Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt 1 Пиотр 1:1—5:14
  • 1 Пиотр

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • 1 Пиотр
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
1 Пиотр

ПИОТР АКТӘИ ИСАЛАМШӘҞӘЫ

1 Сара, Пиотр, Иисус Христос иапостол соуп. Ишәзысыҩуеит ари адунеи аҿы аамҭала инхо, По́нти, Гала́тиеи, Капподо́киеи, Азиеи*, Вифи́ниеи ирыланхо. 2 Ҳаб Ҳанцәа игәы иҭеикыз инақәыршәаны шәалихит. Иара иԥшьоу идоуҳала шәиԥшьеит, шәизыӡырҩларц азы, иара убас Иисус Христос ишьала шәирыцқьарц азы.

Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи аҭынчреи шәыгымзааит.

3 Ҳара Иҳақәиҭу Иисус Христос Иаби Инцәеи дҳарҽхәалоит, избанзар иара ҳрыцҳашьаны, ҿыц ҳиртә иҟаиҵеит, зыԥсы ҭоу агәыӷра ҳаурц азы. Уи агәыӷра ҳаурц азы иара Иисус Христос иԥсы ҭеиҵеит. 4 Ҳара ҿыц ҳиит, иара ҳзықәиргәыӷыз ҳаурц азы. Уи аҳамҭа ахаангьы акгьы ахьӡом, наӡаӡа иҟазаауеит. Иара уи шәара шәзы ажәҩан аҿы иҵәахны имоуп. 5 Шәара ахаҵара аашәырԥшуеит азы, Анцәа шәеиқәирхарц азы имчала шәихьчоит. Шәшеиқәирхо аҵыхәтәантәи аамҭазы зегьы ирбарҭахоит. 6 Уи зегьы шәара агәырӷьара ду шәзаанагоит, уажәы шәзықәшәо аԥышәарақәа ирыхҟьаны шәгәы каҳауазаргьы. 7 Урҭ ауадаҩрақәа шәхаҵара ԥыршәоит. Иԥышәоу шәхаҵара Иисус Христос дшааз еилыкка ианубарҭахо аамҭазы ахьӡ-аԥша шәзаанагоит, аҽхәаԥхьыӡ шәнаҭоит. Уи аҩыза ахаҵара ахьы аасҭа ахә ҳаракуп, избанзар ахьы мцала ишыдрыцқьогьы, наӡаӡа изаанхом. 8 Шәара Христос ахаан дшышәымбацгьы, бзиа дыжәбоит. Уажәгьы шәыблала дыжәбаӡом, аха игәра жәгоит. Шәгәырӷьарагьы ҳәаак амам, 9 избанзар ахаҵара ахьаашәырԥшуа азы шәеиқәхоит.

10 Анцәа шәара шәахь иааирԥшраны иҟаз шәзыԥсам ақьиара атәы зҳәоз аԥааимбарцәа уи аиқәырхара иадҳәалоу зегьы инарҵауланы иҭырҵаауан. 11 Анцәа иԥшьоу идоуҳа ихы иархәаны урҭ иреиҳәеит Христос дгәаҟраны дшыҟаз, аха нас хьӡи-ԥшеи шиоуаз. Убри азоуп дара ааҟәымҵӡакәа Христос ихьраны иҟази уи ихьраны ианыҟаз аамҭеи аилкаара изашьҭаз. 12 Анцәа дара идеилиркааит ирҳәоз зырҳәоз дара ирыхәарц акәымкәа, шәара ишәыхәарц шакәыз. Урҭ ирыҩуаз ажәабжь бзиа шәзеиҭазҳәоз рҟынтә еилышәкааит. Дара уи ажәабжь рҳәон ажәҩан аҟынтә ироуз иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала. Убриоуп амаалықьцәа еилыркаарц ирҭахугьы.

13 Иҟашәҵараны иҟоу ҟашәҵарц азы шәҽырхианы шәыҟаз, еснагь ииашаны шәхәыцла, Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәақәгәыӷла. Иара уи ааирԥшуеит Иисус Христос дшааз еилыкка ианубарҭахо. 14 Анцәа данышәзымдыруаз, шәгәаҳәара ҟьашьқәа ишәыҵарҳәоз ҟашәҵон. Аха уажәшьҭа Анцәа иҳәатәы хазҵо ихәыҷқәа шәоуп, убри аҟынтә уаҳа ус ҟашәымҵалан. 15 Шәаазыԥхьаз дшыԥшьоу еиԥш, шәаргьы шәусқәа зегьы рҿы шәыԥшьаз*, 16 избанзар иануп: «Сара сыԥшьоуп азы, шәаргьы шәыԥшьазароуп».

17 Еилых ҟамҵаӡакәа зегьы рус иашаны изыӡбо Ҳаб шәиҳәозар, аамҭала ари адунеи аҿы шәынхонаҵы, шәусқәа рыла Анцәа шәышицәшәо аашәырԥшла. 18 Ишыжәдыруа еиԥш, шәабацәа рҟынтә ишәҭынхаз ҵакы змам аԥсҭазаара аҟынтә ахақәиҭра шәызҭаз ахьи араӡни реиԥш ииаӡаауа ак акәӡам. 19 Ахақәиҭра шәызҭаз зыхә ҳараку Христос ишьа ауп. Иара гра змам асыс даҩызоуп. 20 Анцәа Христос адунеи шьақәгылаанӡагьы* далиххьан, аха аамҭақәа рҵыхәтәазоуп данаа, шәара шәаҳаҭыразы. 21 Иара ибзоурала шәара иԥсы ҭазҵаз, хьӡи-ԥшеи изҭаз Анцәа дхашәҵеит, Анцәа игәра жәгаларц, шәиқәгәыӷларц азы.

22 Шәара аҵабырг ацныҟәара шәаналага шәыцқьахеит азы, еишьцәаҵас гәыкала бзиа шәеибабеит. Сшәыҳәоит, анаҩсгьы гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала. 23 Шәара ҿыц шәиит аԥсҭазаара узҭо, ԥсра зқәым ажәла абзоурала, зыԥсы ҭоу, наунагӡа иҟоу Анцәа иажәа ала. 24 Аҩыраҿгьы иануп: «Ауаа зегьы аҳаскьын иаҩызоуп, рыхьӡ-рыԥша адәҳәыԥш аҿы изызҳауа ашәҭ иаҩызоуп. Аҳаскьын ҩоит, ашәҭгьы каԥсоит, 25 аха Иегова* иажәа наӡаӡа иҟазаауеит». Уи ажәа ишәаҳаз ажәабжь бзиа ауп.

2 Убри аҟынтә цәгьарас иҟоу зегь ааншәыжь, ашьыцреи амцҳәареи шәаҟәыҵ, ҩ-цәак шәхарԥамыз, ауаа ргәы дзырхьуа ажәақәа шәымҳәалан. 2 Асаби иан лгәыԥҳәыхш дшашьҭоу еиԥш, шәаргьы ахш цқьа иаҩызоу Анцәа иажәа шәашьҭаз, уи абзоурала ишәызҳарц, насгьы шәеиқәхарц азы. 3 Шәара уи шәылшоит, избанзар ижәбахьеит Иҳақәиҭу Иисус шаҟа дқьиоу.

4 Ауаа ирҭахымхаз, аха Анцәа иалихыз, зыхә ишьо, зыԥсы ҭоу ахаҳә иеиԥшу иахь шәаннеиуа, 5 шәара — зыԥсы ҭоу ахаҳәқәа — шәыла Анцәа адоуҳатә ҩны иргылоит, Анцәа изы иалху ԥшьаҩцәаны шәҟаларц, насгьы Иисус Христос ила игәы иақәшәо адоуҳатә ҳамҭақәа изнажәгаларц азы. 6 Избанзар Аҩыраҿы иануп: «Сара Сион аҿы ишьҭасҵоит ҵаҟатәи акәакь аҿы ишьҭарҵо, сара иалысхыз, зыхә ҳараку ахаҳә. Уи агәра зго ахаангьы дыԥхашьараны дыҟаӡам».

7 Шәара шәзы уи ахә ҳаракуп, избанзар шәара уи агәра жәгоит. Аха агәра зымго рзы «аргылаҩцәа ирҭахымхаз уи ахаҳә хыхьтәи акәакь аҿы ишьҭарҵо хаҳәны иҟалеит». 8 «Уи ахаҳә изыхҟьашо, ршьапы иқәзырҟьо ацаҟьа акәхеит». Дара уи иахҟьашаны икаҳауеит, избанзар Анцәа иажәа иазыӡырҩӡом. Убри аҩыза аҵыхәтәоуп дара ирзыԥшу. 9 Аха шәара — «Анцәа иалихыз жәларуп, ԥшьаҩцәас амаҵ зуа аҳцәа шәоуп, иԥшьоу ажәлар шәоуп, лымкаала Анцәа иитәхаз ауаа шәакәхеит», алашьцара аҟынтә зеиԥшыҟам алашарахь шәаазыԥхьаз «иҟазшьа ссирқәа* рыӡбахә зехьынџьара еиҭашәҳәаларц азы». 10 Иҟан аамҭа жәларыкны шәаныҟамыз, аха уажәшьҭа Анцәа ижәлар шәоуп. Иҟан аамҭа Анцәа шәанрыцҳаимшьоз, аха уажәшьҭа шәрыцҳаишьеит.

11 Бзиа избо сашьцәа, атәым жәлари ари адунеи аҿы аамҭала инхои реиԥш сшәыҳәоит, ишәабашьуа агәаҳәара ҟьашьқәа шәыҽрышәымҭалан. 12 Ари адунеи иатәу ауаа рыбжьара ибзианы шәхы мҩаԥыжәгала, ацәгьара ҟашәҵошәа шәзызҳәо шәус бзиақәа рбарц, насгьы Анцәа агәаҭарақәа данрылаго аҽны дҳараркырц азы.

13 Иҳақәиҭу иаҳаҭыразы амчра знапаҿы иҟоу ауаа зегьы ирҳәо ҟашәҵала, уи аҳәынҭқар иакәзаргьы, избанзар аҭыԥ ду ааникылоит, 14 ма аҳәынҭқар иалихыз анапхгаҩцәа ракәзаргьы. Иара урҭ залихыз ацәгьара ҟазҵо ирықәнагоу иақәдыршәаларц, абзиара ҟазҵо дырҽхәаларц азоуп. 15 Анцәа иҭахуп аус ахи-аҵыхәеи еилмыргаӡакәа иалацәажәо, аилкаара змам ауаа шәус бзиақәа рыла аҳәатәы рмоуа иҟашәҵаларц. 16 Ахақәиҭра змоу ауаа реиԥш шәынхала, аха ишәымоу ахақәиҭра ацәгьара аҟаҵаразы шәхы иашәмырхәалан, уи аҭыԥан Анцәа имаҵ зуа реиԥш шәынхала. 17 Зегьы ҳаҭыр рықәышәҵала, шәашьцәа зегь бзиа ижәбала, Анцәа шәицәшәала*, аҳәынҭқар ҳаҭыр иқәышәҵала.

18 Амаҵуцәа, шәыԥшәмацәа ирыхәҭоу аҳаҭыр рықәышәҵала, рҳәатәы нашәыгӡала, ибзиоу, иҟәымшәышәу* рыдагьы, згәы аҟаҵара цәгьоугьы. 19 Избанзар ауаҩы Анцәа иҿаԥхьа иламыс цқьаны ихьчарц азы ихараӡамкәа ачҳара аарԥшны агәаҟра ихигозар, Анцәа диргәырӷьоит. 20 Шәыгәнаҳақәа рзы шәанырыпҟо ачҳара аашәырԥшуазар, бзиарас иҟашәҵои? Аха шәызгәаҟуа аус бзиақәа ахьыҟашәҵо азы акәзар, Анцәа дшәыргәырӷьоит.

21 Убри азоуп Анцәа шәзалихызгьы, избанзар Христосгьы шәара шәзоуп дзықәшәаз агәаҟрақәа дызрықәшәаз, убасала иара аҿырԥшы шәзынижьит, ишшәылшо ала ишьҭа шәхыланы шәцаларц азы. 22 Иара гәнаҳас ҳәа акгьы ҟаимҵаӡеит, иажәақәагьы мцык рыламызт. 23 Иҟоу зегь анизырҳәоз, дара реиԥш аҭак ҟаиҵаӡомызт, дангәаҟуаз, дзыргәаҟуаз дрықәмақарӡомызт, зегь рус ииашаны изыӡбо инапы иҽаниҵон. 24 Иара ашьаҟа дкыдҵаны даныршь, ҳагәнаҳақәа ҳхыхны игеит*, агәнаҳа ҳзыҟамҵо ԥсык ҳаиҩызахарц, насгьы Анцәа игәы иақәшәо аусқәа рыҟаҵаразы ҳанхаларц азы. «Уи ихәрақәа шәара шәырхәышәтәит». 25 Шәара иҟьалаз ауасақәа шәреиԥшын, аха уажәшьҭа ишәхылаԥшуа шәыхьча иахь шәхынҳәит.

3 Аҳәса, шәаргьы шәхацәа рҳәатәы шәацныҟәала, урҭ Анцәа иажәа иазымӡырҩуазаргьы, ажәада, шәхымҩаԥгашьала ишәырҳарц азы. 2 Шәхымҩаԥгашьа шыбзиоу, насгьы ҳаҭыр ду шрықәышәҵо рбар, урҭ шәырҳар шәылшоит. 3 Шәара шәзырԥшӡаша ауаҩы иибо ак акәымзароуп, иаҳҳәап, шәыхцәы аԥашьеи, ахьи, зыхә цәгьоу амаҭәеи. 4 Шәзырԥшӡаша ҩныҵҟала, гәаҭала шәзеиԥшроу акәзароуп. Аҭынчреи аҟәымшәышәреи рыла шәыҽшәырԥшӡала. Убри ауп Анцәа зыхә ҳаракны иишьо. Уи аҩыза аԥшӡара ахаангьы акгьы ахьӡом. 5 Убасоуп ажәытәан инхоз, гәыкала Анцәа имаҵ зуаз, иқәгәыӷуаз аҳәсагьы рыҽшдырԥшӡоз, дара рхацәа рҳәатәы иацныҟәон, 6 Сарра Авраам иҳәатәы дшацныҟәоз еиԥш. Лара уи саҳ ҳәагьы иалҳәон. Абзиара ҟашәҵозар, насгьы ашәара шәҽашәымҭозар, шәара уи лыԥҳацәа шәоуп.

7 Шәаргьы, ахацәа, шәыҳәса рахь аилкаара аашәырԥшла. Аҳәса иуашәшәыроу амаҭәар иаҩызоуп, урҭ еиҳа иԥсыҽуп шәара шәаасҭа, убри аҟынтә ҳаҭыр рықәышәҵала, избанзар даргьы шәара шәеиԥш Анцәа наӡаӡатәи аԥсҭазаара раҭәеишьеит, мамзар Анцәа шәыҳәарақәа иаҳаӡом.

8 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи, зегьы аӡәк иеиԥш хәыцшьак шәымаз, шәашьцәа рхьаа рыцеиҩышәшала, шәрыцҳеибашьала, ахынраалара аашәырԥшла, еишьцәаҵас бзиа шәеибабала. 9 Ацәгьа шәзызуа ацәгьа изышәымун, иакәым шәзызҳәо иакәым изышәымҳәалан. Анцәа шәзалихыз ауаа шәныҳәаларц азоуп, усҟан иаргьы шәиныҳәоит.

10 Аҩыраҿы иануп: «Насыԥла иҭәу аԥсҭазаара иалагәырӷьаларц зҭаху ибз ааникылалароуп, амцгьы имҳәалароуп. 11 Ацәгьара амԥан дықәымлалароуп, абзиара ҟаиҵалароуп, еснагь аҭынчра дашьҭазароуп. 12 Избанзар Иегова* ауаа иашақәа илаԥш рхуп, илымҳа кыдҵаны рыҳәарақәа дырзыӡырҩуеит, ацәгьара ҟазҵо ракәзар, Иегова урҭ ицәымӷуп».

13 Абзиара аҟаҵара шәашьҭазар, ацәгьара шәзызураны иҟада? 14 Аха Анцәа иҿаԥхьа шәахьиашоу азы агәаҟрақәа шәрықәшәозаргьы, насыԥ шәымоуп. Егьырҭ ауаа зыцәшәо шәара шәацәымшәалан, акгьы хьаас иҟашәымҵалан. 15 Христос Ишәықәиҭу шиакәу еилкааны, иԥшьоу аӡә иеиԥш шәгәаҿы еснагь ҳаҭыр ду иқәышәҵала. Еснагь шәазхиаз шәгәыӷра аӡбахә иазҵаауа аҭак иҭара, аха уи хаала, ҳаҭырқәҵарала иҟашәҵала.

16 Шәара Христос иҵаҩцәа шәоуп азы, шәхымҩаԥгашьа бзиоуп, убри аҟынтә Анцәа иҿаԥхьа шәыламыс цқьаны ишәыхьчала, ишәхараӡамкәа иакәым шәзызҳәо шәус бзиақәа анырбалак, иԥхашьарц азы. 17 Аус бзиақәа ахьыҟашәҵо азы Анцәа шәгәаҟлар иуазар, уи еиҳа еиӷьуп, ацәгьара ахьыҟашәҵо азы шәгәаҟлар аасҭа. 18 Избанзар Христос ауаа рыгәнаҳақәа рхихырц азы знык зегьы рзы дыԥсит — ауаҩ иаша ауаа цәгьақәа рзы, Анцәа иҩызахара дшәыцхраарц азы. Иара даныршьуаз дуаҩын, аха Анцәа иԥсы ҭеиҵеит, доуҳак иеиԥш ажәҩан аҿы дынхаларц азы. 19 Уи ашьҭахь иара иҭакыз амаалықьцәа ақәыӡбаратә жәабжь реиҳәарц дцеит. 20 Урҭ амаалықьцәа Нои ихаан Анцәа изымӡырҩыз роуп. Усҟан Анцәа ачҳара аарԥшны, аковчег аргылара иалгаанӡа дыԥшын. Уи аковчег иҭаз 8-ҩык роуп аӡхыҵра аан еиқәхаз.

21 Усҟан иҟалаз — аӡӡаахра иаҩызоуп. Иисус Христос иԥсы ахьҭалаз абзоурала иахьа уи шәеиқәнархоит. Аҽӡаахра иаанаго иҟьашьу уцәа аӡәӡәара акәӡам. Уи Анцәа уламыс ирыцқьарц азы иҟауҵо а́ҳәара ауп. 22 Ажәҩан ахь данхала, иара Анцәа иарӷьарахь дтәеит. Анцәа уи дҳареикит, амаалықьцәеи амчрақәеи изыӡырҩларц азы.

4 Христос адгьыл аҿы ауаҩ иеиԥш данынхоз агәаҟрақәа ихигеит, убри аҟынтә шәаргьы иара иеиԥш ахәыцра шәазхиаз, избанзар агәаҟрақәа зхызго ауаҩы агәнаҳа аҟаҵара дшаҟәыҵыз ааирԥшуеит, 2 ауаҩ иеиԥш дынхонаҵы, иара ииҭаху акәымкәа, уажәшьҭа Анцәа ииҭаху ҟаиҵаларц азы. 3 Уаанӡа шәара ари адунеи аҿы ауаа иҟарҵо ҟашәҵон, ԥхашьарак шәыламкәа шәхы мҩаԥыжәгон*, шәгәаҳәара ҟьашьқәа шәрышьҭан, шәҽеиужьны, иаашәҭаху ҟаҵо, ифо-ижәуа шәеидтәалан, аҩы шәҽашәыршьуан, иаажәбо зегьы нцәахәыс иҟаҵаны шәрымҵахырхәон. Аха уажәшьҭа иазхоуп. 4 Дара иџьаршьоит уаҳа рус ҟьашьқәа ахьрыцҟашәымҵо, убри азы иҟоу зегь шәзырҳәоит. 5 Аха иаарласны аԥсцәеи абзацәеи рус зыӡбо иҿаԥхьа аҭак ҟарҵараны иҟоуп. 6 Убри азоуп аԥсцәагьы ажәабжь бзиа зрылаҳәаз, рыԥсы ҭаланы Анцәа идоуҳа ишрыҵанаҳәо еиԥш анхара иалагарц азы, ауаа зегьы ишрықәыӡбо еиԥш даргьы ишрықәыӡбогьы.

7 Иаарласны зегьы рҵыхәтәа ԥҵәоит, убри аҟынтә шәҟәышыз, Анцәа иҳәара шаҟа ихадоугьы шәхашәмыршҭлан. 8 Зегь раԥхьаӡа иргыланы, гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала, избанзар абзиабара аазырԥшуа еснагь анажьра дазхиоуп. 9 Шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи рзы акгьы шәамеигӡалан, шәымгәамҵӡакәа агәыҭбаара аашәырԥшла*. 10 Шәара зегьы ҳамҭак-ҳамҭак шәоуит. Убри аҟынтә ишәоуз аҳамҭа шәхы иархәаны, Анцәа агәыҭбаара аарԥшны еиуеиԥшым аҳамҭақәа зиҭаз имаҵзуҩцәа реиԥш шәымаҵ еибаула. 11 Анцәа иажәабжь зҳәо ииҳәо Анцәа иажәабжь шакәу еилурго иҟазароуп, егьырҭ рымаҵ зуа иакәзар, Анцәа имч дақәгәыӷны рымаҵ иулароуп. Усҟан иҟашәҵозаалакгьы, Иисус Христос ила Анцәа дҳарашәклоит. Ахьӡ-аԥшеи амчи наунагӡа изтәу иара иоуп. Амин.

12 Бзиа избо сашьцәа, амца қьоуқьад иеиԥшу аԥышәарақәа шәахьрықәшәо џьашәымшьалан, уаҩ иимбац акы шәақәшәозшәа. 13 Уи аҭыԥан шәгәырӷьала, избанзар Христос ихигоз агәаҟрақәа роуп шәаргьы ишәхыжәго. Агәаҟрақәа шәанрықәшәо шәгәырӷьала, Христос ихьӡ-иԥша зегьы ианырбарҭахо еиҳагьы шәгәырӷьаларц азы. 14 Христос изы иҟоу зегь шәзырҳәозар, насыԥ шәымоуп, избанзар уи иаанарԥшуеит зеиԥшыҟам адоуҳа — Анцәа идоуҳа — шшәымоу.

15 Сара исҭахӡам ауаа зшьуа, иӷьычуа, ацәгьара зуа, ауаа рус зус алазҵо шьоук реиԥш шәгәаҟларц. 16 Аха аӡәы қьырсианк иаҳасабала дгәаҟуазар, уи дацәыԥхамшьааит. Анаҩсгьы қьырсианк иеиԥш, иԥсҭазаашьала Анцәа дҳареиклааит, 17 избанзар аӡбара аамҭа ааит. Уи Анцәа иҩнала иалагоит. Аӡбара ҳара ҳала иалагозар, ирзыԥшузеи, нас, Анцәа иҟынтә ажәабжь бзиа здызымкыло ауаа? 18 «Ауаҩ иаша аиқәхара изымариамзар, ирзыԥшуи, нас, Анцәа дыззымдыруеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи?» 19 Аӡәы Анцәа ииҭаху ахьыҟаиҵо азы дгәаҟуазар, Анцәа инапы иҽанҵаны, анаҩсгьы абзиара ҟаиҵалааит. Иара Ҳазшаз иоуп, ҳара уи игәра ҳгалар ҳалшоит.

5 Аизара ахылаԥшыҩцәа*, саргьы шәара шәеиԥш аизара ахылаԥшҩы* соуп, Христос ихигаз агәаҟрақәа сыблақәа рыла избон, зегьы ирбарҭахо ахьӡ-аԥша шәара ианшәоуа саргьы исоуеит, убри азы аказы сшәыҳәар сҭахуп: 2 ахылаԥшыҩцәа реиԥш амаҵ уа, шәнапы ианҵоу Анцәа иԥсаса ахьчацәа реиԥш шәеиҷаҳала. Аӡәы ишәыдицалошәа акәымкәа, Анцәа имаҵ зуа ишрыхәҭоу еиԥш гәыкала шәеиҷаҳала, феидак шәоурц азы акәымкәа, гәык-ԥсыкала. 3 Анцәа иитәқәоу шәрыԥшәымоушәа шәырмықәыӷәӷәалан, уи аҭыԥан Анцәа иԥсаса аҿырԥш бзиа дшәырбала. 4 Усҟан, ахьча хада данааилак*, ахаангьы акгьы змыхьуа зеиԥшыҟам аҳамҭа* шәоуеит.

5 Иқәыԥшу аишьцәа, шәаргьы ишәеиҳабацәоу ахацәа* рҳәатәы шәазыӡырҩла. Ахынраалара аарԥшуа, аӡәи-аӡәи шәымаҵ еибаула, избанзар Анцәа иԥагьоу ицәымӷуп, аха ахынраалара злоу рахь изыԥсам ақьиара ааирԥшуеит.

6 Ахынраалара аарԥшны Анцәа инапы ӷәӷәа шәҽанышәҵа, усҟан иара ианаамҭоу шәҳареикуеит. 7 Шәгәы иҵхо зегь инапы ианышәҵа, избанзар иара хьаас шәимоуп. 8 Шәҟәышыз, шәгәышәҽаныз! Шәаӷа, Аџьныш, ицхлымуа алым еиԥш дықәуп, илбааидашагьы дрышьҭоуп. 9 Ахаҵара ӷәӷәа аарԥшны уи шәиҿагыл, избанзар шәара ижәдыруеит адунеи зегь аҿы шәашьцәагьы шәара шәзықәшәо агәаҟрақәа рҩызцәа ишрықәшәо. 10 Христос ила наӡаӡатәи ахьӡ-аԥша ахь шәаазыԥхьаз, еснагь ҳзыԥсам ақьиара аазырԥшуа Анцәа аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа шәангәаҟлак ашьҭахь, ихаҭа имаҵ аура шәазыҟаиҵоит. Иара шәирӷәӷәоит, амч шәиҭоит, дшәыцхраауеит. 11 Иара иоуп наунагӡа амчра зтәу. Амин.

12 Гәык-ԥсыкала исзыҟоу сашьа Силуа́н ицхыраарала ишәзызҩыз ари асаламшәҟәы хәыҷы ала шәгәы шьҭысхыр сҭахын, иара убас исҭахын Анцәа шәзыԥсам ақьиара шааирԥшыҵәҟьаз агәра шәсыргар. Уи шәцәыӡыр шәымун. 13 Асалам шәылҭоит Вавилон иҟоу, шәара шәеиԥш Анцәа иалихыз ҳаҳәшьа. Иара убас асалам шәиҭоит сыҷкәын Марк. 14 Аԥсшәа анеибышәҳәо, шәгәыдеибакылала.

Христос иҵаҩцәа зегьы, аҭынчра шәыгымзааит.

Шәахәаԥш Ажәар.

Абырзен ажәа «иԥшьоу» иаанагоит «ицқьоу».

Адами Евеи ахшара роуаанӡа.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иус бзиақәа», даҽакала иуҳәозар, арҽхәара иаԥсоу иҟазшьақәеи иусқәеи.

Ма «ҳаҭыр ду иқәышәҵала». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».

Ма «зҳәатәы иазмырго».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицәеижь ала иаҳхихит».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Абырзен ажәа асе́лгеиа арацәа хыԥхьаӡараҿы. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».

Ма «асасдкылара шәылаз».

Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».

Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «зегьы данырбарҭахо».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «агәыргьын».

Ма «аизара ахылаԥшыҩцәа».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра