Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 29
  • Моисеи дзыбналаз

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Моисеи дзыбналаз
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Абылра иаҿу ачықь
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Амца зкыз ачықь
    Учимся на примерах из Библии
  • Моисеи Иегова имаҵ иуларц иӡбоит
    Учимся на примерах из Библии
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 29

АЖӘАБЖЬ 29

Моисеи дзыбналаз

УНАԤШИ, Моисеи Мсырынтә дыҩны дцоит. Иубоума, уи ишьҭоуп. Иудыруама, арҭ ауаа Моисеи дыршьырц зырҭахыу? Уааи, ҳҽазаҳшәап аилкаара.

Моисеи дызҳаит Мсыртәи аҳәынҭқар, афараон иҩны. Уи даара иҟәышу, еицырдыруа уаҩны дҟалеит. Моисеи идыруан, уи мсыраа дышреиуамыз, иара дызхылҵыз тәыс ирымаз израилаа шракәыз.

Ҽнак зны, Моисеи 40 шықәса анихыҵуаз, уи дцаны иуаажәлар шынхо гәеиҭарц иӡбеит. Иуаажәлар ишрызныҟәоз ахәаԥшра уацәшәаратәы иҟан. Уи ибеит, мсыртәик израилтәи атәы дшипҟоз. Икәша-мыкәша днаԥшы-ааԥшын, аӡәгьы дышгәеимҭаз аниба, Моисеи мсыртәи ауаҩы дисит, дагьԥсит иара. Нас аԥсы аԥслымӡ иқәԥсаны диҵәахит.

Адырҩаҽны Моисеи деиҭадәылҵит, ижәлар днарыхәаԥшырц. Уи иуаажәлар дрыхәап, ахәурагьы иҭигап ҳәа игәы иаанагон. Аха уи абра ибеит, ҩыџьа израилаа шеисуаз. Ииашамыз иахь ихы рханы иеиҳәеит: ‘Уашьа дзупҟозеи?’

Ахаҵа аҭак ҟаиҵеит: ‘Еиҳабыси ӡбаҩыси уаҳхазаргылада? Саргьы сушьыр уҭахызар, мсыртәи ауаҩы дшыушьыз еиԥш?’

Моисеи дшәеит. Уи еиликааит, мсыртәи ауаҩы изиуз ауаа ишырдырыз. Уи афараонҵәҟьагьы еиликааит, Моисеи дыршьырцгьы ауаа ишьҭит. Убри азоуп Моисеи Мсырынтә дыбнамлар зыҟамлаз.

Мсырынтә Моисеи Мадиамтәи адгьыл харахьы дыҩит. Уаҟа уи Иофор иҭаацәара драбадырт, Сепфора зыхьӡыз уи иԥҳацәа руаӡәкгьы ԥҳәысс дигеит. Моисеи Иофор иҟны дуасахьчаҩхеит. Уи Мадиамтәи адгьыл аҟны 40 шықәса дынхеит. Уи уажәшьҭа 80 шықәса ихыҵуан. Ҽнак зны, Моисеи Иофор иуасақәа данырхылаԥшуаз уамашәа иубашаз, иԥсҭазаара зегьы зыԥсахыз, хҭыск ҟалеит. Иаарҳәы анаҩстәи адаҟьа, нас еилукаап ари закәытә хҭысыз.

Ақәҵымҭа 2:11—25; Аумҭақәа 7:22—29.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра