ТИТ ИАХЬ АСАЛАМШӘҞӘЫ
1 Сара, Павел, Анцәа имаҵуҩы, Иисус Христос иапостол соуп. Анцәа иалихыз ирымоу аҩыза ахаҵареи гәыкала Анцәа иахь азиашара шаарԥшлатәу узырбо аҵабырг иазку ииашоу, иҵаулоу адыррақәеи сымоуп. 2 Ахаҵареи ииашоу адыррақәеи рыбзоурала наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра ҳамоуп. Амц ззымҳәо Анцәа жәытә-натә аахыс уи ҳақәиргәыӷуеит. 3 Аха аамҭа анааи, Ҳаиқәырхаҩ Анцәа иҟынтә снапы иану ажәабжьҳәара ала Анцәа иажәа ааиртит. 4 Исымоу ахаҵара сыцеиҩызшо, аԥа иеиԥш исзыҟоу Тит уахь исыҩуеит:
Ҳаб Ҳанцәеи Ҳаиқәырхаҩ Христос Иисуси иҳарҭо аҭынчреи иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи угымзааит.
5 Сара Крит уаансыжьит, уа иҟоу агхақәа уриашарц, насгьы, ишусырҵаз еиԥш, қалақьцыԥхьаӡа аизара ахылаԥшыҩцәа* алухырц. 6 Аизара ахылаԥшҩы ҽԥныҳәа злаирҭаша акы далаҟамзароуп, ԥҳәыс заҵәык димазароуп, ихәыҷқәа Анцәа дхарҵозароуп. Урҭ рхымҩаԥгашьа ҽеиӡам, иааӡаӡам ҳәа рзырымҳәозароуп. 7 Аизара ахылаԥшҩы Анцәа иусқәа инапы иануп азы, ак ивубо дыҟамзароуп, иҳәатәы иаимыргалароуп, зыԥсахы еибакуа, арыжәтә зҽазыршьуа, ажәала узхәуа, знапы шьҭызхуа иакәымзароуп, аԥаразы зыԥсы цәгьоу, амц зҳәо дреиуамзароуп. 8 Асасдкылара илазароуп*, аус бзиақәа бзиа ибалароуп, ииашаны дхәыцуазароуп, дуаҩ иашазароуп, гәыкала Анцәа дизиашазароуп, аҽынкылара имазароуп. 9 Егьырҭ ак андирҵо, ииашоу Анцәа иажәа дахымԥалароуп, хәарҭа злоу аҵарақәа рыла ргәы шьҭихларц, аха уи адагьы, урҭ аҵарақәа ирҿагыло ахьиашам дирбаларц азы.
10 Избанзар аҿагылаҩцәеи, абарбарҩцәеи, амцҳәаҩцәеи рацәахеит, еиҳараӡак аԥхьатәхсара иадгылоу рыбжьара. 11 Урҭ аанкылалатәуп, избанзар рхатә феидазы иахәҭам дырҵо, аҭаацәарақәа шынеибарку ишьақәдырҟьоит. 12 Рԥааимбарҵәҟьагьы иҳәахьан: «Критаа акы иамыриашо мцҳәаҩцәоуп, ишәарҭоу гыгшәыгқәоуп, зымгәа азага ззымдыруа аашьаҩцәоуп».
13 Ииҳәазгьы иашоуп. Убри аҟынтә урҭ инақәырӷәӷәаны иахьиашам дырбала, рхаҵара ӷәӷәахарц, 14 насгьы аиудеиаа рхыҭҳәаақәеи аҵабырг иаҿагыло ирҳәақәои ирзымӡырҩларц азы. 15 Ицқьоу рзы зегь цқьоуп, аха ахаҵара змам ауаа бжьысқәа, ауаа ҟьашьқәа рзы зегь ҟьашьуп, избанзар урҭ рыхшыҩгьы рыламысгьы ҟьашьуп. 16 Дара Анцәа даҳдыруеит ҳәа рҳәоит, аха русқәа Анцәа дшаанрыжьхьоу удырбоит, избанзар иузычҳауа ракәӡам, ауаҩы иҳәатәы раҳауам, ус бзиакгьы узрыдҵо иҟам.
2 Аха уара анаҩсгьы хәарҭа злоу дырҵала. 2 Зықәрахь инеихьоу ахацәа ишахәҭоу еиԥш рхы мҩаԥыргалароуп, пату зқәу ракәзароуп, ииашоу ахәыцшьа рымазароуп, рхаҵара ӷәӷәазароуп, абзиабара аадырԥшлароуп, ачҳара рымазароуп. 3 Убас еиԥш зықәрахь инеихьоу аҳәсагьы ишахәҭоу еиԥш рхы мҩаԥыргалароуп, аӡәы иҟам-ианым изырымҳәалароуп, мыцхәы аҩы ажәра шьцыларас ирымамзароуп, егьырҭ абзиа ддырҵалароуп, 4 иқәыԥшу аҳәса рхацәеи рхәыҷқәеи бзиа ирбаларц рабжьаргалароуп, 5 иддырҵалароуп ииашаны ишхәыцлаша, рхәыцрақәеи русқәеи цқьаны ишырыхьчалаша, аҩн ус ишацәымаашьалаша, аус бзиақәа шыҟарҵалаша, рхацәа рҳәатәы ишазыӡырҩлаша, Анцәа иажәа аӡәгьы ишакәым дахымцәажәарц азы.
6 Иқәыԥшу аишьцәагьы ииашаны ихәыцларц ргәазҭаҵала, 7 зегь рыла аҿырԥш бзиа дырбала, угәы ақәкны ицқьоу дырҵала*. 8 Уажәақәа хәарҭа рылаз, гәыбӷан урымҭартә еиԥш уцәажәала, усҟан ҳаӷацәа ԥхашьоит, избанзар ҽԥныҳәа ҳарҭартә еиԥш алшара роуӡом. 9 Амаҵуцәа есымша рыԥшәмацәа ирзыӡырҩлааит, ргәы аҟаҵара иашьҭазааит, ажәа рымарымклааит, 10 ирыҵамӷьычлааит, уи аҭыԥан, агәрагара ишаԥсоу ддырбалааит. Усҟан Ҳаиқәырхаҩ Ҳанцәа иҵарақәа еиҳагьы идырԥшӡоит.
11 Анцәа ауаа зыԥсам ақьиара ааирԥшит, уи абзоурала еиуеиԥшым ауаа еиқәхоит. 12 Анцәа иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиара иаҳнарҵоит ицәымӷу аусқәеи ари адунеи* агәаҳәара ҟьашьқәеи мап рыцәкра, насгьы ари адунеи аҿы Анцәа иҿаԥхьа зхәыцшьеи зхымҩаԥгашьеи иашоу реиԥш гәык-ԥсыкала имаҵ аура. 13 Ҳара ҳазыԥшуп зеиԥшыҟам ҳгәыӷра анынаӡо аамҭа, иара убас Зегьзымчу Анцәеи Ҳаиқәырхаҩ Иисус Христоси рыхьӡ-рыԥша анаадырԥшуа аамҭа. 14 Христос ихы ҳақәиҵеит, азакәан еилазго аусқәа рҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭарц азы*, насгьы аус бзиақәа рыҟаҵара зҽазызшәо, ихазы ҷыдала иалихыз ажәлар реиԥш ҳаирыцқьеит.
15 Иумоу амчра ухы иархәаны абри зегь дырҵала. Агәра дыргала*, иахьиашам дырбала. Аӡәы уатәамбакәа думыхәаԥшлааит.
3 Анаҩсгьы иргәаларшәала аҳәынҭқарцәеи амчра змоу ауааи ирзыӡырҩларц, рҳәатәы нарыгӡаларц, насгьы аус бзиақәа рыҟаҵара иазхиазарц, 2 аӡәы ихыччаны имцәажәаларц, аимак-аиҿак рҽаларымгалаларц, рҳәатәы иадмыргаларц, зегьы хаала ирзыҟазарц. 3 Ҳаргьы уаанӡа ҳаилкаара маҷын, уаҩ иҳәатәы ҳаҳауамызт, ҳжьаны ҳаҟан, еиуеиԥшым агәаҳәара ҟьашьқәа ҳатҟәаны ҳрыман, ацәгьара ҳнапы алакын, ҳшьыцуан, ҳаузычҳауа ҳаҟамызт, аӡәи-аӡәи ҳаибацәымӷын.
4 Аха Ҳаиқәырхаҩ Ҳанцәа ауаа рахь ақьиареи абзиабареи ааирԥшит. 5 Иара ҳаирыцқьеит, аԥсҭазаара ҳаиҭеит, иԥшьоу идоуҳала ҳуаа ҿыцқәаны ҳҟаиҵеит. Иара ҳзеиқәирхаз иҟаҳҵаз аус бзиақәа рзы акәӡам, ҳахьрыцҳаишьаз азоуп. 6 Иара Ҳаиқәырхаҩ Иисус Христос ила меигӡарахда уи адоуҳа ҳаиҭеит, 7 иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиара абзоурала ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахарц, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра ҳаурц азы.
8 Арҭ ажәақәа ҵабыргуп. Суҳәоит, арҭ ажәақәа еснагь ироуҳәаларц, Анцәа дхазҵаз аус бзиақәа рыҟаҵара иашьҭазарц, еснагь уи иазхәыцларц азы. Уи ауаа рзы ибзиоуп, иагьхәарҭоуп.
9 Уҽрылоумгалалан хыда-ҵыхәада иҟоу аимак-аиҿакқәеи ҳабацәа рышьҭреи Моисеи изакәани ирыдҳәалоу аимакқәеи, избанзар урҭ хәарҭа рылам, ҵакгьы рымам. 10 Знык-ҩынтә згәызҽануҵахьоу, амцҵарақәа ауаа ирылазырҵәо уҽицәыхьчала, 11 ус еиԥш иҟоу ауаҩы амҩа иаша дацәыхҟьеит, агәнаҳа ҟаиҵоит, ихаҭа ихы ҭаирхоит.
12 Уара уахь Арте́мас ма Ти́хик данынасышьҭлак, сара сахь Ни́копольҟа унеирц азы иулшо зегь ҟаҵа, аӡынра уа саангылоит. 13 Моисеи изакәан ибзианы издыруа Зена́с амҩа данықәло, аҽеидкылара уицхраа, иара убас Аполло́сгьы. Урҭ акгьы рыгумыжьын. 14 Ҳашьцәагьы абзиара аҟаҵашьеи ацхыраара ирласны изҭаху рыцхраашьеи рҵалааит, рмаҵзура акгьы иаԥсамкәа иҟамларц азы.
15 Исыцу ҳҩызцәа асалам урҭоит. Уа иҟоу бзиа ҳазбо, ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ҳҩызцәагьы асалам сызрыҭ.
Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит.
Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».
Ма «изымдыруа иахь ақьиара ааирԥшлароуп».
Мамзаргьы иҟалап «идурҵо гәыцқьала идырҵала».
Шәахәаԥш Ажәар.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҳҿихырц азы».
Ма «ргәы шьҭыхла».