Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Ауриацәа рахь 1:1—13:25
  • Ауриацәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ауриацәа
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ауриацәа

АУРИАЦӘА РАХЬ АСАЛАМШӘҞӘЫ

1 Ажәытәан Анцәа ҳабацәеи урҭ рабацәеи аԥааимбарцәа рыла драцәажәон. Иара ус акырынтә иҟаиҵон еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла. 2 Арҭ амшқәа рҵыхәтәаны иара Иԥа ила дҳацәажәон. Иара Иԥа зегь зҭынхо иакәны дҟаиҵеит, ажәҩан аҿи адгьыл* аҿи иҟоу зегь иара ила ауп ишишаз. 3 Иара инагӡаны Анцәа ихьӡ-иԥша ааирԥшуеит, зегь рыла иара диеиԥшуп. Иара амч ду змоу ажәа ала зегь икуп. Ҳагәнаҳақәа ҳхыхны, иара ажәҩан аҿы Анцәа ду иарӷьараҿы дтәеит. 4 Уи амаалықьцәа зегьы дреиҳахеит, урҭ рыхьӡ еиҳаз ахьӡгьы иоуит.

5 Амаалықьцәа рҟынтә Анцәа ӡәыр иеиҳәахьазма: «Уара сԥа уоуп, иахьа сара абыс сузыҟалеит»? Иара убас: «Сара иара абыс сизыҟалоит, иара сԥа иакәхоит»? 6 Иԥазаҵә еиҭа адгьыл ахь данааиго аамҭа иазкны иара иҳәоит: «Анцәа имаалықьцәа зегьы иара иеихырхәааит».

7 Иара убас амаалықьцәа ирызкны иҳәоит: «Имаалықьцәа амч змоу доуҳақәаны иҟаиҵоит, имаҵуцәа — мцаԥшьны». 8 Иԥа изы иара иҳәоит: «Анцәа — уаҳраҭыԥ иоуп наӡаӡа, уаҳратә лабашьа — аиашара лабашьоуп. 9 Уара аиашара бзиа иубоит, ацәгьара уцәымӷуп. Убри азоуп Анцәа, уара Унцәа, егьырҭ аҳцәа раасҭа еиҳаны агәырӷьара ахәша зуқәиҭәаз». 10 Иара убас иҳәоуп: «Аханатә уара, Иҳақәиҭу, адгьыл ашьаҭа шьҭоуҵеит, ажәҩангьы уара унапала иушеит. 11 Урҭ ықәӡаауеит, уара уаанхоит. Амаҭәа еиԥш ихоит, 12 ашәхарԥа еиԥш еикәаурҳәуеит, амаҭәа шырыԥсахуа еиԥш иуԥсахуеит. Аха уара уҽуԥсахӡом, ушықәсқәагьы нҵәаӡом».

13 Иара зныкыр маалықьк абас иеиҳәахьазма: «Сарӷьараҿы утәаз, уаӷацәа ушьапаҿы ишьҭасҵаанӡа»? 14 Дара зегьы Анцәа имаҵ зуа, аиқәхара зауа ирыцхрааларц азы идәықәҵоу доуҳақәаӡами?

2 Убри аҟынтә иҳаҳауа еиҳагьы ҳлымҳа кыдҵаны ҳазыӡырҩлароуп, ҳамҩахымҟьарц азы. 2 Анцәа ҳабацәеи урҭ рабацәеи амаалықьцәа рыла иреиҳәоз ажәақәа ԥсахрак, еицакрак рықәмызҭгьы, насгьы азакәан еилазгоз, имӡырҩуаз ауаҩы иқәнага дақәдыршәозҭгьы, 3 нас, ари аҩыза аиқәхара ду ахә ҳамшьар, ахьырхәра ҳзацәцома? Уи аиқәхара аӡбахә раԥхьа Иҳақәиҭу иҳәон, иажәақәа заҳаз уи шьақәдырӷәӷәеит. 4 Анцәагьы аџьашьахәқәеи, узыршанхо аусқәеи, адыргақәеи ҟаҵо, насгьы игәы иаҭахны имаҵзуҩцәа иԥшьоу адоуҳа рыҭо, урҭ ажәақәа шьақәирӷәӷәеит.

5 Анцәа амаалықьцәа ракәӡам иааираны иҟоу зыӡбахә ҳҳәо адгьыл иахаиргылаз. 6 Зны аӡәы абас иҩит: «Кыр даԥсоума ауаҩы, уи уизхәыцлартә еиԥш, ауаҩытәыҩса иԥагьы, уи уихӡыӡаалартә еиԥш? 7 Уара уи амаалықьцәа раасҭа маҷк деиҵаны дургылеит, ахьӡ-аԥша иуҭеит, ушамҭақәагьы дырхаургылеит, 8 зегьы ишьапаҿы ишьҭоуҵеит». Анцәа уи инапаҵаҟа зегь ҟаиҵеит азы, инапаҵаҟа иҟам ҳәа акгьы ыҟам. Аха ҳара макьана иаҳбаӡом иара инапаҵаҟа зегь шыҟоу. 9 Аха иаҳбоит амаалықьцәа раасҭа маҷк еиҵаны иргылаз Иисус уажәы ахьӡ-аԥша шиаҭәашьоу, агәаҟрақәа зегь ихганы, дахьыԥсыз азы. Анцәа иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиара абзоурала иара зегьы рзы дыԥсит.

10 Зегьы Анцәа изоуп изыҟоу, иара илоуп зегь шыҟоугьы. Анцәа имаҷҩымкәа иԥацәа ахьӡ-аԥша риҭарц азы, Аԥхьагылаҩ хада днаӡаны дҟазҵоз агәаҟрақәа ихигароуп ҳәа иԥхьаӡеит, урҭ аԥацәа реиқәырхара зылшо иакәны дҟаиҵарц азы. 11 Иисус иԥшьаны иҟаиҵои иареи абык иоуп ирымоу, убри азоуп урҭ сашьцәа ҳәа раҳәара дзацәыԥхамшьо. 12 Иара иҳәоит: «Сара уара ухьӡ сашьцәа идсырҳауеит, аизара агәҭаны ашәа ҳәо уҳарасклоит». 13 Иара убас иҳәоит: «Сара иара сиқәгәыӷлоит». Иҵегь иҳәоит: «Иегова* исиҭаз ахәыҷқәеи сареи».

14 Урҭ ахәыҷқәа уаауп азы, иаргьы дуаҩны дҟалеит, иԥсра абзоурала иара ауаа аԥсра рзаазго — Аџьныш — дииааирц азы, 15 насгьы аԥсра иацәшәо зегьы адунеи иқәнагалеижьҭеи итҟәаны измоу ашәара аҟынтә рхы иақәиҭитәырц азы. 16 Иара дзыцхраауа амаалықьцәа ракәӡам, Авраам ихылҵыз роуп. 17 Убри аҟынтә иара зегь рыла иашьцәа дреиԥшхар акәхеит, Анцәа имаҵ аураҿы арыцҳашьареи аӡырҩреи аазырԥшуа ԥшьаҩ хаданы дҟаларц азы. Убасала иара ауаа рыгәнаҳақәа рзы акәырбан наганы, Анцәеи дареи еинирнаалеит. 18 Иара аԥышәара аан агәаҟрақәа ихигахьеит азы, аԥышәарақәа ирықәшәо дрыцхраар илшоит.

3 Абас, иԥшьоу сашьцәа, ажәҩан ахь ааԥхьара змоу, шәизхәыц апостолк иаҳасабала, ԥшьаҩ хадак иаҳасабала иҳадаҳкылаз Иисус. 2 Иара уи амаҵзура инапы ианызҵаз иҳәатәы дықәныҟәон, Анцәа иҩнаҿы Моисеи Анцәа иҳәатәы дшықәныҟәоз еиԥш. 3 Аха Иисус Моисеи иаасҭа аҳаҭыр даԥсоуп, аҩны зыргылаз иргылаз аҩны аасҭа аҳаҭыр дшаԥсоу еиԥш. 4 Иарбан ҩнызаалак аргылаҩ дамоуп, аха зегь зыргылаз Анцәа иоуп. 5 Моисеи Анцәа иҩнаҿы зегь рыла Анцәа иҳәатәы иқәныҟәоз маҵуҩын, имаҵзурагьы аԥхьаҟа зыӡбахә рҳәараны иҟаз аанарԥшуан. 6 Христос иакәзар, Анцәа иҩны иахаргылаз, аӡырҩра аазырԥшуаз аԥа иакәын. Уи аҩны — ҳара ҳауп, ҳазхыҽхәо агәыӷра аҵыхәтәанынӡа ҳҽаларԥсны иаҳкызар, насгьы уи агәыӷра аӡбахә ҳамшәаӡакәа иаҳҳәозар.

7 Убри азоуп иԥшьоу адоуҳала изҳәаз: «Шәизыӡырҩызҭгьы иахьа, абарҭ ажәақәа зҳәо: 8 „Шәҳәатәы иашәмыргалан, шәабацәа сгәы анԥыржәаз, ацәҳәыраҿы санԥыршәоз аҽны ишыҟаз еиԥш. 9 Дара сԥыршәон, 40 шықәса рыҩныҵҟа сусқәа шырбозгьы. 10 Убри азоуп ари абиԥара зысцәымыӷхаз, иагьзысҳәаз: ‚Урҭ ргәы иаҭаху ауп иҟарҵо, сымҩақәа рыздырӡом‘. 11 Убри аҟынтә сара сгәы ԥжәаны абас сқәит: ‚Урҭ сыԥсшьарҭаҭыԥ ахь инеиӡом‘“».

12 Шәгәышәҽаныз, сашьцәа, зыԥсы ҭоу Анцәа шәицәыхарамхарц азы, уи иахҟьаны шәгәаҭа цәгьамхарц, шәхаҵарагьы шәцәымӡырц азы. 13 Иахьатәи амш ыҟанаҵы есыҽны шәгәы шьҭибахла, шәызжьар алшо агәнаҳа иахҟьаны зҳәатәы иазырго шәакәны шәҟамларц азы. 14 Избанзар аԥхьанатә иҳамаз агәрагара аҵыхәтәанынӡа ианаҳахьчо ауп Христос иоуз ҳаргьы ианҳауа. 15 Иаными: «Шәизыӡырҩызҭгьы иахьа, абарҭ ажәақәа зҳәо: „Шәҳәатәы иашәмыргалан, шәабацәа сгәы анԥыржәаз ишыҟаз еиԥш“».

16 Анцәа ибжьы шраҳазгьы, игәы ԥызжәада? Изусҭцәадаз дара? Моисеи Египет иалигаз зегь ракәӡамзи? 17 Анцәа 40 шықәса ицәымӷдаз? Агәнаҳа ахьыҟарҵоз азы ацәҳәыраҿы иԥсыз ракәӡамзи? 18 Сыԥсшьарҭаҭыԥ ахь шәнеиӡом ҳәа дықәны изеиҳәадаз? Иҳәатәы хазымҵоз ракәӡамзи? 19 Ааи, ҳара иаҳбоит ахаҵара ахьрымамыз азы урҭ Анцәа иԥсшьарҭаҭыԥ ахь ишзымнеиз.

4 Анцәа иԥсшьарҭаҭыԥ ахь ҳашнеиго ала иҳаиҭаз ажәа макьана амч амоуп азы, шәааи, ҳхы ҳацклаԥшлап, ҳазқәыргәыӷу ҳцәымӡырц азы. 2 Ҳаргьы дара реиԥш ажәабжь бзиа ҳаҳаит. Аха дара уи ажәабжь ахәарҭа рзаанамгаӡеит, избанзар аӡырҩра аазырԥшыз ирымаз ахаҵара аҩыза рымаӡамызт. 3 Ахаҵара змоу ҳтәы ҳҳәозар, ҳара Анцәа иԥсшьарҭаҭыԥ ахь ҳнеиуеит. Адунеи анышьақәыргылаз* аамҭазы Анцәа иусқәа дышрылгахьазгьы, аӡырҩра аазмырԥшыз рзы иара иҳәеит: «Убри аҟынтә сара сгәы ԥжәаны абас сқәит: „Урҭ сыԥсшьарҭаҭыԥ ахь инеиӡом“». 4 Аҩыраҿы абыжьбатәи амш иазкны иара абас иҳәеит: «Анцәа абыжьбатәи амш аҽны иусқәа зегьы рҟынтә иԥсы ашьара далагеит», 5 иара убас иҳәеит: «Урҭ сыԥсшьарҭаҭыԥ ахь инеиӡом».

6 Раԥхьаӡа ажәабжь бзиа заҳаз аӡырҩра ахьаадмырԥшыз азы Анцәа иԥсшьарҭаҭыԥ ахь изымнеиӡеит, аха уахь анеира зылшо макьана иҟоуп. 7 Убри азоуп иара еиҭа амш залихуа, насгьы имаҷымкәа аамҭа анца ашьҭахь иара Давид иԥсалом аҿы «иахьа» ҳәа зиҳәо. Хыхь ишҳәаз еиԥш: «Шәизыӡырҩызҭгьы иахьа, абарҭ ажәақәа зҳәо: „Шәҳәатәы иашәмыргалан“». 8 Иисус Нави́н урҭ Анцәа иԥсшьарҭаҭыԥ ахь инеигазҭгьы, Анцәа ԥыҭрак ашьҭахь даҽа мшык аӡбахә иҳәарымызт. 9 Убри аҟынтә Анцәа ижәлар рзы асабшатәи аԥсшьарамш макьана иаанхоит, 10 избанзар Анцәа иԥсшьарҭаҭыԥ ахь инеиуа иусқәа рҟынтә иԥсы ашьара далагахьеит, Анцәа иусқәа рҟынтә иԥсы ашьара дшалагахьоу еиԥш.

11 Убри аҟынтә, шәааи, иҳалшо зегь ҟаҵаны Анцәа иԥсшьарҭаҭыԥ ахь анеира ҳҽазаҳшәап, аӡырҩра аазмырԥшыз рымҩа ҳанымларц азы. 12 Анцәа иажәа аԥсы ҭоуп, уи амч ду амоуп, наҟ-ааҟ ицҳафыруа аҳәа аасҭа иҵаруп, уи убриаҟара ауаҩы игәаҵанӡа инеиуеит, ҩныҵҟалеи адәахьалеи дзеиԥшроу аанарԥшуеит, иҟәартәрақәеи ихшыбаҩи рҟынӡа инеиуеит, ихәыцрақәеи игәаҳәарақәеи аанартуеит. 13 Анцәа иимбо шамҭак ыҟам, зҿаԥхьа аҭак ҟаҳҵараны ҳаҟоу иҿаԥхьа зегь аартуп, ибзианы ибарҭоуп.

14 Ҳаԥшьаҩ хада ду — Анцәа Иԥа Иисус иоуп. Иара ажәҩан ахь дхалеит. Шәааи, нас, иара дышхаҳҵо анаҩсгьы зегьы ирзеиҭаҳҳәалап. 15 Ҳара ҳаԥшьаҩ хада ҳаԥсыҽрақәа еилкааны ҳрыцҳаишьоит, избанзар иаргьы ҳара ҳаиԥш зегь рыла дԥышәан, аха гәнаҳак ҟаимҵаӡеит. 16 Убри аҟынтә, шәааи, ҳзыԥсам ақьиара аазырԥшуа Анцәа иаҳраҭыԥ ҳазааигәахап, насгьы ҳамшәаӡакәа ҳиҳәалап, ацхыраара анаҳҭаххо аамҭазы арыцҳашьареи ҳзыԥсам ақьиареи ааирԥшырц азы.

5 Ԥшьаҩ хадас иалху ауаҩы ауаа рзы Анцәа иҿаԥхьа амаҵ иуеит, рыгәнаҳақәа рзы аҳамҭақәеи акәырбанқәеи неигаларц азы. 2 Иара илшоит иззымдырӡакәа агәнаҳа ҟазҵо* рыцҳаишьар, избанзар еиликаауеит иаргьы дшыԥсыҽу. 3 Убри аҟынтә иара ауаа рыгәнаҳақәа рзы мацара акәымкәа, иара игәнаҳақәа рзгьы акәырбанқәа неигалароуп.

4 Ауаҩы иҭаххеит ҳәа ԥшьаҩ хаданы дзыҟалаӡом, уи Анцәа далихроуп, Ааро́н дшалихыз еиԥш. 5 Христосгьы ԥшьаҩ хаданы ихала иҽалимхӡеит, ахьӡ-аԥша ихы иеимҭаӡеит. Ахьӡ-аԥша изҭаз абарҭ ажәақәа иазҳәаз иоуп: «Уара сԥа уоуп. Иахьа сара абыс сузыҟалеит». 6 Иара убас иара иҳәеит: «Уара наӡаӡа уԥшьаҩуп, Мелхиседе́к иеиԥшу ԥшьаҩуп».

7 Христос адгьыл аҿы даныҟаз, дӷьаҵәыӷьаҵәуа, игәы ҭыӷьӷьаа аԥсра дацәызыхьчар зылшоз диҳәон, ибжьы ҭыганы дҵәыуо, длаӷырӡышо диҳәон. Анцәа уи ибжьы иаҳаит, избанзар иара Анцәа дицәшәон*. 8 Иара Анцәа иԥа шиакәызгьы, ихигаз агәаҟрақәа аҳәатәхаҵара аарԥшышьа идырҵеит. 9 Днаӡаны даныҟала, изыӡырҩуа зегьы наӡаӡатәи аиқәхара зыла ироур рылшо иакәны дҟалеит, 10 избанзар Анцәа уи Мелхиседе́к иеиԥшу ԥшьаҩ хаданы дҟаиҵеит.

11 Уи изкны иаҳҳәаша рацәоуп, аха уи шәеилыркаара ус имариам, избанзар ишәаҳауа аилкаара шәашьҭаӡам. 12 Уажәшьҭа шәара шәырҵаҩцәазар акәын, аха ҿыц иԥшьоу Анцәа иажәа аҟынтә имариоу аҵабыргқәа шәырҵалатәуп. Макьана хшыла иааӡатәқәоу шәоуп, икьакьоу афатә афара шәцәыуадаҩуп. 13 Уажәыгьы ахш зфо ауаҩы аиашара закәу ҳзырҵо ажәа издырӡом, избанзар макьана дсабиуп. 14 Икьакьоу афатә афара зылшо доуҳала ишәхьоу роуп. Дара ацәгьеи абзиеи реиҩдыраашьа рҵарц азы есыҽны рыхшыҩ азыҟарҵон.

6 Убри аҟынтә аԥхьанатә иҳауз Христос изку аҵарақәа рҟны ҳаанымгылалароуп, анаҩсгьы доуҳала ҳашәлароуп. Ишьҭаҳҵахьоу ашьаҭахь ҳахнымҳәлап, иаҳҵахьоу абарҭ аҵарақәа рахь: акгьы иаԥсам аусқәа* рыхьхәра, Анцәа ихаҵара, 2 аӡӡаахрақәа ирызку аҵара, анапқәа рықәҵара, аԥсҭалара, наӡаӡатәи ақәыӡбара. 3 Анцәа имчала ҳара иҳалшоит доуҳала ишәхьоу ҳакәны аҟалара.

4 Зны Анцәа алашара зирбаз, жәҩантәи аҳамҭеи иԥшьоу адоуҳаи зауз, 5 изауз зеиԥшыҟам Анцәа иажәа, аԥхьаҟа* иҟалараны иҟоу абзиарақәа збаз, 6 аха зхаҵара иацәхьаҵыз еиҭах рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц узрыцхрааӡом, избанзар дара Анцәа Иԥа еиҭа ашьаҟа дкыдырҵоит, зегьы рҿаԥхьа ахьымӡӷ идыргоит. 7 Анцәа адгьыл дазылԥхоит, уи лассы-лассы илеиуа ақәа анажәуа, насгьы иқәаарыхуа аҽаҩра анинаҭо. 8 Аха адгьыл амаӷи аҳаскьын бааԥси ықәиаауазар, уи акгьы иаԥсам дгьылуп. Уи адгьыл ашәи азыԥшуп, аҵыхәтәангьы иқәыццышәаа ирбылуеит.

9 Бзиа иаҳбо ҳашьцәа, ҳара ус ҳҳәоит, аха агәра ганы ҳаҟоуп шәара шәусқәа еиҳа ишеиӷьу, избанзар аиқәырхарахь шәназго аусқәа ҟашәҵоит. 10 Анцәа диашоуп, убри аҟынтә иахьа уажәраанӡа иԥшьоу рымаҵ уа, ихьӡ азы ижәбо аџьабааи иаашәырԥшуа абзиабареи ихашҭӡом. 11 Аха ҳара иаҳҭахуп анаҩсгьы шәҳаҵҳаҵо шәыҟазарц, шәгәыӷра аҵыхәтәанынӡа ишыӷәӷәоу иаанхарц азы. 12 Шәмаашьалан, ахаҵареи ачҳареи ахьаадырԥшуаз абзоурала изқәыргәыӷыз зауз шәырҿыԥшла.

13 Анцәа Авраам ажәа анииҭоз, сара исымаҿоуп ҳәа дқәит, избанзар иара иаасҭа еиҳау дыҟаӡам. 14 Иара иҳәеит: «Сара сузылԥхоит, жәларык ухылҵыртә еиԥш иҟасҵоит». 15 Авраам ачҳара анааирԥш ашьҭахь ауп Анцәа ари данақәиргәыӷ. 16 Ауаа аӡәы ажәа анирҭо, дара раасҭа еиҳау ила иқәуеит. Уи аимак-аиҿак аҵыхәтәа ԥнаҵәоит, избанзар ирҳәаз шьақәнарӷәӷәоит. 17 Убас, Анцәагьы ажәа зиҭаз ауаа игәы иҭеикыз ԥсахрак шақәым еиҳа еиӷьны идирбарц аниӡба, изықәиргәыӷыз шроуҵәҟьо шьақәирӷәӷәарц азы дқәит. 18 Ԥсахра зқәым урҭ ҩба рҿы Анцәа амц изҳәаӡом. Урҭ аҩбагьы ҳара — Анцәа иҿы ахыҵакырҭа зыԥшааз — ҳгәы шьҭырхуеит, насгьы ҳгәыӷра ҳҽаларԥсны акра иҳацхраауеит. 19 Уи агәыӷра ҳаԥсҭазааразы аԥырсал иаҩызоуп — уақәгәыӷыртә иҟоуп, иӷәӷәоуп, аԥарда ашьҭахь иҟоу аныҳәарҭа ауадахь ҳнанагоит. 20 Уахь ҳара ҳаԥхьа Иисус дыҩналеит. Иара наӡаӡа ԥшьаҩ хаданы дҟалеит, Мелхиседе́к иеиԥшу ԥшьаҩ хаданы. Иара уахь дыҩналеит ҳара ҳзы амҩа ааиртырц, насгьы уи ирмазеирц азы.

7 Хыхь иҟоу Анцәа Ду ԥшьаҩыс имаҵ зуаз салимтәи аҳ Мелхиседе́к аҳцәа ириааины ихынҳәны иаауаз Авраам диԥылан, диқәныҳәеит. 2 Авраам имаз зегь аҟынтә Мелхиседе́к ажәабатәи ахәҭа ииҭеит. Ихьӡ иаанагоит «аиашара аҳ», иара убас иара Сали́м аҳ иоуп, уи иаанагоит «аҭынчра аҳ». 3 Уи иаб дыҟам, иан дыҟам, ишьҭрагьы ыҟам, даниз аӡәгьы издырӡом, данԥсызгьы аӡәгьы издырӡом, убри ала Анцәа Иԥа диеиԥшуп, наӡаӡагьы ԥшьаҩыс даанхоит.

4 Шәазхәыц ҳабацәа раб Авраам аибашьра иалигаз иреиӷьу амазара аҟынтә ажәабатәи ахәҭа зиҭаз уи ауаҩ шаҟа дуаҩ дууз. 5 Ԥшьаҩцәас амаҵ зуа Ле́ви иԥацәа азакәан инақәыршәаны ажәлар ажәабатәи ахәҭа рылырхлар ауп, урҭ рашьцәа шракәугьы, Авраам ихылҵыз шракәугьы. 6 Уи ауаҩ Ле́ви ишьҭра дшатәымызгьы, Авраам ажәабатәи ахәҭа имихит, насгьы ақәыргәыӷра зоухьаз диқәныҳәеит. 7 Еилкаауп еиҳау еиҵоу дышиқәныҳәо. 8 Ажәабатәи ахәҭа зауаз алевитцәа иԥсуаз уаан, аха Аҩыра иаҳәоит ажәабатәи ахәҭа зауз егьи ауаҩ иԥсы шҭоу. 9 Иаҳҳәар ҳалшоит ажәабатәи ахәҭа зауаз Ле́вигьы Авраам ила ажәабатәи ахәҭа ишәеит ҳәа, 10 избанзар Авраами Мелхиседе́ки анеиқәшәа, Авраам Ле́ви дихылымҵӡацызт.

11 Ле́ви ишьҭра иатәыз аԥшьаҩцәа рмаҵзура израильаа ирыҭаз Моисеи изакәан иахәҭакын. Урҭ рмаҵзура абзоурала анаӡара уоур ҟалозҭгьы, Ааро́н иакәымкәа, Мелхиседе́к иеиԥшыз даҽа ԥшьаҩык даҭаххозма? 12 Ԥшьаҩцәас амаҵ зуа рыԥсахуазар, азакәангьы ԥсаххоит. 13 Зыӡбахә ҳҳәо дызтәу даҽа шьҭрак ауп, уи ашьҭра аҟынтә аӡәгьы акәырбаннагарҭаҿы амаҵ иуӡомызт. 14 Ҳара иаҳдыруеит Иҳақәиҭу Иуда ишьҭра дшалҵыз, Моисеи уи ашьҭраҿы ԥшьаҩцәас амаҵ зуа ҟалоит ҳәа шимҳәазгьы.

15 Мелхиседе́к иеиԥшу даҽа ԥшьаҩык данцәырҵ, уи еиҳагьы иубарҭахеит. 16 Иара ԥшьаҩыс дзыҟалаз азакәан ишаҳәоз еиԥш уи шьҭрала иара иахь иахьиасыз азы акәӡам, ԥсра зқәым аԥсҭазаара изҭо амч ахьимоу азоуп. 17 Иара изкны иҳәоуп: «Уара наӡаӡа уԥшьаҩуп, Мелхиседе́к иеиԥшу ԥшьаҩуп».

18 Ажәакала, уаанӡатәи аԥҟара аԥыхуп, избанзар иԥсыҽуп, иалшо маҷуп. 19 Азакәан инаӡаны иҟанаҵаз ҳәа акгьы ыҟаӡам, Анцәа иҳаиҭаз агәыӷра акәзар, зегь наӡаны иҟанаҵеит. Уи агәыӷра абзоурала ҳара Анцәа ҳаизааигәахоит. 20 Анцәа Иисус ԥшьаҩыс даныҟаиҵа дқәит азы 21 (иҟоуп ԥшьаҩцәас амаҵ зуа, аха Анцәа урҭ ԥшьаҩцәас ианыҟаиҵоз дымқәӡеит. Ари ауаҩ итәы ҳҳәозар, Анцәа уи дықәны ауп ԥшьаҩыс дшыҟаиҵаз. Иара иҳәеит: «Иегова* дқәит, уи дагьахьхәӡом: „Уара наӡаӡа уԥшьаҩуп“»), 22 Иисус еиҳа еиӷьу аиқәшаҳаҭра шьақәырӷәӷәараны дазыҟалеит. 23 Уи адагьы, аԥшьаҩцәа рҽырыԥсахлар акәын, избанзар аԥсра рмаҵзура анагӡара ирԥырхаган. 24 Аха иара наӡаӡа дыҟоуп азы, иара иҭыԥан ԥшьаҩыс уаҳа аӡәгьы дҟалаӡом. 25 Убри аҟынтә иара илшоит иара ила Анцәа изааигәахо реиқәырхара, избанзар дара рзы Анцәа диҳәаларц азы есымша иԥсы ҭоуп.

26 Убри иҩыза аԥшьаҩ хада иоуп ҳара иаҳҭахугьы: Анцәа гәыкала изиашоу, ацәгьара злам, ицқьоу, агәнаҳаҟаҵаҩцәа зынӡа иреиԥшым, ажәҩан аасҭа ирҳараку. 27 Иара аԥшьаҩ хадацәа реиԥш есыҽны зны иара игәнаҳақәа рзы, нас ажәлар рыгәнаҳақәа рзы акәырбанқәа неигалар акәӡам. Иара знык кәырбанс ихы ҟаҵаны, ауаа наӡаӡа ахәарҭа рзаазго акәырбан неигеит. 28 Азакәан инақәыршәаны ԥшьаҩ хадацәас иҟало аԥсыҽрақәа змоу ауаа роуп, аха Анцәа азакәан анҳаиҭа ашьҭахь дқәит, наӡаӡа ҳәа инаӡаны иҟалаз Иԥа ԥшьаҩ хаданы дшыҟаиҵо.

8 Исҳәаз ҵакыс иамоу абри ауп: ҳара убри иҩыза аԥшьаҩ хада иоуп иҳамоу. Иара хьӡи-ԥшеи змоу Анцәа иарӷьарахь ала ажәҩан аҿы дтәеит. 2 Иара ауаҩы иргылаз акәымкәа, Иегова* иргылаз ақьалаҿы иҟоу иԥшьоу аҭыԥ аҿы амаҵ иуеит. 3 Аԥшьаҩ хада дзалху аҳамҭақәеи акәырбанқәеи неигаларц азоуп, убри азы иаргьы акәырбан неигар акәын. 4 Иара адгьыл аҿы дыҟазҭгьы, ԥшьаҩыс амаҵ иулаӡомызт, избанзар ара, адгьыл аҿы, азакәан инақәыршәаны аҳамҭақәа назго ыҟоуп. 5 Урҭ рмаҵзура ажәҩан аҿы иҟоу иеиԥшуп, иагагоуп. Уи ус шакәу аарԥшын, Анцәа Моисеи ақьала ширгылаша аниеиҳәа. Иара иҳәеит: «Ашьхаҿы ишусырбаз еиԥшҵәҟьа зегь ҟаҵа». 6 Аха Иисус еиҳа еиӷьу амаҵзура инапы ианҵоуп, избанзар иара еиҳа еиӷьу аиқәшаҳаҭра дацҳаражәҳәаҩуп. Уи аиқәшаҳаҭра еиҳа еиӷьу ақәыргәыӷрақәа шьаҭас иҟаҵаны, закәанла ишьақәырӷәӷәоуп.

7 Актәи аиқәшаҳаҭра грак амамкәа иҟазҭгьы, аҩбатәи аҭаххаӡомызт. 8 Анцәа израильаа рыгхақәа ибоит азы иҳәоит: «„Иааиуеит амшқәа, — иҳәоит Иегова, — израильтәи аҩнаҭеи, иудатәи аҩнаҭеи, сареи ҳабжьара аиқәшаҳаҭра ҿыц аныбжьасҵо. 9 Уи аиқәшаҳаҭра рабацәеи рабдуцәеи рнапы кны Египет ианалызгаз аҽны дареи сареи иҳабжьасҵаз аиқәшаҳаҭра иеиԥшхом“. „Дара уи аиқәшаҳаҭра еиларгеит, убри аҟынтә рыцхраара саҟәыҵит“, — иҳәоит Иегова.

10 „Абар урҭ амшқәа рышьҭахь Израильи сареи иҳабжьасҵо аиқәшаҳаҭра, — иҳәоит Иегова. — Сара сзакәанқәа урҭ рыхшыҩ иҭасҵоит, ргәы иҭасыҩуеит. Сара Рынцәа сакәхоит, даргьы сыжәлар ракәхоит.

11 Урҭ рҟынтә дарбанзаалак изааигәоу дидгыланы, дызусҭазаалак иашьа дидгыланы: ‚Иегова деилышәкаа!‘ ҳәа ҳәо, аҵара иирҵалаӡом, избанзар дара зегьы, анхаҩы инаиркны ауаҩ ду иҟынӡа, сырдыруазаауеит. 12 Сара урҭ рус цәгьақәа ранасыжьуеит, рыгәнаҳақәагьы уаҳа исгәаласыршәаӡом“».

13 «Аиқәшаҳаҭра ҿыц» аниҳәо, уаанӡатәи шажәыз ҳирбоит. Иажәхьоу, ихахьоу иаарласны иқәӡаауеит.

9 Уаанӡатәи аиқәшаҳаҭра иаман Анцәа имҵахырхәара иадҳәалаз азакәанқәеи адгьыл аҿы иԥшьоу аҭыԥи. 2 Уи ақьала ҩ-ҟәшак аман. Актәи аҟәшаҿы иҟан алашарбагеи, астоли, иԥшьоу ачеи*. Уи аҟәша Иԥшьоу аҭыԥ ахьӡын. 3 Аҩбатәи аԥарда ашьҭахь Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ захьӡыз аҟәша ыҟан. 4 Уа ахьы иалхыз афимиамҭреи зганқәа зегьы хьыла ихҟьаз аиқәшаҳаҭра аковчеги ыҟан. Аковчег иҭан аманна зҭаз ахьы иалхыз аҟәџьали, ишәҭны иҟаз Ааро́н илабашьеи, Анцәа изакәанқәа* зныз ахаҳә ҟьаԥсқәеи. 5 Аковчег улаԥш хызкуаз ахерувимцәа ықәгылан, урҭ рыгага аинышәара ахҩа ианубаалон. Аха уажәы уи иадҳәалоу акәамаҵамарақәа зегьы рылацәажәара иаамҭам.

6 Убас ауп зегь шыҟаҵаз. Убри аахижьҭеи аԥшьаҩцәа есыҽны актәи ауада иҩналоит, рмаҵзура нарыгӡарц азы. 7 Аҩбатәи аҟәшахьы иҩнало аԥшьаҩ хада заҵәык иоуп. Иара уахь шықәсык ахь знык ауп даныҩнало, ашьа мгакәагьы дыҩналаӡом. Иара уи ашьа ихази ажәлар ирзымдырӡакәа иҟарҵо агәнаҳақәа рзи инеигоит. 8 Убасала иԥшьоу адоуҳа еилыкка иаҳнарбоит актәи ақьала ыҟанаҵы иԥшьоу аҭыԥ* ахь амҩа шаартымыз. 9 Уи ақьала уажәы иҟоу аанарԥшуеит. Анцәа уажәгьы аҳамҭақәеи акәырбанқәеи изнаргоит. Аха урҭ аҳамҭақәеи акәырбанқәеи Анцәа имҵахырхәо иламыс аҵыхәтәанынӡа ирызрыцқьаӡом. 10 Урҭ аҳамҭақәеи акәырбанқәеи зыдҳәалоу афатәи, ажәтәи, аҽыӡәӡәареи* роуп. Уи зегьы закәанла иҟаҵатәыз ак акәын, ацәеижь иадҳәалан, насгьы зегь арҽеиразы иалхыз аамҭа ааиаанӡа ус иҟазар акәын.

11 Аха Христос иҳаухьоу абзиарақәа ҳаурц азы ԥшьаҩ хадас данаа, еиҳа еиҳау, инаӡоу, ауаҩ инапала иҟаҵам ақьала дыҩналеит, уи ахьыҟоу адгьыл аҿы акәӡам. 12 Иара иԥшьоу аҭыԥ аџьмақәеи ацәҵысқәеи ршьа иманы акәӡам дшыҩналаз, ишьа иманы ауп дшыҩналаз. Иара уи знык ауп ианыҟаиҵа. Уи ала наӡаӡатәи ахақәиҭра ҳзааигеит*. 13 Аџьмақәа ршьеи, ацәқәа ршьеи, ақаблақәа рыццышәи иҟьашьу ауаа Анцәа иҿаԥхьа ицқьаны, иԥшьаны иҟанаҵозар, 14 шаҟа еиҳаузеи Христос ишьа иамоу амч! Наӡаӡатәи адоуҳа анапхгара ала иара гра змам акәырбан еиԥш Анцәа ихы изнеигеит. Иара ишьа уаанӡа иҟаҳҵақәоз аус цәгьақәа рҟынтә ҳаламыс арыцқьоит, зыԥсы ҭоу Анцәа имаҵ аура ҳалшарц азы.

15 Убри азоуп иара аиқәшаҳаҭра ҿыц цҳаражәҳәаҩыс дзамоу. Иара цҳаражәҳәаҩыс дҟалеит, ааԥхьара змоу изқәыргәыӷу наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы. Уи зегь зыбзоурахаз иара иԥсрала урҭ ахьҿихыз, насгьы уаанӡатәи аиқәшаҳаҭра аҵаҟа иҟарҵахьаз аус цәгьақәа рҟынтә рхы иахьақәиҭитәыз ауп. 16 Аиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵо, аиқәшаҳаҭра бжьазҵаз ауаҩы* дыԥсыроуп, 17 избанзар аиқәшаҳаҭра аус аура ианалаго аԥсра ашьҭахь ауп. Ибжьазҵаз иԥсы ҭанаҵы, уи амч амаӡам. 18 Убри аҟынтә уаанӡатәи аиқәшаҳаҭра ашьа акаҭәара ала ауп аус аура ишалагаз. 19 Моисеи азакәан иану аԥҟарақәа зегьы ажәлар ианрылеиҳәа, ацәҵысқәа ршьеи, аџьмақәа ршьеи, аӡи, иҟаԥшьы-уаркалеиуаз аласеи, аиссопи ганы, аиқәшаҳаҭра ашәҟәи ажәлари ирықәирԥҟҟан, 20 ус иҳәеит: «Ари — аиқәшаҳаҭра аус азыруа ашьа ауп. Анцәа иҭахуп уи аиқәшаҳаҭра нашәыгӡаларц». 21 Убасҵәҟьа иара иԥшьоу ақьалеи амаҵзураҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәеи ашьа рықәирԥҟҟеит. 22 Закәанла ашьа шамахамзар зегь арыцқьоит, ашьа камҭәакәа ауаа рыгәнаҳақәа ранажьхом.

23 Ажәҩан аҿы иҟоу иеиԥшу — аԥстәқәа ршьала ирыцқьалатәын, ажәҩан аҿы иҟоу акәзар, акырӡа еиӷьу акәырбанқәа аҭахуп. 24 Христос дзыҩналаз иԥшьоу аҭыԥ ажәҩан аҿы иҟоу иеиԥшу, напыла иҟаҵоу аҭыԥ акәӡам. Иара ажәҩан ахаҭахьы ауп дахьнеиз, ҳара ҳзы Анцәа иҿаԥхьа дгыларц азы. 25 Аԥшьаҩ хада есышықәса иԥшьоу аҭыԥ дыҩналоит, инеигогьы ишьа акәӡам, аԥстәқәа ршьоуп. Христос иакәзар, акырынтә ихы кәырбанс инеигалар акәӡам. 26 Мамзар иара адунеи анышьақәыргылаз инаркны* имаҷымкәа агәаҟрақәа ихигалар акәхон. Аха уажәы, ари аамҭа аҵыхәтәаны*, иара знык ауп данаа, ихы кәырбанс иҟаҵаны, агәнаҳа аҵыхәтәа ԥиҵәарц азы. 27 Ауаа знызаҵәык ишыԥсуа еиԥш, уи ашьҭахь аӡбара шырзыԥшу еиԥш, 28 Христосгьы знык ауп ихы кәырбанс иахьнеигаз, ирацәаҩны ауаа рыгәнаҳақәа рхихырц азы. Аҩынтә раан иара дзаауа агәнаҳа ықәигарц азы акәӡам, иара дзаауа згәы хыҭхыҭуа изыԥшу еиқәирхарц азоуп.

10 Азакәан — ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу абзиарақәа рыгага заҵәык ауп, урҭ абзиарақәа рхаҭа акәӡам. Убри аҟынтә уи* есышықәса инарго акәырбанқәа рыла Анцәа имҵахырхәо наӡаны изыҟанаҵаӡом. 2 Изыҟанаҵозҭгьы, анаҩсгьы акәырбанқәа рнагара аҭаххозма? Анцәа имаҵзуҩцәа знык рҽыдрыцқьазҭгьы, рыгәнаҳақәа рзы рыламыс уаҳа иаргәаҟлаӡомызт. 3 Аха урҭ акәырбанқәа есышықәса ауаа рыгәнаҳақәа ргәаладыршәоит, 4 избанзар ацәқәеи аџьмақәеи ршьа угәнаҳақәа ухырхӡом.

5 Убри аҟынтә ари адунеи ахь данаауаз, иара ус иҳәеит: «„Ашьтәақәеи акәырбанқәеи уара иуҭахымхаӡеит, уара сара сзы ацәеижь урхиеит. 6 Ишеибгоу ирбылуа акәырбанқәеи агәнаҳа азы акәырбанқәеи уара угәы ҟарҵаӡомызт“. 7 Усҟан сара исҳәеит: „Сара сзааз (сыӡбахә ашәҟәеикәарҳә иануп) уара иуҭаху насыгӡаларц азоуп, Сынцәа“». 8 Раԥхьа иара иҳәеит: «Уара ашьтәақәеи, акәырбанқәеи, ишеибгоу ирбылуа акәырбанқәеи, агәнаҳа азы акәырбанқәеи уҭахымхаӡеит, урҭ угәы ҟарҵаӡомызт». (Урҭ акәырбанқәа закәанла иҟаҵатәыз кәырбанқәан.) 9 Нас иара иҳәеит: «Сара сзааз уара иуҭаху насыгӡаларц азоуп». Иара актәи аԥихуеит, аҩбатәи шьақәирӷәӷәарц азы. 10 Анцәа «ииҭаху» инақәыршәаны, Иисус Христос ицәеижь знызаҵәык кәырбанс иахьнеигаз абзоурала ҳара ҳаԥшьаны ҳҟаҵан.

11 Аԥшьаҩы есыҽны иҭыԥ ааникылоит, имаҵзура наигӡарц, насгьы зныкымкәа акәырбанқәа неигарц азы, аха урҭ акәырбанқәа аҵыхәтәанынӡа угәнаҳақәа ухыхра рылшаӡом. 12 Христос иакәзар, кәырбанк ауп инеигаз. Уи наӡаӡа угәнаҳақәа ухнахуеит. Уи ашьҭахь иара Анцәа иарӷьараҿ дтәеит. 13 Убри аахижьҭеи иаӷацәа ишьапаҿы ианышьҭаҵахо аамҭа дазыԥшуп. 14 Кәырбанк ала иара иԥшьахаз наӡаӡа инаӡаны иҟаиҵеит. 15 Иԥшьоу адоуҳагьы уи ус шакәу агәра ҳнаргоит. Иара иаҳәоит: 16 «„Абар урҭ амшқәа рышьҭахь дареи сареи иҳабжьасҵо аиқәшаҳаҭра, — иҳәоит Иегова*. — Сара сзакәанқәа урҭ ргәы иҭасҵоит, рыхшыҩ иҭасыҩуеит“». 17 Уи ашьҭахь иаҳәоит: «Сара урҭ рыгәнаҳақәеи рус цәгьақәеи уаҳа исгәаласыршәаӡом». 18 Угәнаҳа ануанажьха, агәнаҳа азы акәырбан анагара аҭаххаӡом.

19 Убри аҟынтә, сашьцәа, Иисус ишьа абзоурала ҳара ҳамшәаӡакәа иԥшьоу аҭыԥ* ахь ҳнеир ҳалшоит. 20 Иара уахь аԥарда ала, даҽакала иуҳәозар, ицәеижь ала, амҩа ҳзааиртит. Уи аԥсҭазаарахь ҳназго мҩа ҿыцуп. 21 Ҳара Анцәа иҩны иахагылоу аԥшьаҩ ду дҳамоуп азы, 22 шәааи, ахаҵара ӷәӷәа аарԥшны, гәык-ԥсыкала Анцәа имаҵ ҳаулап, ҳгәи ибжьысу ҳаламыси ҳрыцқьап*, аӡы цқьала ҳцәеижь ҳкәабап. 23 Шәааи ҳааҟәымҵӡакәа, лакҩакрак ҟамҵаӡакәа, ҳгәыӷра аӡбахә ҳҳәалап, избанзар ажәа ҳазҭаз уиқәгәыӷыртә дыҟоуп. 24 Аӡәи-аӡәи ҳаизхәыцлап*, абзиабара аарԥшреи аус бзиақәа рыҟаҵареи ҳгәазҭеибаҵалап. 25 Шьоукы шьцыларас ишроуз еиԥш, ҳаизарақәа аанҳмыжьлап, аӡәи-аӡәи ҳагәқәа шьҭибахлап. Уи амш еиҳа-еиҳа иааигәахоит азы, шәааи уи зегьы еиҳагьы ҳгәы-ҳаԥсы ақәкны иҟаҳҵалап.

26 Ииашоу, иҵаулоу адыррақәа шҳаузгьы, ишаҳдыруа агәнаҳа ҟаҳҵозар, ҳагәнаҳақәа рзы инаугар алшо уаҳа даҽа кәырбанк ыҟаӡам, 27 иҟоу — ҳшәаԥырҳаԥуа ҳаззыԥшу аӡбареи Анцәа иҿагыло ықәызхуа, амцаԥшь иаҩызоу агәыԥжәареи роуп. 28 Моисеи изакәан хьаас изымкыз ауаҩы ҩыџьа ма хҩык ашаҳаҭцәа ирҳәо ала ашьра иқәырҵоит. Уи аҩыза ауаҩы дрыцҳаршьаӡом. 29 Шәгәы ишԥаанаго, Анцәа Иԥа датәамбакәа иӷрагылаз, дыԥшьаны дҟазҵаз аиқәшаҳаҭра ашьа зынӡа ахә зымшьаз, ҳзыԥсам ақьиара ҳазҭо Анцәа идоуҳа иакәым азызҳәаз еиҳа еицәоу ихәҭаӡами? 30 Ҳара даҳдыруеит абас зҳәаз: «Ашьоура зду сара соуп, урҭ ирықәнагоу иақәсыршәоит». Иара убас: «Иегова ижәлар рус иӡбоит». 31 Зыԥсы ҭоу Анцәа импыҵашәара даараӡа ишәарҭоуп!

32 Ишәхашәмыршҭлан алашара аныжәба ашьҭахь агәаҟрақәа шәышрықәшәаз, аха урҭ зегь шышәхыжәгаз. 33 Зны-зынла зегьы ишырбоз* иҟоу зегь шәзырҳәон, иҟоу зегь шәзаарцон, зны-зынлагьы ус еиԥш иҟоу аԥышәарақәа ирықәшәоз ргәаҟрақәа рыцеиҩышәшон*. 34 Шәара абахҭа иҭакыз рыцҳашәшьон, ишәымаз-ишәыхӡыз аншәымырхуаз, агәырӷьара шәцәыӡӡомызт, избанзар ижәдыруан еиҳа еиӷьу, насгьы наӡаӡа иҟоу амазара шшәымоу.

35 Убри аҟынтә агәымшәара шәцәымӡын*, усҟан аҳамҭа ду шәоуеит. 36 Шәара ачҳара шәҭахуп, Анцәа ииҭаху анынашәыгӡалак, шәызқәыргәыӷу шәоурц азы. 37 Избанзар «маҷк ауп иаанхаз», «амҩа иқәу дааиуеит, дагхаӡом». 38 «Суаҩ иаша иакәзар, ихаҵара абзоурала дынхалоит», аха «дсыцәхьаҵыр, сгәы ихшәоит». 39 Ҳара ихьаҵуа, иҭахо ҳреиуаӡам, ҳара ахаҵара змоу, зыԥсы еиқәзырхо роуп ҳзеиуоу.

11 Ахаҵара — ари узықәгәыӷуа хымԥада ишыҟало агәра узырго, насгьы зыгәра уго шубарҭамгьы, уи шыҟаҵәҟьоу шьақәзырӷәӷәо ауп. 2 Ажәытәан инхоз ауаа убри аҩыза ахаҵара рыман азы, Анцәа урҭ дшырзыразыз дирбеит.

3 Ахаҵара абзоурала ҳара еилаҳкаауеит ажәҩан аҿи адгьыл* аҿи иҟоу зегьы Анцәа иажәала ишырхиаз, убасала иаҳамбо аҟынтә иаҳбо ҟалеит.

4 Ахаҵара абзоурала Авель Каин инеигаз акәырбан аасҭа еиӷьыз акәырбан Анцәа изнеигеит. Авель ахаҵара иман азы, Анцәа уи икәырбан идикылеит*, убасала дуаҩ иашаны дшиԥхьаӡо иирбеит. Авель ахаҵара иман азы, дшыԥсхьоугьы, иахьа уажәраанӡа дцәажәоит.

5 Ахаҵара абзоурала Ено́х даҽа ҭыԥк ахь диаган, аԥсра имбарц азы. Иара џьаргьы дузыԥшааӡомызт, избанзар Анцәа уи дигеит. Аха даҽа ҭыԥк ахь диагахаанӡа, Анцәа уи дшизыразыз иирбеит. 6 Хаҵарада Анцәа игәы узыҟаҵом, избанзар Анцәа изааигәахарц зҭаху агәра игозар ауп Анцәа дшыҟоу, насгьы гәык-ԥсыкала иԥшаара иашьҭоу дшырзылԥхо.

7 Нои ахаҵара иман азы, иҟалараны иҟаз, аха макьана иубарҭамыз атәы аниаҳәаз, Анцәа дизыӡырҩын*, иҭаацәа еиқәзырхоз аковчег иргылеит. Ихаҵарала иара адунеи дақәыӡбеит, ихаҵара абзоуралагьы дуаҩ иашаны дыԥхьаӡахеит.

8 Ахаҵара абзоурала Авраам Анцәа дизыӡырҩит, Анцәа уи дзықәиргәыӷыз адгьыл ахь дцарц аниеиҳәа. Иаргьы итәыла ааныжьны дцеит, дахьцоз шизымдыруазгьы. 9 Ахаҵара абзоурала иара дызқәыргәыӷыз адгьыл аҿы атәым дгьыл аҿы еиԥш дынхон, Исааки Иакови ақьалақәа рҿы дрыцынхон. Анцәа урҭгьы уи адгьыл шриҭо иақәиргәыӷит. 10 Иара ашьаҭа ӷәӷәа змоу ақалақь дазыԥшын, уи ақалақь ргылаҩыс, шаҩыс иамоу Анцәа иоуп.

11 Ахаҵара абзоурала Сарра лцәалтәымкәа дҟалеит, лықәрахь дышнеихьазгьы. Лара агәра лгон ажәа лызҭаз иажәа шынаигӡо*. 12 Убасала, аӡә иҟынтә, зықәрахь инеихьаз* Авраам иҟынтә, ахшара рацәаны иит — ажәҩан икыду аеҵәақәа реиԥш, амшын аҟәара иқәыԥсоу аԥслымӡ еиԥш ирацәаны.

13 Абарҭ зегьы ахаҵара шрымаз иԥсит, изқәыргәыӷыз шырмоузгьы. Аха дара уи харантәи ирбон, иеигәырӷьон, насгьы иштәымуаау, уи адгьыл аҿы аамҭала ишынхо рҳәон. 14 Ус зҳәо иаадырԥшуеит ҩныс ирзыҟало аҭыԥ ахь анеира шырҭаху. 15 Иаанрыжьыз аҭыԥ иааҟәымҵӡакәа иазхәыцуазҭгьы, ихынҳәыр рылшон. 16 Аха дара зышьҭоу еиҳа еиӷьу ауп — ажәҩан иатәу. Убри аҟынтә Анцәа урҭ Ҳанцәа иоуп ҳәа ахьизырҳәо дацәыԥхашьаӡом. Иара дара рзы ақалақьгьы ирхиеит.

17 Авраам ахаҵара иман азы, Анцәа уи данԥишәоз, Исаак кәырбанс днеигеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Ақәыргәыӷрақәа иреигәырӷьоз иԥазаҵә кәырбанс инагара дазхиан, 18 Анцәа уи абас шиеиҳәахьазгьы: «Ушьҭра иатәхо Исаак ихылҵуеит». 19 Аха Авраам агәра игон Анцәа Исаак иԥсы ҭеиҵар шилшо, иԥагьы, инықәырԥшны иуҳәозар, аԥсцәа рахьтә дырхынҳәын, уи аԥхьаҟа иҟалараны иҟаз аанарԥшуан.

20 Ахаҵара абзоурала Исаак иԥацәа Иакови Иса́ви аԥхьаҟа иҟалараны иҟаз рзеиҭаҳәаны, дырзылԥхеит.

21 Ахаҵара абзоурала Иаков иԥсымҭазы Иосиф иԥацәа зегьы дрықәныҳәан, илабашьа иҵаргәаны Анцәа диеихырхәеит.

22 Ахаҵара абзоурала Иосиф иԥсымҭазы иҳәеит израильаа Египет ишалҵуа, иԥсыбаҩқәа ргарцгьы реиҳәеит.

23 Ахаҵара абзоурала Моисеи иҭаацәа даниз хымз дҵәахны дрыман, избанзар ахәыҷы дшыԥшӡаз рбон, аҳ идҵагьы иацәымшәаӡеит. 24 Моисеи ахаҵара иман азы, ианизҳа, афараон иԥҳа лԥа ҳәа имаз ахьӡ мап ацәикит. 25 Иара Анцәа ижәлар рыцгәаҟра еиҳа еиӷьишьеит, агәнаҳа иунаҭо аамҭалатәи агәахәара имазар аасҭа, 26 избанзар Анцәа иалихыз* иаҳасабала дзықәшәоз аларҟәра еиҳау малны иԥхьаӡеит, египеттәи амал аасҭа, избанзар илаԥш аҳамҭа иақәкын. 27 Ахаҵара абзоурала иара Египет аанижьит, аҳ игәыԥжәарагьы дацәымшәаӡеит. Иара Иубарҭам дибозшәа, ачҳара аарԥшны зегь ихигон. 28 Ахаҵара абзоурала иара Мшаԥы азгәеиҭан, ашәвазқәа ашьа рықәирԥҟҟеит, Анцәа имаалықь израильаа раԥхьатәи рԥацәа имшьырц азы.

29 Ахаҵара абзоурала дара Амшын ҟаԥшь адгьыл иқәланы ицошәа ирит, убасҵәҟьа ҟазҵар зҭаххаз египтаа ракәзар, аӡы иагеит.

30 Ахаҵара абзоурала Иерихо́н аҭӡамцқәа еилаҳаит, израильаа инеиԥынкыланы 7-мшы урҭ аҭӡамцқәа ианрыкәша ашьҭахь. 31 Ахаҵара абзоурала акаҳԥы Раа́в Анцәа изымӡырҩыз дрыцҭамхаӡеит, избанзар гәаартыла аԥшыхәыҩцәа лыдылкылеит.

32 Зыӡбахә сҳәарыда уаҳа? Аамҭа сызхаӡом Гедео́ни, Вара́ки, Самсони, Иеффа́ии, Давиди, Самуили, егьырҭ аԥааимбарцәеи рыӡбахә аҳәаразы. 33 Ахаҵара абзоурала дара аҳцәа ириааиуан, аиашара шьақәдыргылон, ақәыргәыӷрақәа роуан, алымқәа рсаса ршәаҳауан, 34 ахаҵара абзоурала амца иабылуамызт, аҳәа иацәцон, иԥсыҽыз ӷәӷәахон, гәымшәарала еибашьуан, аӷа дыбнарҵон, 35 аҳәса рхәыҷқәа рыԥсы ҭалон. Иҟан аԥсра аҟынӡа инаргоз, идыргәаҟуаз, избанзар дара ҳаиқәхандаз ҳәа рхаҵара мап ацәыркӡомызт, еиҳа еиӷьу аԥсҭалара роур рҭахын. 36 Иҟан даҽа ԥышәарақәак ирықәшәозгьы. Урҭ ирхыччон, ҟамчыла ирыпҟон, зынџьырла* иҿарҳәон, абахҭа иҭарыжьуан, 37 ахаҳә иадыргон, иргәаҟуа рхаҵара ԥыршәон, хәархьла ихырыҵәҵәон, ауасацәеи аџьмацәеи рышәҵаны иныҟәон, амамзаара иаргәаҟуан, арыцҳарақәа ирықәшәон, иҟоу зегь рзаарцон, 38 адунеи урҭ ирыԥсаӡамызт. Дара ацәҳәырақәеи ашьхақәеи рҿы инхон, аҳаԥқәеи аҩхаақәеи рҿы рҽырҵәахуан.

39 Ахаҵара ахьаадырԥшуаз азы Анцәа урҭ дшырзыразыз шыдирбазгьы, ириҭаз ажәа шынаӡаз рымбаӡеит, 40 избанзар иара ҳара ҳзы еиҳа еиӷьу игәы иҭакны имоуп, дара ҳара ҳада инаӡаны иҟамларц азы.

12 Ажәакала, хыԥхьаӡара змам арҭ ашаҳаҭцәа аԥҭа ду еиԥш иааҳакәыршаны иҟоуп азы, шәааи наҟ икаҳажьып еидарас ҳазҵоу зегьы, иара убас ҳашьаҳара ззымариоу агәнаҳагьы, насгьы ҳгәы камыжькәа, ачҳара аарԥшны, ҳаԥхьа ишьҭоу амҩа ҳаныланы ҳаҩлап, 2 ҳхаҵара наӡаны иҟазҵо, уи Ԥхьагылаҩыс иамоу Иисус ҳалаԥш ихымгакәагьы ҳаҩлап. Изыԥшыз агәырӷьара аҳаҭыразы иара ахьымӡӷ дацәымшәаӡакәа, ашьаҟаҿы дгәаҟны дыԥсит, нас Анцәа иарӷьараҿ* дтәеит. 3 Шәазхәыц агәнаҳаҟаҵаҩцәа иҟоу зегь шизырҳәозгьы, ачҳара аарԥшны уи зхызгаз иҿырԥшы, шәымч шәылымӡаарц, шәыгәгьы камҳарц азы. Дара урҭ ажәақәа рыла рхы иақәыӡбеит.

4 Шәара шәакәзар, агәнаҳа шәаҿагыланы аԥсра аҟынӡа макьана шәмықәԥаӡацт. 5 Уимоу, шәара зынӡа ишәхашҭит Анцәа иԥацәа реиԥш ишәабжьигаз: «Сыҷкәын, Иегова* иуиҭо алабжьара тәамбашақә уазымнеилан, уанириашогьы угәы каумыжьлан, 6 избанзар Иегова бзиа иибо дириашоит. Иара аԥа иеиԥш дыззыҟоу иқәнага дақәиршәоит*».

7 Уи ачҳара аарԥшны ишәхыжәгала, избанзар уи зегь зышәхыжәго шәыриашахарц азоуп. Анцәа иԥацәа реиԥш дышәзыҟоуп. Дарбан абу зԥа дызмыриашо? 8 Анцәа шәимыриашозар, закәанла имиз ахәыҷқәа шәоуп, иԥацәа шәакәӡам. 9 Ҳабацәа инақәырӷәӷәаны ҳдыриашон, ҳаргьы урҭ пату рықәаҳҵон. Нас, ҳдоуҳатә ԥсҭазаара Абыс иамоу изыӡырҩра еиҳагьы ҳазхиазар акәӡами, аԥсҭазаара ҳцәымӡырц азы? 10 Дара аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа ауп ҳандыриашоз, иара уигьы дара ииашоуп ҳәа ишырыԥхьаӡоз алоуп ҳашдыриашоз. Иара иакәзар, ҳазириашо, уи ахәарҭа ҳзаанагарц азоуп, иара иеиԥш ҳаԥшьазарц азы. 11 Ҳәарада, ҳандыриашо ҳгәы иахәаӡом, уи ахьаа ацуп, аха ҳаҽҳариашар, уи аҭынчреи аиашареи ҳзаанагоит.

12 Убри аҟынтә ихьыдышьшьыз шәнапқәеи иԥсыҽхаз шәшьамхқәеи шәырӷәӷәа. 13 Амҩа иаша шәаныланы шәцала, ицыркьуа шәшьапы мхҳәацырц, аха ибзиахарц азы. 14 Ауааи шәареи шәыбжьара аҭынчра ыҟазарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала, шәыԥшьазарц азгьы ишәылшо зегь ҟашәҵала, избанзар ауаҩы дыԥшьамзар, Иҳақәиҭу дизбаӡом. 15 Шәгәышәҽаныз, Анцәа иааирԥшуа шәзыԥсам ақьиара шәцәымӡааит, шәыбжьара ашҳам змоу адац иеиԥшу ауаҩы дҟамлааит. Уи иҩыза ауаҩы ауадаҩрақәа цәыригоит, ибжьихуагьы рацәаҩуп. 16 Шәгәышәҽаныз шәыбжьара аламысдақәа*, мамзаргьы Исав иеиԥш иԥшьоу ахә зымшьо ҟамларц азы. Иара саанк афатә азы аԥеиҳаб иеиԥш имаз азин мап ацәикит. 17 Шәара ижәдыруеит нас, ԥыҭрак ашьҭахь, иара алԥха иоурц аниҭахха, мап шицәкыз. Длаӷырӡышо иаб дышиҳәозгьы иӡбара иԥсахырц азы, уи амыхәаӡеит.

18 Шәара шәыззааигәахаз амца зку, иубо ашьха акәӡам, аԥҭа еиқәаҵәа акәӡам, лашарак ахьыҟам алашьцара акәӡам, афырҭын акәӡам, 19 абыкь абжьы акәӡам, ажәҩан аҟынтә ауаа ирацәажәоз абжьы акәӡам. Ауаа уи абжьы анраҳа, уаҳа акгьы ранамҳәарц аҳәара ҟарҵон, 20 избанзар дара абри адҵа иацәшәеит: «Аԥстәыҵәҟьа ашьха ашьапы ықәнаргылар, уи ахаҳә иаргатәуп». 21 Уи даараӡа уаршәаратәы иҟаҵәҟьан, иара Моисеи ихаҭагьы абас иҳәеит: «Сара сшәоит, сцәа сҭаӡыӡоит». 22 Шәара шәыззааигәахаз ашьха Сион ауп, зыԥсы ҭоу Анцәа иқалақь — жәҩантәи Иерусалим — ауп, џьарак еизаз жәанызқьҩыла* амаалықьцәа роуп, 23 зыхьӡқәа ажәҩан аҿы иану раԥхьатәи аԥацәа реизара ауп, зегь Ӡбаҩыс ирымоу Анцәа иоуп, анаӡарахь инагоу ауаа иашақәа рдоуҳатә ԥсҭазаара ауп, 24 аиқәшаҳаҭра ҿыц цҳаражәҳәаҩыс иамоу Иисус иоуп, Авель ишьа аасҭа еиӷьу Иисус иҳақәирԥҟҟаз ашьа ауп.

25 Ажәҩан аҟынтә ицәажәо изыӡырҩра мап ацәышәымклан*. Ажәытәан ауаа адгьыл аҿы ираҳауаз Анцәа игәҽанҵарақәа иахьырзымӡырҩыз азы еиқәымхазар, ҳәарада, ҳаргьы ажәҩан аҟынтә зыбжьы ҳаҳауа иҳаиҳәо ҳазымӡырҩыр, ҳзеиқәхаӡом. 26 Усҟан ибжьы адгьыл архыџхыџит. Уажәы иара иҳәоит: «Сара еиҭа адгьыл мацара акәым, ажәҩангьы сырхыџхыџуеит». 27 Ажәа «еиҭа» иаанарԥшуеит Анцәа ихыџхыџуа — иара иимшаз — шықәихуа, ахаан имхыџхыџуа аанхарц азы. 28 Ҳара иаҳдыруеит ахаан имхыџхыџуа Аҳра шҳауа, убри аҟынтә Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара анаҩсгьы иҳамазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап, уи абзоуралоуп ҳара ашәареи апатуқәҵареи аарԥшуа, Анцәа ишиҭаху имаҵ аура злаҳалшо, 29 избанзар Ҳанцәа зегь ықәыццышәаа иқәызҵо мцоуп.

13 Еишьцәаҵас бзиа шәеибабала анаҩсгьы. 2 Асасдкылара аарԥшра* шәхашәмыршҭлан, избанзар асасдкылара аазырԥшыз шьоукы рхаҭа уи рзымдырӡакәа амаалықьцәа рыдыркылеит. 3 Абахҭа иҭаку шәхашәмыршҭлан, шәаргьы урҭ шәрыцҭакушәа жәбала, иҟоу зегь ззаарцогьы шәхашәмыршҭлан, избанзар шәхаҭагьы ацәеижь змоу, ашьа злоу уаауп*. 4 Зегьы аҭаацәара пату ақәырҵалароуп, ахаҵа иԥҳәыс димԥсахроуп, аԥҳәыс лхаҵа длымԥсахроуп, избанзар Анцәа ламысдарала* зхы мҩаԥызго зегьы дрықәыӡбоит, урҭ аҭаацәара иалазаргьы иаламзаргьы. 5 Аԥара бзиа ишәымбалан, ишәымоу маҷшәымшьалан, избанзар иара иҳәеит: «Ахаангьы уаансыжьӡом, ахаангьы укасыжьӡом». 6 Убри азоуп ҳара ҳамшәаӡакәа абас заҳҳәо: «Иегова* сыцхырааҩ иоуп, акгьы сацәшәалаӡом. Ауаҩы исзиураны иҟоузеи?»

7 Шәыбжьара напхгара ҟазҵо шәхашәмыршҭлан. Дара Анцәа иажәа шәдырҵон. Урҭ рхымҩаԥгашьа лҵшәас иаанаго шәахәаԥшны, рхаҵара шәаҿыԥшла.

8 Иисус Христос ахаан иҽиԥсахӡом — иацгьы, иахьагьы, наӡаӡагьы.

9 Ишәзымдыруа еиуеиԥшым аҵарақәа шәшьақәдырҟьар шәымун. Еиҳа еиӷьуп Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ала шәыҽшәырӷәӷәалар*, афатә иазку аԥҟарақәа рыла акәымкәа, избанзар урҭ аԥҟарақәа ирықәныҟәо иахьрықәныҟәо ахәарҭа рзаанагаӡом.

10 Ҳара акәырбаннагарҭа ҳамоуп. Ақьалаҿы амаҵ зуа уи акәырбаннагарҭа иқәу рфар ҟалаӡом. 11 Аԥшьаҩ хада иԥшьоу аҭыԥ* дыҩналаны, агәнаҳазы кәырбанҵас аԥстәқәа ршьа неигоит, аԥстәқәа рхаҭақәа алагер анҭыҵ ирбылуеит. 12 Убри азоуп Иисусгьы ақалақь агәашәқәа рынҭыҵ дгәаҟны дзыԥсыз, ишьала ажәлар иԥшьарц азы. 13 Убри аҟынтә, шәааи, алагер ҳалҵны, иара иахь ҳнеип, иара иигаз ахьымӡӷ ҳаргьы иаҳгап, 14 избанзар ҳара еснагь иҟоу ақалақь ҳамаӡам, аха ҳгәы хыҭхыҭуа иааираны иҟоу ақалақь ҳазыԥшуп. 15 Шәааи Иисус ила еснагь Анцәа дҳарҽхәалап, ихьӡ ауаа ирылаҳҳәалап, убасала, ҳҿы иҭыҵуа ажәақәа рыла, акәырбан изнаҳгалап. 16 Иара убас абзиара аҟаҵареи ишәымоу егьырҭ рыцеиҩшареи шәхашәмыршҭлан, избанзар ус еиԥш иҟоу акәырбанқәа Анцәа игәы иахәоит.

17 Шәыбжьара напхгара ҟазҵо шәырзыӡырҩла, рҳәатәы шәацныҟәала, избанзар дара Анцәа иҿаԥхьа аҭак ҟазҵараны иҟоу реиԥш иааҟәымҵӡакәа ишәхылаԥшуеит. Рҳәатәы шәацныҟәалар, дара уи иқәыԥсычҳауа акәымкәа, игәырӷьаҵәа иҟарҵалоит. Иқәыԥсычҳауа иҟарҵалар, уи шәара ишәԥырхагахар алшоит.

18 Шәиҳәала Анцәа ҳара ҳзы, избанзар иҟаҳҵозаалакгьы ламысцқьала иҟаҳҵоит азы, ҳаламыс шыцқьоу* ҳдыруеит. 19 Аха еиҳараӡак сшәыҳәар сҭахуп иаарласны шәара шәахь схынҳәырц азы Анцәа шәиҳәаларц.

20 Наӡаӡатәи аиқәшаҳаҭра ашьа Анцәа изназгаз ахьча ду Иҳақәиҭу Иисус иԥсы ҭазҵаз аҭынчра Анцәа 21 ииҭаху анагӡара шәылшаларц азы иаҭаху зегь шәиҭааит, Иисус Христос ила ииҭаху аҟаҵара ҳгәазҭеиҵалааит, наӡаӡа хьӡи-ԥшеи имазааит. Амин.

22 Сашьцәа, сшәыҳәоит шәгәы шьҭызхуа арҭ ажәақәа ачҳара аарԥшны шәырзыӡырҩырц, ишәзысҩыз уиаҟара ирацәаӡам. 23 Ижәдыруазар сҭахуп ҳашьа Тимофеи дшоурыжьыз. Уи иаарласны даар, иареи сареи шәара шәахь ҳаицнеиуеит.

24 Асалам сызрышәҭ шәыбжьара напхгара ҟазҵо, насгьы иԥшьоу зегьы. Асалам шәырҭоит Италиа иҟоу аишьцәа.

25 Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара зегьы ишәымазааит.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Адунеи».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Адами Евеи ахшара анроу.

Ма «амҩа иацәыхҟьо».

Ма «ҳаҭыр ду иқәиҵон». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иԥсу аусқәа».

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Адунеи».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «Анцәа иҿаԥхьа иқәырҵоз ачеи».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аиқәшаҳаҭра».

Ма «Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «еиуеиԥшым аӡӡаахрақәеи».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «наӡаӡа ҳҿихит».

Ма «аиқәшаҳаҭра цҳаражәҳәаҩыс иамоу».

Адами Евеи ахшара анроу инаркны.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ари адунеи аҵыхәтәантәи амшқәа».

Мамзаргьы иҟалап «ауаа».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ирықәҳарԥҟҟап». Зыӡбахә цо Иисус ишьа ақәырԥҟҟара ауп.

Ма «ҳаизҿлымҳазаап».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атеатр аҟны еиԥш».

Ма «шәрывагылан».

Ма «анаҩсгьы шәымшәаӡакәа шәцәажәала».

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Адунеи».

Ма «дазыразхеит».

Ма «Анцәа дышицәшәоз ааирԥшын».

Ма «уиқәгәыӷыртә дшыҟоу».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иԥсхьаз». Уи иаанагоит ахшара диоур шилымшоз.

Абырзен ажәа Христо́с, иаанагоит «ахәша зыхьшьу».

Аиха иалху аҿаҳәага.

Ма «итәарҭаҭыԥ арӷьараҿы».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҟамчыла дипҟоит».

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Ма «мириадҩыла».

Ма «иҿаԥхьа шәхы шәмыриашалан».

Ма «ишәзымдыруа иахь ақьиара аарԥшра».

Мамзаргьы иҟалап «шәаргьы урҭ шәрыцгәаҟуашәа жәбала».

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәыгәқәа шәырӷәӷәалар».

Ма «Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шыбзиоу».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра