ПИОТР АҨБАТӘИ ИСАЛАМШӘҞӘЫ
1 Сара, Си́мон Пиотр, Иисус Христос имаҵуҩи иапостоли соуп. Ҳанцәеи Ҳаиқәырхаҩ Иисус Христоси риашара абзоурала ҳара иҳамоу зеиԥшыҟам ахаҵара аҩыза зырҳаз ишәзысыҩуеит.
2 Анцәеи Иҳақәиҭу Иисуси ирызку ииашоу, иҵаулоу адыррақәа ахьшәымоу абзоурала Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳаиҭо аҭынчреи еиҳагьы ишәоуааит. 3 Ҳара ҳаазыԥхьаз ибзиоу Ҳанцәа ду изку ииашоу, иҵаулоу адыррақәа ҳауит азы, гәык-ԥсыкала имаҵ уа ҳанхаларц азы иара имч ду ала иаҭаху зегь ҳаиҭеит. 4 Анцәа ахьӡ-аԥша имоуп, дқьиоуп. Иара зеиԥшыҟам агәыӷра ҳаҭәеишьеит, амаалықьцәа шәреиԥшханы, ихьӡ-иԥша ицеиҩышәшарц азы. Иара зеиԥшыҟам уи агәыӷра зҳаиҭаз агәаҳәара ҟьашьқәа ирхылҿиаауа аус хәымгақәа ахьаанҳажьыз азоуп.
5 Убри аҟынтә ишәылшо зегь ҟашәҵала, Анцәа ибзиоуп ҳәа ииԥхьаӡо ҟашәҵаларц азы, убри алагьы шәхаҵара хашәырҭәаа. Ишәылшо зегь ҟашәҵала, адыррақәа еизшәырҳаларц азы. 6 Адыррақәа аҽынкылара ала ихашәырҭәаа. Ишәылшо зегь ҟашәҵала, ачҳара аарԥшны зегь шәхыжәгаларц азы, Анцәа шәизиашаны шәаанхаларц азы. 7 Ишәылшо зегь ҟашәҵала, шәашьцәа бзиа ижәбаларц азы, уи адагьы, ауаа зегь рахь абзиабара аашәырԥшларц азы. 8 Ус ҟашәҵалар, абарҭ аҟазшьақәагьы еизшәырҳалар, Иҳақәиҭу Иисус Христос изкны ишәоуз ииашоу, иҵаулоу адыррақәа инарықәыршәаны шәынхалоит, ашәыр зҿамло аҵлагьы шәеиԥшхаӡом.
9 Ус ҟазымҵо длашәуп, алашара имбарц азгьы илақәа аиркуеит. Иҟаиҵахьаз агәнаҳақәа шианажьугьы ихашҭит. 10 Сашьцәа, Анцәа шәара шәааиԥхьеит, шәагьалихит, убри аҟынтә анаҩсгьы ишәылшо зегь ҟашәҵала, уи ааԥхьара шәаԥсаны шәаанхарц азы. Абарҭ аҟазшьақәа еизшәырҳалар, шәхаҵара ахаангьы иԥсыҽхаӡом. 11 Уи адагьы, Ҳаиқәырхаҩ Иҳақәиҭу Иисус Христос наӡаӡатәи Иаҳра агәашәқәа ҟьаҟьаӡа ишәзаатуеит.
12 Убри азоуп шәара ари зегь шыжәдыруагьы, еилышәкааз аҵабырг агәра ганы шәшыҟоугьы, сара уи еснагь изышәгәаласыршәо. 13 Сара ари ацәеижь* сыманы сынхонаҵы, уи шәгәаларшәара уалны исыԥхьаӡоит, 14 избанзар издыруеит иаарласны ари сцәеижь шаансыжьуа, Иҳақәиҭу Иисус Христос уи сеилиркааит. 15 Сыҟанаҵы, исылшо зегь ҟасҵалоит, санцалак ашьҭахьгьы сажәақәа шәгәалашәаларц азы.
16 Иҳақәиҭу Иисус Христос имч аӡбахәи дшыхынҳәуа атәи анышәзеиҭаҳҳәоз, ауаа рхы иҭырҳәааз акәӡам ишәаҳҳәоз, избанзар ҳара ҳаблақәа рыла уи ихьӡ-иԥша ҳбон. 17 Иара Анцәа иҟынтә, Иаб иҟынтә, аҳаҭыри ахьӡ-аԥшеи иоуит, хьӡи-ԥшеи змоу Анцәа абас аниҳәа: «Ари бзиа избо, сыззыразу Сԥа иоуп». 18 Ажәҩан аҟынтә игаз урҭ ажәақәа иареи ҳареи иԥшьоу ашьхаҿы ҳаныҟаз иҳаҳаит.
19 Убри аҟынтә ҳара Анцәа ииҳәаз зегь шынаӡо еиҳагьы агәра ҳгоит. Ашара иалагаанӡа, шарԥыеҵәа цәырҵаанӡа, Анцәа ииҳәаз урҭ аԥааимбаражәақәа шәхы рзышәышьҭла. Шәгәаҿы урҭ аԥааимбаражәақәа алашьцараҿы илашо акәаҷаб иеиԥшзароуп. 20 Шәара ижәдыруеит Аҩыраҿы иану аԥааимбаражәақәа ауаҩы ииҳәаз ала ишҩым, 21 избанзар ауаа ахаангьы ԥааимбаражәакгьы рхы иҭырымҳәааӡацызт, дара иԥшьоу адоуҳа ишрыҵанаҳәоз еиԥш ауп Анцәа иажәақәа шырҳәоз.
2 Анцәа ижәлар рыбжьара амцԥааимбарцәа шыҟаз еиԥш, шәыбжьарагьы амцрҵаҩцәа ҟалоит. Дара ишәызгәамҭаӡакәа еиҿыркаауеит шәымҩахызҟьо асектақәа, иара убас дара аазхәаз, изтәу Иисус мап ицәыркуеит, убри азгьы ирласны иқәгахоит. 2 Ԥхашьарак злам рхымҩаԥгашьа* иахәаԥшны, дара реиԥш зхы амҩаԥгара иалаго рацәаҩхоит. Урҭ рымшалагьы ауаа аҵабырг мҩа иакәым ала иахцәажәалоит. 3 Дара рыԥсы ҭәӡом азы, шәжьаны рхы шәадырхәалоит. Аха Анцәа урҭ дрықәыӡбеижьҭеи акыр ҵуеит. Иара иӡбара ианаамҭоу инаӡоит. Урҭ рықәӡаара хырԥашьа амам.
4 Анцәа агәнаҳа ҟазҵаз амаалықьцәа рыцҳамшьаӡакәа, иҿаҳәаны та́ртар* иҭаижьит, аӡбара амш ааиаанӡа, лашарак ахьымнеиуа алашьцараҿы иҟазарц азы. 5 Уи адагьы, иара Нои ихаан ауаа цәгьақәа рыла иҭәыз адунеи рыцҳаимшьаӡеит. Аӡхыҵра ду ҟаҵаны урҭ ықәигеит. Аха аиаша рылазҳәоз Ноии уи ицыз быжьҩык ауааи еиқәирхеит. 6 Иара убас ақалақьқәа Содо́ми Гомо́рреи дрықәыӡбан, иқәыццышәаа иблит, убри алагьы ауаа цәгьақәа ирыхьуа дирбеит. 7 Аха ԥхашьарак зламыз урҭ рхымҩаԥгашьа* згәы знархьуаз ауаҩ иаша Лот деиқәирхеит, 8 избанзар дызланхоз ауаа иҟарҵоз аус цәгьақәа ахьибоз, ирҳәоз ахьиаҳауаз иахҟьаны, Анцәа иҿаԥхьа ииашаз уи ауаҩ есыҽны игәы ихьуан. 9 Иегова* идыруеит изиашоу ауаа аԥышәарақәа раан ишеиқәирхаша, ауаа цәгьақәагьы аӡбара амш аҽны иқәигарц азы ишынижьша, 10 еиҳарак агәаҳәара ҟьашьқәа рыҽрыҭаны егьырҭ рыбжьыхра иашьҭоу, напхгара зуа пату рықәзымҵо ауаа.
Дара ԥагьоуп, рҳәатәы иадыргоит, Анцәа аҳаҭыр заҭәеишьаз аиакәым рыхҳәаарагьы иацәшәаӡом. 11 Уи аҩыза амаалықьцәаҵәҟьагьы рхы иаҭәаршьаӡом. Дара рымч акырӡа ишеиҳаугьы, Иегова пату ахьиқәырҵо азы, урҭ амцрҵаҩцәа ахара рыдырҵаӡом, ишакәымгьы ирыхцәажәаӡом. 12 Аха урҭ ауаа цәгьақәа, ауаа икны иршьуа аԥстәқәа реиԥш, рцәаҩа ирыҵанаҳәо ауп иҟарҵо. Ирзеилымкаауа зегьы иакәым ала иахцәажәоит. Иҭазырхо амҩа иахьанылаз азы иҭахоит, 13 аус цәгьақәа ахьыҟарҵо азы ирықәнагоу иақәыршәахоит.
Урҭ ҽынлагьы ргәаҳәара ҟьашьқәа ахьынарыгӡо агәырӷьара ду рзаанагоит. Дара амаҭәа иану аҩазеи ауаҩы иҿы иану ашәахсҭеи иреиԥшуп. Ишәыдтәаланы акраншәыцырфо, рымцҵарақәа иргәарԥханы ирыхцәажәоит. 14 Рылақәа цымцымуа акаҳԥра иашьҭоуп, агәнаҳа аҿагылара рылшаӡом, зхаҵара ԥсыҽугьы хырхуеит, ргәы-рыԥсы ҭәӡом. Аха Анцәа урҭ ахьирхәуеит. 15 Дара амҩа иаша ааныжьны, иҽеим амҩа ианылеит. Аҳамҭа иоурц азы аус цәгьақәа ҟазҵоз Бео́р иԥа Валаа́м имҩа иқәлеит. 16 Иара иҟаиҵоз шиашамыз ирбан. Имцәажәо аҽада ацәажәара иалаган, уи аԥааимбар агаӡара инамырҟаҵаӡеит.
17 Дара иҭабаз аӡыхьқәеи аԥша иаманы иқәу аԥсҭҳәақәеи иреиԥшуп. Урҭ лашарак ахьзымнеиуа алашьцара еиқәаҵәа рзыԥшуп. 18 Дара ажәа ԥшӡақәа рҳәоит, аха ирҳәо хәарҭас иалоу ҳәа акгьы ыҟам. Ауаа агәаҳәара ҟьашьқәа рызцәырганы, ԥхашьарак злам рхымҩаԥгашьа* ала ааигәа ауаа цәгьақәа ирылҵыз хырхуеит. 19 Урҭ ахақәиҭра иақәдыргәыӷуеит, аха рхаҭа агәнаҳа иамаҵуцәоуп, избанзар иуиааиуа уимаҵуҩхоит. 20 Ҳаиқәырхаҩ Иҳақәиҭу Иисус Христос изку ииашоу, иҵаулоу адыррақәа зауз, насгьы узҟьашьуа ари адунеи аус цәгьақәа аанзыжьыз, аха нас урҭ рахь ихынҳәны зыҽрызҭаз ауаа раԥхьа ишыҟаз аасҭа еицәахоит. 21 Еиҳа еиӷьын дара аҵабырг мҩа рзымдыруазҭгьы, аҵабырг мҩа ибзианы еилкааны, ироуз иԥшьоу аԥҟара еиларгар аасҭа. 22 Убасала дара ажәаԥҟа иаҳәо рыхьит: «Ала иаҿнахыз афарц азы ихынҳәуеит, иркәабаз аҳәагьы еиҭах аӡмах аҽҭанажьуеит».
3 Бзиа избо сашьцәа, ари аҩбатәи сысаламшәҟәы ауп. Актәи асаламшәҟәаҿы еиԥш, ижәдыруа зышәгәаласыршәо, ииашаны ахәыцра сшәыцхраарц азоуп. 2 Уи зыҟасҵо, иԥшьоу аԥааимбарцәа ирҳәахьази Ҳаиқәырхаҩ Иҳақәиҭу апостолцәа рыла ишәирҵози шәхашәмыршҭырц азоуп. 3 Зегь раԥхьаӡа иргыланы ижәдыруаз: аҵыхәтәантәи амшқәа рзы згәаҳәара ҟьашьқәа зыҽрызҭало ахыччаҩцәа ҟалоит. 4 Дара ирҳәалоит: «Дхынҳәуеит ҳәа ажәа ҳаиҭахьан, нас, дабаҟоу? Ҳабацәа ԥсижьҭеи акгьы аҽамԥсахӡеит, Анцәа ауаа аниша инаркны зегь шыҟац иҟоуп».
5 Дара рхаҿгьы иааргар рҭахӡам акыршықәса раԥхьа ажәҩан шыҟаз, Анцәа ииҳәаз ажәа ала адгьылгьы аӡы илыҳәҳәо, иӷәӷәаӡа аӡы агәҭа ишгылаз. 6 Иазхәыцыргьы рҭахӡам аӡы хыҵны адгьыл ианахыҵәа, усҟантәи адунеи зегь шықәгаз. 7 Иахьа иҟоу ажәҩангьы адгьылгьы Анцәа ииҳәаз уи ажәа ала мцала иқәгахаанӡа иааныжьуп, ауаа цәгьақәа анықәгахо аӡбара амш аҽнынӡагьы иҟазаауеит.
8 Шәара шәакәзар, бзиа избо сашьцәа, ишәхашәмыршҭлан Иегова* изы мышкы зқьышықәса ишаҩызоу, зқьышықәсагьы мышкы ишаҩызоу. 9 Шьоукы Иегова иажәа анагӡара дахыццакӡом ҳәа рыԥхьаӡоит, аха уи ус акәӡам. Иара шәара шәахь ачҳара ааирԥшуеит, избанзар аӡә дҭахар иҭахӡам, зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц ауп ииҭаху. 10 Иегова имш аӷьыч дшааиуа еиԥш иааиуеит. Усҟан ажәҩан адыдбжьы ахылҵуа илыбжьахәаша ицоит. Дгьыли-жәҩани злашьақәгылоу ахәҭақәа ҟаԥшьӡа ишны, ихәаш-хәаша ицоит. Адгьыли адгьыл аҿы иҟарҵо аусқәеи ҟьаҟьаӡа иаатуеит.
11 Абри зегь абас иқәӡаауазар, шәазхәыц шәхымҩаԥгашьеи шәусқәеи зеиԥшразар ахәҭоу. Шәхымҩаԥгашьа цқьазароуп, шәусқәагьы Анцәа гәыкала шәышизиашоу рныԥшуазароуп. 12 Иегова имш шааиуа шәхашәмыршҭын, есымша шәазыԥшыз. Уи амш аҽны ажәҩан амца иалабылуеит, дгьыли-жәҩани злашьақәгылоу ахәҭақәа леимгәаӡыҭ ицоит. 13 Аха ҳара, Анцәа ҳшақәиргәыӷыз еиԥш, ҳарзыԥшуп аиашара ахьыҟало ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци.
14 Убри аҟынтә, бзиа избо сашьцәа, уи шәазыԥшнаҵы ишәылшо зегь ҟашәҵала, Анцәа иҿаԥхьа шәыцқьаны, џьара шәытарак шәымамкәа шәыҟазарц азы, иареи шәареи шәеизыҟазаашьақәагьы бзиазарц азы. 15 Иҳақәиҭу Анцәа иааирԥшуа ачҳара абзоурала шәеиқәхар шшәылшогьы шәхашәмыршҭлан, Анцәа аҟәыӷара зиҭаз, бзиа иаҳбо ҳашьа Павел ишышәзиҩуаз еиԥш. 16 Иара исаламшәҟәқәа зегь рҿы уи атәы иҩуан. Аха исаламшәҟәқәа рҿы зеилкаара мариамгьы уԥылоит. Урҭ ззеилымкаауа, зхаҵара ԥсыҽу ауаа исаламшәҟәқәа ирну аарҳәны, дара ишырзыманшәалоу еиԥш рхы иадырхәоит. Убас рзыруеит Аҩыра иану егьырҭ ажәақәагьы, аха уи дара ҭанархоит.
17 Бзиа избо сашьцәа, шәара иҟалараны иҟоу жәдыруеит, убри аҟынтә шәгәышәҽаныз, агәнаҳаҟаҵаҩцәа рымц ацәҟьа еиԥш шәаҿамшәарц азы, шәызну амҩа шәықәымҟьакәа шәанызарц азы. 18 Уи аҭыԥан Ҳаиқәырхаҩ Иҳақәиҭу Иисус Христос шәзыԥсам ақьиара еиҳагьы иааирԥшларц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала, еиҳа еиӷьны иеилкаарагьы шәашьҭаз. Хьӡи-ԥшеи игымзааит уи иахьагьы наӡаӡагьы. Амин.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ақьала».
Абырзен ажәа асе́лгеиа арацәа хыԥхьаӡараҿы. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».
Шәахәаԥш Ажәар.
Абырзен ажәа асе́лгеиа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Абырзен ажәа асе́лгеиа арацәа хыԥхьаӡараҿы. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.