Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Аатра 1:1—22:21
  • Аатра

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аатра
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аатра

ААТРА

1 Иисус Христос иҟынтә аатра. Анцәа уи Иисус изааиртит, имаҵуцәа иаарласны иҟалараны иҟоу дирбарц азы. Иисус имаалықь даашьҭны, адыргақәа рыла Анцәа* имаҵуҩы Иоанн уи иирбеит. 2 Иоанн Анцәа иҟынтә иаҳази Иисус Христос ииҳәази еиҭеиҳәеит. Ааи, иибаз зегь еиҭеиҳәеит. 3 Насыԥ рымоуп ари аԥааимбаражәа зыбжьы ҭыганы иаԥхьо, иазыӡырҩуа, иагьықәныҟәо, избанзар Анцәа иалихыз аамҭа ааигәахеит.

4 Сара, Иоанн, Азиа* иҟоу быжь-еизарак ирзысыҩуеит.

Иҟоу, иҟаз, насгьы иааираны иҟоу иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳаиҭо аҭынчреи шәыгымзааит, ишәыгымзааит иаҳраҭыԥ аҿаԥхьа иҟоу быжь-доуҳак иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳарҭо аҭынчреи. 5 Иара убас зегь раԥхьаӡа зыԥсы ҭаҵаз, адгьыл аҳцәа рнапхгаҩы, Ашаҳаҭ Иаша Иисус Христос иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳаиҭо аҭынчреи шәыгымзааит.

Бзиа ҳазбо, зшьа каҭәаны ҳагәнаҳақәа рҟынтә ҳҿызхыз, 6 аҳцәас ҳҟазҵаз, Иаби Инцәеи изы ԥшьаҩцәас ҳҟазҵаз хьӡи-ԥшеи амчреи наунагӡа игымзааит. Амин.

7 Иара аԥҭақәа дрылаланы даауеит, уи зегьы дырбоит, аԥса илазҵазгьы. Усҟан иара ихҟьаны адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегьы ргәы иаасуа рхы рҵәыуалоит. Убас иагьыҟалоит, амин.

8 «Сара Альфеи Омегеи* соуп, — иҳәоит Анцәа Иегова*, — иҟоу, иҟаз, насгьы иааираны иҟоу, Зегьзымчу Анцәа».

9 Сара, шәашьа Иоанн, Иисус иҵаҩы, шәара шәеиԥш ачҳара аарԥшны агәаҟрақәа схызгоит, насгьы аҳра шәыцеиҩысшоит. Сара Анцәеи Иисуси рыӡбахә ахьысҳәоз азы Па́тмос захьӡу адгьылбжьахаҿы сыҟан. 10 Иԥшьоу адоуҳа Иҳақәиҭу имш ахь сагеит, насгьы сышьҭахь абыкь бжьы иеиԥшыз быжь дук саҳаит. 11 Уи абжьы абас аҳәеит: «Иубо ашәҟәеикәарҳә ианҵа, нас уи быжь-еизарак рахь ишьҭы: Ефесҟа, Сми́рнаҟа, Перга́мҟа, Фиати́раҟа, Са́рдаҟа, Филаде́льфиаҟа, Лаоди́киаҟа».

12 Исацәажәо дызусҭоу збап ҳәа сышьҭахьҟа санхьаҳә, ахьы иалхыз арлашагақәа быжьба збеит. 13 Арлашагақәа рыгәҭан ауаҩытәыҩса иԥа иеиԥшыз аӡә дгылан. Иара иауз амаҭәа ишәын, насгьы игәышԥы аҟынӡа ахьы иалхыз амаҟа ҟьаҟьа икәыршан. 14 Ихахәы аласа шкәакәа иаҩызан, асы еиԥш ишкәакәан, иблақәа амцаԥшь иеиԥшын, 15 ишьапқәа амцаҿы идырҭәаз абҩа цқьа еиԥш ицырцыруан, ибжьы еилаҽҽо арҩаш абжьы иеиԥшын. 16 Иарӷьа напаҿы быжь-еҵәак икын, иҿы наҟ-ааҟ ицҳафыруаз аҳәа ду ҭакын, ихы-иҿы амра еиԥш илашон. 17 Сара уи данызба, аԥсы иеиԥш уа симҵаҳаит.

Усҟан иарӷьа напы насықәиҵан, ус иҳәеит: «Умшәан, сара Ираԥхьатәиу, насгьы Иҵыхәтәантәиу соуп. 18 Сара зыԥсы ҭоу соуп. Сара сыԥсын, аха уажәшьҭа наӡаӡа сынхоит, аԥсреи анышәынҭреи* рцаԥхақәагьы сымоуп. 19 Ианҵа иубахьоу, уажәы иҟоу, насгьы уи ашьҭахь иҟалараны иҟоу. 20 Сара иузаасыртуеит сарӷьа напаҿы иубаз быжь-еҵәаки ахьы иалху арлашагақәа быжьбеи ирызку иԥшьоу амаӡа: быжь-еҵәак — быжь-еизарак рҿы иҟоу амаалықьцәа аадырԥшуеит, арлашагақәа быжьба — быжь-еизарак аадырԥшуеит.

2 Ефестәи аизараҿы иҟоу амаалықь абас изҩы: „Абар зарӷьа напаҿы быжь-еҵәак зку, насгьы ахьы иалху арлашагақәа быжьба ирылагылоу ииҳәо: 2 ‚Сара уусқәа здыруеит, издыруеит шаҟа аџьабаа убо, ачҳара аарԥшны агәаҟрақәа шухуго, иара убас ауаа цәгьақәа шудумкыло. Издыруеит ҳапостолцәоуп ҳәа зҳәо шапостолцәам шеилукааз, амц шырҳәо шрыҵудырааз. 3 Уара ачҳара ааурԥшуеит, сыхьӡ азы иухугаз рацәоуп, угәгьы каумыжьӡеит. 4 Аха сгәы иалоугьы ыҟоуп: уара раԥхьа иумаз абзиабара уцәыӡит.

5 Убри аҟынтә иуцәыӡыз угәаларшәа, иҟауҵаз уахьхәны, раԥхьатәи уусқәа рахь ухынҳәы. Уахьымхәыр, уара уахь снеины, урлашага ахьгылоу аҭыԥ аҟынтә еиҭазгоит. 6 Амала, Николаи исекта иатәу русқәа ахьуцәымӷу бзиоуп, урҭ саргьы исцәымӷуп. 7 Алымҳақәа змоу иԥшьоу адоуҳа аизарақәа иранаҳәо дазыӡырҩааит: сара аиааира зго азин исҭоит Анцәа иџьанаҭ аҿы игылоу аԥсҭазаара аҵла аҟынтә ашәыр афара‘“.

8 Смирнатәи аизараҿы иҟоу амаалықь абас изҩы: „Абар ииҳәо Ираԥхьатәиу, насгьы Иҵыхәтәантәиу, иԥсны иҟаз, аха зыԥсы ҭалаз: 9 ‚Сара издыруеит агәаҟрақәа шухуго, ушӷару, аха уеизгьы убеиоуп. Издыруеит ҳауриацәоуп ҳәа зҳәо иҟоу зегь шузырҳәо, аха урҭ ауриацәаӡам, Аҩсҭаа исинагога роуп. 10 Узықәшәараны иҟоу агәаҟрақәа урцәымшәан, Аџьныш шьоукы абахҭа шәҭаижьуеит, аҵыхәтәанынӡа шәԥышәахарц, насгьы жәамш шәгәаҟларц азы. Уԥсы ахьынӡаҭоу ухьамҵӡакәа угылаз, ухаҵара умырӡын, усҟан аԥсҭазаара* ҳамҭас иусҭоит. 11 Алымҳақәа змоу иԥшьоу адоуҳа аизарақәа иранаҳәо дазыӡырҩааит: аиааира зго аҩбатәи аԥсра* ибаӡом‘“.

12 Пергамтәи аизараҿы иҟоу амаалықь абас изҩы: „Абар наҟ-ааҟ ицҳафыруа аҳәа ду змоу ииҳәо: 13 ‚Сара издыруеит уара Аҩсҭаа итәарҭаҭыԥ аҿы ушынхо, аха уеизгьы сыхьӡ уадгылоуп. Шәықалақь аҿы, Аҩсҭаа дахьтәоу аҭыԥ аҿы, сышаҳаҭ иаша Анти́па даныршь амшқәа рзгьы сара сахь иумоу ахаҵара уацәхьамҵӡеит.

14 Аха сгәы иалоугьы ыҟоуп. Уара иумоуп Валаа́м иҵара иацныҟәо ауаа. Уи зны Вала́к иирҵахьан израильаа шхихша, аидолқәа ирызнаргоз афатә афара иалагарц, насгьы иламысдоу* аусқәа ҟарҵаларц азы. 15 Уи адагьы, уара Николаи исекта иатәу рҵарақәа ирыцныҟәо ауаа умоуп. 16 Убри аҟынтә уахьхәы. Уахьымхәыр, ирласны снеины, урҭ сҿы иҭаку аҳәа ду ала срабашьуеит.

17 Алымҳақәа змоу иԥшьоу адоуҳа аизарақәа иранаҳәо дазыӡырҩааит: аиааира зго иҵәаху аманнеи ахаҳә шкәакәеи исҭоит. Уи ахаҳә ахьӡ ҿыц анызаауеит, уи ахьӡ изауа ида аӡәгьы издырӡом‘“.

18 Фиатиратәи аизараҿы иҟоу амаалықь абас изҩы: „Абар зыблақәа амцаԥшь иеиԥшу, зшьапқәа абҩа цқьа еиԥш ицырцыруа Анцәа Иԥа ииҳәо: 19 ‚Сара издыруеит уусқәа, издыруеит абзиабареи ахаҵареи шааурԥшуа, Анцәа имаҵ шууа, ачҳара аарԥшны агәаҟрақәа шухуго, издыруеит уаанӡа аасҭа уажәы еиҳаны ишыҟауҵо.

20 Аха сгәы иалоугьы ыҟоуп. Уара сԥааимбаруп ҳәа зҳәо Иезаве́ль дучҳауеит. Лара лҵарақәа рыла смаҵуцәа лжьоит, иламысдоу* аусқәа ҟарҵаларц, насгьы аидолқәа ирызнарго афатә рфаларц азы. 21 Сара уи дахьхәырц аамҭа лысҭеит, аха лсексуалтә ламысдара* ахьхәра лыгәгьы иҭаӡам. 22 Сара уи ачымазара бааԥс лырхьны аиарҭа дасҭоит, илыцкаҳԥуагьы* идлырҟаҵоз аусқәа ирхьымхәыр, арыцҳара ду иақәсыршәоит. 23 Лхәыҷқәа ракәзар, изго ачымазара дырхьны исшьуеит, усҟан аизарақәа зегьы еилыркаауеит сара ауаҩы дзызхәыцуа, игәы иҭаҵәаху* шҭысҵаауа. Ааи, сара дасу шәыхәҭа шәысҭоит, ишәықәнагоу шәақәсыршәоит.

24 Иезаве́ль лҵарақәеи Аҩсҭаа имцҵарақәеи ирықәымныҟәо Фиати́ра иҟоу егьырҭ зегьы ишәасҳәар сҭахуп абри ада даҽа еидарак шәаҵасҵар шысҭахым: 25 снеиаанӡа ишәымоу шәыхьчала. 26 Аҵыхәтәанынӡа исҭаху ҟазҵо, аиааирагьы зго — ажәларқәа дырхагылартә еиԥш амчра исҭоит, 27 Саб саргьы амчра шсиҭаз еиԥш. Амчра зысҭо аиха иалху алабашьа ала ажәларқәа напхгара рзиулоит, даргьы анышәаԥшь иалху аԥҳалқәа реиԥш иԥыххааса ицоит. 28 Сара уи шарԥыеҵәа исҭоит. 29 Алымҳақәа змоу иԥшьоу адоуҳа аизарақәа иранаҳәо дазыӡырҩааит‘“.

3 Сардатәи аизараҿы иҟоу амаалықь абас изҩы: „Абар ииҳәо Анцәа иитәу быжь-доуҳак, насгьы быжь-еҵәак змоу: ‚Сара уусқәа здыруеит. Уара уԥсы ҭоушәа уҟоуп, аха уԥсуп. 2 Уҿыха, аԥсра иацәынхаз рӷәӷәа, избанзар сара избоит Сынцәа уара уҟынтә дыззыԥшу аусқәа зегь шынаумыгӡо. 3 Иугәаларшәа иуоуз, иуаҳаз, иумырӡын уи, уусқәа урыхьхәы. Умҿыхар, аӷьыч иеиԥш снеиуеит, ианузымдыруа асааҭ азгьы ауп саннеиуа.

4 Аха уа, Са́рда, зымаҭәақәа зымҟьашьызгьы умоуп, дара амаҭәа шкәакәақәа рышәҵаны исыцзаауеит, избанзар дара уи иаԥсоуп. 5 Аиааира зго амаҭәа шкәакәа ишәызаауеит, сара ахаангьы уи ихьӡ аԥсҭазаара ашәҟәы ианысхӡом. Сара уи Саб иҿаԥхьагьы, амаалықьцәа рҿаԥхьагьы дшыздыруа сҳәоит. 6 Алымҳақәа змоу иԥшьоу адоуҳа аизарақәа иранаҳәо дазыӡырҩааит‘“.

7 Филадельфиатәи аизараҿы иҟоу амаалықь абас изҩы: „Абар иԥшьоу, ииашоу, Давид ицаԥха змоу ииҳәо (уи иааиртуа аӡәгьы изаркӡом, иаиркуа аӡәгьы изаартӡом): 8 ‚Сара уусқәа здыруеит. Сара уҿаԥхьа аӡәгьы изамыркуа ашә аасыртит. Издыруеит умчқәа шмаҷу, аха уеизгьы сажәа уқәныҟәеит, сыхьӡгьы уацәхьамҵӡеит. 9 Аҩсҭаа исинагога иатәу, ҳауриоуп ҳәа амц зҳәо, уҿаԥхьа ишьамхышгыланы иуеихырхәартә иҟасҵоит. Усҟан дара еилыркаауеит сара бзиа ушызбаз. 10 Сара сеиԥш ачҳара аарԥшны зегь ахьухугаз азы, адгьыл зегь анԥышәахо аамҭазы усыхьчоит. Уи аамҭа ааиуеит, адгьыл иқәынхо зегьы ԥышәахарц азы. 11 Сара иаарласны снеиуеит. Иумоу иӷәӷәаны икыз, уҳамҭа* аӡәгьы иумимхырц азы.

12 Аиааира зго Сынцәа иныҳәарҭаҿы шьаҟас дҟасҵоит, наӡаӡагьы уа дыҟазаауеит, илахь Сынцәа ихьӡ анысҵоит, ианысҵоит Сынцәа иқалақь ахьӡ, Иерусалим ҿыц ахьӡ. Уи ақалақь ажәҩан аҟынтә, Сынцәа иҟынтә, илбаауеит, иара убас илахь сыхьӡ ҿыцгьы анысҵоит. 13 Алымҳақәа змоу иԥшьоу адоуҳа аизарақәа иранаҳәо дазыӡырҩааит‘“.

14 Лаодикиатәи аизараҿы иҟоу амаалықь абас изҩы: „Абар ииҳәо Амин, узықәгәыӷыртә иҟоу ашаҳаҭ иаша, Анцәа зегь раԥхьаӡа иишаз: 15 ‚Сара уусқәа здыруеит, уара уагьыхьшәашәам, уагьшым. Ма ухьшәашәазар, ма ушызар сҭахын. 16 Аха уара уагьшым, уагьыхьшәашәам, уҟәандоуп, убри азы сҿы уҭсырбгоит. 17 Уара иуҳәоит: ‚Сара сбеиоуп, амал ду сырҳаит, исҭаху зегь сымоуп, акгьы сыгӡам‘. Аха иуздырӡом ииашаҵәҟьаны ушгәаҟу, ушрыцҳау, ушӷару, ушылашәу, ушыҟьантазу. 18 Убри аҟынтә иуабжьызгоит: иаахә сара сҿы амцаҿы ирҭәаны ирыцқьоу ахьы, убеиахарц азы, иаахә амаҭәа шкәакәа, уҟьантазӡа аӡәгьы уимбарц, насгьы уԥхамшьарц азы, иара убас иаахә абла ахәшә, ула иабо уҟаларц азы.

19 Сара бзиа избо зегьы иахьиашам дсырбоит, исыриашоит. Убри азы угәнаҳақәа урыхьхәны, гәыкала Анцәа имаҵ ула. 20 Сара ашә сылагыланы асра саҿуп. Сыбжьы заҳауа, ашәгьы сзаазыртуа иҩны сыҩналаны акрыицысфалоит, иаргьы акрысыцифалоит. 21 Аиааира зго саҳраҭыԥ аҿы дсыдсыртәалоит, саргьы аиааира анызга, Саб иаҳраҭыԥ аҿы сышиватәаз еиԥш. 22 Алымҳақәа змоу иԥшьоу адоуҳа аизарақәа иранаҳәо дазыӡырҩааит‘“».

4 Уи ашьҭахь сара избеит ажәҩан аҿы ашә аатны ишыҟаз. Раԥхьа исаҳаз абжьы абыкь бжьы иеиԥшын, уи абас санаҳәеит: «Ухал арахь, сара иҟалараны иҟоу усырбоит». 2 Убри аминуҭ азы Анцәа идоуҳа соун, избеит ажәҩан аҿы аҳ итәарҭа шгылаз, насгьы уа аӡә дыштәаз. 3 Уи аиашмеи асердолики* реиԥш дкаҷҷон. Аҳ итәарҭа иаакәыршаны аизумруд ԥштәы змаз ацәаҟәа кыдын.

4 Аҳ итәарҭа иаакәыршаны 24 тәарҭа гылан, урҭ атәарҭақәа рҿы амаҭәа шкәакәақәа зшәыз 24-ҩык аиҳабацәа тәан. Дара ахьы иалхыз агәыргьынқәа рхан. 5 Аҳ итәарҭа аҟынтә адыд-мацәыси абжьқәеи ааҩуан, уи аԥхьа арлашагақәа быжьба жжаӡа илашон. Урҭ арлашагақәа Анцәа иитәу быжь-доуҳак аадырԥшуеит. 6 Аҳ итәарҭа аҿаԥхьа асаркьа иалху амшын иеиԥшыз ак ыҟан. Уи ахрусталь иеиԥш еилаарцыруан.

Аҳ итәарҭа ахьыҟаз аҭыԥ агәҭаны, иара убас уи атәарҭа иаакәыршаны ԥшьҩык ахерувимцәа* гылан. Дара раԥхьагьы рышьҭахьгьы аблақәа рацәаны ирыман. 7 Актәи ахерувим алым деиԥшын, аҩбатәи — ацә деиԥшын, ахԥатәи ихаҿсахьа ауаҩы ихаҿсахьа иеиԥшын, аԥшьбатәи — ажәҩан иалоу ауарбажә деиԥшын. 8 Ахерувимцәа рыцыԥхьаӡа фба-фба мҵәыжәҩа рыман. Рымҵәыжәҩақәа зехьынџьара, аҩныҵҟалагьы адәахьалагьы, алақәа рацәаны ирыман. Дара ааҟәымҵӡакәа, уахгьы-ҽынгьы абас рҳәон: «Дыԥшьоуп, дыԥшьоуп, дыԥшьоуп Зегьзымчу Анцәа Иегова*, иҟоу, иҟаз, насгьы иааираны иҟоу».

9 Ахерувимцәа аҳ итәарҭаҿы итәоу, насгьы наӡаӡа инхо данҳараркуаз, хьӡи-ԥшеи анирҭоз, иҭабуп ҳәа аниарҳәоз, 10 24-ҩык аиҳабацәа аҳ итәарҭаҿы итәоу, наӡаӡа инхо иҿаԥхьа ишьамхышгыланы иеихырхәон. Дара ирхаз агәыргьынқәагьы рхыхны, иаԥхьа ишьҭаҵаны абас рҳәон: 11 «Амч ду змоу Ҳанцәа Иегова, уара хьӡи-ԥшеи, аҳаҭыри, амчи урыԥсоуп, избанзар зегь зшаз уара уоуп, уара иуҭаххеит азоуп зегь зыҟоу, изшоу».

5 Сара избеит аҳ итәарҭаҿы итәаз иарӷьа напаҿы ашәҟәеикәарҳә шикыз. Уи аҩныҵҟалагьы адәахьалагьы иҩны иҟан, бжьы-мҳәырк рылагьы иҷабны иаркын. 2 Иара убас дызбеит иӷәӷәаз амаалықь, иара ибжьы ҭыганы абас дҵаауан: «Ари ашәҟәеикәарҳә иақәгылоу амҳәырқәа амхны, аартра иаԥсоу ӡәыр дыҟоума?» 3 Аха ажәҩан аҿгьы, адгьыл аҿгьы, адгьыл аҵаҿгьы уи ашәҟәеикәарҳә аартра ма ахәаԥшра зылшоз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт. 4 Усҟан сара еимаҭәаны аҵәыуара салагеит, избанзар ашәҟәеикәарҳә аартра ма ахәаԥшра иаԥсаз ҳәа аӡәгьы дҟамлаӡеит. 5 Аха аиҳабацәа руаӡәк ус сеиҳәеит: «Умҵәыуан. Иуда ишьҭра иатәу Алым, Давид идац-ԥашә, аиааира игеит, убри аҟынтә иара ашәҟәеикәарҳә иамоу бжьы-мҳәырк амхны, аартра илшоит».

6 Аҳ итәарҭа ахьыҟаз аҭыԥ агәҭаны, ԥшьҩык ахерувимцәеи* аиҳабацәеи рыгәҭаны, асыс шгылаз збеит. Уи кәырбанс инагаз асыс иеиԥшын, быжь-тәыҩак ахагылан, быжь-блак аман. Урҭ аблақәа адгьыл ахьынӡанаӡааӡо ишьҭу, Анцәа иитәу быжь-доуҳак аадырԥшуеит. 7 Уи Асыс аҳ итәарҭаҿы итәаз иахь инеин, иарӷьа напаҿы иикыз ашәҟәеикәарҳә агеит. 8 Усҟан ԥшьҩык ахерувимцәеи 24-ҩык аиҳабацәеи Асыс аҿаԥхьа ишьамхышгылеит. Аиҳабацәа аҩымаақәа ркын, афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз агәыблаақәагьы рыман. (Афимиам иаанарԥшуа иԥшьоу ауаа Анцәа иахь идырхо аҳәарақәа роуп.) 9 Дара ашәа ҿыц рҳәон: «Уара ашәҟәеикәарҳә ганы, иаархоу амҳәырқәа рамхра уаԥсоуп, избанзар уара кәырбанс унаган, ушьала Анцәа изы ауаа ааухәеит — биԥарас, милаҭс, жәларыс, бызшәас иҟоу зегь рҟынтә ауаа. 10 Уара урҭ аҳцәас, насгьы Ҳанцәа изы ԥшьаҩцәас иҟауҵеит. Дара адгьыл напхгара азырулоит».

11 Сара избеит аҳ итәарҭаҭыԥи, ахерувимцәеи, аиҳабацәеи иаарыкәыршаны ԥхьаӡашьак змамыз амаалықьцәа шыҟаз, рыбжьгьы саҳаит. Урҭ рхыԥхьаӡара амириадақәа рмириадақәеи азқьқәа рызқьқәеи рҟынӡа инаӡон. 12 Дара рыбжьы ҭыганы абас рҳәон: «Кәырбанс инагаз Асыс заҵәык ауп амчреи, амали, аҟәыӷареи, амчи, аҳаҭыри, ахьӡ-аԥшеи, аҽхәаԥхьыӡи ирыԥсоу».

13 Усҟан сара исаҳаит ажәҩан аҿи, адгьыл аҿи, адгьыл аҵаҿи иҟаз ашамҭақәа зегьы, иара убас амшын иҭаз ашамҭақәа зегьы абас шырҳәоз: «Аҳ итәарҭаҿы итәоу Анцәеи Асыси наунагӡа ирыгымзааит аҽхәаԥхьыӡ, аҳаҭыр, ахьӡ-аԥша, амч». 14 Ԥшьҩык ахерувимцәа: «Амин!» — рҳәеит, аиҳабацәагьы шьамхышгыланы Анцәа имҵахырхәеит.

6 Сара избеит Асыс бжьы-мҳәырк рҟынтә актәи амҳәыр шамнахыз. Уи ашьҭахь исаҳаит, ахерувимцәа* руаӡәк ибжьы адыдбжьы иеиԥшны: «Уца!» — ҳәа шиҳәаз. 2 Сара избеит аҽы шкәакәа, уи иақәтәаз ахыци ахәымпали икын, агәыргьынгьы иҭан. Иара аиааира зго иеиԥш ддәықәлеит, иаӷацәа нирҵәарц азы.

3 Аҩбатәи амҳәыр анамнах, исаҳаит аҩбатәи ахерувим: «Уца!» — ҳәа шиҳәаз. 4 Усҟан амцаԥшь еиԥш иҟаԥшьӡа иҟаз даҽа ҽык цәырҵит. Уи иақәтәаз адгьыл аҟынтә аҭынчра агара азин иҭан, адгьыл иқәынхо ауаа нибарҵәаларц азы, иара убас уи аҳәа ду иҭан.

5 Ахԥатәи амҳәыр анамнах, исаҳаит ахԥатәи ахерувим: «Уца!» — ҳәа шиҳәаз, нас избеит аҽы еиқәаҵәа шцәырҵыз, уи иақәтәаз акапанга икын. 6 Сара исаҳаит ԥшьҩык ахерувимцәа рҟынтә бжьык шааиуаз, уи абас аҳәеит: «Хи́никск* ачарыц динарк* ҳәа, х-хи́никск ачаԥшь динарк ҳәа. Амаслинахәшеи аҩи урыламкьысын».

7 Аԥшьбатәи амҳәыр анамнах, исаҳаит аԥшьбатәи ахерувим: «Уца!» — ҳәа шиҳәаз. 8 Усҟан избеит ицәышыз аҽы, уи иақәтәаз Аԥсра ихьӡын, иара ишьҭаланы анышәынҭра* неиуан. Дара адгьыл аԥшьбатәи ахәҭа иқәынхо ауаа аҳәа ду ала, амлакра ала, ачымазара ҿкқәа рыла, иара убас агыгшәыгқәа рыла иршьларц амчра рыҭан.

9 Ахәбатәи амҳәыр анамнах, сара избеит акәырбаннагарҭа ашьапаҿы икаҭәаз ашьа. Уи Анцәа имаҵзуҩцәа ршьа акәын. Урҭ Анцәа иажәа иахьықәныҟәоз, насгьы шаҳаҭра ахьыруаз азы иршьит. 10 Дара рыбжьы ҭыганы абас рҳәон: «Амчра зегь знапаҿы иҟоу Ҳаҳ, иԥшьоу Анцәа иаша, ианбанӡаучҳало? Адгьыл иқәынхо ҳазшьыз рус анбоуӡбо, рықәнага ианбақәуршәо?» 11 Дара иауз амаҭәа шкәакәақәа рыҭан, насгьы дара шшьыз еиԥш Анцәа имаҵ зцыруаз рашьцәагьы ршьаанӡа, насгьы рхыԥхьаӡара харҭәаахаанӡа даҽа маҷк иааԥшырц раҳәан.

12 Сара избеит Асыс афбатәи амҳәыр шамнахыз, усҟан адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит, амра ашәы* ахадырԥазшәа еиқәаҵәахеит, амза ашьа еиԥш иҟаԥшьхеит, 13 ажәҩан икыдыз аеҵәақәа кыдышәшәаны адгьыл иқәыԥсеит, аԥша цәгьа анасуа, алаҳа кәамԥақәа алаҳаҵла иҿышәшәаны ишкаԥсо еиԥш. 14 Ажәҩан ашәҟәеикәарҳә еиԥш аҽеикәанарҳәын, ибжьаӡит. Шьхас, дгьылбжьахас иҟаз зегь рҭыԥқәа рҟынтә еиҭаҵит. 15 Адгьыл аҳцәеи, ачынуааи, аруаа реиҳабацәеи, ауаа беиақәеи, амчра змоу ауааи, амаҵуцәеи, зхы иақәиҭу ауааи аҳаԥқәеи ашьхарақәеи рҿы рҽырҵәахит. 16 Дара ашьхақәеи ацаҟьақәеи рахь рхы рханы абас рҳәон: «Ҳшәыхьча, аҳ итәарҭаҿы итәоу иҟынтә ҳашәҵәахы, Асыс агәыԥжәара ҳацәышәыхьча, 17 избанзар урҭ ргәыԥжәара амш ду ааиуеит, иацәынхода уи?»

7 Анаҩс избеит адгьыл аԥшькәакьк рҿы ԥшьҩык амаалықьцәа шгылаз, насгьы урҭ адгьыл аԥшьԥшак ӷәӷәаны ишыркыз, адгьыл ахьгьы, амшын ахьгьы, аҵлақәа рахьгьы иамысларц азы. 2 Анаҩс дызбеит мрагыларантәи иаауаз, Анцәа имҳәыр змаз даҽа маалықьк. Иара ибжьы рдуны адгьылгьы амшынгьы аԥхасҭа аҭаразы амчра змаз ԥшьҩык амаалықьцәа ирықәҿиҭын, 3 ус иҳәеит: «Адгьылгьы, амшынгьы, аҵлақәагьы шәрыламкьысын, аԥхасҭа рышәымҭан, Ҳанцәа имаҵуцәа рылахь амҳәыр ааҳархаанӡа».

4 Анаҩс исаҳаит амҳәыр заархаз 144 000-ҩык шыҟаз. Дара израильтәи абиԥарақәа зегь рҟынтә иалхын.

5 Иуда ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,

Руви́м ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,

Гад ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,

6 Аси́р ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,

Неффали́м ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,

Мана́ссиа ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,

7 Симеон ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,

Ле́ви ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,

Иссаха́р ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,

8 Завуло́н ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,

Иосиф ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,

Вениамин ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык.

9 Уи ашьҭахь ԥхьаӡашьак змамыз ауаа рацәа збеит — милаҭс, биԥарас, жәларыс, бызшәас иҟоу зегь рҟынтә ауаа. Дара иауз амаҭәа шкәакәақәа рышәҵаны, апальма амахәҭақәа кны, аҳ итәарҭа аҿаԥхьеи Асыс аҿаԥхьеи игылан. 10 Дара рыбжьы ҭыганы, игәырӷьаҵәа ус рҳәон: «Аҳ итәарҭаҿы итәоу Ҳанцәеи Асыси роуп ҳаиқәзырхаз».

11 Аҳ итәарҭеи, аиҳабацәеи, ԥшьҩык ахерувимцәеи* иаарыкәыршаны игылаз амаалықьцәа зегь шьамхышгыланы Анцәа иеихырхәан, 12 ус рҳәеит: «Амин! Иҟәышу, амч ду змоу, зегь зылшо Анцәа ду наунагӡа хьӡи-ԥшеи, аҽхәаԥхьыӡи, аџьшьареи, аҳаҭыри игымзааит! Амин».

13 Аиҳабацәа руаӡәк ус дсазҵааит: «Изусҭцәада амаҭәа шкәакәақәа зшәу арҭ ауаа? Иабантәиааи дара?» 14 Сара иаразнак исҳәеит: «Уара еиҳа иудыруеит, ухаҵкы». Усҟан иара ус сеиҳәеит: «Арҭ арыцҳара ду иацәынхаз роуп. Дара рымаҭәа Асыс ашьала ирыӡәӡәан, иҟәашкакараӡа иҟарҵеит. 15 Убри азоуп дара Анцәа итәарҭа аҿаԥхьа игыланы, уахи-ҽни иныҳәарҭаҿы имаҵ зыруа. Аҳ итәарҭаҿы итәоу иқьала еиҵыхны урҭ ирхаиргылоит. 16 Дара млашьуа, аӡба иԥсуа уаҳа иқәхаӡом, амра рхы иасуа, ашоура бааԥс иаргәаҟлаӡом, 17 избанзар аҳ итәарҭа авараҿы* игылоу Асыс ахьча иеиԥш урҭ ирыцзаауеит, насгьы аԥсҭазаара узҭо аӡыхь ахьыҵыҵуа аҭыԥ ахь иагалоит. Анцәагьы урҭ рылаӷырӡқәа ирыцқьоит».

8 Абыжьбатәи амҳәыр анамнах, ажәҩан аҿы сааҭбжак аҟара иҭынчрахеит. 2 Усҟан сара избеит Анцәа иҿаԥхьа быжьҩык амаалықьцәа шгылаз. Дара быжь-быкьк рыҭан.

3 Даҽа маалықькгьы ахьы иалхыз афимиамҭра кны дааин, акәырбаннагарҭа днадгылеит. Иара ирацәаны афимиам иҭан, иԥшьоу зегьы Анцәа ианиҳәо аамҭазы аҳ итәарҭа аҿаԥхьа игылоу ахьы иалху акәырбаннагарҭаҿы уи афимиам иблырц азы. 4 Амаалықь ииблыз афимиам иахылҵуаз алҩа иԥшьоу рыҳәарақәа ирыцны Анцәа иахь ихалеит. 5 Уи ашьҭахь амаалықь иаразнак акәырбаннагарҭа аҟынтә ижжаӡа иакыз акәицқәа* иган, афимиамҭра ирҭәит, нас урҭ адгьыл ахь икаижьит. Усҟан идыдит, имацәысит, абжьқәа геит, адгьыл ҵысит. 6 Быжь-быкьк зкыз быжьҩык амаалықьцәагьы абыкь асразы рыҽдырхиеит.

7 Абыкь дасит актәи амаалықь. Усҟан адгьыл ахь ишьаӡагәаӡаха акырцхи амцеи леит. Илеимгәаблы ицеит адгьыл ахԥатәи ахәҭа, аҵлақәа ахԥатәи рыхәҭа, насгьы аиаҵәара зегьы.

8 Абыкь дасит аҩбатәи амаалықь. Усҟан амца зкыз, ашьха ду иеиԥшыз акы амшын иалаҳаит. Амшын ахԥатәи ахәҭа шьаарҵәырахеит. 9 Амшын иҭаз ԥсы зхаз зегьы ахԥатәи рыхәҭа ԥсит, аӷбақәа рҟынтә ахԥатәи ахәҭагьы ӡааҟәрылеит.

10 Абыкь дасит ахԥатәи амаалықь. Усҟан амцабз иеиԥшыз аеҵәа ду ажәҩан иалыбган, аӡиасқәа ахԥатәи рыхәҭеи аӡқәа ахьыҵыҵуаз аҭыԥқәеи ирылаҳаит. 11 Уи аеҵәа иашоу аҳаскьын* ахьӡын. Аӡқәа ахԥатәи рыхәҭа уи аҳаскьын еиԥш иашахеит. Уи аӡы иахҟьаны иԥсыз рацәаҩхеит, избанзар аӡы ашахеит.

12 Абыкь дасит аԥшьбатәи амаалықь. Усҟан амра ахԥатәи ахәҭеи, амза ахԥатәи ахәҭеи, аеҵәақәа ахԥатәи рыхәҭеи лашьцеит, амш ахԥатәи ахәҭеи аҵх ахԥатәи ахәҭеи лашарада инхеит.

13 Сара избеит ажәҩан иалаз ауарбажә. Уи абжьы ҭыганы абас аҳәон: «Изакә рыцҳароузеи, изакә рыцҳароузеи, изакә рыцҳароузеи адгьыл иқәынхо ауаа зықәшәо, абыкь абжьы аргара иазхиоу иаанхаз хҩык амаалықьцәа рбыкьқәа рыбжьы андырго!»

9 Абыкь дасит ахәбатәи амаалықь. Усҟан сара ажәҩан иалыбганы адгьыл ахь икаҳаз аеҵәа збеит. Анцәа уи аеҵәа атымитыша ацаԥха аиркит. 2 Аеҵәа атымитыша анаанарт, атымитыша аԥечка ду аҟынтә еиԥш алҩа ааҭыббит, уи алҩа амреи аҳауеи ареиқәаҵәеит. 3 Алҩа асаранча алҵын, асаранча адгьыл ахь аҿынанахеит. Анцәа уи асаранча адгьыл аҿы иҟоу аскорпионқәа ирымоу амч аиҭеит. 4 Асаранча дҵас иаман, ҳаскьынума, ҵлоума, адгьыл аҿы иҟоу иарбан иаҵәаразаалак акгьы иаламкьысырц, ԥхасҭа анамҭарц. Изкьысыр ауаз Анцәа имҳәыр зылахь иаархамыз ауаа ракәын.

5 Асаранча урҭ ауаа ашьыр ҟалаӡомызт, зинс иамаз хәымз рыҩныҵҟа рыргәаҟра акәын. Урҭ агәаҟрақәа аскорпион ануцҳауа иуоуа ахьаа иаҩызан. 6 Урҭ амшқәа раан ауаа аԥсра иашьҭалоит, аха ироуӡом, иԥсырц рҭаххоит, аха аԥсра рцәыбналоит.

7 Уи асаранча аибашьра иазхиаз аҽқәа иреиԥшын, ахьы иалхыз агәыргьынқәа иреиԥшыз ак рхагылан, рхы-рҿы ауаҩы ихы-иҿы иеиԥшын, 8 рхахәы аԥҳәыс лыхцәы иеиԥшын, рхаԥыцқәа алым ахаԥыцқәа иреиԥшын. 9 Дара аиха иалхыз агәышԥыхьчагақәа ршәын, рымҵәыжәҩақәа рышьҭыбжь еиханы еибашьра ицо аҽыуардынқәа рышьҭыбжь иеиԥшын. 10 Рҵыхәақәа аскорпионқәа реиԥш ашҳам рыман. Урҭ аҵыхәақәа хәымз рыҩныҵҟа ауаа рыргәаҟразы амчрагьы рыман. 11 Раҳ — атымитыша амаалықь иоуп. Ауриа бызшәала уи Аваддо́н* ихьӡуп, бырзен бызшәала — Аполлио́н*.

12 Рыцҳарак нҵәеит. Уи иашьҭаланы даҽа ҩба ааиуеит.

13 Абыкь дасит афбатәи амаалықь. Усҟан исаҳаит Анцәа иҿаԥхьа игылаз, ахьы иалхыз акәырбаннагарҭа атәыҩақәа рҟынтә иааиуаз абжьы. 14 Уи абжьы абыкь зкыз афбатәи амаалықь ус ианаҳәеит: «Аӡиас ду Евфрат аԥшаҳәаҿы иԥахны иҿаҳәоу ԥшьҩык амаалықьцәа аушьҭ». 15 Убасҟан абри асааҭи, абри амши, абри амзеи, абри ашықәси иазыҟаҵаз ԥшьҩык амаалықьцәа аушьҭын, ажәлар ахԥатәи рыхәҭа ршьырц азы.

16 Сара исаҳаит иҽыжәыз аруаа рхыԥхьаӡара 200 миллион* шыҟаз. 17 Абар избаз аҽқәеи аҽыуааи зеиԥшраз: аҽыуаа иршәыз агәышԥыхьчагақәа ҟаԥшьы-еҵәа-ҩежьын, аҽқәа рхы алым ахы иеиԥшын, рсаса амцеи, алҩеи, атыҩшеи ҭҟьон. 18 Абарҭ х-рыцҳарак — аҽқәа рсаса иҭҟьоз амцеи, алҩеи, атыҩшеи — ирыхҟьаны ажәлар ахԥатәи рыхәҭа ҭахеит. 19 Аҽқәа мчыс ирымоу рсасақәеи рҵыхәақәеи роуп. Ахы змоу рҵыхәақәа амаҭқәа иреиԥшуп, рҵыхәақәа рыла дара ауаа дыргәаҟуеит.

20 Урҭ арыцҳарақәа ирцәынхаз уеизгьы русқәа ирхьымхәӡеит. Дара адемонцәа рымҵахырхәара иаҟәымҵӡеит, акгьы зымбо, акгьы змаҳауа, аныҟәара злымшо, ахьи, араӡни, абҩеи, ахаҳәи, амҿи ирылху аидолқәагьы рымҵахырхәара иаҟәымҵӡеит. 21 Дара рыгәнаҳақәа ирхьымхәӡеит. Иаҟәымҵӡеит ауаҩшьра, аспиритизм* аҽалархәра, ламысдарала* ахымҩаԥгара, аӷьычра.

10 Уи ашьҭахь сара дызбеит ажәҩан аҟынтә илбаауаз, иӷәӷәаз даҽа маалықьк. Иара аԥҭа дагәылакын, иханы ацәаҟәа кыдын, ихы-иҿы амра еиԥш илашон, ишьапқәа амца зкыз ашьаҟақәа иреиԥшын. 2 Инапаҿы еиҵыхыз шәҟәеикәарҳә хәыҷык икын. Иара иарӷьа шьапы амшын иқәиргылеит, иарма шьапы адгьыл иқәиргылеит. 3 Нас алым аныхәаауа еиԥш ибжьы ҭыганы дыҳәҳәеит. Даныҳәҳәа, быжь-дыдбжьык рыбжьқәа саҳаит.

4 Быжь-дыдык ацәажәара ианалага, ирҳәо џьара ианысҵарц сыҽсырхиеит. Аха убри аамҭазы ажәҩан аҟынтәи бжьык саҳаит: «Быжь-дыдык ирҳәо аӡәгьы иоумҳәан, имаӡаз, џьаргьы ианумҵан». 5 Амшыни адгьыли ирықәгылаз амаалықь ажәҩан ахь иарӷьа напы рханы, 6 ажәҩан, иара убас ажәҩан аҿы иҟоу зегьы, адгьыл, иара убас адгьыл аҿы иҟоу зегьы, амшын, иара убас амшын аҿы иҟоу зегь зшаз, наӡаӡа инхо Анцәа ила дқәит. Иара иҳәеит: «Анцәа уаҳа дыԥшӡом! 7 Абыжьбатәи амаалықь ибыкь данасуа амшқәа рзы Анцәа имаҵуцәа — иԥааимбарцәа — ирзааиртыз ажәабжь бзиа, иԥшьоу амаӡа, наӡоит».

8 Ажәҩан аҟынтә игаз абжьы еиҭа ус санаҳәеит: «Уцаны, амшыни адгьыли ирықәгылоу амаалықь иику еиҵыху ашәҟәеикәарҳә имх». 9 Саргьы амаалықь иахь снеин, уи ашәҟәеикәарҳә сиҭарц сиҳәеит. Иара ус сеиҳәеит: «Усҭ, иф. Уҿаҿы уи ацха еиԥш ихаахоит, умгәаҿы иашахоит». 10 Амаалықь ашәҟәеикәарҳә ааимхны исфеит, сҿаҿы уи ацха еиԥш ихаахеит, сымгәаҿы иашахеит. 11 Сара ус сарҳәеит: «Уара анаҩсгьы аҳцәеи, амилаҭқәеи, ажәларқәеи, абызшәақәеи ирызкны уԥааимбарлароуп».

11 Ашәагатә лаба насдыркын, ус сарҳәеит: «Уцаны, Анцәа иныҳәарҭеи акәырбаннагарҭеи шәа, аныҳәарҭаҿы Анцәа имҵахырхәогьы шаҟаҩы ыҟоу ԥхьаӡа. 2 Аныҳәарҭа ааигәа иҟоу ашҭа уаҟәыҵ, иумшәан, избанзар уи ажәларқәа ирыҭоуп. Дара иԥшьоу ақалақь 42 мзы идыргәаҟлоит. 3 Сара ҩыџьа сышаҳаҭцәа аџьабарамаҭәа рышәҵаны 1 260 мшы иԥааимбарлартә иҟасҵоит». 4 Урҭ ашаҳаҭцәа ҩ-маслинаки арлашагақәа ҩбеи рыла иаарԥшуп. Дара адгьыл Иақәиҭу иҿаԥхьа игылоуп.

5 Урҭ аӡәы акы рзиурц иҭаххар, рҿы амца ҭҟьаны, раӷацәа ықәыццышәаа иагоит. Убас иршьуеит урҭ ак рзызурц зҭаху зегьы. 6 Дара ажәҩан аркразы амчра рымоуп, аԥааимбаражәақәа анырҳәало амшқәа раан ақәа млеиларц. Дара иара убас амчра рымоуп аӡы ашьа алырхларц, насгьы ианаарҭаххалак адгьыл еиуеиԥшым арыцҳарақәа иақәдыршәаларц.

7 Ҩыџьа урҭ ашаҳаҭцәа аԥааимбаражәақәа ҳәаны ианалгалак ашьҭахь, атымитыша иҭыҵыз агыгшәыг рабашьуеит, ириааиуеит, иашьуеит. 8 Рыԥсыбаҩқәа ақалақь ду амҩаду аҿы икажьзаауеит. Уи ақалақь, инықәырԥшны иуҳәозар, Содо́ми Египети ҳәа иашьҭоуп, уи ақалақь аҿы ауп Ирықәиҭугьы ашьаҟа дкыдҵаны дахьыршьыз. 9 Биԥарас, милаҭс, жәларыс, бызшәас иҟоу зегь рҟынтә ауаа хымши бжаки игыланы урҭ аԥсыбаҩқәа ирыхәаԥшлоит, анышә иарҭаргьы руӡом. 10 Адгьыл иқәынхо урҭ рыԥсра иеигәырӷьалоит, ныҳәак еиԥш иеигәырӷьаны аҳамҭақәа еимырдалоит, избанзар ҩыџьа урҭ аԥааимбарцәа адгьыл иқәынхо дыргәаҟуан.

11 Хымши бжаки рышьҭахь Анцәа урҭ рыԥсы ҭеиҵеит, даргьы ршьапы иқәгылеит. Уи збаз даараӡа ишәеит. 12 Ажәҩан аҟынтәи быжь дук ган, ҩыџьа урҭ аԥааимбарцәа арахь шәхал ҳәа ранаҳәеит. Даргьы аԥҭақәа ирылаланы ажәҩан ахь ихалеит, раӷацәагьы уи рбон. 13 Убри асааҭ азыҵәҟьа адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалан, ақалақь ажәабатәи ахәҭа еилабгеит, 7 000-ҩык ауаагьы ҭахеит, иаанхаз шәан, ажәҩан Анцәа дҳараркит.

14 Инҵәеит аҩбатәи арыцҳара. Ахԥатәи арыцҳара ирласны ааира иаҿуп.

15 Абыкь дасит абыжьбатәи амаалықь. Усҟан ажәҩан аҟынтә абас зҳәоз быжь дуқәак геит: «Уажәшьҭа Ҳанцәеи Ҳанцәа Христос иакәны иалихызи Раҳра ауаа зегьы напхгара рызнауеит, иара* наӡаӡа аҳас дыҟазаауеит».

16 Усҟан Анцәа иаԥхьа атәарҭақәа рҿы итәаз 24-ҩык аиҳабацәа шьамхышгыланы Анцәа имҵахырхәан, 17 ус рҳәеит: «Иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит, Иегова*, иҟоу, иҟаз, Зегьзымчу Анцәа, умчра ду унапахьы иганы, аҳра аура уахьалагаз азы. 18 Аха ажәларқәа ргәы ԥжәеит. Иааит уара угәыԥжәара аамҭагьы, иааит аамҭа иԥсхьоу рус ануӡбо, умаҵуцәа-аԥааимбарцәа аҳамҭа анруҭо, иара убас иԥшьоу, насгьы ухьӡ иацәшәо* зегьы, анхаҩцәа реиԥш, ауаа дуқәагьы аҳамҭа анруҭо, иааит аамҭа адгьыл ықәызхуа рықәхра азгьы».

19 Ажәҩан аҿы Анцәа иныҳәарҭа* аатит. Усҟан аныҳәарҭаҿы аиқәшаҳаҭра аковчег убарҭахеит. Идыдит, имацәысит, абыжьқәа геит, адгьыл ҵысит, акырцх ӷәӷәа ауит.

12 Уи ашьҭахь сара ажәҩан аҿы узыршанхоз хҭыск* збеит. Сара дызбеит амра ала еилаҳәаз аԥҳәыс, лшьапаҵаҟа амза ыҟан, агәыргьын еиԥш 12 еҵәа лхагылан. 2 Уи аԥҳәыс лцәалтәымкәа дыҟан. Лыхшараиура аамҭа ааит азы, ахьаақәа ддыргәаҟуан, уажәы-уажәы арҵәаа-арҵәаа ҳәа дыҳәҳәон.

3 Уи ашьҭахь узыршанхоз даҽа хҭыскгьы збеит. Избеит быжь-хыки жәа-тәыҩаки зхагылаз иҟаԥшьы-уаркалеиуаз агәылшьаԥ ду. Уи быжь-диадемак ахагылан. 4 Агәылшьаԥ аҵыхәа аҟьан, ажәҩан икыдыз аеҵәақәа ахԥатәи рыхәҭа кыдҳәаны, адгьыл ахь иканажьит. Уи агәылшьаԥ аԥҳәыс лҿаԥхьа игыланы ахшара данлоуа ҳәа иԥшын, лхәыҷы дылбаанадарц азы.

5 Аԥҳәыс аԥа длоуит. Уи аиха иалху алабашьа ала ажәларқәа зегьы напхгара рзиулоит. Ахәыҷы дшааиҵәҟьаз еиԥш иаразнак аҳ итәарҭаҿы итәоу Анцәа иахь дган. 6 Аԥҳәыс лакәзар, Анцәа лара лзы аҭыԥ ахьирхиаз ацәҳәырахь дыҩны дцеит. Уа лара 1 260 мшы акрылҿарҵалар акәын.

7 Ажәҩан аҿы аибашьра алагеит. Михаил имаалықьцәеи иареи агәылшьаԥ иабашьуан, агәылшьаԥ акәзар, амаалықьцәеи иареи урҭ ирабашьуан, 8 аха иаҵахеит, уаҳа дара рзы ажәҩан аҿы аҭыԥ ыҟамызт. 9 Убас агәылшьаԥ ду — ажәытә маҭ — адунеи зегь зжьо, Аџьныши Аҩсҭааи ҳәа изышьҭоу, алырбганы адгьыл ахь икажьын, иалырбганы икажьын уи амаалықьцәагьы. 10 Убасҟан исаҳаит ажәҩан аҟынтә быжь дук абас шаҳәаз:

«Иааит аиқәырхареи, амчи, Ҳанцәа Иаҳреи, уи Христос иакәны иалихыз имчреи раамҭа. Адгьыл ахь далырбганы дкажьуп ҳашьцәа ахара рыдызҵо, Анцәа иҿаԥхьа урҭ уахи-ҽни иҟам-ианым рзызҳәо! 11 Дара уи Асыс ашьалеи ирҳәоз ажәабжь алеи ииааит, аԥсра алакҭа ишҭаԥшуазгьы аԥсра иацәымшәаӡеит. 12 Угәырӷьала ажәҩан, шәгәырӷьала уа инхо зегьы. Арыцҳара шәзыԥшуп, адгьыли амшыни, избанзар шәара шәахь зыԥсахы еибакны иҟоу Аџьныш дылбааит, иара идыруеит изынхаз аамҭа шмаҷу».

13 Агәылшьаԥ адгьыл ахь ишалырбгаз анеилнакаа, аԥа дзауз аԥҳәыс лышьҭашәарыцара иалагеит. 14 Аха аԥҳәыс ауарбажә амҵәыжәҩа дуқәа ҩба лыҭан, лҭыԥ ахьырхиаз ацәҳәырахь дыԥрырц азы. Уа, амаҭ иацәыхараз аҭыԥ аҿы, лара аамҭаки, ҩ-аамҭаки, аамҭабжаки акрылҿарҵалар акәын.

15 Усҟан амаҭ аҿы аанартын, аԥҳәыс аӡиас лышьҭанаҵеит, дӡааҟәрыларц азы. 16 Аха аԥҳәыс адгьыл лыцхрааит. Уи аҿы аанартын, агәылшьаԥ иаанашьҭыз аӡиас лбаанадеит. 17 Агәылшьаԥ аԥҳәыс лгәаӷ акын, илхылҵыз рҟынтә инхаз, Анцәа изакәанқәа назыгӡо, Иисус иӡбахә аҳәара дҵас изду рабашьра иалагеит.

13 Иара* амшын аҿы аԥслымӡ илагылан.

Сара избеит жәа-тәыҩаки быжь-хыки зхагылаз агыгшәыг амшын ишҭыҵуаз. Атәыҩақәа рҿы 10 диадемак аман, ахқәа рҿы Анцәа ихьӡ зырцәгьоз ахьӡқәа анын. 2 Избаз агыгшәыг алеопард иеиԥшын, аха ашьапқәа амшә ашьапқәа иреиԥшын, асаса алым асаса иеиԥшын. Агәылшьаԥ уи агыгшәыг амчи, аҳраҭыԥи, амчра дуи анаҭеит.

3 Нас избеит агыгшәыг иахагылаз ахқәа руак ахәра шамаз. Уи ахәра изацәынхарым ҳәа уҳәартә иҟан, аха нас иӷьеит. Усҟан адгьыл иқәынхо ауаа зегьы агыгшәыг џьашьахәыс иҟаҵаны иашьҭалеит. 4 Ауаа агәылшьаԥ иеихырхәеит, избанзар агәылшьаԥ агыгшәыг амчра анаҭеит, дара агыгшәыггьы иеихырхәеит, абас ҳәо: «Иҟоума ари агыгшәыг иеиԥшу даҽакы? Изгәаӷьуада уи абашьра?» 5 Уи аҽырԥагьаны Анцәа дзырџьо ажәақәа аҳәаларц азин аҭан, 42 мзы иаҭаху ҟанаҵаларц азгьы амчра аҭан. 6 Уи агыгшәыг Анцәа ирџьара иалагеит, иара убас Анцәа ихьӡи, инхарҭа ҭыԥи, ажәҩан аҿы инхои арџьон. 7 Иара иԥшьоу рабашьреи риааиреи алыршан, иара убас амчра аҭан, уи абзоурала биԥарас, милаҭс, жәларыс, бызшәас иҟоу зегьы иара анапы аҵаҟа иҟалеит. 8 Адгьыл иқәынхо зегьы уи иеихырхәоит, адунеи анышьақәыргылаз инаркны* урҭ рыхьӡқәа кәырбанс инагаз Асыс иатәу аԥсҭазаара ашәҟәы ианырҵаӡом.

9 Алымҳақәа змоу дӡырҩааит. 10 Итҟәаны иргараны иҟоу дытҟәаны дыргоит. Аҳәала аӡә дызшьуа иаргьы аҳәала дыршьыроуп, убри азоуп иԥшьоу хьамҵӡакәа, аҵыхәтәанынӡа ачҳареи ахаҵареи аадырԥшлар зрыхәҭоу.

11 Уи ашьҭахь избеит адгьыл аҟынтә ихалоз даҽа гыгшәыгк. Уи асыс атәыҩақәа иреиԥшыз ҩ-тәыҩак ахагылан, аха агәылшьаԥ еиԥш ицәажәон. 12 Иара актәи агыгшәыг ишабо уи иамоу амчра аҩыза шамоу аанарԥшуеит, насгьы адгьыл иқәынхо ауаа зегьы зыхәра ӷәӷәа ӷьаз актәи агыгшәыг иамҵахырхәарц рыднацалоит. 13 Уи ауаа рҿаԥхьа аџьашьахә дуқәа ҟанаҵоит, ажәҩан аҟынтә адгьыл ахь амцагьы ланашьҭуеит.

14 Аҩбатәи агыгшәыг актәи агыгшәыг аҿаԥхьа изқәиҭыз аџьашьахәқәа ҟаҵо, адгьыл иқәынхо ауаа зегь ажьоит, насгьы аҳәала ихәыз, аха зыԥсы ҭалаз агыгшәыг асахьа ҟарҵарц ранаҳәоит. 15 Аҩбатәи агыгшәыг актәи агыгшәыг асахьа аԥсы аханаҵарц азы амчра аҭан, уи асахьа ацәажәара алшарц азы, насгьы уи амҵахырхәара мап ацәызкуа зегьы ршьларц адҵа ҟанаҵаларц азы.

16 Уи агыгшәыг ауаа зегьы — анхаҩцәагьы ауаа дуқәагьы, ибеиоугьы иӷаругьы, зхы иақәиҭугьы амаҵуцәагьы — рарӷьа напаҿы ма рылахь аҿы адырга рыдыркыларц рыднацалоит, 17 уи адырга — агыгшәыг ахьӡ, ма ахьӡ ахыԥхьаӡара — змоу рыда, аӡәгьы акгьы изаамхәаларц, акгьы изымҭиларц. 18 Ара аҟәыӷара аҭахуп: аилкаара змоу агыгшәыг ахыԥхьаӡара еиликааит, уи ахыԥхьаӡара 666 ауп, уи уаҩытәыҩсатә хыԥхьаӡароуп.

14 Уи ашьҭахь избеит Сион ашьхаҿы Асыс шгылаз, уи 144 000-ҩык ацын. Урҭ рылахь Асыс ахьӡи Асыс Аб ихьӡи анын. 2 Иара убас ажәҩан аҟынтә исаҳаит агәгәаҳәа еилаҽҽо арҩаш абжьи адыдбжьи иреиԥшыз бжьык. Уи абжьы аҩымаа азырҳәо ашәаҳәаҩцәа рыбжьы иеиԥшын. 3 Дара аҳ итәарҭа аҿаԥхьеи ԥшьҩык ахерувимцәеи* аиҳабацәеи рҿаԥхьеи шәа ҿыцума уҳәо шәак рҳәон. Уи ашәа адгьыл аҟынтә иаахәаз 144 000-ҩык рыда аӡәгьы изҵаӡомызт. 4 Урҭ зхы цқьаны изыхьчаз, аԥҳәыс илыламкьысыц роуп. Дара Асыс ахьцалак иашьҭаланы ицоит. Урҭ Анцәеи Асыси ирызнарго раԥхьатәи аҽаҩра еиԥш ауаа рҟынтә иаахәан. 5 Урҭ амц рҳәаӡом, ак рывубо иҟам.

6 Нас дызбеит иҳаракны иԥыруаз амаалықь. Иара адгьыл иқәынхо милаҭс, биԥарас, жәларыс, бызшәас иҟоу зегьы наӡаӡатәи ажәабжь бзиа рылеиҳәон. 7 Уи амаалықь ибжьы ҭыганы абас иҳәон: «Шәицәшәала* Анцәа, хьӡи-ԥшеи ишәҭала, избанзар иааит иӡбара асааҭ! Шәимҵахырхәа адгьыли, ажәҩани, амшыни, аӡқәа ахьыҵыҵуа аҭыԥқәеи Зшаз!»

8 Уи ишьҭаланы иааиуаз аҩбатәи амаалықь абас иҳәон: «Икаҳаит Вавилон Ду! Уи икны измаз агәаҳәара аҩы* — асексуалтә ламысдара* аҩы — ажәларқәа иднаржәуан».

9 Урҭ ирышьҭаланы иааиуаз ахԥатәи амаалықь ибжьы ҭыганы абас иҳәон: «Агыгшәыги уи асахьеи ирымҵахырхәо, зылахь ма знапы адырга ану ауаҩы 10 Анцәа игәыԥжәара аҩы ижәлоит — Анцәа игәыԥжәара аҵәца иҭеиҭәо аҩы цқьа, иара убас иԥшьоу амаалықьцәеи Асыси рҿаԥхьа амцеи атыҩшеи дрылабылуа дгәаҟлоит. 11 Урҭ ахьгәаҟуа амца иахылҵуа алҩа наӡаӡа иҩеилоит. Агыгшәыги уи асахьеи ирымҵахырхәо, уи ахьӡ адырга змоу, уахгьы-ҽынгьы, иааҟәымҵӡакәа игәаҟлоит. 12 Анцәа иԥҟарақәа назыгӡо, насгьы Иисус дхазҵо иԥшьоу ауаа хьамҵӡакәа, аҵыхәтәанынӡа ачҳара аадырԥшлароуп».

13 Сара исаҳаит ажәҩан аҟынтә бжьык абас шаҳәаз: «Ианҵа: „Насыԥ рымоуп абри аамҭа инаркны Иҳақәиҭу ишиҵаҩцәоу иԥсуа. Иԥшьоу адоуҳа иаҳәоит: ‚Ирбаз аџьабаа азхоит, рыԥсы ршьааит, избанзар русқәа дара ирыцны ицоит‘“».

14 Анаҩс аԥҭа шкәакәа збеит. Уи ауаҩытәыҩса иԥа иеиԥшыз аӡә дықәтәан. Иара ахьтәы гәыргьын ихагылан, иҵарыз амаганагьы икын.

15 Даҽа маалықьк аныҳәарҭа* дааҩныҵын, ибжьы ҭыганы, аԥҭа иқәтәаз ус иеиҳәеит: «Умагана аашьҭыхны аҽаҩра еизга, избанзар аҽаҩра аҭагалара аамҭа ааит, адгьыл аҿы аҽаҩра шыҟалара иҟалахьеит». 16 Аԥҭа иқәтәаз имагана иҟьан, адгьыл аҿы аҽаҩра ҭеигалеит.

17 Анаҩс ажәҩан аҿы иҟаз аныҳәарҭа аҟынтә даҽа маалықьк дааҩныҵит. Иаргьы иҵарыз амагана икын.

18 Акәырбаннагарҭа аҟынтә даҽа маалықьк даацәырҵит. Уи амца дақәиҭын. Иара ибжьы ҭыганы, иҵарыз амагана зкыз амаалықь ус иеиҳәеит: «Умагана аашьҭыхны, адгьыл аҿы аӡахәа иҿалаз ажь ҭаа, избанзар ажь шыҟалара иҟалахьеит». 19 Амаалықь имагана аашьҭихын, адгьыл аҿы аӡахәа хҵәаны, Анцәа игәыԥжәара аазырԥшуаз ажьхәага иҭаижьит. 20 Ажь ақалақь анҭыҵ ирхәон. Ашьа ажьхәага арҭәын, ихыҵны икаҭәон. Уи аҽқәа рқьышә аҟынӡа ихалеит, насгьы 1 600 стади* аҟынӡа ицеит.

15 Сара избеит ажәҩан аҿы зеиԥшыҟамыз даҽа хҭыс џьашьахәык. Избеит быжь-рыцҳарак аазгоз быжьҩык амаалықьцәа. Урҭ арыцҳарақәа аҵыхәтәантәи рыцҳарақәоуп, избанзар урҭ анынҵәалак, Анцәагьы игәыԥжәара аарԥшра даҟәыҵуеит.

2 Сара избеит асаркьа иалху амшын иеиԥшыз акы, уи амцеи иареи еилан. Иара убас избеит агыгшәыги, уи асахьеи, уи ахьӡ ахыԥхьаӡареи ириааиз. Урҭ асаркьа иалхыз уи амшын аҿы игылан, Анцәа иҩымаақәагьы ркын. 3 Дара Анцәа имаҵуҩы Моисеи иашәеи Асыс ашәеи рҳәон:

«Шаҟа идуузеи, шаҟа иџьашьахәузеи уусқәа, Зегьзымчу Анцәа Иегова*. Наӡаӡатәи Аҳ, уара уусқәа урықәгәыӷыртә иҟоуп, иҟауҵо зегь иашоуп. 4 Иуцәымшәода уара, Иегова? Иҳаразымкуада ухьӡ? Уара заҵәык уоуп зыжәлар ирызиашоу. Ажәларқәа зегь ааины уара иуеихырхәоит, избанзар еилыркаауеит иарбан усзаалак ииашаны ишуӡбо».

5 Уи ашьҭахь сара избеит ажәҩан аҿы иҟаз аршаҳаҭга-қьалаҿы иԥшьоу аҭыԥ шаатыз, 6 уантәи быжь-рыцҳарак аазгоз быжьҩык амаалықьцәа дәылҵит. Ақәны иалхыз рымаҭәа пашәӡа, иҟәашкакараӡа иҟан, насгьы ргәышԥы аҟынӡа инаӡоз, ахьы иалхыз амаҟа ҟьаҟьақәа рымӷан. 7 Ԥшьҩык ахерувимцәа* руаӡәк урҭ быжьҩык амаалықьцәа ахьы иалхыз быжь-гәыблаак риҭеит. Урҭ агәыблаақәа наӡаӡа инхо Анцәа игәыԥжәарала иҭәын. 8 Усҟан иԥшьоу аҭыԥ Анцәа ихьӡ-иԥшеи имчи ирхылҵуаз алҩа ҩначит, быжьҩык амаалықьцәа иааргоз быжь-рыцҳарак ииасаанӡагьы аӡәымзар-аӡәы иԥшьоу аҭыԥ дзыҩналомызт.

16 Сара исаҳаит аныҳәарҭа* аҟынтә игоз быжь дук быжьҩык амаалықьцәа абас шранаҳәаз: «Шәцаны быжь-гәыблаак ирынҭәалоу Анцәа игәыԥжәара адгьыл ахь икашәҭәа».

2 Актәи амаалықь дцан, игәыблаа ларханы, ианҭәалаз адгьыл ахь икеиҭәеит. Усҟан агыгшәыг адырга змаз, насгьы уи асахьа иамҵахырхәоз ауаа иузымычҳауа ахьаа змаз ашәрақәа рылнахит.

3 Аҩбатәи амаалықь игәыблаа ианҭәалаз амшын иалеиҭәеит. Усҟан амшын аԥсы ишьа иеиԥшхеит, уа иҭаз ԥсы зхаз* зегьы ԥсит.

4 Ахԥатәи амаалықь игәыблаа ианҭәалаз аӡиасқәеи аӡқәа ахьыҵыҵуаз аҭыԥқәеи ирылеиҭәеит. Усҟан дара шьахеит. 5 Сара исаҳаит аӡы иақәиҭыз амаалықь абас шиҳәаз: «Иҟоу, иҟаз, зыжәлар ирызиашоу Ҳанцәа, уара уиашоуп азоуп абас зуӡбаз. 6 Дара иԥшьоу умаҵзуҩцәеи аԥааимбарцәеи ршьа карҭәеит, убри азы уара ашьа дуржәит. Ус иагьрықәнаган». 7 Сара исаҳаит акәырбаннагарҭа абас шаҳәаз: «Зегьзымчу Анцәа Иегова*, уара уӡбарақәа еснагь ииашоуп, урықәгәыӷыртә иҟоуп».

8 Аԥшьбатәи амаалықь игәыблаа ианҭәалаз амра иақәиҭәеит. Усҟан амра ауаа абылларц азин аҭан. 9 Ауаа ашоура бааԥс иабылуан, аха дара зҿыц иаҿын, арҭ арыцҳарақәа ирықәиҭыз Анцәа ихьӡ ршәиуан, ахьӡ-аԥша ирҭаӡомызт.

10 Ахәбатәи амаалықь игәыблаа ианҭәалаз агыгшәыг атәарҭа иақәиҭәеит. Усҟан агыгшәыг аҳра алашьцара ахаԥеит. Ауаа ирымаз ахьаа иахҟьаны рхаԥыц аҿҿа дыргон, 11 аха русқәа ирыхьхәӡомызт, насгьы ахьааи ашәрақәеи ахьрымаз азы ажәҩан Анцәа дыршәиуан.

12 Афбатәи амаалықь игәыблаа ианҭәалаз аӡиас ду Евфрат иалеиҭәеит. Усҟан уи мрагыларатәи аҳцәа амҩа рзаанартырц азы иҭабеит.

13 Сара избеит агәылшьаԥ асасеи, агыгшәыг асасеи, амцԥааимбар асасеи адаӷьқәа иреиԥшыз ицқьам х-ажәак* шҭыҵуаз. 14 Урҭ адемонцәа ражәақәа роуп. Урҭ ажәақәа аџьашьахә дуқәа* ҟаҵо, адгьыл аҳцәа зегь рахь ицоит, Зегьзымчу Анцәа имш ду аҽны иҟало аибашьрахь еизыргарц азы.

15 «Сара аӷьыч иеиԥш снеиуеит! Насыԥ имоуп згәызҽану, зымаҭәа-зҩыҭәа зыхьчо, избанзар иара дҟьантазӡа дықәхаӡом, ахьымӡӷгьы игаӡом».

16 Дара урҭ аҳцәа ауриа бызшәала Армагеддо́н* захьӡу аҭыԥ аҿы еизыргеит.

17 Абыжьбатәи амаалықь игәыблаа ианҭәалаз кеиҭәан, аҳауа иалеиҵеит. Усҟан аныҳәарҭа* аҟынтә, аҳ итәарҭаҭыԥ аҟынтә, быжь дук ааҩын, абас аҳәеит: «Инагӡоуп!» 18 Убасҟан имацәысит, идыдит, абжьқәа геит, адгьыл ӷәӷәала иҵысит. Уи аҩыза адгьылҵысра ӷәӷәа ауаа адунеи иқәнагалеижьҭеи иҟамлацызт. 19 Ақалақь ду хы-хәҭакны еиҩшеит, атәылақәа зегьы рықалақьқәа еилаҳаит. Анцәа Вавилон Ду игәалашәан, игәыԥжәара аҩы аиржәит. 20 Дгьылбжьахас иҟаз зегьы ыҟаӡамызшәа ибжьаӡит, ашьхақәагьы ықәӡааит. 21 Ажәҩан аҟынтә талантк* иаҟараз акырцх ҟәаз алеира иалаган, ауаа ирылаҳаит. Дара уи акырцх азы Анцәа дыршәиуан, избанзар уи уаҩ дызқәымшәацыз рыцҳаран.

17 Быжь-гәыблаак зкыз быжьҩык амаалықьцәа руаӡәк дааин, ус сеиҳәеит: «Сара аӡқәа ирықәтәоу, зегь еицырдыруа акаҳԥы илзыруа усырбоит. 2 Адгьыл аҳцәа уи илыцныҟәон*, адунеи иқәынхо ауаа лкаҳԥра* аҩы еиԥш иашьуан».

3 Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала уи ацәҳәырахь сигеит. Уа дызбеит иҟаԥшьы-уаркалеиуаз агыгшәыг иақәтәаз аԥҳәыс. Уи агыгшәыг ахы инаркны ашьапаҟынӡа Анцәа ихьӡ зырцәгьоз ахьӡқәа анын, насгьы быжь-хыки жәа-тәыҩаки ахагылан. 4 Лара апурпурԥштәы змаз маҭәалеи иҟаԥшьы-уаркалеиуаз маҭәалеи деилаҳәан, хьылеи, зыхә ҳараку хаҳәлеи, бырлашлеи деибыҭан, ахьы иалхыз аҵәца лкын, уи аус хәымгақәеи лкаҳԥра* иахылҿиааз аус ҟьашьқәеи рыла иҭәын. 5 Лылахь абас еиԥш иҟаз ахьӡ анын: «Вавилон Ду, акаҳԥцәеи аус ҟьашьқәеи ран». Аха уи ахьӡ иаанагоз маӡан. 6 Сара избеит уи аԥҳәыс иԥшьоу ауааи Иисус ишаҳаҭцәеи ршьа дашьны дшыҟаз.

Данызба, схәы-сжьы еилагылеит. 7 Аха амаалықь ус сеиҳәеит: «Иубаз зџьоушьеи? Сара иузеиҭасҳәоит уи аԥҳәыс илызку амаӡеи дзықәтәоу быжь-хыки жәа-тәыҩаки зхагылоу агыгшәыг амаӡеи: 8 иубаз агыгшәыг ыҟан, нас ибжьаӡит, аха иаарласны атымитыша иҭыҵраны иҟоуп, нас иҭархахоит. Адгьыл иқәынхо ауаа — адунеи анышьақәыргылаз инаркны* зыхьӡ аԥсҭазаара ашәҟәы ианырымҵо — иџьаршьоит агыгшәыг зны ишыҟаз, нас ишыбжьаӡыз, аха еиҭах ишцәырҵыз анырбо.

9 Ари аилкааразы аҟәыӷара аҭахуп: быжь-хык — аԥҳәыс дзықәтәоу быжь-шьхак роуп. 10 Иара убас урҭ быжьҩык аҳцәа аадырԥшуеит: хәҩык ықәӡаахьеит, аӡәы дыҟоуп, аҵыхәтәантәи макьана дмааиӡацт, аха данааилак, рацәак дынхаӡом. 11 Зны иҟаз, аха нас ибжьаӡыз агыгшәыг иара убас аабатәи аҳ даанарԥшуеит, уи анҭ быжьҩык дырхылҵит, аха нас дықәгахоит.

12 Иубаз жәа-тәыҩак жәаҩык аҳцәа аанарԥшуеит, урҭ макьана аҳра иахамгылаӡацт, аха аҳцәа рымчра роуеит, агыгшәыги дареи сааҭк аҳра еицыруларц азы. 13 Дара хықәкык ауп ирымоу азы, рымчи рымчреи агыгшәыг иарҭоит. 14 Дара Асыс иабашьуеит, аха уи анапхгаҩцәа ирнапхгаҩуп, аҳцәа ираҳуп азы, урҭ ириааиуеит. Иара убас уи иацаиааиуеит Анцәа иааиԥхьаз, иалихыз, насгьы гәык-ԥсыкала имаҵ зуа».

15 Нас амаалықь ус сеиҳәеит: «Акаҳԥы дзықәтәоу аӡқәа бызшәа рацәала ицәажәо ауааи, ажәларқәеи, амилаҭқәеи роуп. 16 Иубаз жәа-тәыҩаки агыгшәыги акаҳԥы дырцәымӷхоит, дыхдырҵәоит, дыцәҳәы-ҟьантазӡа дынрыжьуеит, лжьы рфоит, нас амца далажьны дырбылуеит, 17 избанзар Анцәа урҭ игәҭакы нарыгӡарц ргәаирԥхеит, урҭ* еицырзеиԥшу рыгәҭакы: Анцәа иажәақәа наӡаанӡа раҳра агыгшәыг иарҭарц. 18 Иубаз аԥҳәыс адгьыл аҳцәа ирхагылоу ақалақь ду аалырԥшуеит».

18 Уи ашьҭахь дызбеит ажәҩан аҟынтә илбаауаз амчра ду змаз даҽа маалықьк. Уи ихьӡ-иԥша адгьыл арлашеит. 2 Иара ибжьы ҭыганы ҿааиҭит: «Вавилон Ду каҳаит! Уи акаҳԥы адемонцәеи, амаалықь цәгьақәеи, ицқьам, ихәынгаушьартә иҟоу аԥсаатәқәеи рынхарҭа ҭыԥны дҟалеит. 3 Лара дыкны дызмаз агәаҳәара аҩы* — асексуалтә ламысдара* аҩы — ажәларқәа зегьы идлыржәуан. Адгьыл аҳцәа уи илыцныҟәон*. Дыԥхамшьаӡакәа еизылгаз амал ду абзоурала адгьыл ахәаахәҭцәа беиахеит».

4 Сара исаҳаит ажәҩан аҟынтә даҽа бжьык абас шаҳәаз: «Дааншәыжь уи, сыжәлар, лыгәнаҳақәа шәрылахәымхарц азы, лара илыхьуа шәаргьы ишәмыхьырц азы, 5 избанзар ашьха еиԥш еизҳаз лыгәнаҳақәа ажәҩан аҟынӡа инаӡеит, убри аҟынтә Анцәа уи лус цәгьақәа рзы длықәыӡбоит. 6 Егьырҭ дышрызныҟәоз еиԥш шәлызныҟәа, илзыжәуа лара иҟалҵоз аасҭа ҩынтә еиҳазааит. Аҩы зҭаҟалҵоз аҵәца ҩынтә еиҳаны илызҭашәҭәа. 7 Шаҟа лхы шьҭылхуаз, дыԥхамшьаӡакәа шаҟа амал еизылгаз аҟара, убри аҟара агәаҟреи агәырҩеи дақәшәыршәа. Лара гәаныла ус лҳәоит: „Сара аҳкәажә соуп, сара сыԥҳәысеибаӡам, ахаан агәырҩа збараны сыҟаӡам“. 8 Убри азы ҽнакала арыцҳарақәа дрықәшәоит: амлакреи, агәырҩеи, аԥсреи. Анцәа уи амца лыцраҵаны дибылуеит, избанзар илықәыӡбаз Анцәа Иегова* дыӷәӷәоуп.

9 Илыцныҟәоз*, насгьы дыԥхамшьаӡакәа еизылгаз амал лыцеиҩызшоз адгьыл аҳцәа уи дызлабылуа амца иахылҵуа алҩа анырбалак, ргәы иаасуа дырҵәыуалоит. 10 Даргьы уи аҩыза иақәдыршәар ҳәа ишәаны, инахараны игылазаауеит, иагьырҳәалоит: „Изакә рыцҳароузеи, изакә рыцҳароузеи узықәшәаз амч ду змоу ақалақь ду Вавилон! Шаҟа ирласны иуқәыӡбазеи!“

11 Адгьыл ахәаахәҭцәагьы игәырҩо уи рҵәыуалоит, избанзар рыҭитәқәа уаҳа аӡәгьы иааихәалаӡом. 12 Аӡәгьы иааихәалаӡом ахьи, араӡни, зыхә ҳараку ахаҳәқәеи, абырлаши, ақәны цқьеи, абырфыни, апурпурԥштәы змоу амаҭәеи, амаҭәа ҟаԥшьи, зыфҩы хаау амҿы иалху амаҭәарқәеи, асланқәа рыбаҩи зегь иреиӷьу амҿи ирылху амаҭәарқәеи, абҩеи, аихеи, амармалташьи, 13 иара убас акорицеи, акардамони, афимиами, зыфҩы хаау ахәшеи, аладани, аҩи, амаслинахәшеи, зегь иреиӷьу ачашылеи, ачарыци, арахәи, ауасақәеи, аҽқәеи, ауардынқәеи, амаҵуцәеи, ԥсы зхоу егьырҭ ауааи. 14 Бзиа иубоз ашәыр бзиақәа умырхит, зегь иреиӷьу афатәи уаҩ иимбац абеиареи уаҳа ахаан иубараны уҟам.

15 Уи зегь зҭиуаз, уи ақалақь абзоурала ибеиахаз ахәаахәҭцәа иара зықәшәаз даргьы ақәшәар ҳәа ишәаны, инахараны игыланы, игәырҩо ирҵәыуалоит, 16 иагьырҳәалоит: „Изакә рыцҳароузеи, изакә рыцҳароузеи ақәны цқьа иалху маҭәалеи, апурпурԥштәы змоу маҭәалеи, иҟаԥшьу маҭәалеи еилаҳәоу, хьылеи, зыхә ҳараку хаҳәлеи, бырлашлеи еибыҭоу ақалақь ду зықәшәаз! 17 Шаҟа ирласны иқәӡаазеи абри аҩыза амал ду!“

Амшынуаа зегьы, акаԥданцәагьы, аматросцәагьы, амшын ала зхы ныҟәызгоз зегьы инахараны игыланы, 18 уи злабылуаз амца иахылҵуаз алҩа иахәаԥшуа, ус рҳәон: „Ари ақалақь ду иеиԥшу даҽа қалақьк ыҟоума?“ 19 Дара рхы асаба ақәыԥсо, рыҽшьуа иҵәыуон, иагьырҳәон: „Изакә рыцҳароузеи, изакә рыцҳароузеи аӷбақәа змаз зегьы идырҳаз амал зыбзоуроу ақалақь ду зықәшәаз! Шаҟа ирласны иқәӡаазеи уи!“

20 Угәырӷьала ажәҩан, шәгәырӷьала иԥшьоу ауааи, апостолцәеи, аԥааимбарцәеи, избанзар шәаҳаҭыразы Анцәа уи дақәыӡбеит!»

21 Амч ду змаз амаалықь алу ду иеиԥшыз ахаҳә аашьҭихын, амшын иалаижьит, иагьиҳәеит: «Абас ауп ақалақь ду Вавилон ирласны ишықәӡаауа, хабарда ишыбжьаӡуа. 22 Аҩымаа азырҳәо ашәаҳәаҩцәа рыбжьи, аҿарпын абжьи, абыкь абжьи, егьырҭ амузыкатә инструментқәа рыбжьи уаҳа уара уҿы игараны иҟаӡам. Уара уҿы напҟазакгьы даанхаӡом, алу абжьгьы уаҳа ахаан игалаӡом. 23 Уаҳа уара уҿы акәаҷабқәа лашалаӡом, ԥҳәыс даазго ахаҵеи аҭацеи рыбжьгьы галаӡом. Ухәаахәҭцәа уаа дуқәан, успиритизм* ала ажәларқәа зегь ужьон. 24 Абри ақалақь ауп изхароу аԥааимбарцәа ршьеи, иԥшьоу ауаа ршьеи, адгьыл аҿы иршьыз зегьы ршьеи ахькаҭәаз».

19 Анаҩс ажәҩан аҿы ԥхьаӡашьак змамыз амаалықьцәа рыбжьы еиԥш быжь дук саҳаит. Дара ирҳәон: «Дшәырҽхәала Иах!* Ҳанцәа деиқәырхаҩуп, хьӡи-ԥшеи амчреи имоуп, 2 избанзар иусӡбарақәа урықәгәыӷыртә иҟоуп, ииашоуп. Иара зыламысдарала* адгьыл бжьызхыз, зегь еицырдыруаз акаҳԥы илыхәҭаз дақәиршәеит, насгьы зшьа калҭәаз имаҵуцәа ршьа иуит». 3 Убри ашьҭахьҵәҟьа дара еиҭа ирҳәеит: «Дшәырҽхәала Иах!* Лара дызлабылуа амца наӡаӡа алҩа ахылҵлоит».

4 Уи ашьҭахь 24-ҩык аиҳабацәеи ԥшьҩык ахерувимцәеи шьамхышгыланы, заҳраҭыԥ аҿы итәоу Анцәа иеихырхәан, ус рҳәеит: «Амин! Дшәырҽхәала Иах!*»

5 Усҟан аҳраҭыԥ аҟынтә бжьык ааҩын, абас аҳәеит: «Дшәырҽхәала Ҳанцәа, ицәшәо имаҵуцәа зегьы, шәхәыҷума, шәдуума».

6 Уи ашьҭахь ԥхьаӡашьак змамыз амаалықьцәа рыбжьы еиԥш бжьык саҳаит. Уи абжьы агәгәаҳәа еилаҽҽо арҩаш абжьи уаҩ имаҳац адыдбжьи иреиԥшын. Дара ус рҳәон: «Дшәырҽхәала Иах*, избанзар Зегьзымчу Ҳанцәа Иегова* аҳра аура далагеит! 7 Шәааи ҳгәырӷьалап, ҳгәырӷьаҵәа хьӡи-ԥшеи иаҳҭалап, избанзар Асыс ачара амш ааит, аҭацагьы лыҽлырхиахьеит. 8 Лара илыҭан убла хнакыртә еиԥш ипашәӡа, ицқьаӡа иҟоу, ақәны цқьа иалху амаҭәа. Ақәны цқьа — иԥшьоу ауаа рус иашақәа роуп».

9 Амаалықь ус сеиҳәеит: «Ианҵа: „Насыԥ рымоуп Асыс ачарахь ааԥхьара змоу“». Нас иациҵеит: «Арҭ ажәақәа Анцәа иажәақәа роуп, урҭ рыгәра угартә иҟоуп». 10 Усҟан сара уи сиеихырхәарц азы сшьамхышгылеит, аха иара ус сеиҳәеит: «Уаангыл, ус ҟаумҵан! Саргьы маҵуҩык соуп, Иисус шаҳаҭра изызуа уашьцәеи уареи шәҩыза соуп. Анцәа уиеихырхәа! Иисус шаҳаҭра изуроуп аԥааимбаражәақәа хықәкыс ирымоу».

11 Сара избеит иаартыз ажәҩани аҽы шкәакәеи. Уи иақәтәаз Узықәгәыӷыртә Иҟоу, Ииашоу* ҳәа ишьҭоуп. Иара ииӡбо зегь иашоуп, ииашангьы деибашьуеит. 12 Иблақәа амцаԥшь иеиԥшуп, адиадемақәа рацәаны ихоуп, насгьы иара ида аӡәгьы изымдыруа ахьӡ инуп. 13 Имаҭәа ашьа иаганы иҟоуп, иара Анцәа Иажәа ихьӡуп. 14 Аҽы шкәакәақәа ирықәтәаз жәҩантәи ар иара ишьҭаланы инеиуан. Дара зегь ақәны цқьа иалхыз ицқьаз амаҭәа шкәакәақәа ршәын. 15 Иҿы ажәларқәа ишьларц азы ицҳафыруа аҳәа ҭакуп, иара урҭ аиха иалху алабашьа ала напхгара рзиулоит. Уи Зегьзымчу Анцәа игәыԥжәара аазырԥшуа ажьхәагаҿы ажь ихәоит. 16 Имаҭәаҿы, игәчамаҿы, ахьӡ ануп — аҳцәа Раҳи анапхгаҩцәа Рнапхгаҩи.

17 Иара убас дызбеит амра ашәахәақәа ирылагылаз амаалықь. Иара ибжьы ҭыганы, ажәҩан иалаз аԥсаатәқәа ус реиҳәеит: «Шәааи Анцәа ичара ду ахь, 18 шәааины ишәфа аҳцәеи, аруаа реиҳабацәеи, ауаа ӷәӷәақәеи рыԥсхаԥсжьы, аҽқәеи аҽыуааи рыԥсхаԥсжьы, ауаа зегьы рыԥсхаԥсжьы — зхы иақәиҭу реиԥш, амаҵуцәагьы, анхаҩцәагьы, ауаа дуқәагьы».

19 Сара избеит агыгшәыги адгьыл аҳцәа рыруааи дареи шеизаз, аҽы иақәтәаз ируааи иареи ирабашьырц азы. 20 Агыгшәыги амцԥааимбари ркын, рыԥсы шҭаз мцалеи тыҩшалеи еилабылуаз аӡиа иаларыжьит. Уи амцԥааимбар агыгшәыг аҿаԥхьа аџьашьахәқәа ҟаҵо, агыгшәыг адырга змази уи асахьа иамҵахырхәози ажьон. 21 Иаанхазгьы аҽы иақәтәаз иҿы иҭакыз аҳәа ду ала ишьын. Аҵарақәа зегь урҭ ирхалан, рызхара рфеит.

20 Сара избеит атымитыша ацаԥха змаз, азынџьыр* ду зкыз амаалықь ажәҩан аҟынтә дшылбаауаз. 2 Иара агәылшьаԥ, ажәытә маҭ, ааи, Аџьныш Аҩсҭаа дыкны, 1 000 шықәса ҳәа деиқәԥах дҿеиҳәеит. 3 Иара уи 1 000 шықәса ҳәа атымитыша дҭаижьит, атымитышагьы аркны, амҳәыр ааирхеит, 1 000 шықәса цаанӡа уи ажәларқәа имжьаларц азы. 1 000 шықәса рышьҭахь маҷк аамҭа иҭаны доурышьҭуеит.

4 Сара избеит атәарҭақәа шгылаз. Урҭ ирықәтәаз аусқәа рыӡбаларц азы амчра рыҭан. Избеит Иисуси Анцәеи рыӡбахә ахьырҳәоз азы иршьыз* ршьа. Дара агыгшәыги уи асахьеи иамҵамхырхәаӡеит, рылахь аҿи рнапаҿи адырга рыдрымкылаӡеит. Урҭ рыԥсы ҭалан, 1 000 шықәса Христос аҳра ицыруан. 5 Дара актәи аԥсҭалараан зыԥсы ҭалаз роуп. Егьырҭ — 1 000 шықәса нҵәаанӡа рыԥсы ҭамлаӡеит. 6 Насыԥ рымоуп, иԥшьоуп актәи аԥсҭалараан зыԥсы ҭало, урҭ рҿаԥхьа аҩбатәи аԥсра амч амаӡам. Дара Анцәеи Христоси рыԥшьаҩцәа ракәны иҟалоит, насгьы 1 000 шықәса Христос аҳра ицрулоит.

7 1 000 шықәса рышьҭахь Аҩсҭаа абахҭа дыҭрыжьуеит. 8 Иара абахҭа дҭыҵуеит, ажәларқәа — Го́ги Маго́ги — ижьаларц азы, насгьы аибашьразы еизигарц азы. Урҭ ажәларқәа адгьыл аԥшьганк рҟынтә еизоит, рхыԥхьаӡара амшын аҟәара иқәу аԥслымӡ еиԥш иҟалоит. 9 Дара адгьыл ахьынӡанаӡааӡо ижәыланы, иԥшьоу рлагери Анцәа бзиа иибо ақалақьи ирыкәшеит. Аха ажәҩан аҟынтә амца лбаан, урҭ ықәнагеит. 10 Урҭ зжьоз Аџьныш иакәзар, агыгшәыги амцԥааимбари ахьаларыжьхьаз, мцалеи тыҩшалеи еилабылуаз аӡиа даларыжьит. Уа дара наӡаӡа уахгьы-ҽынгьы игәаҟлоит*.

11 Сара избеит ишкәакәаз атәарҭа ду, иара убас дызбеит уа итәаз. Уи иҟынтә адгьыли ажәҩани бналаны ицеит, дара рзы уаҳа аҭыԥ ыҟамызт. 12 Избеит уи атәарҭа аԥхьа игылаз аԥсцәа, анхаҩцәа реиԥш, ауаа дуқәагьы. Избеит ашәҟәеикәарҳәқәа шаатыз, нас даҽа шәҟәыкгьы аатит. Уи аԥсҭазаара ашәҟәы акәын. Аԥсцәа рус, дасу иҟаиҵоз инақәыршәаны, ашәҟәқәа ишырныз еиԥш иӡбан. 13 Амшын аԥсцәа арахь иаанашьҭит, аԥсрагьы анышәынҭрагьы* аԥсцәа арахь иаарышьҭит. Дара зегьы дасу иусқәа инарықәыршәаны рус ӡбан. 14 Аԥсреи анышәынҭреи мцала еилабылуаз аӡиа иаҭан. Мцала еилабылуа аӡиа — аҩбатәи аԥсра ауп. 15 Зыхьӡ аԥсҭазаара ашәҟәы ианырымҵазгьы мцала еилабылуаз аӡиа иалажьын.

21 Сара избеит ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци. Уаанӡатәи ажәҩани адгьыли ықәӡааит, амшынгьы уаҳа иҟамызт. 2 Иара убас избеит ажәҩан аҟынтә, Анцәа иҟынтә, илбаауаз иԥшьоу ақалақь — Иерусалим ҿыц. Уи зхаҵа иԥылара иазхиоу аҭаца леиԥш иԥшӡаӡа еибыҭан. 3 Сара исаҳаит аҳ итәарҭа аҟынтә иааҩуаз быжь дук абас шаҳәаз: «Анцәа иқьала ауаа рыгәҭа игылоуп, иаргьы урҭ дрыцынхалоит, дара ижәлар ракәхоит, иаргьы урҭ дрыцзаауеит. 4 Анцәа урҭ рылаӷырӡқәа ирыцқьоит, уаҳа иҟалаӡом аԥсра, агәырҩа, аҵәыуара, ахьаагьы уаҳа иҟалаӡом, уаанӡа иҟаз ықәӡаа ицеит».

5 Аҳ итәарҭаҿы итәаз ус иҳәеит: «Абар, сара зегь ҿыцны исшоит!» Нас иациҵеит: «Ианҵа, избанзар арҭ ажәақәа иашоуп, урықәгәыӷыртә иҟоуп». 6 Иара ус сеиҳәеит: «Арҭ ажәақәа наӡеит! Сара Альфеи Омегеи соуп, алагамҭеи анҵәамҭеи. Аӡба иакуа зегьы аԥсҭазаара аӡы ахьыҵыҵуа аҟынтә хәыда-ԥсада аӡы рысҭоит. 7 Аиааира зго абри зегь иоуеит, сара Инцәа сакәхоит, иара сыҷкәын иакәхоит. 8 Ашәаргәындақәа, ахаҵара змам, угәы зырхынҳәуа аус ҟьашьқәа ҟазҵо, ауаа зшьуа, аламысдақәа*, аспиритизм* знапы алаку, аидолқәа ирымҵахырхәо, амцҳәаҩцәа — зегьы мцалеи тыҩшалеи еилабылуа аӡиа иалажьхоит. Уи аҩбатәи аԥсроуп».

9 Аҵыхәтәантәи быжь-рыцҳарак рыла иҭәыз быжь-гәыблаак зкыз быжьҩык амаалықьцәа руаӡәк дааин, ус сеиҳәеит: «Уаала, сара Асыс ԥҳәысс иагараны иҟоу аҭаца дусырбоит». 10 Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала иара иҳаракыз ашьха ду ахь снеиган, ажәҩан аҟынтә, Анцәа иҟынтә, илбаауаз иԥшьоу ақалақь Иерусалим сирбеит. 11 Уи Анцәа ихьӡ-иԥша аманы илашон, насгьы асаркьа еиԥш и́цырцыруа аиашма иеиԥшу зыхә ҳараку ахаҳә еиԥш еилаарцыруан. 12 Уи ақалақь аҭӡамц ӷәӷәан, иҳаракын, 12 гәашә аман. Урҭ агәашәқәа рҿы 12-ҩык амаалықьцәа гылан. Агәашәқәа рҿы израильтәи 12 биԥара рыхьӡқәа анын. 13 Х-гәашәк мрагыларатәи аганахь ала иҿан, х-гәашәк аҩадатәи аганахь ала иҿан, х-гәашәк аладатәи аганахь ала иҿан, х-гәашәк мраҭашәаратәи аганахь ала иҿан. 14 Аҭӡамц ашьаҭаҿы 12 хаҳә шьҭан. Урҭ 12 хьӡы рнын — Асыс апостолцәа рыхьӡқәа.

15 Исацәажәоз ақалақьи, агәашәқәеи, аҭӡамци ишәарц азы ахьы иалхыз ашәагатә лаба икын. 16 Ақалақь ԥшь-кәакьк аман, ауреи аҭбаареи еиҟаран. Иара ашәагатә лабала ақалақь анишәа, 12 000 стади* ҟалеит. Ауреи, аҭбаареи, аҳаракыреи еиҟаран. 17 Амаалықь аҭӡамцгьы анишәа, 144 мышьхәылҵ* ҟалеит. Иара ауаа рхы иадырхәо ашәага-зага акәын ихы иаирхәоз. 18 Ақалақь аҭӡамц аиашма иалхын, ақалақь ахаҭа асаркьа еиԥш ицқьаз ахьы иалхын. 19 Аҭӡамц ашьаҭа зыхә ҳараку еиуеиԥшым ахаҳәқәа рыла ирԥшӡан. Ашьаҭаҿы ишьҭаз актәи ахаҳә аиашма акәын, аҩбатәи — асапфир, ахԥатәи — ахалцедон, аԥшьбатәи — аизумруд, 20 ахәбатәи — асардоникс, афбатәи — асердолик, абыжьбатәи — ахрезолит, аабатәи — аберилл, ажәбатәи — атопаз, ажәабатәи — ахризопраз, ажәеизатәи — агиацинт, ажәаҩатәи — аметист. 21 12 гәашә — 12 бырлашын. Агәашәқәа зегьы бырлашк-бырлашк ирылхын. Ақалақь амҩаду асаркьа еиԥш ицқьаз ахьы иалхын.

22 Сара ақалақь аҿы аныҳәарҭа сымбаӡеит, уа ныҳәарҭас иҟоу Зегьзымчу Анцәа Иеговеи* Асыси роуп. 23 Ақалақь амреи амзеи рылашара аҭахӡамызт, избанзар уи Анцәа ихьӡ-иԥша иарлашон, лашарбагасгьы иҟаз Асыс акәын. 24 Уи ақалақь алашара ажәларқәа рымҩа арлашалоит, адгьыл аҳцәагьы уи ақалақь ҳарарклоит. 25 Ақалақь агәашәқәа ҽынла иадырклаӡом, аҵх акәзар, уи уа зынӡа иҟалаӡом. 26 Адгьыл аҳцәа уи ақалақь ахь ажәларқәа рыхьӡ-рыԥша наргоит. 27 Уахь ицқьам, иҟьашьу ҳәа акгьы нанагаӡом, амц зҳәо, аус хәымгақәа ҟазҵо уахь изнеиӡом. Инеиуа Асыс иатәу аԥсҭазаара ашәҟәы иану заҵәык роуп.

22 Амаалықь исирбеит Анцәеи Асыси ртәарҭа аҟынтә иааиуаз, асаркьа еиԥш икеикеиуаз аԥсҭазаара аӡиас. 2 Уи аӡиас ақалақь амҩаду ианыланы иааиуан. Аӡиас аҩганк рҿы аԥсҭазаара аҵлақәа гылан. Урҭ есымза ашәыр рҿалон, шықәсык аҩныҵҟа 12-нтә аҽаҩра ааргон. Аҵлақәа рбыӷьқәа ажәларқәа рзы ихәшәын.

3 Анцәа уи ақалақь ахаан ишәиӡом. Уа Анцәеи Асыси ртәарҭа гылазаауеит, Анцәа имаҵуцәагьы иара имаҵ рулоит. 4 Дара ихы-иҿы рбоит, рылахь ихьӡ анызаауеит. 5 Уа аҵх ҟалаӡом, алашарбагақәа рҭаххаӡом, ирҭаххаӡом амра алашарагьы, избанзар Анцәа Иегова* алашара рхаирԥхоит, даргьы наӡаӡа аҳра рулоит.

6 Амаалықь ус сеиҳәеит: «Арҭ ажәақәа иашоуп, рыгәра угартә иҟоуп. Аԥааимбарцәа рыла ицәажәо Анцәа Иегова имаалықь дааишьҭит, имаҵуцәа иаарласны иҟалараны иҟоу дирбарц азы. 7 Сара иаарласны снеиуеит. Насыԥ имоуп ари ашәҟәеикәарҳә иану аԥааимбаражәақәа назыгӡо».

8 Сара, Иоанн, абарҭқәа зегь збеит-исаҳаит. Амаалықь исирбаз зегь анызба, иансаҳа, уи сиеихырхәарц азы иҿаԥхьа сшьамхышгылеит. 9 Аха иара ус сеиҳәеит: «Уаангыл, ус ҟаумҵан! Саргьы маҵуҩык соуп, уашьцәа-аԥааимбарцәеи, ари ашәҟәеикәарҳә иану назыгӡои, уареи шәҩыза соуп. Анцәа уиеихырхәа».

10 Нас иара ус сеиҳәеит: «Иумӡан ари ашәҟәеикәарҳә иану аԥааимбаражәақәа, избанзар урҭ наӡараны ианыҟоу аамҭа ааигәахеит. 11 Ииашам ауаҩы дышиашам даанхааит, ауаҩы ҟьашь дшыҟьашьу даанхааит. Ауаҩ иаша иакәзар, дышиашоу даанхааит, иԥшьоугьы дшыԥшьоу даанхааит.

12 „Сара иаарласны снеиуеит, дасу ишиқәнагоу еиԥшгьы иус сыӡбоит. 13 Сара Альфеи Омегеи соуп, ираԥхьатәиу иагьҵыхәтәантәиу, алагамҭеи анҵәамҭеи. 14 Насыԥ рымоуп аԥсҭазаара аҵла аҟынтә ашәыр афара азин роурц азы, насгьы ақалақь агәашә ала ақалақь ахь инеирц азы зымаҭәа зыӡәӡәаз. 15 Ауаа хәымгақәа*, аспиритизм* знапы алаку, аламысдақәа*, ауаа зшьуа, аидолқәа ирымҵахырхәо, амцҳәара бзиа избо, насгьы ауаа зжьо зегьы уи ақалақь ахь изнеиӡом“.

16 „Сара, Иисус, амаалықь днасышьҭит, абри зегь шәеиҳәарц азы, уи аизарақәа ирыхәарц азы. Сара Давид идац-ԥашә, Давид ихылҵыз соуп, ижжаӡа илашо шарԥыеҵәа соуп“».

17 Иԥшьоу адоуҳаи аҭацеи ирҳәоит: «Уааи!» Уи заҳауагьы иҳәааит: «Уааи!» Аӡба иакуа зегьы ааиааит, изҭаху аԥсҭазаара аӡы хәыда-ԥсада игааит.

18 «Ари ашәҟәеикәарҳә иану аԥааимбаражәақәа заҳауа зегьы ирасҳәоит: „Ара иану ак ацызҵо, Анцәа ари ашәҟәаҿы зыӡбахә ҳәоу арыцҳарақәа изациҵоит. 19 Ара иану ак агзырхо ари ашәҟәеикәарҳә аҿы зыӡбахә ҳәоу иоуӡом: Анцәа уи аԥсҭазаара аҵла аҟынтә ашәыр афара азин ииҭаӡом, иԥшьоу ақалақь ахь днеиргьы иуӡом“.

20 Абри зегь шьақәзырӷәӷәо иҳәоит: „Сара иаарласны снеиуеит“».

Амин! Уааи, Иҳақәиҭу Иисус.

21 Иҳақәиҭу Иисус иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара иԥшьоу ирыгымзааит.

Мамзаргьы иҟалап «Иисус».

Шәахәаԥш Ажәар.

Алагамҭеи анҵәамҭеи. Альфеи омегеи абырзен алфавит аҿы раԥхьатәии аҵыхәтәантәии анбанқәа роуп.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Абырзен ажәа ҳа́дес. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аԥсҭазаара агәыргьын».

Наӡаӡатәи аԥсра.

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар.

Ара иаагоу абырзен ажәа ахатә ҩыза иԥсахра аанагоит.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иҷаҷақәа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «угәыргьын».

Ма «зыхә ҳараку ахаҳә ҟаԥшьи».

Ахерувимцәа аҭыԥ ду аанызкыло маалықьцәоуп.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ахерувимцәа аҭыԥ ду аанызкыло маалықьцәоуп.

Ахерувимцәа аҭыԥ ду аанызкыло маалықьцәоуп.

Ахиникс абырзенцәа ршәага-зага акәын, литрак аасҭа маҷк еиҳан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Адинар — 3,85 грамм иҟаз раӡны ԥаран. Уи мышкала идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Абырзен ажәа ҳа́дес. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

Ара зыӡбахә ҳәоу аласа иалырхуаз амаҭәа џьаџьа ауп.

Ахерувимцәа аҭыԥ ду аанызкыло маалықьцәоуп.

Ма «агәҭаны».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амца».

Аполынь.

Иаанагоит «ақәхра; анырҵәара».

Иаанагоит «ақәхҩы; анырҵәаҩы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҩ-мириадк амириадқәа». Ма 10 000х20 000.

Шәахәаԥш Ажәар.

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Иҟалап Анцәа.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».

Ма «аԥшьаҭыԥ». Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дыргак».

Агәылшьаԥ.

Адами Евеи ахшара анроу инаркны.

Ахерувимцәа аҭыԥ ду аанызкыло маалықьцәоуп.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».

Ма «агәыԥжәара аҩы».

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар.

Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ.

300-ҟа километра. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ахерувимцәа аҭыԥ ду аанызкыло маалықьцәоуп.

Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аԥсы».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «х-доуҳак».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «адыргақәа».

Иаанагоит «ашьха Мегиддо».

Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ.

Абырзенцәа рхы иадырхәоз аталант 20,4 кьыла иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Адами Евеи ахшара анроу инаркны.

Жәа-тәыҩак.

Ма «агәыԥжәара аҩы».

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар.

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Шәахәаԥш Ажәар.

Ма «Аллилуиа!». Иах — ахьӡ Иегова икьаҿу аформа ауп.

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Ма «Аллилуиа!». Иах — ахьӡ Иегова икьаҿу аформа ауп.

Ма «Аллилуиа!». Иах — ахьӡ Иегова икьаҿу аформа ауп.

Ма «Аллилуиа!». Иах — ахьӡ Иегова икьаҿу аформа ауп.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «Аиаша Зҳәо».

Аиха иалху аҿаҳәага.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аихала иршьыз».

Ма «иҭакызаауеит».

Абырзен ажәа ҳа́дес. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Шәахәаԥш Ажәар.

2 220 километра. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

64 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Алақәа».

Шәахәаԥш Ажәар.

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра