ФИЛИППАА РАХЬ АСАЛАМШӘҞӘЫ
1 Ҳара, Христос Иисус имаҵуцәа Павели Тимофеии, асалам шәаҳҭоит Филипп ақалақь аҿы инхо Христос Иисус иԥшьоу иҵаҩцәа зегьы, аизара ахылаԥшыҩцәеи аизара ацхырааҩцәеи уахь иналаҵаны.
2 Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иҳарҭо аҭынчреи иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи шәыгымзааит.
3 Анцәа еснагь иҭабуп ҳәа иасҳәоит саниҳәо шәанысгәалашәо, 4 сӷьаҵәыӷьаҵәуа саниҳәо. Есымша шәара зегь шәзы сгәырӷьаҵәа Анцәа сиҳәоит, 5 избанзар ажәабжь бзиа аншәаҳа инаркны, шәаргьы уи ауаа ирылашәҳәо шәалагеит. 6 Агәра ганы сыҟоуп шәыбжьара Анцәа дызлагаз аус бзиа Христос Иисус имш ааиаанӡа ишхиркәшо. 7 Сара ус аҳәара сылшоит, избанзар гәык-ԥсыкала бзиа шәызбоит. Шәаргьы сара сеиԥш ижәбоит Анцәа ҳзыԥсам ақьиара шааирԥшуа. Шәара сахьҭакугьы шәсыцхраауеит, аиҳабыра рҿаԥхьагьы сара сеиԥш ажәабжь бзиа шәадгылоуп, уи закәанла ауаа рылаҳәара азин ҳарҭарц азгьы аџьабаа сыцыжәбоит.
8 Анцәа ибоит шаҟа шәыгәхьаазго, Христос Иисус иеиԥш бзиа шәшызбо. 9 Сара еснагь Анцәа сиҳәоит шәыбзиабара ииашоу, иҵаулоу адырра алеи аилкаара бзиа алеи еиҳа-еиҳа еизҳаларц, 10 насгьы еиҳа ихадоу алшәхларц, убасала Христос имш ааиаанӡа зегь рыла шәыцқьаны шәыҟазарц, аӡәгьы ихаҵара́ шәмырԥсыҽларц, 11 насгьы Иисус Христос ибзоурала Анцәа дзырҽхәо, дҳаразкуа аус бзиақәа* рацәаны иҟашәҵаларц.
12 Сашьцәа, ижәдыруазар сҭахуп, сзықәшәаз зегьы ажәабжь бзиа ишаԥырхагамхаз, уи ауаа рыларҵәара еиҳагьы ишацхрааз. 13 Аимператор ихьчаҩцәа инадыркны, зегьы еилыркааит Христос дахьхасҵо азы сышҭаку. 14 Иҳақәиҭу имаҵ зуа сашьцәа реиҳараҩык сышҭаку анраҳа, еиҳагьы ргәы ӷәӷәахан, шәарак ҟамҵаӡакәа Анцәа иажәа ауаа ирыларҳәо иалагеит.
15 Аиашазы, шьоукы шьыцны, насгьы егьырҭ ирацлабны ауп Христос иӡбахә ауаа ишырзеиҭарҳәо. Аха егьырҭ уи гәык-ԥсыкала иҟарҵоит. 16 Дара Христос иӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара ргәазҭазҵо абзиабара ауп, избанзар ирдыруеит ажәабжь бзиа ахьчара дҵас ишсыду. 17 Егьырҭ гәык-ԥсыкала акәӡам ишыҟарҵо, аҭыӡшәа ҟарҵарц азоуп, ирҭахуп сахьҭаку сгәаҟрақәа еиҳагьы идырцәгьарц. 18 Аха иҟалеи? Иҟалаз убри ауп, гәык-ԥсыкала акәзаргьы-акәымзаргьы, Христос иӡбахә ауаа ирыларҳәоит. Уи сара саргәырӷьоит, 19 избанзар издыруеит уи абзоуралеи, гәык-ԥсыкала Анцәа шәахьиҳәо абзоуралеи, Иисус Христос исиҭо амч ацхырааралеи сара сшеиқәхо. 20 Сара даараӡа сгәыӷуеит, сызцәыԥхашьо акгьы ҟалом ҳәа, насгьы сыԥсыргьы-сынхаргьы, есымша ишыҟасҵалоз еиԥш, сымшәаӡакәа Христос иӡбахә сҳәалоит ҳәа, уи алагьы дҳарасклоит.
21 Сынхозар, Христос изы сынхоит, сыԥсуазар, уи исырҳаз ак еиԥш исыԥхьаӡоит. 22 Ари ацәеижь сыманы сынхонаҵы, смаҵзура иҵегь алҵшәақәа аанагоит, аха иалсхрыз сызшәаҳәаӡом. 23 Сара арҭ рыҩбагь рҟынтә иалсхра сыздырӡом, аха исҭахуп ари сцәеижь ааныжьны, Христос дахьыҟоу сыҟазарц. Уи, ҳәарада, еиҳа еиӷьуп. 24 Аха шәара шәзы еиҳа еиӷьуп сыԥсы ҭазар. 25 Уи сара ибзианы еилыскаауеит, убри аҟынтә издыруеит макьана шәара зегьы сышшәыцзаало, Анцәа имаҵ аураҿы шәеизҳазыӷьаларц, шәхаҵара агәырӷьара шәзаанагаларц. 26 Шәара Христос Иисус иҵаҩцәа шәоуп, убри аҟынтә шәара шәахь саныхынҳәлак, шәгәырӷьара еиҳагьы иацлоит.
27 Амала, Христос Иисус изку ажәабжь бзиа ишақәнагоу еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала, шәара шәахь снеиргьы-сымнеиргьы, исаҳаларц ачҳара аарԥшны зегь шышәхыжәго, шәҳәоу еиқәшәаны, шәыжәҩахыр еибыҭаны, аӡәк иеиԥш аџьабаа шыжәбо, ажәабжь бзиа агәра агара шәаҟәымҵырц азы. 28 Шәызҭахым шәырцәымшәалан. Шәгәымшәара ишьақәнарӷәӷәоит урҭ шҭахо, шәара шәшеиқәхо. Уи ус шакәу Анцәа иааиртуеит. 29 Шәара ишәаҭәашьоу Христос игәра агара мацара акәӡам, иара изы шәгәаҟларцгьы шәаҭәашьоуп. 30 Шәаргьы сара уаанӡа сзықәшәоз ауадаҩрақәа рҩызцәа шәрықәшәоит, аха, ишыжәдыруа еиԥш, урҭ ауадаҩрақәа иахьагьы сырҭагылоуп.
2 Ақьырсианцәа реиԥш шәгәы шьҭибахуазар, абзиабара аарԥшны шәеицхыраауазар, шәгәы еибарҭынчуазар, ахаареи арыцҳашьареи аашәырԥшуазар, 2 сшәыҳәоит, еиҳагьы сзыргәырӷьо ҟашәҵала: аӡәк иеиԥш шәыҟаз, бзиа шәеибабала, шәҳәоу еиқәшәо шәыҟаз. 3 Ак аныҟашәҵо, шәмеицлаблан*, ахышьҭыхра шәашьҭамлан. Ахынраалара аарԥшны, егьырҭ шәара шәаасҭа еиӷьуп ҳәа шәыԥхьаӡала, 4 шәхы мацара акәымкәа, егьырҭгьы шәрызхәыцла.
5 Христос Иисус иеиԥш шәхәыцла. 6 Иара Анцәа дышиеиԥшызгьы, Анцәа диаҟарахарц дашьҭамызт, уи дагьазхәыцуамызт. 7 Иара имаз зегь мап ацәкны, маҵуҩык иеиԥш дуаҩны дҟалеит. 8 Уи инеиҳангьы, дуаҩны даныҟала ахынраалара ааирԥшит, насгьы ашьаҟаҿы дыԥсаанӡа Анцәа иҳәатәы дықәныҟәон. 9 Убри аҟынтә Анцәа уи уаанӡа аасҭа дҳареикит, уаҳа аӡәымзар-аӡәы имамыз амчра ииҭеит, 10 ажәҩан аҿи адгьыл аҿи инхо, адгьыл аҵаҟагьы иҟоу зегьы Иисус имчра ҳаҭыр ақәҵаны иадгыларц азы, 11 зегьы ишырбо-ишраҳауа Иисус Христос Иҳақәиҭу иеиԥш дрыдыркыларц, уи ала Ҳаб Ҳанцәа хьӡи-ԥшеи ирҭарц.
12 Гәык-ԥсыкала бзиа избо сашьцәеи саҳәшьцәеи, шәара саншәыцызгьы еснагь Анцәа шәизыӡырҩуан, аха уажәы, саншәыцым, еиҳагьы шәизыӡырҩуеит. Анаҩсгьы убас ҟашәҵала. Анцәа шәицәшәо, ҳаҭыр иқәҵо, ишәылшо зегь ҟашәҵала, шәеиқәхарц азы. 13 Анцәа шәирӷәӷәоит, иара ииҭаху ҟашәҵаларц азы агәаҳәареи амчи шәиҭоит. 14 Иҟашәҵо ҭыӡшәада, хашшаарада иҟашәҵала, 15 зегь рыла ицқьоу, гәнаҳа змам Анцәа ихәыҷқәа шәакәзарц азы. Иҟьашьу ауаа цәгьақәа рыбжьара гәнаҳада шәаанхалар, ари адунеи аҿы алашара еиԥш шәыжжаӡа шәлашалоит. 16 Аԥсҭазаара шәызҭо Анцәа иажәа ахаан иааншәмыжьын. Христос имш анааиуа сара сгәырӷьалоит, избанзар усҟан еилыскаауеит, баша аџьабаа шысымбаз. 17 Сара акәырбаннагарҭахь инарго аҩы ҭыркәкәаны ишкарҭәо еиԥш, сымчқәа зегь еизыркәкәаны иԥшьоу амаҵзура иасҭозаргьы, сшәыцгәырӷьоит, избанзар шәаргьы шәхаҵара убасҵәҟьа шәнарҟаҵоит. 18 Шәаргьы сара шәсыцгәырӷьала.
19 Иҳақәиҭу Иисус игәаԥхар, сгәыӷуеит иаарласны Тимофеи шәара шәахь днасышьҭуеит ҳәа, шәусқәа шцо еилыскаарц, уи сгәы шьҭнахырц азы. 20 Уи иеиԥш гәыкала ишәзыҟоу, ишәыгу-ишәыбзоу гәаҭаны гәык-ԥсыкала ишәыцхраауа даҽаӡә дсымам. 21 Егьырҭ зегьы Иисус Христос ииҭаху акәымкәа, рхоуп изызхәыцуа. 22 Шәара ижәдыруеит Тимофеи ихы шааирԥшыз: аԥа иаб дивагыланы аџьабаа шибо еиԥш, ажәабжь бзиа ауаа ирылаҳҳәаларц азы дсывагыланы аџьабаа сыцибон. 23 Убри аҟынтә исзыԥшу шааилыскаалак, сгәыӷуеит уи шәара шәахь днасышьҭуеит ҳәа. 24 Уи адагьы, агәра ганы сыҟоуп, Иҳақәиҭу игәаԥхар, саргьы иаарласны шәара шәахь сышнеиуа.
25 Аха уажәазы днашьҭтәуп ҳәа сыԥхьаӡоит дсыцхрааларц азы исзаашәышьҭыз, аруаҩ иеиԥш Анцәа имаҵ сыцызуа сашьа Епафроди́т. 26 Уи даара иҭахуп шәара зегьы шәбара, насгьы игәы бзиам ҳәа ахьшәаҳаз хьаас имоуп. 27 Иара ӷәӷәала дычмазҩын, дыԥсырц ак ааигымхеит, аха Анцәа дрыцҳаишьеит. Уи имацара иакәӡам, саргьы срыцҳаишьеит, сгәырҩа даҽа гәырҩак ацымларц азы. 28 Убри аҟынтә иаарласны уи шәара шәахь днасышьҭуеит, даныжәбалак шәгәырӷьарц азы, усҟан саргьы шәара шәзы сгәы ҭынчзаауеит. 29 Абжьааԥны Иҳақәиҭу иҵаҩцәа шшәыдышәкыло еиԥш шәгәырӷьаҵәа дшәыдышәкыл, уи иеиԥш иҟоу ауаа ҳаҭыр рықәышәҵала. 30 Уи Христос* иус азы аԥсра алакҭа дҭаԥшуан, сара сзы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылон, избанзар шәара сааигәара шәыҟамызт, сыцхраара шәылшомызт.
3 Убри аҟынтә, сашьцәа, Иҳақәиҭу Анцәа имаҵ аныжәуа еснагь шәгәырӷьала. Сара исцәыцәгьаӡам ишәзысыҩхьоу еиҭах аҩра, уи шәара шәахьчоит.
2 Шәхы рцәышәыхьчала ауаа хәымгақәа*, шәхы рцәышәыхьчала ауаа ԥырхага рызҭо, шәхы рцәышәыхьчала аԥхьатәхсара аҭахуп ҳәа зҳәо. 3 Ҳара ҳауп заԥхьатә хсаҵәҟьаз, избанзар ҳара Анцәа идоуҳа ацхыраарала имаҵ ҳуеит, Христос Иисус иҟаиҵаз ҳахыҽхәоит, насгьы ауаа ихадоуп ҳәа ирыԥхьаӡо акәӡам ҳзықәгәыӷуа. 4 Сара сыҽхәозҭгьы, сызхыҽхәаша сымоуп.
Ауаа рзы ихадоу уақәгәыӷыр ҟалоит ҳәа ӡәыр дхәыцуазар, сара сзықәгәыӷша еиҳагьы исымоуп: 5 сара аабатәи амш аҽны саԥхьатә хсан, израильтәи ажәлар среиуоуп, Вениамин иҭаацәара салҵит, сауриоуп, азакәан ақәныҟәара атәы сҳәозар, сфарисеин, 6 ааԥсарак ҟамҵакәа аизара сашьҭашәарыцон, азакәан иаҳәоз ак агмыжькәа инасыгӡон. 7 Убри зегьы сара сзы ихадан, аха хьаас имкыкәа Христос иаҳаҭыразы иаансыжьит. 8 Исықәиҭу Христос изку еиҳа ихадоу адыррақәа ансоу, уи зегьы акы иаԥсам еиԥш исыԥхьаӡоит. Иара иаҳаҭыразы сара зегь аансыжьит, ҟьамсарк еиԥш исыԥхьаӡеит, Христос дсырҳарц, 9 насгьы иҵаҩ сакәхарц азы. Сара суаҩ иашоуп ҳәа зысҳәо азакәан сахьықәныҟәо азы акәӡам, Христос дахьхасҵо азоуп. Ааи, Христос дхазҵо роуп Анцәа уаа иашақәаны ииԥхьаӡо. 10 Сара исҭахуп Христос деилыскаарц, иԥсы ҭазҵаз амчгьы еилыскаарц, сара исҭахуп иара иеиԥш сгәаҟларц, иара иеиԥшгьы сыԥсырц, 11 иауазар, раԥхьа* зыԥсы ҭало среиуахарц азы.
12 Сыззыԥшу соухьеит ҳәа акәӡам исҳәарц исҭаху, снаӡангьы сҟамлаӡацт, аха Христос Иисус сыззалихыз соурц азы исылшо зегь ҟасҵоит. 13 Сашьцәа, сыззыԥшу аҳамҭа соухьеит ҳәа сыԥхьаӡаӡом, аха ишәасҳәо абриоуп: сышьҭахьҟа иҟоу схаршҭны, саԥхьаҟа иҟоу ахь схы рханы, 14 схықәкы насыгӡарц азы исылшо зегь ҟасҵоит, Христос Иисус ила Анцәа ааԥхьара зиҭаз ироуа жәҩантәи аԥсҭазаара соурц азы. 15 Ҳара, доуҳала ишәхьоу ауаа, убри аҩыза ахәыцшьа ҳамазароуп. Аха џьара-џьара даҽакала шәхәыцуазаргьы, Анцәа ииашаны ахәыцшьа шәирҵоит. 16 Ҳхаҵара ҳарӷәӷәахьазаргьы, шәааи, ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы иҳарӷәӷәалап.
17 Сашьцәа, сара шәысҿыԥшла, ишәаҳҭо аҿырԥшы иқәныҟәо шәрыхәаԥшла. 18 Уаанӡа зыӡбахә сҳәалоз аӡәырҩы уажәы слаӷырӡышо рыӡбахә сҳәоит, избанзар дара ашьаҟа икыдҵаны иршьыз Христос иаӷацәа реиԥш рхы мҩаԥыргоит. 19 Урҭ ирзыԥшу ԥсроуп, нцәас ирымоу ргәаҳәарақәа роуп, ауаҩы дызцәыԥхашьаша дара ахыҽхәоит, рхәыцрақәа зегьы дгьылтәуп. 20 Аха ҳара ажәҩан ҳатәуп, ажәҩан аҿы иҟоу ҳаиқәырхаҩ Иҳақәиҭу Иисус Христос данбаауеи ҳәагьы ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳаԥшуп. 21 Иара иоуз амч ӷәӷәа ихы иаирхәоит, зегь напхгара аиҭаларц азы, иԥсыҽу ҳцәеижь иԥсахуеит, хьӡи-ԥшеи змоу иара итәы иеиԥшхарц азы.
4 Гәык-ԥсыкала бзиа избо сашьцәа, гәырӷьарас, ҳамҭас исымоу шәара шәоуп, даараӡа шәыгәхьаазгоит. Иҳақәиҭу* иҵаҩцәа реиԥш шәҽырӷәӷәаны шәыҟаз, акыр исзаԥсоу сашьцәа.
2 Ево́диагьы Синти́хиагьы срыҳәоит ирымоу аилибамкаарақәа рыӡбарц, Иҳақәиҭу имаҵзуҩцәа ишрықәнагоу еиԥш. 3 Гәык-ԥсыкала Анцәа имаҵ сыцызуа сашьа, суҳәоит, абарҭ аҳәса урыцхраа. Климе́нти егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи дареи сывагыланы ажәабжь бзиа азы аџьабаа сыцырбон, урҭ рыхьӡқәа аԥсҭазаара ашәҟәы иануп.
4 Иҳақәиҭу имаҵ аныжәуа, еснагь шәгәырӷьала. Еиҭа исҳәоит: шәгәырӷьала! 5 Аҽанраалашьа шыжәдыруа* зегьы ирбарҭазааит. Иҳақәиҭу дааигәахеит. 6 Акгьы хьаас иҟашәымҵалан, Анцәа шәиҳәала. Иҭабуп ҳәа иаҳәо, гәҭыхас ишәымоу зегь аартны изеиҭашәҳәала, шәӷьаҵәыӷьаҵәуа шәиҳәала. 7 Усҟан ауаҩы изеилымкаауа Анцәа иҭынчра Христос ила шәгәи шәыхшыҩи* ахьчоит.
8 Убри аҟынтә, сашьцәа, еснагь шәазхәыцла иҵабыргу, ихадоу, ииашоу, ицқьоу, бзиа ибатәу, ибзианы изыхцәажәо, ибзиоу, арҽхәара иаԥсоу. 9 Сара сыла ишәҵаз, ишәыдышәкылаз, ишәаҳаз шәықәныҟәала, усҟан аҭынчра Анцәа дшәыцзаауеит.
10 Сара даараӡа сеигәырӷьоит еиҭа шәсызхәыцуа шәахьалагаз. Уи азы Иҳақәиҭу иҭабуп ҳәа иасҳәоит. Шәара уаанӡагьы хьаас сшәыман, аха хьаас сышшәымоу сшәырбартә еиԥш алшара шәымамызт. 11 Акы саргәаҟуеит ҳәа акәым уи зысҳәо, сзықәшәозаалакгьы, исымоу сзырхашьа сҵеит. 12 Амамзаарагьы закәу здыруеит, меигӡарахда ианумоугьы закәу здыруеит. Сзықәшәозаалакгьы, исымоу сзырхашьа сҵеит, сгәы анҭәугьы, амла санакуагьы, зегь ансымоугьы, акгьы ансымамгьы. 13 Амч сызҭо ибзоурала сара зегь схызгар сылшоит.
14 Аха шәара сгәаҟрақәа сыцеиҩышәшеит, уи азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. 15 Шәара, филиппаа, ижәдыруеит ажәабжь бзиа аншәаҳа, саргьы Македониантәи санца, шәара шәыда даҽа еизарак шысмыцхрааз, сара сыцхыраарагьы аӡәгьы ишидимкылаз. 16 Фессало́ника саныҟаз, шәара сзызгәаҟуаз знык акәым, ҩынтәгьы исзынашәышьҭит. 17 Аҳамҭақәа сырзыԥшуп ҳәа акәӡам, аха исҭахуп шәус бзиақәа еиҳагьы шәдырбеиарц. 18 Уажәы исҭаху зегь сымоуп, иагьымцхәуп. Епафроди́т ила иаашәышьҭыз соуит, акы саргәаҟуа сыҟам. Исзыҟашәҵаз зегьы афҩы хаа змоу Анцәа игәы иахәо акәырбан иаҩызоуп. 19 Амазара ду змоу Сынцәа иакәзар, Христос Иисус ила ишәҭаху зегь шәиҭоит. 20 Хьӡи-ԥшеи имазааит Ҳаб Ҳанцәа наӡаӡа, наунагӡа. Амин.
21 Асалам сызрышәҭ Христос Иисус иԥшьоу иҵаҩцәа зегьы. Исыцу аишьцәагьы асалам шәырҭоит. 22 Асалам шәырҭоит иԥшьоу зегьы, еиҳарак ацезарь иҩны иатәу.
23 Шәара аҟазшьа бзиақәа шәымоуп. Иҳақәиҭу Иисус Христос иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «алҵшәа бзиақәа».
Ма «аҭыӡшәа ҟашәымҵалан».
Мамзаргьы иҟалап «Иҳақәиҭу».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «алақәа».
Ма «заа».
Ари ажәеинраалеи ажәеинраалақәа 2, 4, 5, 10 рҿи зыӡбахә ҳәоу Иисус иакәзар ауеит, ма Анцәа иакәзар ауеит.
Ма «Шәҳәатәы иашәыргарц шәшашьҭам».
Ма «шәхәыцрақәеи».