ИАКОВ ИСАЛАМШӘҞӘЫ
1 Анцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси рмаҵуҩы Иаков иҟынтә иԥсаҟьаны адунеи иалаԥсоу 12-ҩык аишьцәа ирхылҵыз ажәларқәа шәахь.
Бзиара шәымаз!
2 Сашьцәа, еиуеиԥшым аԥышәарақәа шәанрықәшәо шәгәырӷьала, 3 избанзар шәара ижәдыруеит, шәхаҵара аԥышәара ианахысуа, ачҳара аарԥшышьа шышәҵо. 4 Аԥышәарақәа раан ачҳара аарԥшны зегь ахьышәхыжәго абзоурала шәара инаӡоу, зегь рыла ибзиоу, ак згым шәакәны шәҟалоит.
5 Аӡәы аҟәыӷара шизымхо ибозар, Анцәа уи ииҭарц диҳәалааит, избанзар Анцәа уи азы иҳәо зегьы ҽԥныҳәа рымҭаӡакәа, гәыҭбаарала ириҭоит. 6 Аха исиҭару-исимҭару ҳәа дымхәыцӡакәа, ишиоуа агәра ганы диҳәалааит, избанзар илакҩакуа ауаҩы амшын иаманы иқәу, зны анахь, зны арахь иаршәуа ацәқәырԥа даҩызоуп. 7 Ус иҟоу ауаҩы Иегова* иҟынтә ак иоуеит ҳәа дагьақәымгәыӷааит. 8 Иара ак аҟаҵара ззымгәаӷьуа, зны ас ҟазҵо, нас арс ҟазҵо уаҩуп.
9 Иӷару аиашьа Анцәа иҿаԥхьа дахьҳаракхаз деигәырӷьалааит*. 10 Амал змоу ауаҩгьы ахынраалара аарԥшышьа ахьиҵаз деигәырӷьалааит, избанзар амал змоу ауаҩы ашәҭ шыԥсуа еиԥш дыԥсуеит. 11 Амра ангылалак, аҭакар шоура иаблыз аҵиаа шҩо еиԥш, ашәҭгьы шкаԥсо еиԥш, амал змоу ауаҩгьы имал дшашьҭоу дыԥсуеит.
12 Насыԥ имоуп ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа зхызго ауаҩы. Иара урҭ анихигалак ашьҭахь, ҳамҭас аԥсҭазаара иоуеит, избанзар Иегова бзиа дызбо зегьы уи иақәиргәыӷит. 13 Аӡәы аԥышәара данақәшәо, Анцәа сԥишәоит ҳәа имҳәааит, избанзар Анцәа ацәгьарала дузԥышәаӡом, иаргьы ацәгьара дақәыршәаны аӡәгьы дԥишәаӡом. 14 Ауаҩы дԥызшәо, дагьхызхуа ихатә гәаҳәара ауп. 15 Игәаҳәара аныӷәӷәахалак, агәнаҳахь днанагоит, агәнаҳа аԥсрахьы днанагоит.
16 Бзиа избо сашьцәа, шәхы шәымжьалан. 17 Инаӡоу аҳамҭа бзиақәа хыхьынтәи ауп ишҳауа, избанзар урҭ ажәҩан аҿы иҟоу алашарбагақәа Раб иоуп иҳазҭо. Иара агага аҽшаԥсахуа еиԥш иҽиԥсахӡом. 18 Иҵабыргу иажәа агәра анаҳга, иара ҿыц ҳиртә иҟаиҵеит, избанзар ус иҭаххеит, ишамҭақәа рҟынтә раԥхьа иалихыз ҳакәны ҳҟаларц азы.
19 Бзиа избо сашьцәа, ижәдыруаз: ауаҩы еснагь аӡырҩра дазхиазароуп, ак аҳәара дахымыццаклароуп, иаразнакгьы игәы ԥымжәалароуп, 20 избанзар агәыԥжәара ауаҩы иԥырхагоуп Анцәа игәаԥхо аусқәа рыҟаҵара. 21 Убри аҟынтә гәамрас, цәгьарас иҟоу зегь рҟынтә шәҽышәрыцқьа, насгьы ахынраалара аарԥшны Анцәа илшәырша шәеиқәырхара зылшо иажәа шәгәаҿы илеиҵарц.
22 Анцәа иажәа нашәыгӡала, уи азыӡырҩра мацара азхоит ҳәа зхы зжьо шәреиԥшымхан. 23 Анцәа иажәа иазыӡырҩуа, аха иназмыгӡо асаркьа ианԥшыло ауаҩы диеиԥшуп. 24 Иара асаркьа данԥшылоит, аха дадҵны данцалак, иибаз иаразнак ихашҭуеит. 25 Ахақәиҭра узҭо инаӡоу азакәан ианԥшыло, уи иқәныҟәо, иаҳаз наигӡоит, ихашҭӡом. Ус ҟазҵо ауаҩы насыԥ имазаауеит.
26 Аӡәы Анцәа имаҵ зуеит ҳәа игәы иаанагозар, аха ибз изнымкылозар, ихы ижьоит, иҟаиҵогьы Анцәа изы акгьы аанагаӡом. 27 Ҳаб Ҳанцәа ишиҭаху еиԥш ицқьаны ҳимҵахырхәаларц азы аиаҭымцәеи аҳәсеибацәеи ҳрыцхраалароуп, насгьы адунеи аусқәа ҳаҽрылаҳамҟьашьлароуп.
2 Сашьцәа, шьоукы пату рықәҵаны егьырҭ атәашәымбозар, хьӡи-ԥшеи змоу Иҳақәиҭу Иисус Христос игәра ҳгоит ҳәа шԥашәҳәо? 2 Иаҳҳәап, аизарахь аӡәы инапы ахьтәы мацәазқәа ахаҵаны, амаҭәа бзиа ишәҵаны днеир, иара убри аамҭазгьы иҟьашьу амаҭәа ишәҵаны даҽаӡәы днеир, 3 ибзианы еилаҳәоу иахь аҳаҭыр аарԥшны: «Уара абри аҭыԥ бзиаҿы утәа» ҳәа иаҳәаны, иӷару: «Уара ара угылаз», мамзаргьы «Сшьапқәа зықәсыргыло асқам хәыҷ аҿы утәа» ҳәа иашәҳәома? 4 Ус ҟашәҵозар, аӡәы дларҟәны егьи дҳарашәымкӡои, насгьы ииашам аӡбарақәа здызкыло аӡбаҩцәа шәырмеиԥшхаӡои?
5 Бзиа избо сашьцәа, шәысзыӡырҩы. Ари адунеи аҿы иӷаруп ҳәа иԥхьаӡоу ракәӡами Анцәа иалихыз, хаҵарала ибеиахарц азы, насгьы бзиа дызбо зықәиргәыӷыз Аҳра риҭарц азы? 6 Шәара шәакәзар, иӷару атәажәбаӡом. Аха амал змоу ракәӡами ԥсеивгаха шәызымҭо, аусӡбарҭақәа рахь шәызго? 7 Дара ракәӡами Анцәа ишәиҭаз зеиԥшыҟам ахьӡ лазырҟәуа? 8 Аҩыраҿы иануп: «Ишәзааигәоу шәхы бзиа ишыжәбо еиԥш бзиа дыжәбала». Ари — аҳ изакәан ауп. Шәара уи нашәыгӡозар, аус бзиа ҟашәҵоит. 9 Аха аӡәы дларҟәны, егьи дҳарашәкуазар, агәнаҳа ҟашәҵоит, азакәан еилазго реиԥшгьы азакәан шәықәыӡбоит.
10 Аӡәы азакәан иаҳәо зегь наигӡозар, аха ԥҟарак еилеигозар, азакәан зегь еилазго иеиԥш ахара идлоит. 11 «Ухатә ҩыза думԥсахын» ҳәа зҳәаз «ауаҩы думшьын» ҳәагьы иҳәеит. Ус анакәха, ухатә ҩыза думԥсахуазар, аха ауаҩы душьуазар, азакәан еилоугоит. 12 Шәара ахақәиҭра змоу уаауп азы, шәус ахақәиҭра узҭо азакәан ала иӡбахоит. Убри аҟынтә уи азакәан ишақәнаго еиԥш шәцәажәала, уи ишақәнагоу еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала. 13 Арыцҳашьара злам иус анырыӡбо, иаргьы дрыцҳаршьаӡом. Арыцҳашьара ақәыӡбара аасҭа амч амоуп.
14 Сашьцәа, аӡәы ахаҵара сымоуп ҳәа иҳәозар, аха иусқәа уи аадмырԥшуазар, хәарҭас изалоузеи уи? Уи аҩыза ахаҵара деиқәнархаӡом. 15 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟынтә аӡәы ишәиҵаша, иифаша имамзар, 16 аха шәуаӡәк: «Угәы рҭынчны уца, уҽырԥха, узхара ыф» ҳәа иеиҳәозар, арахь игу иимҭозар, ииҳәо хәарҭас иалоузеи? 17 Убасеиԥш усла ишьақәырӷәӷәам ахаҵарагьы ԥсуп.
18 Аха уеизгьы аӡә ус иҳәар ҟалоит: «Уара ахаҵара умоуп, сара аусқәа сымоуп. Ухаҵара усда исырба, сара схаҵара усла иусырбоит». 19 Уара Нцәа заҵәык дшыҟоу агәра угоит. Уи бзиоуп. Адемонцәагьы Анцәа дшыҟоу агәра ргоит, иагьицәшәоит. 20 Аҟәыӷара ззымхо уара, усла ишьақәырӷәӷәам ахаҵара шыԥсу узымдырӡои? 21 Ҳаб Авраам иԥа Исаак акәырбаннагарҭахь даннеига ашьҭахь акәӡами Анцәа уи дуаҩ иашаны даниԥхьаӡа? 22 Излоубаз ала, иара ахаҵара шимаз иусқәа рыла иааирԥшит, иусқәа рыла ихаҵара шьақәирӷәӷәеит. 23 Убасала Аҩыра иану абарҭ ажәақәа наӡеит: «Авраам Иегова* игәра игеит азы, иара уи дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит», иара убас Иегова уи сҩыза ҳәа изиҳәеит.
24 Аӡәы Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашаны дыԥхьаӡахарц азы ахаҵара мацара азхаӡом, аусқәагьы аҭахуп. 25 Акаҳԥы Раа́вгьы Анцәа дуаҩ иашаны дзиԥхьаӡаз лусқәа рзы акәӡами? Лара аԥшыхәцәа* дрыцхрааит, нас даҽа мҩак ала илышьҭит. 26 Ԥсы зхам ауаҩы дшыԥсу еиԥш, усла ишьақәырӷәӷәам ахаҵарагьы ԥсуп.
3 Сашьцәа, зегьы арҵаҩра шәашьҭамлан, избанзар, ишыжәдыруа еиԥш, Анцәа ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу еиҳа ирацәоуп, егьырҭ рҟынтә дыззыԥшу аасҭа. 2 Ҳара зегьы лассы-лассы агхақәа ҟаҳҵоит*. Аӡәы иажәаҿы агха ҟаимҵозар, иара дуаҩы наӡоуп, ихгьы иԥсгьы рынкылара илшоит. 3 Аҽқәа ҳзыӡырҩуа иҟаҳҵарц азы аӷәра рҿаҳҵоит, убасала иаҳҭаху дҳарҟаҵоит. 4 Убас ауп аӷбақәагьы. Урҭ даараӡа ишдуугьы, аԥша ӷәӷәақәа ирыманы ишдәықәугьы, аԥсҟ хәыҷы ахьдырҵәиуа ауп иахьцо.
5 Абзгьы убас ауп. Уи хәыҷуп, аха иааҟәымҵӡакәа иҽхәоит. Абнагьы амца акырц азы ацыԥхь хәыҷ ауп иаҭаху. 6 Ааи, абз амца иеиԥшуп. Ҳцәеижь ахәҭақәа рҟынтә ацәгьара зхылҿиаауа иароуп, избанзар ҳхы инаркны ҳшьапаҟынӡа ҳаҟьашьуеит, ҳаԥсҭазаара зегь амца анаркуеит, гее́нна* еиԥш ҳақәнахуеит. 7 Агыгшәыгқәа, аҵарақәа, иҳәазо аԥстәқәа, амшын иҭоу зегьы ауаҩы ибжьаны, инапаҿы аагара илшоит. 8 Аха абз аӡәгьы изыбжьаӡом, уи нкылашьа амаӡам, ацәгьара ауеит, уаҩ дызшьуа ашҳам алоуп. 9 Уи ала ҳара Ҳаб Иеговагьы* дҳараҳкуеит, «Анцәа иеиԥшны» ишоу ауаагьы ҳшәиуеит. 10 Ҿык аҟынтә аҽхәаԥхьыӡгьы ҭыҵуеит, ашәигьы ҭыҵуеит.
Сашьцәа, ус иҟамзароуп! 11 Ӡыхьк аҟынтә аӡы цқьеи иҵаау аӡи зеицаауама? 12 Алаҳаҵла амаслина ҿалома, ма ажь аӡахәа — алаҳа? Иҵаау аӡыхь аҟынтәгьы аӡыржәтә заауама?
13 Шәыбжьара аҟәыӷареи аилкаареи змоу аӡәыр дыҟазар, ихымҩаԥгашьала иааирԥшааит иҟаиҵо зегьы аҟәыӷара иалҵшәоу аҟәымшәышәра шаҵоу. 14 Аха шәгәы шьыцрала иҭәызар, аҭыӡшәа аҟаҵара бзиа ижәбозар, ҳҟәыӷоуп ҳәа шәмыҽхәалан, уи мцуп. 15 Уи жәҩанынтә иҳауа ҟәыӷарам, идгьылтәуп, зцәеижьтә гәаҳәарақәа ирыцныҟәо иртәуп, адемонцәа иртәуп. 16 Ашьыцреи аҭыӡшәеи ахьыҟоу иҟоуп аилаҩынтрақәа, иара убас цәгьарас иҟоу зегьы.
17 Жәҩанынтә аҟәыӷара зегь раԥхьаӡа иргыланы ицқьоуп, аҭынчра арҿиоит, иҟәымшәышәуп*, аӡырҩра иазхиоуп, арыцҳашьара алоуп, аус бзиақәа ҟанаҵоит, атәамбара алам, ҩ-цәак ахарԥам. 18 Аиашара ажәла аҭынчра ахьыҟоу илаҵазар, аҭынчра иашьҭоу рзы аҽаҩра бзиа аанагоит.
4 Шәыбжьара аимак-аиҿаки аиӷареи зыҟоузеи? Уи зыхҟьо ҭаха шәызымҭо шәхатә гәаҳәарақәа ракәӡами? 2 Шәгәы акы иазыҳәоит, аха шәгәы ззыҳәо шәымаӡам. Ауаа шәшьуеит, ишәтәым шәашьҭоуп, аха ишәоуӡом. Шәара шәеисуеит, шәеиҿагылангьы шәеибашьуеит. Ишәҭаху шәымаӡам, избанзар шәаҳәаӡом. 3 Шәанаҳәогьы ишәоуӡом, избанзар иҽеим шәгәазыҳәарақәа нашәыгӡаларц азоуп шәзаҳәо.
4 Анцәа даанзыжьыз шәара! Ишәзымдырӡои адунеи бзиа избо Анцәа дышиаӷахо? Адунеи ҩызас ишьҭызхуа Анцәа диаӷахоит. 5 Аҩыраҿы баша иану џьышәшьома «иҳалоу ашьыцра есымша акы иазгәышьуеит, ак аҭахуп» ҳәа? 6 Аха Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара иҳалоу ашьыцра аасҭа иӷәӷәоуп. Убри азоуп Аҩыраҿы изану: «Анцәа иԥагьоу драӷоуп, аха ахынраалара злоу рахь изыԥсам ақьиара ааирԥшуеит».
7 Убри аҟынтә Анцәа инапы шәҽанышәҵа, Аџьныш шәиҿагыл, усҟан иара дышәԥырҟьаны дцоит. 8 Шәизааигәаха Анцәа, усҟан иаргьы дышәзааигәахоит. Агәнаҳаҟаҵаҩцәа, аус цәгьақәа рҟынтә шәнапқәа шәрыцқьа, шәара, илакҩакуагьы, шәыгәқәа шәрыцқьа. 9 Шәара аччара аҭыԥан шәҵәыуалароуп, агәырӷьара аҭыԥан шәгәырҩалароуп. Шәҵәыуала, шәгәырҩала. 10 Ахынраалара аарԥшны, Иегова* инапы шәҽанышәҵа, усҟан иара шәҳареикуеит.
11 Сашьцәа, шәаҟәыҵ шәашьцәа ахара рыдҵара. Зашьа ахара идызҵо, ма иқәыӡбо, азакәан ахара адиҵоит, дагьақәыӡбоит. Уара азакәан уақәыӡбозар, уи назыгӡо уакәӡам, уусӡбаҩуп. 12 Закәанԥҵаҩыс, Ӡбаҩыс иҟоу аӡә иоуп. Иара иоуп ауаҩы иеиқәырхарагьы иҭархарагьы зылшо. Узусҭада уара, уашьа уиқәыӡбартә еиԥш?
13 Уажәшьҭа шәаасзыӡырҩы абас зҳәо: «Иахьа ма уаҵәы абри ақалақь ахь ҳцоит, уа шықәсык ҳаангылоит, уск ҳалагоит, аԥарагьы ҳарҳалоит». 14 Уаҵәы ишәыхьуа шәыздырӡом, избанзар шәара ирласны ихыҵуа анаҟә шәаҩызоуп. 15 Уи аасҭа абас шәҳәалар еиҳа еиӷьуп: «Иегова иҭаххар, ҳаԥсы ҭазаауеит, абригь-абригь ҟаҳҵалоит». 16 Аха шәара аԥагьара шәылоуп, шәааҟәымҵӡакәа шәыҽхәоит. Ус аҽхәара ҽеим. 17 Аӡәы иҟаҵатәу идыруазар, аха иҟаимҵозар, агәнаҳа ҟаиҵоит.
5 Шьҭа, амал змоу, шәааӡырҩы: шәара арыцҳара шәзыԥшуп, убри аҟынтә шәгәырҩала, шәҵәыуала. 2 Шәмал бааит, шәымаҭәагьы аҩ ирфеит. 3 Ишәымоу ахьи араӡни ажьакца иафеит, уи ажьакца ахара шшәыду шьақәнарӷәӷәоит, шәхаҭақәагьы шәафоит. Еизыжәгаз амал аҵыхәтәантәи амшқәа рзы амца иаҩызахоит. 4 Шәымхқәа ҭазгало аусуцәа ҵәыуо Анцәа дрыцхраарц иҳәоит, избанзар шәара ирызшәатәу рзышәшәаӡом. Ар реиҳабы Иегова* урҭ рыҵәаабжь иаҳаит. 5 Шәара амал шәалажьын, шәгәы иааҭахыз зегь ҟашәҵон. Аԥсра амш азы шәхы шәчахит. 6 Шәара ауаҩ иаша шәиқәыӡбеит, дышәшьит. Нас, иара дышәҿамгылаӡои?
7 Сашьцәа, Иҳақәиҭу дхынҳәаанӡа, ачҳара аарԥшны шәыԥшыз. Анхаҩгьы зны ҭагалантәи, нас ааԥынтәи ақәа алагаанӡа, адгьылгьы аҽаҩра инаҭаанӡа дыԥшуп. 8 Шәаргьы ачҳара аашәырԥшла, шәыҽшәырӷәӷәа, избанзар Иҳақәиҭу иаарласны дхынҳәуеит.
9 Сашьцәа, Иҳақәиҭу дышәмықәыӡбарц азы шәашьцәа рахь агәынамӡара аарԥшра шәаҟәыҵ. Аӡбаҩ ашә дылагылоуп. 10 Иегова ихьӡала ицәажәоз аԥааимбарцәа шәырҿыԥшла. Дара ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа рхыргон. 11 Ауадаҩрақәа зхызгаз насыԥ рымоуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит. Шәара ижәдыруеит Иов ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа шихигаз, насгьы Иегова уи изыҟаиҵаз, ижәбеит Иегова шаҟа дгәыбылҩу, шаҟа арыцҳашьара илоу.
12 Сашьцәа, зегь раԥхьаӡа иргыланы, шәаҟәыҵ ажәҩан иамаҿоуп, адгьыл иамаҿоуп, ма даҽакы иамаҿоуп ҳәа ақәра. Аха «ааи» анышәҳәо, «ааи» акәзааит, «мап» анышәҳәо, «мап» акәзааит, Анцәа дышәмықәыӡбарц азы.
13 Шәыбжьара ауадаҩрақәа змоу аӡәыр дыҟазар, Анцәа диҳәалааит. Згәалаҟара бзиоу аӡәыр дыҟазар, Анцәа дҳаразкуа ашәақәа* иҳәалааит. 14 Шәыбжьара ичмазҩу аӡәыр дыҟазар, аизара ахылаԥшыҩцәа* дрыԥхьааит. Дара иара изы Анцәа иҳәоит, Иегова ихьӡала ахәша ихьыршьуеит. 15 Ахаҵара аарԥшны иара изы Анцәа иахьиҳәо азы ачымазаҩ* дыбзиахоит. Иегова уи ишьапы дықәиргылоит, агәнаҳа ҟаиҵазаргьы, ианажьхоит.
16 Убри аҟынтә шәыгәнаҳақәа аартны еибышәҳәала, шәыбзиахарц азы аӡәи-аӡәи шәзы Анцәа шәиҳәала. Ауаҩ иаша дӷьаҵәыӷьаҵәуа иҟаиҵо аҳәара амч ду амоуп. 17 Илиа ҳара иҳаиԥшыз уаҩын, аха ақәа амурц азы Анцәа дӷьаҵәыӷьаҵәуа даниҳәа, хышықәсеи бжаки ақәа млеиӡеит. 18 Даҽазны даниҳәа, ақәа леит, аҽаҩрагьы ҟалеит.
19 Сашьцәа, аӡәы аҵабырг мҩа дацәыхҟьар, аха егьи уи дирхынҳәыр, 20 ижәдыруаз: агәнаҳаҟаҵаҩ амҩа иашахь дзырхынҳәуа ауаҩы агәнаҳаҟаҵаҩ иԥсы* еиқәирхоит, имаҷымкәа агәнаҳақәагьы хиҩоит.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дахыҽхәалааит».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ажәабжьҳәаҩцәа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҳшьацәхныслоит, ҳкаҳауеит».
Шәахәаԥш Ажәар.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ма «иаратәы ианаргаӡом».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аԥсаломқәа».
Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».
Мамзаргьы иҟалап «иааԥсоу».
Ма «иԥсҭазаара».