц азы*. 16 Македониаҟа санаауаз шәара шәахь снеир сҭахын, Македониантәи схынҳәраны саныҟазгьы снеир сҭахын, нас Иудеиаҟа маҷк снаскьажәгарц. 17 Шәгәы ишԥаанаго, уи цқьа сазымхәыцӡакәа аума ишысыӡбаз? Ӡбарак ансыдыскыло, зны «ааи» ҳәаны, нас «мап» сҳәома, ауаа абжьааԥны ишыҟарҵо еиԥш? 18 Анцәа уиқәгәыӷыртә дшыҟоу еиԥш, ҳаргьы иаҳҳәо уақәгәыӷыртә иҟоуп, «ааи» ҳәаны, нас «мап» ҳҳәаӡом. 19 Силуа́ни, Тимофеии, сареи зыӡбахә шәзеиҭаҳҳәоз Анцәа Иԥа Иисус Христос «ааи» ҳәаны, нас «мап» имҳәаӡеит. Иара «ааи» ҳәа ииҳәо еснагь «ааи» ауп. 20 Анцәа иқәыргәыӷрақәагьы зегьы Иисус ила «ааи» акәхеит, убри азоуп Анцәа ҳаниҳәо, иара ила «амин» заҳҳәо, Анцәа ахьӡ-аԥша иаҳҭарц азы. 21 Анцәа иоуп агәра ҳзырго шәаргьы ҳаргьы Христос ҳшитәу, ҳалызхызгьы* иара иоуп. 22 Иара амҳәыргьы ҳааирхеит, насгьы ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу шыҟалаҵәҟьо шьақәзырӷәӷәо адырга еиԥш ҳгәы адоуҳа ҭеиҵеит.
23 Абыржәраанӡа Кори́нфҟа сзымнеиц шәахьрыцҳасшьоз азоуп, уи Анцәа ибоит. 24 Шәхаҵара ҳаԥшәымоуп ҳәа акәӡам исҳәарц исҭаху, шәареи ҳареи аус еицаҳамуеи, уи шәара агәырӷьара шәзаанагоит. Шәара шәыӷәӷәаны шәызлагылоу шәхаҵара абзоуралоуп.
2 Сара исыӡбеит даҽазны шәара шәахь саннеиуа шәгәы шәысмырхьырц. 2 Шәгәы шәсырхьыр, сара сзыргәырӷьода? Згәы зсырхьыз роума? 3 Ишәзысҩыз зысҩыз шәара шәахь саннеиуа сгәы смыхькәа, сгәырӷьарц азоуп. Агәра ганы сыҟоуп сара сзыргәырӷьо шәаргьы шәшаргәырӷьо. 4 Сара даараӡа сгәаҟуан, сгәы хьанҭаӡа, слаӷырӡышо ишәзысыҩуан, аха шәгәы шәсырхьырц азы акәӡам, шаҟа иӷәӷәаны бзиа шәызбо жәдыруазарц азоуп.
5 Аӡәы ихҟьаны гәхьаак цәырҵзар, уи сара сакәӡам згәы зирхьыз, шәара зегь шәгәы шәирхьит ҳҳәар ҳалшоит. Аха уи мыцхәы салацәажәар сҭахӡам. 6 Ус еиԥш иҟоу ауаҩы еиҳараҩык ахьиқәыӡбаз азхоит. 7 Уажәшьҭа еиӷьуп гәык-ԥсыкала ианашәыжьыр, игәы шәырҭынчыр, мыцхәы игәхьаа иҽеимҭарц азы. 8 Убри аҟынтә акы иеиԥшымкәа сшәыҳәоит: бзиа дшыжәбо агәра ишәырга. 9 Исыҩуа зысыҩуа даҽакгьы ыҟоуп: исҭахын аҳәатәхаҵара еснагь иаашәырԥшуоу-иаашәмырԥшуоу еилыскаарц. 10 Аӡәы игха ианашәыжьуазар, саргьы ианасыжьуеит. Аӡәы ианасыжьыз зегьы, ус ак ыҟазҭгьы, Христос дшаҳаҭуп, шәаҳаҭыразы ауп изианасыжьыз, 11 Аҩсҭаа ҳимжьарц азы. Ҳара уи ихы иаирхәо ашьацҳәақәа ҳдыруеит.
12 Христос изку ажәабжь бзиа аҳәаразы Троа́даҟа саннеи, насгьы Иҳақәиҭу изы аџьабаа абаразы алшара анысзаат, 13 сашьа Тит данысымба, агәҭынчымра сызцәырҵит. Убри аҟынтә аҵаҩцәа абзиараз ҳәа расҳәан, Македониаҟа сдәықәлеит.
14 Ҳара Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Иара Христоси ҳареи аибашьраҿы аиааира ганы ихынҳәуа реиԥш ҳиманы дцоит, насгьы иара изку афҩы хаа змоу адыррақәа ҳара ҳала ауаа зехьынџьара ирылаирҵәоит! 15 Ҳара — Христос изку ажәабжь зҳәо — Анцәа изы илаҳалаҳауа фҩуп, уи афҩы еиқәхо рҟынӡагьы, иҭахо рҟынӡагьы инаӡоит. 16 Аҵыхәтәантәиқәа рзы уи аԥсрахьы иназго аԥсра афҩы ауп. Актәиқәа рзы акәзар, уи аԥсҭазаарахь иназго аԥсҭазаара афҩы ауп. Иақәнагоу ҳәа иҟада ари аҩыза амаҵзура? 17 Ҳара ҳауп, избанзар ҳара Анцәа иажәа ҳалахәаахәҭӡом, аӡәырҩы ишыҟарҵо еиԥш. Ҳара Анцәа иааишьҭыз реиԥш, Анцәа иҿаԥхьа Христос ишьҭанеиуа реиԥш, иаҳҳәо гәык-ԥсыкала иаҳҳәоит.
3 Шәареи ҳареи ҿыц ҳаибадырыр аума? Мамзаргьы шьоукы ишырзыҟарҵо еиԥш ҳахьӡ бзианы изҳәо асаламшәҟәқәа шәзыҩтәума? Мамзаргьы шәара урҭ рҩызцәа асаламшәҟәқәа ҳзышәҩыр аума? 2 Шәара шәхаҭақәа ҳагәқәа ирну, зегь ирдыруа, зегь зыԥхьо ҳасаламшәҟәы шәоуп. 3 Зегьы ирбоит шәара ҳара — Анцәа имаҵуцәа — иаҳҩыз Христос исаламшәҟәы шшәакәу. Уи аҩыга ала акәӡам ишҩу, зыԥсы ҭоу Анцәа идоуҳала ауп, иахьҩугьы ахаҳә ҟьаԥсқәа рҿы акәӡам, агәқәа рҿоуп.
4 Ҳара уи Анцәа иҿаԥхьа Христос ибзоурала агәра гаҵәҟьаны иаҳҳәар ҳалшоит. 5 Уи аус ҳхала анагӡара ҳалшоит ҳәа ҳҳәаӡом, Анцәа иоуп иҳацхраауа. 6 Иара ибзоуралоуп аиқәшаҳаҭра ҿыц маҵзуҩцәаны ҳазлаҟоу. Ҳара иҩу азакәан амаҵзуҩцәа ҳакәӡам, адоуҳа амаҵзуҩцәа ҳауп. Иҩу азакәан аԥсра уқәнаҵоит, адоуҳа акәзар, аԥсҭазаара унаҭоит.
7 Ахаҳә аҿы иҭаԥҟаны ианыз аԥсра уқәызҵо азакәан убриаҟара ахьӡ-аԥша аман, израильаа Моисеи изиҿамԥшуа аҟынӡа, избанзар ихы-иҿы убриаҟара илашон. Аха уи ахьӡ-аԥша ықәӡаараны иҟан. Азакәан уи аҩыза ахьӡ-аԥша амазҭгьы, 8 адоуҳа иҟанаҵо еиҳагьы ахьӡ-аԥша амазар акәӡами? 9 Ауаҩы аԥсра иқәызҵо азакәан ахьӡ-аԥша амазар, аиашарахь уназго еиҳагьы ахьӡ-аԥша амоуп! 10 Ааи, уаанӡа зны ахьӡ-аԥша змаз еиҳау ахьӡ-аԥша змоу иахҟьаны ахьӡ-аԥша ацәыӡит. 11 Иқәӡаараны иҟаз абриаҟара ахьӡ-аԥша амазҭгьы, иаанхо шаҟа ахьӡ-аԥша аиуазеи, нас!
12 Ҳара убри аҩыза агәыӷра ҳамоуп азы, ҳамшәаӡакәа ҳцәажәоит, 13 насгьы Моисеи иҟаиҵоз ҟаҳҵаӡом. Иара ихы-иҿы қәыршәла иҵәахуан, израильаа иқәӡаараны иҟаз азакәан иамаз ахьӡ-аԥша* рымбарц азы. 14 Аха урҭ рыхшыҩ аркуп, ажәытә еиқәшаҳаҭра ианаԥхьо, уи ақәыршә иахьа уажәраанӡагьы иақәымхӡакәа иаанхоит, избанзар уи ақәхра шалшо Христос ибзоуралоуп. 15 Уажәгьы Моисеи изакәан ианаԥхьо, уи ақәыршә ргәы иақәыршәуп. 16 Аха ауаҩы Иегова* иахь дхьаҳәуазар, ақәыршә ақәххоит. 17 Иегова — ддоуҳауп, Иегова идоуҳа ахьыҟоу иҟоуп ахақәиҭра. 18 Ҳара зегьы ҳхы-ҳҿы иақәыршәыз ақәыршә ақәаҳхит, насгьы асаркьа еиԥш Иегова ихьӡ-иԥша ҳнубаалоит. Ҳара Анцәа ҳиеиԥшхарц азы ҳҽаҳаԥсахуеит, еиҳа-еиҳа ихьӡ-иԥша ааҳарԥшуеит, Иегова — адоуҳа* — ишиҭахыҵәҟьоу еиԥш.
4 Анцәа ҳара ҳахь арыцҳашьара аарԥшны уи амаҵзура ҳаҭәеишьеит, убри аҟынтә ҳгәы каҳажьӡом. 2 Ҳара маӡала иҟарҵо иԥхоушьаша аусқәа мап рцәаҳкит. Амц ҳҳәаӡом, гызмалра ҳалаӡам, Анцәа иажәа еицаҳкӡом. Ҳара аҵабырг аартуа, Анцәа иҿаԥхьа ауаа зегьы идҳарбоит* ииашаны ҳхы шымҩаԥаҳго. 3 Ауаа ирылаҳҳәо ажәабжь бзиа ҵәахызаргьы*, изыҵәаху иҭахо рзоуп, 4 ахаҵара змам рзоуп. Ари адунеи* анцәа урҭ рыхшыҩ ирлашәит, зеиԥшыҟам ажәабжь бзиа алашара рықәымԥхарц азы. Уи ажәабжь Анцәа иеиԥшу Христос изкуп. 5 Ажәабжь бзиа ауаа ианрылаҳҳәо, ҳаӡбахә акәӡам иаҳҳәо. Иаҳҳәо Иисус Христос Иҳақәиҭу шиакәу, иара убас ҳара Иисус иаҳаҭыразы шәмаҵуцәа шҳакәу ауп. 6 Избанзар Христос ила Анцәа изку зеиԥшыҟам адырра-лашарала ҳагәқәа зырлашаз «алашьцара аҟынтә алашара лашааит» ҳәа зҳәаз Анцәа ихаҭа иоуп.
7 Ҳара ари ахазына анышәаԥшь иалху амаҭәарқәа ирҭаҵаны иныҟәаҳгоит, ауаҩы имч аасҭа еиҳау амч ҳара ҳакәымкәа, Анцәа ишитәу еилыкка иубарҭазарц азы. 8 Ҳара иааҳакәыршаны ԥсгаха ҳарымҭо зегь рыла иҳақәыӷәӷәоит, аха ҳакҿацалам*, иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳаҟоуп, аха ԥсыхәак ҳамам ҳәа узҳәом. 9 Иҳашьҭашәарыцоит, аха Анцәа дҳацуп, ҳаанижьӡом, ҳапҟаны ҳкарыжьуеит, аха ҳаԥсы ҭоуп. 10 Ҳахьцалакгьы, Иисус иеиԥш, еснагь аԥсра алакҭа ҳҭаԥшуеит, Иисус иԥсҭазаара ҳаргьы ишҳаԥсҭазаароу ауаа ирбарц азы. 11 Ҳаԥсы шҭоугьы, Иисус ҳахьишьҭанеиуа азы есымша аԥсра алакҭа ҳҭаԥшуеит, Иисус иԥсҭазаара ҳаргьы ишҳаԥсҭазаароу ауаа ирбарц азы. 12 Убасала, ҳара ҳаҩныҵҟа аԥсра аус ауеит, шәара шәыҩныҵҟа — аԥсҭазаара.
13 Аҩыраҿы иануп: «Сара ахаҵара сыман, убри азоуп изысҳәоз». Ҳаргьы убри аҩыза ахаҵара ҳамоуп азоуп иаҳҳәо заҳҳәо, 14 избанзар иаҳдыруеит Иисус иԥсы ҭазҵаз ҳаргьы Иисус иԥсы шҭеиҵаз еиԥш ҳаԥсы шҭеиҵо, насгьы шәареи ҳареи уи иҿаԥхьа ҳаширгыло. 15 Уи зегь шәаҳаҭыразы ауп, Анцәа гәыҭбаарала иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара еиҳагьы еиҳахарц, избанзар Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәо дҳаразкуа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иазҳауеит.
16 Убри аҟынтә ҳара ҳгәы каҳажьӡом, цәала-жьыла ҳажәуазаргьы, ҩныҵҟала есааира ҳҿыцхоит. 17 Ҳзықәшәо агәаҟрақәа ирласны ишиасуагьы, ишымариоугьы, урҭ зеиԥшыҟам ахьӡ-аԥша, наӡаӡатәи ахьӡ-аԥша, ҳзааргоит. 18 Убри аҟынтә ҳалаԥш зықәку иаҳбо акәӡам, иаҳамбо ауп, избанзар иаҳбо аамҭалатәиуп, иаҳамбо наӡаӡатәиуп.
5 Ҳара иаҳдыруеит адгьыл аҿы иҳамоу аҩны, ари ақьала, еилаҳар, Анцәа иҟынтә ишҳауа ауаҩы инапала иҟаҵам, ажәҩан аҿы иҟоу, наӡаӡатәи аҩны. 2 Адгьыл аҿы иҳамоу аҩнаҿы ҳара ҳӷызуеит, даараӡа иаҳҭахуп ажәҩан аҿы иаҳзырхиоу ҳшәаҳҵар. 3 Ианҳшәаҳҵалак, ҳахтны ҳаанхаӡом. 4 Ари ақьалаҿы ҳара ҳӷызуеит, ҳгәаҟуеит, аха уи ҳшәаҳхырц ахьаҳҭаху азы акәӡам, даҽак ҳшәаҳҵар ахьаҳҭаху азоуп, аԥсҭазаара ала ԥсра зқәу ықәгахарц азы. 5 Уи аԥсҭазаара ҳазыҟазҵаз Анцәа иоуп. Иара ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу шыҟалаҵәҟьо шьақәзырӷәӷәо адырга еиԥш адоуҳа ҳаиҭеит.
6 Ҳара уи агәра ганы ҳаҟоуп. Иара убас иаҳдыруеит ари ацәеижь ҩныс иҳаманаҵы Иҳақәиҭу ҳшицәыхароу. 7 Ҳара иаҳбо ала акәымкәа, хаҵарала ауп ҳшынхо. 8 Ҳара агәрагара шҳамац иҳамоуп, насгьы ари ацәеижь аҿы аанхара аасҭа, Иҳақәиҭу ҳицынхалар еиҳа еиӷьаҳшьоит. 9 Убри аҟынтә, иара ҳицынхозаргьы, ҳаицәыхаразаргьы, хықәкыс иҳамоу игәы аҟаҵара ауп, 10 избанзар ҳаззегьы Христос иӡбарҭаҭыԥ аҿаԥхьа ҳгылараны ҳаҟоуп, дасу ацәеижь иманы дынхонаҵы иҟаиҵоз зегь азы — абзиара аума, ацәгьара аума — иқәнагоу иоурц азы.
11 Ҳара Иҳақәиҭу ицәшәара* иаанаго ҳдыруеит азы, ауаа ираҳҳәо агәра ргартә еиԥш иаҳҳәоит. Анцәа ҳара ибзианы ҳаидыруеит. Сгәыӷуеит, шәаргьы ибзианы ҳажәдыруеит* ҳәа. 12 Ҳара еиҭах ҳазусҭцәоу шәаҳәара ҳгәы иҭаӡам, аха ҳалаҽхәара алшара шәаҳҭоит, агәаҭа акәымкәа, ауаҩы ила иабо иахыҽхәо ирашәҳәаша шәымазарц азы. 13 Ҳхы еилаԥсазар, уи Анцәа изоуп, ҳахшыҩ аҭыԥ аҿы иҟазар — шәара шәзоуп. 14 Иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо Христос ибзиабара ауп, избанзар ҳара еилаҳкааит: аӡәы зегьы рзы дыԥсит, избанзар зегь ԥсит. 15 Иара зегьы рзы дзыԥсыз, зыԥсы ҭоу уажәшьҭа рхазы акәымкәа, дара рзы иԥсыз, насгьы зыԥсы ҭалаз изы инхаларц азоуп.
16 Убри аҟынтә ҳара уажәшьҭа ауаа рхәаԥшышьала аӡәгьы ҳихәаԥшӡом. Уаанӡа ҳара Христос ус ҳихәаԥшуан, аха уажәшьҭа ус ҳихәаԥшӡом. 17 Убри аҟынтә Христос аӡәк иеиԥш ицу дшамҭа ҿыцуп. Ажәытә ииасит, аҿыц ҟалеит. 18 Аха уи зегьы Анцәа иҟынтә ауп. Иара Христос ила иареи ҳареи ҳаиниршәеит, насгьы аиныршәаратә маҵзура ҳнапы ианиҵеит. 19 Даҽакала иуҳәозар, Анцәа ауаа рус цәгьақәа рзы дырмықәыӡбаӡакәа, Христос ила адунеии иареи еинышәартә иҟаиҵоит. Иара аиныршәаратә жәабжь ҳара ҳнапы ианиҵеит.
20 Убри аҟынтә ҳара Христос иҭыԥан иҟоу цҳаражәҳәаҩцәоуп. Анцәа ҳара ҳала ауаа дрыҳәоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Христос ихьӡала аҳәара ҟаҳҵоит: «Анцәа шәинышәа». 21 Иара агәнаҳа закәу ззымдыруаз агәнаҳазы кәырбанс* дҟаиҵеит ҳаҳаҭыразы, иара ила Анцәа иҿаԥхьа ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахарц азы.
6 Анцәа аџьабаа ицызбо реиԥш, ҳара иара убас ҳшәыҳәоит: Анцәа иааирԥшуа шәзыԥсам ақьиара хықәкыс иамоу шәхашәмыршҭлан, 2 избанзар иара иҳәоит: «Аамҭа бзиа аан сара убжьы саҳаит, аиқәхара амш аҽны суцхрааит». Абыржәоуп ианыҟоу аамҭа бзиа, абыржәоуп — аиқәхара амш.
3 Ҳара аӡәы дзыхҟьашар алшо ҳәа акгьы ҟаҳҵаӡом, ҳмаҵзура ишакәым иахымцәажәаларц азы. 4 Уи аҭыԥан зегь рыла Анцәа имаҵзуҩцәа шҳакәу ааҳарԥшуеит, ачҳара аарԥшны имаҷымкәа аԥышәарақәа анҳхаҳго, ианҳхаҳго агәаҟрақәа, амамзаара, ауадаҩрақәа, 5 ҳанырыпҟо, абахҭа ҳанҭаркуа, зыԥсахы еибакны иҟоу ауаа анҳажәло, аџьабаа ӷәӷәа анаҳбо, уахынла ҳанызмыцәо, амла ҳанакуа, 6 ацқьара анаҳахьчо, иаҳдыруа инақәыршәаны ҳанынхо, ачҳара анааҳарԥшуа, ақьиара анҳалоу, иԥшьоу адоуҳа ишҳаҵанаҳәо еиԥш ҳанынхо, гәык-ԥсыкала абзиабара анааҳарԥшуа*, 7 аиаша анаҳҳәо, Анцәа имч ҳанақәгәыӷуа, ҳарӷьа напаҿи* ҳарма напаҿи* аиашара абџьар анаҳку, 8 ҳанҳараркуа, ҳахьӡ аныладырҟәуа, ҳандырџьо, ҳандырҽхәо. Ауаа ҳамцҳәаҩцәоуп ҳәа рыԥхьаӡоит, аха ҳара аиаша ҳҳәоит, 9 аӡәгьы изымдыруа шьоук реиԥш ҳрыԥхьаӡоит, аха ҳардыруеит, аԥсра иаҿу* реиԥш иҳахәаԥшуеит, аха ҳаԥсы ҭоуп, зықәнага иақәдыршәаз реиԥш иҳахәаԥшуеит, аха аԥсра аҟынӡа ҳнагам, 10 ҳалахь еиқәуп ҳәа рыԥхьаӡоит, аха ҳара еснагь ҳгәырӷьоит, иӷару реиԥш иҳахәаԥшуеит, аха иҳарбеио рацәаҩуп, акгьы змам реиԥш ҳрыԥхьаӡоит, аха ҳара зегь ҳамоуп.
11 Коринфаа, ҳара иаахтны ҳшәацәажәон, ҳагәқәагьы ҟьаҟьаӡа ишәзааҳартит. 12 Бзиа шәшаҳбо шәҳарбоит, ҳабзиабара ҳӡаӡом, аха иабаҟоу шәара шәыбзиабара ҳара ҳахь? 13 Убри аҟынтә схәыҷқәа реиԥш ишәасҳәоит: шәаргьы шәыгәқәа ҟьаҟьаӡа иаашәырты*.
14 Ахаҵара змами шәареи уӷәк* шәҽаҵашәымкын. Аиашареи азакәандареи ирзеилоу ҳәа акрыҟоума? Акыр рзеилоума алашареи алашьцареи? 15 Христоси Велиа́ри* акзаара рыбжьаны ҟалашьа амоума? Ирзеилои ахаҵара змоуи измами? 16 Анцәа иныҳәарҭеи аидолқәеи ирзеилоу ҳәа акрыҟоума? Ҳара Анцәа иныҳәарҭа ҳауп, избанзар Анцәа иҳәеит: «Сара урҭ срыцынхалоит, срыцзаауеит. Сара урҭ Рынцәа сакәхоит, дара сыжәлар ракәхоит». 17 «„Убри аҟынтә шәрылҵ урҭ, иааншәыжь, — иҳәоит Иегова*, — ицқьам акы уаҳа шәаламкьысын“», «усҟан сара шәсыдыскылоит». 18 «„Сара Абыс сышәзыҟалоит, шәара сыҷкәынцәеи сыӡӷабцәеи шәакәхоит“, — иҳәоит Зегьзымчу Иегова».
7 Бзиа избо сашьцәа, Анцәа абарҭқәа ҳрықәиргәыӷит азы, шәааи ҳцәеижьи ҳгәаҭеи* зҟьашьуа зегь аҟынтә ҳҽаҳрыцқьап, Анцәа иҿаԥхьа ашәара аарԥшуа, еиҳа-еиҳа ҳаԥшьахалап.
2 Шәыгәқәа рҿы ҳара ҳзы аҭыԥ шәыԥшаа. Ҳара аӡәгьы ацәгьара изаҳмуӡеит, аӡәгьы дыбжьаҳамхӡеит, аӡәгьы ҳхы даҳмырхәаӡеит. 3 Сшәықәыӡбарц азы акәӡам уи зысҳәо. Ишәасымҳәахьеи ҳаԥсуазаргьы ҳанхозаргьы ҳгәы шәышҭоу. 4 Исҳәарц исҭаху аартны ишәасҳәар сылшоит, сшәылаҽхәоит, сгәы ҭынчуп, арыцҳарақәа ҳашрықәшәогьы, сгәы гәырӷьарала иҭәуп.
5 Македониаҟа ҳанаа, агәҭынчра закәу ҳхашҭит. Адәахьала ашьҭашәарыцарақәа ҳдыргәаҟуан, ҩныҵҟала — агәҭынчымрақәа. Анахьгьы арахьгьы ԥсеивгаха ҳамамызт. 6 Аха Тит данаа, згәы каҳаны иҟоу ргәы шьҭызхуа Анцәа уи ила ҳгәы шьҭихит. 7 Ҳгәы шьҭызхыз Тит дахьааз мацара акәӡам, шәара шәҟынтә агәырӷьара иманы дахьаазгьы ҳгәы шьҭнахит. Иара иаҳзеиҭеиҳәеит шәара сыжәбарц шышәҭаху, шәылахь шеиқәу, хьаас сышшәымоу. Уи зегь ансаҳа, еиҳагьы сгәырӷьеит.
8 Ишәзысҩыз асаламшәҟәы шәылахь еиқәнаҵазаргьы, уи ахьышәзысҩыз сахьхәӡом. Раԥхьа изышәзысҩи ҳәагьы аасгәахәит, избанзар шәылахь еиқәнаҵеит, аха уи аамҭала акәын, 9 аха уажәшьҭа сгәырӷьоит. Сзеигәырӷьо уи шәылахь ахьеиқәнаҵаз акәӡам, сзеигәырӷьо шәылахьеиқәра ахьхәра иахьшәыцхрааз ауп. Шәылахьеиқәра Анцәа игәы иақәшәо лахьеиқәроуп азы, ҳажәақәа ԥырхага шәырымҭаӡеит. 10 Анцәа игәы иақәшәо алахьеиқәра ахьхәра иуцхраауеит, аиқәхара унаҭоит. Уи аҩыза алахьеиқәра еснагь ахәарҭа узаанагоит. Ари адунеи иатәу алахьеиқәра акәзар, аԥсрахьы унанагоит. 11 Шәахәаԥш изакә гәацԥыҳәароу Анцәа игәы иақәшәо алахьеиқәра ишәнаҭаз. Шәара шәҽышәрыцқьар* шәҭаххеит, иҽеим ахымҩаԥгашьа шәцәымыӷхеит, Анцәа шәицәшәеит, гәык-ԥсыкала шәахьхәырц шәҭаххеит, агәацԥыҳәара аарԥшны иҽеимыз аҭагылазаашьа шәыриашеит. Убасала ари азҵаараҿы зегь рыла шәшыцқьоу* аашәырԥшит. 12 Сара изҩыз зышәзысҩыз ацәгьара зуз изы акәӡам, уи ацәгьара ԥырхага знаҭаз изгьы акәӡам. Сара уи зышәзысҩыз шаҟа ҳҳәатәы шәықәныҟәо Анцәа иҿаԥхьа иааԥшырц азоуп. 13 Убри ауп ҳгәы зырҭынчыз.
Аха Тит игәырӷьароуп еиҳагьы ҳзыргәырӷьаз, избанзар шәара зегьы игәы шьҭышәхит. 14 Сара Тит иҿаԥхьа шәсырҽхәеит, уи сагьахьымхәӡеит. Шәырҽхәаны иаҳҳәаз иашахеит, ишәаҳҳәоз зегь шиашаз еиԥш. 15 Уи адагьы, игәыбылра шәара шәахь еиҳагьы еиҳахоит, шәҳәатәхаҵареи ҳаҭыр ду иқәҵаны дышшәыдышәкылази анигәалашәо. 16 Сшәықәгәыӷыртә шәахьыҟоу* даараӡа сеигәырӷьоит.
8 Ҳашьцәа, ижәдыруазар ҳҭахуп Анцәа македониатәи аизарақәа рахь иааирԥшыз уаҩ дзыԥсам ақьиара атәы. 2 Аԥышәара ӷәӷәақәа раан агәаҟрақәа ишрықәшәозгьы, дара гәырӷьон, аӷарра бааԥс ишаргәаҟуазгьы, агәыҭбаара аадырԥшуан. 3 Урҭ ирылшоз зегь ҟарҵеит, ирылшоз аиҳагьы ҟарҵеит, сара сшаҳаҭуп. 4 Дара ӷьаҵәыӷьаҵәуа иҳаҳәон иԥшьоу рыцхраара* иалаҳархәырц, гәык-ԥсыкала иҟарҵарц ирҭахыз аҟаҵара рылҳаршарц. 5 Дара ҳаззыԥшыз аасҭагьы ҟарҵеит. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, дара Анцәа ишиҭаху еиԥш рхы Иҳақәиҭу ирҭеит, ҳаргьы иҳарҭеит. 6 Убри аҟынтә Тит ҳиҳәеит шәара шәҿы дызлагаз аус аҵыхәтәанынӡа инаигӡарц, шәаргьы агәыҭбаара аашәырԥшырц азы. 7 Шәара зегь рыла шәбеиоуп: шәхаҵара ӷәӷәоуп, аҿаԥыц шәҿоуп, адыррақәа шәымоуп, иҟашәҵо зегьы шәгәы ақәкны иҟашәҵоит, ҳара бзиа шәшаҳбо еиԥш егьырҭ бзиа ижәбоит. Абарҭқәа зегь рҿы шәышбеиоу еиԥш, агәыҭбаара аарԥшраҿгьы шәбеиаз.
8 Ари зысҳәо мчыла ак шәсырҟаҵарц азы акәӡам. Исҭаху егьырҭ шаҟа агәацԥыҳәара аадырԥшуа жәдыруазарц ауп, насгьы гәык-ԥсыкала абзиабара аашәырԥшуоу-иаашәмырԥшуоу еилыскаарц ауп. 9 Ишәымдыруеи Иҳақәиҭу Иисус Христос ҳзыԥсам ақьиара шааирԥшыз: иара дышбеиазгьы шәаҳаҭыразы дӷархеит, иӷарра абзоурала шәара шәбеиахарц азы.
10 Ишәасҳәарц исҭаху абри ауп: уи аус аҵыхәтәанынӡа инашәыгӡар, шәара шәоуп ахәарҭа ззаанаго, избанзар уи шықәсык аԥхьа шәалагахьан, уимоу, агәаҳәара ду шәымангьы шәалагеит. 11 Убри аҟынтә шәызлагаз хшәыркәша, убасала ишәылшо аныҟашәҵо, гәыкала ишәҭахны ишыҟашәҵо аашәырԥшуеит. 12 Ауаҩы гәык-ԥсыкала иҭахны ак аныҟаиҵо, уи Анцәа игәы иахәоит, избанзар иара дыззыԥшу ауаҩы илшо ауп, илымшо акәӡам. 13 Сара исҭаху шәара аидара шәаҵаҵаны егьырҭ аҵысхырц акәӡам. 14 Исҭаху зегьы еиҟараны ирымазарц ауп, шәара имыцхәны ишәымоу урҭ ирыгу ханарҭәаарц, урҭ имыцхәны ирымоу шәара ишәыгу ханарҭәаарц, убасала зегьы ирымоу еиҟарахоит, 15 Аҩыраҿы ишану еиԥш: «Ирацәаны измаз, амцхә имаӡамызт, имаҷны измаз имаз маҷӡамызт».
16 Ҳара Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Тит ҳара ҳаиԥш гәык-ԥсыкала дахьшәыхӡыӡаауа азы. 17 Иара иаҳҳәаз изақәҿиҭыз ҳара ҳахьиҳәаз азы мацара акәӡам. Иара ихаҭагьы даараӡа дшәыцхраар иҭахуп, убри азоуп шәара шәахь амҩа дзықәло. 18 Ҳара Тит дицҵаны днаҳашьҭуеит ажәабжь бзиа аҳаҭыразы иҟаиҵо зегь азы аизарақәа зегь рҿы идырҽхәо аиашьа. 19 Уи адагьы, аизарақәа уи аиашьа далырхит ҳахьцо дҳаццарц, насгьы ацхырааразы еизыжәгаз ашара дҳацхраарц. Еизыжәгаз Иҳақәиҭу дҳаранакыртә еиԥш иаҳшоит, убасала ацхыраара аҟаҵара ҳшазхиоу ааҳарԥшуеит. 20 Усҟан гәыҭбаарала еизыжәгаз шаҳшо иашаӡам ҳәа аӡәгьы ахара ҳадиҵаӡом, 21 избанзар ҳара «Иегова* иҿаԥхьа мацара адагьы, ауаа рҿаԥхьагьы иҟаҳҵо зегьы ламысцқьала аҟаҵара ҳашьҭоуп».
22 Ҳара урҭ даҽа иашьакгьы дрыцҵаны днаҳашьҭуеит. Иара еиуеиԥшым аусқәа дҳаҵҳаҵо инаигӡоит, ҳара уи зныкымкәа дԥаҳшәахьеит. Ари аус еиҳагьы дҳаҵҳаҵо инаигӡоит, избанзар аҵыхәтәанынӡа дшәықәгәыӷуеит. 23 Тит шәизҵаауазар, уи амаҵзураҿы исывагылоу, сара сеиԥш ишәыцхраауа сҩыза иоуп. Ҳашьцәа шәрызҵаауазар, урҭ аизарақәа рхаҭарнакцәа* роуп, иара убас Христос ихьӡ-иԥша роуп. 24 Убри аҟынтә урҭ аишьцәа бзиа ишыжәбо дшәырба, аизарақәагьы баша шәшаҳмырҽхәоз рбааит.
9 Иԥшьоу рымаҵ аура атәы ҳҳәозар, уи иазкны ак шәзыҩтәуп ҳәа сгәы иаанагом, 2 избанзар издыруеит ацхыраара аҟаҵара шәшазхиоу. Уи азы македониатәи аишьцәа рҿаԥхьагьы сышәхыҽхәоит. Сара урҭ ирасҳәоит Аха́иа ацхыраара аҟаҵара иазхиоижьҭеи шықәсык ҵуеит ҳәа. Иаашәырԥшуа агәацԥыҳәара урҭ реиҳараҩык ҳаҵҳаҵо иҟанаҵеит. 3 Сара аишьцәа шәзынасышьҭуеит, баша шәҳарҽхәозшәа иалымҵырц азы, насгьы шәара ишәызкны ишысҳәахьоу еиԥш, ацхыраара аҟаҵара шәазхиаҵәҟьазарц азы. 4 Мамзар македониатәи аишьцәа сыцны инеир, шәшыхиамгьы рбар, баша ҳахьшәықәгәыӷуаз ҳара ҳзы иԥхашьарахоит, аха шәара шәзы еиҳагьы иԥхашьарахоит. 5 Убри аҟынтә аишьцәа ргәазҭасҵарц сыӡбеит заа шәара шәахь ицаны, ишышәҳәахьаз еиԥш гәыҭбаарала иҟашәҵарц ишәҭахыз аҳамҭа дырмазеирц. Усҟан иубарҭахоит уи гәык-ԥсыкала ишыҟашәҵо, аӡәгьы ишшәыдимцало.
6 Ишәхашәмыршҭын: илаиҵо иеигӡаны, имаҷны илазҵо иааирыхуа маҷхоит, иамеигӡакәа, меигӡарахда илазҵо иааирыхуа рацәахоит. 7 Дасу ишиӡбаз еиԥш иҟаиҵалааит, иҭахымкәа ма аӡәы идицалошәа акәымкәа, избанзар Анцәа бзиа дибоит дгәырӷьаҵәа егьырҭ ак рызҭо ауаҩы.
8 Уи инеиҳангьы, Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара гәыҭбаарала ишәиҭар илшоит, акы шәазгәаҟуа шәыҟамзарц, насгьы аус бзиақәа рыҟаҵаразы иаҭаху зегьы меигӡарахда ишәымазарц азы. 9 (Аҩыраҿы ишану еиԥш: «Иара имоу дамеигӡакәа ишоит; имоу арыцҳацәа ириҭоит. Ииашара наӡаӡа иҟазаауеит». 10 Меигӡарахда алаҵаҩ ажәла изҭо, ауаагьы ача рызҭо Анцәа шәаргьы илашәҵаша ажәла меигӡарахда ишәиҭоит. Иара шәиашара иаанаго аҽаҩра барақьаҭны иҟаиҵоит.) 11 Анцәа меигӡарахда дышәзылԥхоит, шәаргьы зегь рыла агәыҭбаара аашәырԥшларц азы. Усҟан ҳара ҳала ауаа ирзыҟашәҵо азы Анцәа иҭабуп ҳәа иарҳәалоит. 12 Ари амаҵзура хықәкыс иамоу иԥшьоу ирыгу-ирыбзоу аҿы ацхыраара рыҭара мацара акәӡам, ирацәаҩны ауаа уи азы Анцәа иҭабуп ҳәа иарҳәаларцгьы ауп. 13 Дара Анцәа дҳараркуеит, избанзар уи амаҵзура* ишьақәнарӷәӷәоит шәара зехьынџьара ауаа ирылашәҳәо Христос изку ажәабжь бзиа шәшацныҟәо. Иара убас ишәымоу гәыҭбаарала урҭ иахьрыцеиҩышәшо азгьы, егьырҭгьы иахьрыцеиҩышәшо азгьы Анцәа дҳараркуеит. 14 Дара ӷьаҵәыӷьаҵәуа шәара шәзы Анцәа иҳәалоит, бзиа шәырбалоит, избанзар Анцәа шәара шәахь шәзыԥсам ақьиара ду ааирԥшуеит.
15 Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит ажәала еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа азы.
10 Сара, Павел, Христос илоу аҟәымшәышәреи ақьиареи аарԥшны сшәацәажәоит, ишәасҳәогьы шәықәныҟәар сҭахуп. Аха шәыбжьара шьоукы ирҳәоит саншәыцу сыԥсыҽуп ҳәа, саншәыцым сымшәаӡакәа, иаахтны зегь сҳәоит ҳәа. 2 Сгәыӷуеит шәара шәахь саннеилак, ари адунеи аҿы ауаа шынхо еиԥш ҳанхоит ҳәа зыԥхьаӡо инақәырӷәӷәаны рыриашара сықәшәаӡом ҳәа. 3 Ҳара ари адунеи аҿы ҳшынхогьы, ауаа реиԥш акәӡам ҳшеибашьуа. 4 Ҳазлеибашьуа ауаа рабџьар ала акәӡам, Анцәа иҳаиҭаз абџьар ала ауп. Уи иԥыххааса ишьҭанамҵо баагәаракгьы ыҟам. 5 Ҳара ауаа Анцәа иеилкаара ирԥырхагоу закәызаалакгьы, иарбан гәаанагаразаалакгьы ҿаԥаҳҽуеит, иарбан хәыцразаалак Христос изыӡырҩларц азы иҳатҟәоит. 6 Христос аҵыхәтәанынӡа шәшизыӡырҩуа анаашәырԥшлак, аӡырҩра аазмырԥшуа дарбанзаалак иқәнага иақәыршәара ҳазхиазаауеит.
7 Шәара шәызхәаԥшуа шәыла иабо мацара ауп. Аӡәы Христос дшитәу агәра ганы дыҟазар, даҽазнык абри дазхәыцааит: иара Христос дшитәу еиԥш, ҳаргьы Христос ҳаитәуп. 8 Иҳақәиҭу амчра зҳаиҭаз шәхаҵара ҳарӷәӷәаларц азоуп, шәгәы каҳажьларц азы акәӡам. Уи амчра амцхә сахыҽхәо салагаргьы, уи сацәыԥхашьартә сыҟаӡам. 9 Сысаламшәҟәқәа рыла шәсыршәар сҭахуп ҳәа шәгәы иаанамган. 10 Шьоукы ирҳәоит: «Исаламшәҟәқәа ӷәӷәоуп, амч рымоуп, арахь ара даныҟоу дыԥсыҽуп, ииҳәо азыӡырҩрагьы иаԥсам». 11 Ус зҳәо ауаа ирдыруазааит: ҳасаламшәҟәқәа рҿы иаҳаҩуа ауп уа ҳаннеилак иҟаҳҵогьы. 12 Ҳара зхы ҳаразкуа ҳхы рхаҳаԥхьаӡалар, ма ҳхы рыҿҳарԥшлар ҳҭахӡам. Дара рхатә ԥҟарақәа рыла рхы ахәшьара арҭоит, убасала аилкаара шырзымхо аадырԥшуеит.
13 Ҳара иаҳзалху атерриториа анҭыҵ иҟоу ҳахыҽхәалаӡом. Ҳазхыҽхәало Анцәа иаҳзалихыз атерриториа аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟаҳҵаз ауп, уи атерриториа ахь шәаргьы шәаҵанакуеит. 14 Шәара шәахь ҳаннеи, иаҳзалху аҳәаақәа ҳарҭымсӡеит. Ҳара ҳауп зегь раԥхьаӡа Христос изку ажәабжь бзиа шәзеиҭазҳәаз. 15 Ҳара егьырҭ иҟарҵаз — иаҳзалху аҳәаақәа рынҭыҵ иҟаҵаз — ҳахыҽхәаӡом. Аха ҳгәыӷуеит шәхаҵара шеизҳауа еиԥш, шәыбжьара иҟаҳҵазгьы еизҳалоит ҳәа. Усҟан еиҳагьы еиҳаны аҟаҵара ҳалшоит, 16 избанзар ҳара шәара шәынахыс иҟоу аҭыԥқәа рҿгьы ажәабжь бзиа еиҭаҳҳәар ҳҭахуп, егьырҭ иҟарҵаз ҳахымыҽхәаларц азы. 17 «Аха аӡәыр дыҽхәозар, Иегова* дихыҽхәалааит». 18 Избанзар Иегова дыззыразу зхы зырҽхәо иакәӡам, иара ирҽхәо иоуп.
11 Маҷк саашәычҳар сҭахын, ахшыҩ змам аӡә иеиԥш сыжәбозаргьы. Ус сҳәеит, аха уажәраанӡагьы сычҳара ауп шәызҿу. 2 Сара Анцәа ихыбаара* ала сышәхыбаауеит, избанзар хаҵа заҵәык ԥҳәысс шәышисҭо иасҳәахьан — уи Христос иоуп, ахаҵа дзымбац аԥҳәызба цқьа леиԥшгьы шәисҭар сҭахуп. 3 Аха сшәоит Ева гызмалрыла амаҭ данажьаз ишлыхьыз еиԥш, шәаргьы шәыхшыҩ ҟьашьыр ҳәа, Христос дзыԥсоу ацқьареи абзиабареи шәацәыхҟьар ҳәа. 4 Избанзар аӡәы ҳара зыӡбахә шәзеиҭаҳҳәаз Иисус иакәымкәа, даҽа Иисуск иӡбахә аншәзеиҭеиҳәо, ма ишәоуз адоуҳа акәымкәа, даҽа доуҳак аншәоуа, ма ишәзеиҭаҳҳәоз ажәабжь бзиа акәымкәа, даҽа жәабжь бзиак аншәзеиҭеиҳәо, шәара уи ииҳәо шәыдышәкылоит. 5 Аха сгәы иаанагом шәапостолцәа заманақәа акала среицәоуп ҳәа. 6 Аҿаԥыц сҿамзаргьы, дыррала сӷарым. Ҳара уи ус шакәу зныкымкәа агәра шәҳаргахьеит, агәра злашәҳмыргаз ҳәагьы акгьы ыҟаӡам.
7 Сара Анцәа иажәабжь бзиа шәзеиҭасҳәон, уи азы ак соуеит ҳәагьы сазыԥшӡамызт, насгьы шәара шәҳараскырц азы сара схы ласырҟәуан. Нас, агәнаҳа ҟасҵама? 8 Егьырҭ аизарақәа рҟынтә ацхыраара сыдыскылон, ихсырҵәон* ҳәа сҳәар сылшоит, шәара шәымаҵ зуларц азы. 9 Аха шәара шәҿы амамзаара санаргәаҟуаз, сныҟәгара аӡәгьы иқәымшәаӡеит, избанзар Македониантәи иааз аишьцәа исыгыз зегь сырҭеит, исыгыз инамыцхәынгьы исырҭеит. Ауадаҩра шәаласымҵарц азы еснагь исылшоз зегь ҟасҵон, анаҩсгьы иҟасҵалоит. 10 Аха́иа иаҵанакуа аҭыԥқәа рҿы уи ахыҽхәара саҟәыҵӡом, Христос аиаша шиҳәарыз еиԥш аиаша сҳәоит. 11 Ус зыҟасҵои? Бзиа шәахьысымбо азоума? Анцәа ибоит бзиа шәшызбо.
12 Аха сара иҟасҵац ҟасҵалоит, иҽхәо, насгьы ҳара иҳаҟароуп ҳәа зҳәо изхыҽхәаша ҳәа акгьы рмоурц азы. 13 Ус еиԥш иҟоу ауаа амцапостолцәоуп. Дара Христос иапостолцәа ракәушәа рхы аарԥшуа, ауаа ржьоит. 14 Уи џьашьатәӡам, избанзар Аҩсҭаа ихаҭа амаалықь лаша иеиԥш ихы ааирԥшуеит. 15 Убри аҟынтә уамашәа ибатәӡам имаҵзуҩцәагьы аиашара амаҵзуҩцәа ракәушәа рхы ахьаадырԥшуа. Аха аҵыхәтәаны урҭ ирықәнагоу иақәыршәахоит.
16 Ҽазнык ишәасҳәоит: ахшыҩ змам иеиԥш шәысмыхәаԥшлан. Аха ахшыҩ змам иеиԥш сыжәбозаргьы, сшәыдышәкыл, саргьы маҷк сыҽхәарц азы. 17 Исҳәо Иҳақәиҭу ишиҳәарыз еиԥш акәӡам ишысҳәо. Ахшыҩ змам, аҽхәара бзиа избо, зхы мыцхәы иақәгәыӷуа иеиԥш ауп ишысҳәо. 18 Ари адунеи аҿы ауаа зхыҽхәо иахыҽхәо рацәаҩуп, убри аҟынтә саргьы сыҽхәалоит. 19 Шәара убриаҟара «шәҟәышқәоуп» азы, ахшыҩ змам ауаа шәгәырӷьаҵәа ишәычҳауеит. 20 Шәара ишәычҳауеит маҵуцәас шәҟазҵо, ишәымоу шәымызхуа, шәыхзырҵәо, уаас шәзымԥхьаӡо, ишәҿасуа ауаа.
21 Иаҳҳәо ҳара ҳзы иԥхашьароуп, избанзар ҳаԥсыҽызшәа убар алшоит.
Аха егьырҭ аҽхәара ргәаӷьуазар, ахшыҩ змам иеиԥш исҳәоит, саргьы сыҽхәалоит. 22 Дара ауриацәоума? Саргьы сауриоуп. Израильаа иреиуоума? Саргьы среиуоуп. Авраам ихылҵыз роума? Саргьы Авраам сихылҵит. 23 Христос имаҵзуҩцәа роума? Зхы аҭыԥ аҿы иҟам иеиԥш исҳәоит, сара дара раасҭагьы Христос имаҵ зухьеит: дара раасҭа аџьабаа збахьеит, дара раасҭа абахҭа сҭашәахьеит, зныкымкәа срыпҟахьеит, зныкымкәа аԥсра алакҭа сҭаԥшхьеит, 24 аиудеиаа хәынтә срыпҟахьан, срыпҟацыԥхьаӡа 39-нтә* исысуан, 25 хынтә ҷынла срыпҟахьан, знык ахаҳә садыргахьан, хынтә сзықәтәаз аӷбақәа ԥыххааса ицахьан, уахыки-ҽнаки амшын саман. 26 Лассы-лассы амҩа сықәын, арҳәцәа ирыхҟьаны ашәарҭара сҭагылан, ашәарҭара сҭагылан сызтәу ажәлар ирыхҟьаны, ашәарҭара сҭагылан егьырҭ ажәларқәа ирыхҟьаны, ашәарҭара сҭагылан аӡиасқәа рҿы, ақалақь аҿы, ацәҳәыраҿы, амшын аҿы, иара убас амцеишьцәа рыбжьарагьы, 27 ԥхӡашала аус зуан, зныкымкәа смыцәаӡакәа исыршахьан, амла сакуан, аӡба сыԥсуан, акырынтә фатәыда сынхахьан, ахьҭа сакуан, исшәысҵаша сымамкәа сықәхахьан.
28 Абарҭқәа зегь азмырхакәа, есыҽны аизарақәа срызхәыцуеит, еснагь сгәы иҵхоит. 29 Ӡәыр дыԥсыҽума? Саргьы сыԥсыҽхоит. Аӡәы ихаҵара дырԥсыҽма? Уи сгәы еибанаркуеит.
30 Иҽхәатәызар, шаҟа сыԥсыҽу аазырԥшуа сахыҽхәалоит. 31 Аҽхәаԥхьыӡ наӡаӡа изгымхаша Анцәа, Иҳақәиҭу Иисус Иаб, идыруеит амц шысымҳәо. 32 Дамаск ақалақь аҿы аҳ Аре́та дызхагылаз анапхгаҩы ақалақь агәашәқәа рҿы аҷаԥшьаҩцәа иргылеит, сыркырц азы, 33 аха аишьцәа акалаҭ сҭартәаны аҭӡамц аҿы иҟаз аԥенџьыр ала сылбааргеит. Убасала сицәцеит.
12 Сыҽхәар акәхоит, убри аҟынтә Иҳақәиҭу џьашьахәыла исирбази исзааиртызи алацәажәара салагоит, уи ахәарҭа шаанамгогьы. 2 Дыздыруеит Христос иҵаҩу аӡәы. 14 шықәса раԥхьа иара ахԥатәи ажәҩан ахь дган, амала исыздырӡом цәеижьла дыҟазу-дыҟамзу, Анцәа иоуп издыруа. 3 Ааи, дыздыруеит ус еиԥш иҟоу ауаҩы, цәеижьла дыҟазу-дыҟамзу сыздырам, Анцәа иоуп издыруа. 4 Иара џьанаҭ ахь дган. Уа иара иаҳауан иумҳәаша, ауаҩы иҳәар иҟамло ажәақәа. 5 Сара убри сихыҽхәалоит, схы сахыҽхәалаӡом. Схы сахыҽхәозар, сызхыҽхәало сыԥсыҽрақәа роуп. 6 Схы сахыҽхәар сҭаххаргьы, ахшыҩ змам сиҩызахаӡом, избанзар аиаша ауп исҳәо. Аха уеизгьы сыҽхәалаӡом, избанзар аӡәы исҳәо-изуа аасҭа еиҳаны иҟасҵошәа, сызлаҟам салаҟоушәа сҳареиклар сҭахӡам. 7 Исҭахӡам џьашьахәыла исзаатыз азы сҳараркларц.
Сҽырԥагьаны схы ҳарасымкларц азы сцәеижь амаӷ алаҵан, Аҩсҭаа имаалықь иеиԥшу уи амаӷ сыргәаҟра* иаҿуп. 8 Иҳақәиҭу хынтә сиҳәахьан наҟ исԥыригарц, 9 аха иара ус сеиҳәеит: «Иаасырԥшуа узыԥсам ақьиара узхоит, избанзар сымч нагӡаны ианааԥшуа уанԥсыҽу ауп». Убри аҟынтә сыԥсыҽрақәа еиҳагьы сгәырӷьаҵәа сырхыҽхәалоит, Христос имч хыҵакырҭаны исзыҟазарц азы. 10 Убри аҟынтә сгәы иахәоит Христос иаҳаҭыразы сахьыԥсыҽу, сахьыладырҟәуа, амамзаара сахьаргәаҟуа, иахьсышьҭашәарыцо, ауадаҩрақәа сахьрықәшәо, избанзар санԥсыҽу ауп саныӷәӷәоу.
11 Сара ахшыҩ змам аӡә иеиԥш сҟалеит, уи зхароу шәара шәоуп, шәара сшәырҽхәалар акәын, избанзар шәапостолцәа заманақәа среицәаӡам, акгьы иаԥсам иеиԥш сшәыԥхьаӡозаргьы. 12 Шәара шәылақәа рыла ижәбон сшапостолу аазырԥшуа ашьақәырӷәӷәарақәа: ачҳара аарԥшны зегь шысхызгоз, иара убас адыргақәеи, узыршанхо аусқәеи, аџьашьахәқәеи. 13 Иҟоума егьырҭ аизарақәа ирзыҟаҵаны, шәара ишәзыҟасымҵаз акы, схы ныҟәгатәыс иахьшәысымҭаз ада? Сшәыҳәоит, гәыҭбаарала исанашәыжь уи агха.
14 Абар ахынтә раан шәара шәахь анеира сгәы иҭаскуеит, аха схы ныҟәгатәыс ишәысҭаӡом. Сара исҭаху шәмал акәӡам, шәара шәоуп. Ахәыҷқәа ракәӡам аҭаацәа рзы амал еизызгаша, аҭаацәа роуп ахәыҷқәа рзы еизызгаша. 15 Сара стәы сҳәозар, сара шәара шәзы акгьы сеигӡаӡом, сыхгьы сеигӡаӡом. Убас иӷәӷәаны бзиа шәызбозар, саргьы убас бзиа сбатәӡами? 16 Ишыҟазаалакгьы, сара схы ныҟәгатәыс ишәысымҭаӡеит. Ус шакәугьы, шәара ишәҳәоит гызмалрыла сшәыҵаланы шәызжьеит ҳәа. 17 Ишәзынасышьҭуаз аишьцәа рыла схы шәасырхәарц сашьҭазма? 18 Сара Тит шәара шәахь днеирц сиҳәеит, даҽа иашьакгьы дицысҵеит. Нас, Тит џьара акала ихы шәаирхәама? Иареи сареи иҳамаз гәҭакык акәӡамзи? Мҩак акәӡамзи ҳазныз?
19 Нас, шәҿаԥхьа ҳхы ҳариашоит ҳәа аума уажәраанӡагьы шәгәы ишаанаго? Ҳара Христос иҵаҩцәа ҳауп, Анцәа идыруеит аиаша шаҳҳәо. Ҳаҭыр зқәу аишьцәа, иҟаҳҵо зегь зыҟаҳҵо шәара шәҳарӷәӷәарц азоуп. 20 Сшәоит шәара шәахь саннеилак, ишысҭаху еиԥш акәымкәа, даҽакала шәхы шымҩаԥыжәго збар ҳәа, саргьы ишышәҭаху еиԥш акәымкәа, даҽакала сыжәбар ҳәа. Сшәоит шәыбжьара иҟалар ҳәа аиҿыхарақәа, ашьыцра, аԥсахеибакра, аимак-аиҿак, ацәгьаҳәара, уҳәан-сҳәан, аԥагьара, аилаҩынтрақәа. 21 Еиҭах шәара шәахь саннеилак, Анцәа шәҿаԥхьа слаирҟәыр алшоит. Сгәы снархьыр алшоит уаанӡа агәнаҳа ҟазҵоз рҟынтә имаҷҩымкәа рыгәнаҳақәа иахьырхьымхәыз, иахьырхьымхәыз ицқьам рхымҩаԥгашьеи, рыламысдареи*, ԥхашьарак злам рхымҩаԥгашьеи*.
13 Уажәы хынтәуп шәара шәахь анеира сгәы иҭаскуеижьҭеи. «Иарбан усзаалак ҩыџьа ма хҩык ашаҳаҭцәа ирҳәо ала ишьақәырӷәӷәазар ауп». 2 Уажәы сшышәцәыхароугьы, аҩынтә раан шәара шәахь снеизшәа сгәы иабоит. Убри азоуп уаанӡа агәнаҳа ҟазҵозгьы егьырҭгьы заа ргәызырҽанысҵо. Сара урҭ ирасҳәоит мышкызны еиҭа шәара шәахь снеир, ишрыцҳасымшьо. 3 Убасала ишәсырбоит Христос сара сыла дышцәажәо. Иара шәыбжьара дыԥсыҽӡам, иара шәыбжьара имч ду ааирԥшуеит. 4 Данԥсыҽыз, ашьаҟа дкыдҵаны дыршьит, аха уажәшьҭа Анцәа имч абзоурала иԥсы ҭоуп. Иара дшыԥсыҽыз еиԥш ҳаргьы ҳаԥсыҽуп, аха иҟашәҵо шәзырҟаҵо Анцәа имч абзоурала ҳицынхалоит.
5 Хаҵарала шәынхоу-шәнымхоу гәашәҭала, шәзеиԥшроу еилышәкаала. Иисус Христоси шәареи аӡәк иеиԥш шәшыҟоу шәзеилымкааӡои? Ҳәарада, Христоси шәареи аӡәк иеиԥш шәзаанхаӡом, Анцәа дыззыразым уааны шәҟалазар. 6 Ҳара Анцәа даҳзыразуп, даараӡа сгәыӷуеит уи еилышәкаап ҳәа.
7 Анцәа ҳиҳәоит ацәгьара ҟашәымҵаларц, аха ус ҳазиҳәо ауаа Анцәа даҳзыразуп ҳәа ргәы иаанагаларц азы акәӡам. Ҳара иаҳҭаху ииашаны шәхы мҩаԥыжәгаларц ауп, ауаа Анцәа даҳзыразӡам ҳәа ргәы иаанагозаргьы. 8 Ҳара аҵабырг иаԥырхагахо ҳәа акгьы ҳзыҟаҵаӡом, иҟаҳҵар ҳалшо уи иацхраауа заҵәык ауп. 9 Ҳара еснагь ҳгәырӷьоит ҳара ҳанԥсыҽу, аха шәара шәаныӷәӷәоу, убри аҟынтә шәыҽшәыриашаларц азы Анцәа ҳиҳәоит. 10 Убри азоуп абарҭқәа зегь снеиаанӡа изышәзысыҩуа, саннеилак мыцхәы инақәырӷәӷәаны шәыриашара сықәымшәарц азы, избанзар Иҳақәиҭу амчра зсиҭаз шәхаҵара сырӷәӷәаларц азоуп, шәгәы касыжьларц азы акәӡам.
11 Аҵыхәтәаны исҳәарц исҭаху, сашьцәа, анаҩсгьы шәгәырӷьала, шәыҽшәыриашала, егьырҭ рҟынтә ацхыраара шәыдышәкылала, хәыцшьак шәымаз, ҭынч шәынхала, усҟан абзиабареи аҭынчреи Рынцәа дшәыцзаауеит. 12 Аԥсшәа анеибышәҳәо, гәыцқьала шәеибагәӡла. 13 Иԥшьоу зегьы асалам шәырҭоит.
14 Иҳақәиҭу Иисус Христос иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи, Анцәа ибзиабареи, зегьы иҳамоу иԥшьоу адоуҳаи шәыгымзааит.
Шәахәаԥш Ажәар.
Мамзаргьы иҟалап «ибзианы ижәдыруа, еилышәкаахьоу».
Мамзаргьы иҟалап «ҩынтә ахәарҭа шәоурц азы».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәша ҳхьызшьызгьы».
Ма «ахықәкы; аҵыхәтәа».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Мамзаргьы иҟалап «Иегова идоуҳа».
Ма «ауаа зегьы рыламыс иаҳарбоит».
Ма «ақәыршә ақәыршәзаргьы».
Шәахәаԥш Ажәар.
Мамзаргьы иҟалап «ҳгәы каҳажьуам».
Ма «ҳаҭыр ду иқәҵара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәыламыс ҳадыруеит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «гәнаҳас».
Ма «ҳабзиабара ҩ-цәак анахарԥам».
Иҟалап ажәыларазы.
Иҟалап ахыхьчаразы.
Ма «аԥсра зықәнагоу».
Ма «шәыҽшәырҭбаа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «еиҟарам ауӷә».
Ауриатә ажәа иаанагоит «акгьы иаԥсам». Аҩсҭаа идҳәалоуп.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҳдоуҳаи».
Ма «шәыхьӡ шәрыцқьар».
Ма «акгьы шышәхарам».
Мамзаргьы иҟалап «сгәы ахьышьҭышәхыз».
Ма «рымаҵ аура».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рапостолцәа».
Ма «ацхыраара аҟаҵара иазку амаҵзура».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәацԥыҳәара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «исырҳәуан».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «40-нтә акы агырханы».
Ма «сыпҟара».
Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
Абырзен ажәа асе́лгеиа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».