Уеигәырӷьала аԥсҭазаара адгьылаҿы наунагӡа!
Абри аброшиура кьыԥхьуп, адгьыли иара иқәу зегьи зшаз дызусҭоу реилкаараҿы иуцхрааразы. Уара иудырраны уҟоуп, адгьыл зшаз Анцәа ахьӡ шимоу. Уаҟа, иара убасгьы, иуеилҳаркаауеит, Анцәа ауаҩы дыззишази наӡаӡа адгьылаҿы аԥсҭазаара уеигәырӷьаларц злаулшои.
Ҳгәыӷуеит, абарҭ зегьы еиӷьны ухаҿы раагараҿы зхыԥхьаӡара рацәоу асахьақәа уцхраап ҳәа. Инеиҳаны алыҵшәа аиуразы, уара асахьақәа реиҳарак рзы иаагоу абиблиатә текстқәа урыԥхьароуп. Абасала, уара ухала урыԥхьарц улшоит Абиблиаҿы иану Анцәа ҳзықәиргәыӷуа аџьашьахәқәа ртәы, насгьы еилукаарц, Анцәа игәаанагарала, Уи ҳзықәиргәыӷуа анагӡараҿы уалахәзаарц азы иҟауҵаша.
Иуҭаххар, абри аброшиура ухы иаурхәар ҟалоит даҽа џьоукы рыцхраараҿы. Ахәыҷқәа умазар, усҟан уи ухы иаурхәарц улшоит урҭ Анцәа дзакәу реилыркаараҿы. Еиҳараҩык аҵара ахьрымам атәылаҿы унхозар, усҟан уара, арҭ асахьақәа ухы иархәаны, иулшоит урҭ иреилуркаарц Анцәа игәҭакқәа, нас даргьы рыхәҭаахьала ирзааигәоу ирыцхраарц азы.
Ҳара гәык-ԥсыкала ҳақәгәыӷуеит, абри аброшиура аҵара амҩа узаанартып ҳәа, имаҷымкәа алыԥхақәа уоуразы, иара убас егьырҭгьы ари адгьылаҿы наӡаӡа инхаларц шрылшо дырбараҿы иуцхраап ҳәа.