ТИМОФЕИ ИАХЬ АКТӘИ АСАЛАМШӘҞӘЫ
1 Ҳаиқәырхаҩ Анцәеи гәыӷырҭас иҳамоу Христос Иисуси ирҭахны, Христос Иисус иапостолс иалху сара, Павел, 2 исымоу ахаҵара сыцеиҩызшо, аԥа иеиԥш исзыҟоу Тимофеи уахь исыҩуеит.
Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Христос Иисуси иҳарҭо аҭынчреи иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи арыцҳашьареи угымзааит.
3 Македониаҟа амҩа сықәлаанӡа Ефес уаанхарц сышуҳәоз еиԥш уажәгьы уа уаанхарц суҳәоит. Уа иҟоу шьоукы ираҳәа, ауаа амцҵарақәа рыларҵәара иаҟәыҵырц, 4 иҟам-ианым иазымӡырҩларц, хылҵшьҭрала ҳазтәыда ҳәа изҿу аҭҵаарақәа ирҟәаҵырц. Урҭқәа зегьы хәарҭас ирылоу ҳәа акгьы ыҟам, еиҳагьы азҵаарақәа цәырыргоит, Анцәа ҳхаҵара ҳарӷәӷәаларц азы иҳаиҭо иацәыхароуп. 5 Арҭ амҩақәҵарақәа хықәкыс ирымоу зегьы гәы цқьалеи, ламыс цқьалеи, хаҵара цқьалеи абзиабара аадырԥшларц ауп. 6 Шьоукы абри зегь ааныжьны, ҵакы змам ацәажәарақәа рхы рзырышьҭит. 7 Дара ауаа азакәан ддырҵаларц рҭахуп, арахь ирҳәо рхаҭагьы ирыздырӡом, ауаа ирыдырцалогьы рзеилкааӡом.
8 Ҳара иаҳдыруеит азакәан* шыбзиоу, уи ииашаны ухы иаурхәозар. 9 Азакәан зыҟоу ауаа иашақәа рзы акәӡам. Уи зыҟоу азакәан еилазгои, аҿагылаҩцәеи, Анцәа ицәымшәои, агәнаҳаҟаҵаҩцәеи, егьырҭ ирыцәхьаҵуеи*, иԥшьоу ҳаҭыр ақәзымҵои, зани заби зшьуеи, егьырҭ ауаа зшьуеи, 10 аламысдақәеи*, ахацәа ирыцышьҭало ахацәеи*, ауаа зӷьычуеи, амцҳәаҩцәеи, зажәа назмыгӡо ауааи* рзоуп, иара убас аҵара иаша иаҿагыло аус цәгьақәа ҟазҵо зегь рзоуп. 11 Уи аҵара шьаҭас иамоу насыԥ змоу Анцәа снапы ианиҵаз зеиԥшыҟам ажәабжь бзиа ауп.
12 Амч сызҭаз Иҳақәиҭу Христос Иисус иҭабуп ҳәа иасҳәоит, сыгәра ганы иԥшьоу аус ахьсыдиҵаз азы, 13 уаанӡа Анцәа иҟоу зегь шизысҳәозгьы, имаҵ зуаз сышрышьҭашәарыцозгьы, сышԥагьазгьы. Ус зыҟасҵоз адырреи ахаҵареи ахьсымамыз азоуп, убри азы Христос срыцҳаишьеит. 14 Иҳақәиҭу сара сахь сзыԥсам ақьиара ааирԥшит, насгьы ахаҵареи Христос Иисус ибзиабареи соуит. 15 Абар зыгәра угартә иҟоу ажәа иашақәа: Христос Иисус адунеи ахь дзааз агәнаҳаҟаҵаҩцәа еиқәирхарц азоуп, урҭ зегь раԥхьа игылоу сара соуп. 16 Аха Христос Иисус сара, агәнаҳаҟаҵаҩцәа зегь раԥхьа игылоу, срыцҳаишьеит, уи ала ичҳара шаҟа идуу ааирԥшит. Убасала иара дхазҵараны иҟоу, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара зауа рзы ҿырԥшыс сҟалеит.
17 Ԥсра зқәым, уаҩ ибарҭам Анцәа, Наӡаӡатәи Аҳ, наунагӡа хьӡи-ԥшеи игымзааит! Иара заҵәык иоуп Нцәас иҟоу. Амин.
18 Тимофеи, сыҷкәын, арҭ амҩақәҵарақәа уара иузку аԥааимбаражәақәа инарықәыршәаны иусҭоит. Урҭ аԥааимбаражәақәа анаҩсгьы аибашьҩы бзиа иеиԥш уеибашьларц амч урҭоит. 19 Убри аамҭазгьы ухаҵареи уламыс цқьеи хьчала. Шьоукы уи ахьырцәыӡыз иахҟьаны рхаҵара иӡааҟәрылаз аӷба еиԥш аӡы иагеит. 20 Гимене́ии Александри урҭ иреиуоуп, сара урҭ Аҩсҭаа иҭаны ирықәнагоу иақәсыршәеит, Анцәа иҟоу зегь изҳәара шыҟамло еилыркаарц азы.
2 Зегь раԥхьаӡа иргыланы исҭахуп еиуеиԥшым ауаа рзы Анцәа шәиҳәаларц, шәӷьаҵәыӷьаҵәуагьы шәиҳәаларц, иҭабуп ҳәагьы иашәҳәаларц. 2 Аҳцәеи аҭыԥ ду аанызкылои рзгьы Анцәа шәиҳәала, ашьшьыҳәа, ҭынч анхаразы, гәыкала Анцәа имаҵ ауразы, насгьы иҟаҳҵо зегьы ҳгәы ақәкны аҟаҵаразы алшара ҳамазарц азы. 3 Уи Ҳаиқәырхаҩ Ҳанцәа игәы иахәоит, ииашоуп ҳәагьы иԥхьаӡоит. 4 Иара иҭахуп еиуеиԥшым ауаа аҵабырг еилыркаарц*, насгьы еиқәхарц. 5 Нцәак иоуп иҟоу, Анцәеи ауааи рыбжьара цҳаражәҳәаҩыс иҟоугьы аӡә иоуп — иуаҩыз Христос Иисус. 6 Иара зегьы* иԥсы рыхҭниҵеит, убасала иақәнагоу ахә рыхшәааны иҿихит. Уи ианаамҭоу ауаа ирылаҳәахоит. 7 Убри сазышаҳаҭларц азоуп Анцәа жәабжьҳәаҩыс, насгьы апостолс сзалихыз — иауриам ауаа ахаҵара аарԥшышьеи аҵабырги дсырҵаларц азы. Амц сҳәаӡом, аиаша ауп исҳәо.
8 Сара исҭахуп шәахьеизозаалакгьы, ахацәа аӡәгьы ажәа имамкӡакәа, гәыԥжәарак ҟамҵакәа, рнапқәа шьҭыхны гәыцқьала Анцәа иҳәаларц. 9 Иара убас исҭахуп аҳәса ишахәҭоу еиԥш*, ламысла-патула, ииашаны ихәыцуа реиԥш рҽеиларҳәаларц. Дара рҽызладырԥшӡалаша рыхцәы аԥашьалеи, хьылеи, бырлашлеи, зыхә цәгьоу маҭәалеи акәӡам, 10 гәыкала Анцәа изиашоу аҳәса ишрықәнагоу еиԥш аус бзиақәа рыла ауп.
11 Аҳәса аҵара анырҵо ҿырымҭлааит, ахацәа рҳәатәы иахымԥалааит. 12 Сара аҳәса азин рысҭаӡом егьырҭ аҵара дырҵара, мамзаргьы ахацәа хадара рзура. Урҭ ҿырымҭлароуп. 13 Раԥхьа Адам иоуп ишаз, Ева лакәӡам. 14 Адам иакәӡам ижьаз, аԥҳәыс лоуп, агәнаҳа ҟазҵазгьы лара лоуп. 15 Аха аԥҳәыс анра дахьчоит, лара анаҩсгьы ахаҵареи абзиабареи аалырԥшлар, Анцәа иҿаԥхьа лыцқьара лыхьчалар, аҟәышрагьы аалырԥшлар.
3 Арҭ ажәақәа рыгәра угартә иҟоуп: хылаԥшҩыс аҟалара зҭаху аус бзиа дашьҭоуп. 2 Ахылаԥшҩы ак ивубо дыҟамзароуп, ԥҳәыс заҵәык димазароуп, ишьцыларақәа дрыцклаԥшлароуп, ииашаны дхәыцуазароуп, деиҿкаазароуп, асасдкылара илазароуп*, арҵара дазҟазазароуп, 3 арыжәтә иҽеимыршьлароуп, инапы шьҭимхуазароуп*, дҟәымшәышәзароуп*, аимак-аиҿак иҽацәихьчалароуп, аԥара бзиа имбалароуп, 4 иҭаацәа ибзианы хадара рзиуазароуп, ихәыҷқәа ааӡазароуп, иҳәатәы харҵозароуп. 5 (Ауаҩы иҭаацәа хадара рзура илымшозар, Анцәа иеизара дызлахылаԥшлои?) 6 Иара ааигәа аӡы зыҽӡаазххьоу иакәымзароуп, дԥагьамхарц, насгьы Аџьныш иԥеиԥш иԥеиԥшымхарц азы. 7 Уи адагьы, аизара иатәым ибзианы ихцәажәозар ауп, ҽԥныҳәа имамзарц азы, насгьы Аџьныш ишьацҳәа даҿамшәарц азы.
8 Аизара ацхырааҩцәа пату зқәу ракәзароуп, ҩ-бзык рҿамзароуп*, мыцхәы аҩы рымжәлароуп, аԥаразы зыԥсы цәгьоу ракәымзароуп. 9 Дара иԥшьоу амаӡа, даҽакала иуҳәозар, ахаҵара, ламысцқьала рҽаларԥсны иркызароуп.
10 Раԥхьа урҭ ԥышәаны, уи аҩыза амаҵзура ианаалоу-ианымаалоу гәаҭатәуп, ак рывубо иҟамлар, аизара ацхырааҩцәас амаҵ рулааит.
11 Аҳәса ишахәҭоу еиԥш рхы мҩаԥыргалароуп, аӡәгьы иҟам-ианым изырымҳәалароуп, рышьцыларақәа ирыцклаԥшлароуп, насгьы зегь рыла Анцәа гәыкала ишизыҟоу аадырԥшлароуп.
12 Аизара ацхырааҩ ԥҳәыс заҵәык димазароуп, ихәыҷқәеи иҭаацәеи ибзианы хадара рзиуазароуп. 13 Змаҵзура ибзианы иназыгӡо ахьӡ бзиа дырҳауеит, насгьы Христос Иисус иахь ирымоу ахаҵара аӡбахә имшәаӡакәа аҳәара рылшоит.
14 Сара уара уахь снеир сҭахуп, аха иаарласны сзымнеир ауеит азы, абри зегьы узысыҩуеит, 15 аҵабырг зыхьчо, уи шьаҟас иамоу Анцәа иҩнаҿы — зыԥсы ҭоу Анцәа иеизараҿы — ухы шымҩаԥугалаша удыруазарц азы. 16 Ҳәарада, Анцәа гәыкала изиашоу дызусҭахоз иазку иԥшьоу амаӡа акраҵанакуеит: «Иара* дуаҩны дҟалеит, еиҭа доуҳатә шамҭаны даныҟала, Анцәа иҿаԥхьа диашоуп ҳәа дыԥхьаӡахеит, амаалықьцәа дрызнеит, ажәларқәа рыбжьара иӡбахә рҳәон, адунеи аҿы ауаа уи дхарҵеит, ажәҩан ахь дган, хьӡи-ԥшеи иҭан».
4 Аха Анцәа идоуҳа еилыкка иаҳәоит ишааиуа аамҭа шьоукы рхаҵара ианацәхьаҵуа, избанзар узырҩашьо ажәақәеи адемонцәа рҵарақәеи ирзыӡырҩлоит, 2 иршу аихала икылрыблаазшәа зыламыс кылблаау амцҳәаҩцәа рымц иазыӡырҩлоит. 3 Дара ауаа аҭаацәара алалара азин рырҭаӡом, абри шәфар ҟалоит, абри шәфар ҟалаӡом ҳәа рарҳәоит. Аха Анцәа афатә зишаз, ахаҵареи аҵабырг иазку ииашоу, иҵаулоу адырреи змоу ауаа Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәо ирфаларц азоуп. 4 Анцәа иишаз зегь бзиоуп. Иҭабуп ҳәа ҳәаны иуфо мап ацәукыр ҟалаӡом. 5 Уи афатә ԥшьоуп, избанзар Анцәа уи цқьоуп ҳәа иԥхьаӡеит, насгьы уи афатә азы иҭабуп ҳәа иаҳҳәеит.
6 Абарҭ алабжьарақәа аишьцәа ианруҭо, Христос Иисус имаҵзуҩ бзиа шуакәу ааурԥшуеит, иааурԥшуеит ахаҵара ажәақәеи ак агмыжькәа узықәныҟәо зеиԥшыҟам аҵара ажәақәеи рыла ушеизҳазыӷьо. 7 Аҭакәажәцәа еиҭарҳәо ажәабжьқәа иреиԥшу, Анцәа ихьӡ лазырҟәуа иҟам-ианым ажәабжьқәа урзымӡырҩлан. Уи аҭыԥан гәыкала Анцәа уизиашазарц азы ухы аус адулала*. 8 Избанзар абаҩрҵәыра иузаанаго ахәарҭа маҷуп, Анцәа иахь азиашара аарԥшра атәы ҳҳәозар, уи зегь рыла ихәарҭоуп, избанзар уажәгьы, ҳаԥхьаҟагьы Анцәа ҳзықәиргәыӷыз абзиарақәа риура иҳацхраауеит. 9 Арҭ ажәақәа иашоуп, рыгәра угартә иҟоуп. 10 Убри азоуп ҳара ҳмаашьаӡакәа аџьабаа заҳбо, иҳалшо зегь зыҟаҳҵо. Ус зыҟаҳҵо зыԥсы ҭоу Анцәа ҳахьиқәгәыӷуа азоуп, иара еиуеиԥшым ауаа реиқәырхаҩ иоуп, еиҳараӡак гәык-ԥсыкала имаҵ зуа.
11 Абарҭ амҩақәҵарақәа рыҭареи рырҵареи урҿыз. 12 Уахьқәыԥшу азы аӡәы уатәамбакәа думыхәаԥшлааит, гәыкала Анцәа имаҵ зуа рзыҳәан уҿырԥшыгаз уцәажәашьаҿы, ухымҩаԥгашьаҿы, абзиабареи ахаҵареи раарԥшраҿы, ацқьараҿы. 13 Снеиаанӡа убжьы ҭыганы аԥхьареи, егьырҭ абзиара аҟаҵара ргәазҭаҵареи, арҵареи рганахь ала уҟазара еиӷьтәла. 14 Аизара ахылаԥшыҩцәа* рхеилак рнапқәа ануқәырҵа, аԥааимбаражәа инақәыршәаны иуоуз аҳамҭа уагәҭамсын. 15 Абри зегьы уазхәыцла, ухы убри иазкыз, уқәҿиарақәа зегьы ирбарҭахарц азы. 16 Егьырҭ аҿырԥш бзиа дурбаларц азы, насгьы урҵаҩ бзиазарц азы иулшо зегь ҟаҵала, уааҟәымҵӡакәа абри зегь уаҿыз, избанзар убасала ухгьы иузыӡырҩуагьы еиқәурхоит.
5 Зықәрахь инеихьоу ахацәа урмацәҳалан, хаала, уабацәа реиԥш урацәажәала, иқәыԥшу — уашьцәа реиԥш, 2 зықәрахь инеихьоу аҳәса — уанацәа реиԥш, иқәыԥшу — гәыцқьала, уаҳәшьцәа реиԥш.
3 Аҳәсеибацәа, еибацәаҵәҟьоу*, ҳаҭыр рықәҵала, урыцхраала. 4 Аԥҳәысеиба ахшара ма амоҭацәа лымазар, урҭ дырбалааит, Анцәа гәыкала ишизиашоу раԥхьа рҭаацәара аҩныҵҟа аарԥшышьа рҵалааит. Дара рҭаацәеи, рандуцәеи, рабдуцәеи ирықәнагоу рырҭалароуп, избанзар Анцәа ус иҭахуп. 5 Еибахаҵәҟьаз, цхыраарада иаанхаз аԥҳәыс, дзықәгәыӷуа Анцәа иоуп, лара уахгьы-ҽынгьы дӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа диҳәоит. 6 Згәаҳәарақәа зыҽрызҭо аԥҳәысеиба лакәзар, уи лыԥсы шҭоугьы дыԥсуп. 7 Анаҩсгьы абарҭ амҩақәҵарақәа рыҭала, урҭ* ҽԥныҳәак руҭо иҟамзарц азы. 8 Аӡәы иҭаацәара ныҟәимгозар, еиҳараӡак иҩнаҭа иатәқәоу, уи зхаҵара мап ацәызкыз уаҩуп, Анцәа дхазымҵо иаасҭагьы деицәоуп.
9 Аԥҳәыс аҳәсеибацәа дырхуԥхьаӡаларц азы 60 шықәса дреиҵамзароуп, хаҵа заҵәык имаз лакәзароуп, 10 иҟалҵоз абзиарақәа рыла деицырдыруазароуп, зхәыҷқәа ибзианы изааӡаз, асасдкылара аазырԥшуаз, иԥшьоу ауаа ршьапқәа зыӡәӡәоз, арыцҳара иақәшәаз ирыцхраауаз, есымша аус бзиақәа ҟазҵоз лакәзароуп.
11 Иқәыԥшу аҳәсеибацәа асиа ианумҵан, избанзар рцәеижь агәаҳәарақәа Христоси дареи ианрыбжьагылалак, аҭаацәара алалара рҭаххоит. 12 Убасала раԥхьатәи ражәа ахьеиларго азы* ахара рыдлоит. 13 Уи адагьы, дара зны аӡә иахь инеиуа, зны даҽаӡә иахь инеиуа, усда-ҳәысда аныҟәара рҽадыршьцылоит, усда-ҳәысда аныҟәара адагьы, уҳәан-сҳәан аҳәареи, ирыхәҭам ҳәо, ирусым алацәажәареи рҽадыршьцылоит. 14 Убри азы сара исҭахуп иқәыԥшу аҳәсеибацәа аҭаацәара иалалаларц, ахшара роуларц, аҩнусқәа ирҿызарц, иаҳҿагыло ауаа аҳәатәы рырымҭаларц, 15 избанзар шьоукы аҵабырг ааныжьны, Аҩсҭаа ишьҭалахьеит. 16 Аиаҳәшьа лыуак деибахазар, длыцхраалааит, усҟан аизара уи еидараны иадлаӡом, насгьы еибаҵәҟьоу* ирыцхраалар алшоит.
17 Аизара ибзианы напхгара азызуа аизара ахылаԥшыҩцәа* еиҳау аҳаҭыр иаԥсоуп, еиҳараӡак Анцәа иажәа аҳәареи уи ауаа дырҵареи азы аџьабаа збо, 18 Аҩыраҿы иаными «ачарыц аҭәаҭәара* иаҿу ацә аҿаԥа аҿоумҵан» ҳәа, иара убас «аус зуа иулафахәы даԥсоуп» ҳәа. 19 Аӡәы аизара ахылаԥшҩы* ахара идиҵозар, уи уизымӡырҩын, ииҳәо шиашоу шьақәзырӷәӷәо ҩыџьа ма хҩык ашаҳаҭцәа ыҟамзар. 20 Агәнаҳа ҟазҵо ракәзар, иахьиашам зегьы рҿаԥхьа идырбала, уи збо ргәырҽанызарц азы*. 21 Анцәеи, Христос Иисуси, Анцәа иалихыз амаалықьцәеи рҿаԥхьа суҳәоит, иусҭаз амҩақәҵарақәа урықәныҟәаларц, аӡбара удукылаанӡа зегь бзианы иҭуҵааларц, аӡә далымкааӡакәа, зегь еиԥшны урзыҟазарц.
22 Унапқәа аӡәы иқәҵара уахымыццакын*, аӡәы игәнаҳақәа урылаҟьашьымхан, ухы цқьаны ихьчала.
23 Аӡы уаҳа иумжәлан*, уца ахьухьуа, насгьы лассы-лассы угәы ахьыбзиам азы маҷк аҩы ыжәла.
24 Џьоукы рыгәнаҳақәа еилыкка иубарҭоуп, иаразнакгьы ақәыӡбарахь инанагоит, егьырҭ рыгәнаҳақәа ԥыҭрак ашьҭахь ауп ианубарҭахо. 25 Убасҵәҟьа аус бзиақәагьы зегьы ирбарҭоуп, ирбарҭамзаргьы, урҭ узыҵәахуам.
6 Амаҵуцәа рыԥшәмацәа ҳаҭыр ду рықәырҵалароуп, ауаа Анцәа ихьӡи иҵареи иакәым ала иахымцәажәаларц азы. 2 Зымаҵ руа қьырсианцәазар, ҳаишьцәоуп ҳәа ҳаҭырда ирзымныҟәалароуп, аха еиҳагьы ргәы ақәкны рымаҵ рулароуп, избанзар рџьабаа хәарҭа ззаанаго, рхаҵара рыцеиҩызшо, бзиа ирбо рашьцәа роуп.
Абас рхы мҩаԥыргаларц ргәазҭаҵала, идырҵала. 3 Аха аӡәы ишәирҵо даҽак акәзар, насгьы уи ахшыҩ зҵоу* Иҳақәиҭу Иисус Христос иажәақәеи гәыкала Анцәа иахь азиашара аарԥшра ҳгәазҭазҵо аҵареи дрықәшаҳаҭымзар, 4 иара зыҽзырԥагьаз, акгьы ззеилымкаауа, аимак-аиҿаки аиҿыхарақәеи зыҽрызҭаз уаҩуп. Уи зегь ашьыцреи, ажәеимакреи, ауаа ацәгьа рызҳәареи* агәреибамгареи, 5 ҵыхәаԥҵәара змам аимак-аиҿакқәеи арҿиоит, еимаукуа ҳәа акгьы ыҟаӡамкәа. Урҭ ацәажәарақәа гәаразҵо аҵабырг иацәыхарахаз, зхәыцрақәа ҟьашьу ауаа роуп. Дара Анцәа имаҵ аура феидак узаанагоит ҳәа ргәы иаанагоит. 6 Ааи, ҳара гәыкала Анцәа ҳизиашазар, убри аамҭазгьы иҳамоу маҷҳамшьозар, иҳарҳауа рацәоуп. 7 Ҳаниз адунеи ахь акгьы шааҳамгаз еиԥш, ҳанԥсуагьы акгьы ҳазгаӡом. 8 Убри аҟынтә иаҳфашеи иаҳшәаҳҵашеи* ҳамазар, уи маҷҳамшьалап.
9 Амал еизызгарц зыӡбаз ртәы ҳҳәозар, урҭ хызхуа рацәахоит, ашьацҳәагьы иаҿашәоит. Дара аҭахареи ақәӡаареи рахь уназго хәарҭа злам, уҭазырхо агәаҳәарақәа ихырхуеит. 10 Цәгьарас иҟоу зегь зыхҟьо аԥара бзиа абара ауп. Уи иахҟьаны шьоукы рхаҵара аанрыжьит, имаҷымкәа агәаҟрақәагьы рхы рықәдыршәеит.
11 Уара, Анцәа имаҵзуҩы, абарҭқәа зегь рымԥан уқәымлан. Уи аҭыԥан, Анцәа иҿаԥхьа уаҩ иашаны аҟазаареи, гәыкала имаҵ ауреи, ахаҵареи абзиабареи раарԥшреи уашьҭаз, ачҳара аарԥшны зегь ухгала, аҟәымшәышәра аарԥшла. 12 Ухаҵара ухьчарц азы угәы-уԥсы ақәкны уқәԥала, наӡаӡатәи аԥсҭазаара уҽаларԥсны икыз. Анцәа уара ауаа рацәа рҿаԥхьа зыӡбахә уҳәоз уи аԥсҭазаара уоурц азы уалихит.
13 Зегь рыԥсы зку Анцәа иҿаԥхьеи Понти Пилат шаҳаҭра бзиа изҭаз Христос Иисус иҿаԥхьеи иуасҳәоит: 14 Иҳақәиҭу Иисус Христос имчра ааирԥшаанӡа абарҭ аԥҟарақәа нагӡала, ҽԥныҳәак умамкәа, ухы цқьаны ихьчала, 15 избанзар насыԥ змоу Анапхгаҩы иазалху аамҭазы имч ааирԥшуеит. Иара аҳцәа Раҳ иоуп, анапхгаҩцәа Дырнапхгаҩуп. 16 Урҭ рыбжьара иара заҵәык иоуп ԥсра зқәым, иара уаҩ дахьзымнеиуа алашараҿы дынхоит, ауаа рҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы уи димбацт, ибарагьы илшом. Хьӡи-ԥшеи наӡаӡатәи амчреи игымзааит. Амин.
17 Ари адунеи* аҿы амал змоу рхы ҳарарымкларц рабжьгала, ираҳәала иқәӡаауа амал акәымкәа, гәыҭбаарала ҳзыргәырӷьо зегь ҳазҭо Анцәа иқәгәыӷларц. 18 Ираҳәала аус бзиақәа ҟарҵаларц, урҭ аусқәа рҿы ибеиазарц, агәыҭбаара аадырԥшларц, ирымоу егьырҭ рыцеиҩшара иазхиазарц. 19 Убасала дара ԥхьаҟатәи рыԥсҭазаара шьаҭа бзианы иазыҟало иқәымӡаауа амал еизыргоит, Анцәа ҳзықәиргәыӷыз аԥсҭазаарагьы* рҽаларԥсны иркуеит.
20 Тимофеи, Анцәа унапы ианиҵаз умырӡын, уҽырцәыхьчала Анцәа ихьӡ лазырҟәуа ҵакы змам ацәажәарақәа, насгьы дырроуп ҳәа ирыԥхьаӡо, арахь аҵабырг иаҿагыло адыррақәа. 21 Шьоукы урҭ адыррақәа иахьхырхыз иахҟьаны рхаҵара иацәхьаҵит.
Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит.
Моисеи изакәан.
Арахь иара убас иаҵанакуазар ауеит Анцәа даанзыжьуа, насгьы имҵахырхәара иаҟәыҵуа ауаа.
Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
Ма «агомосексуалистцәеи».
Ма «мыцла иқәуеи».
Ма «ииашоу, иҵаулоу адырра роурц».
Ма «еиуеиԥшым ауаа».
Ма «ҳаҭырбарала».
Ма «изымдыруа иахь ақьиара ааирԥшлароуп».
Ма «ажәала егьырҭ ргәы димырхьуазароуп».
Ма «иҳәатәы иаимыргалароуп».
Ма «амц рымҳәалароуп».
Иисус.
Аоригинал бызшәаҿы ара игылоу ажәа рхы иадырхәон аспортсменцәа иҟарҵоз имариамыз, ахьаа зцыз абаҩрҵәыратә ҽаршьцыларақәа рыӡбахә анырҳәоз.
Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».
Ацхырааҩ дызмам аҳәсеибацәа.
Ара зыӡбахә цо аҳәсеибацәеи урҭ рыуацәеи роуп.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «раԥхьатәи рхаҵара иахьагәҭасуа азы».
Ацхырааҩ дызмам аҳәсеибацәа.
Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».
Ажәытәан израильаа ачарыц ахәҵәи иареи еилырхырц азы ацәқәа ҵакны, еизганы ишьҭаз ачарыц иахысуан.
Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәаларц азы».
Аӡәы аҭакԥхықәра идҵара уахымыццакын.
Ма «Аӡы мацара уаҳа иумжәлан».
Ма «хәарҭа злоу».
Ма «ауаа лазырҟәуа ажәақәа рҳәареи».
Мамзаргьы иҟалап «ахыҵакырҭеи».
Шәахәаԥш Ажәар.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ииашаҵәҟьоу аԥсҭазаарагьы».