Ҳҽызлеиқәҳархои агәнаҳареи аԥсреи рҟынтә?
35 Иугәалашәома, раԥхьатәи ауаҩы Адам агәнаҳара шыҟаиҵаз? Уи ицәыӡит аԥсҭазаареи џьанаҭи, ҳазынтәыкгьы убасҵәҟьа ҳаԥсуеит, избанзар ҳара иара ҳаихылҵит (Римаа рахь 5:12; 3:23).
36 Ҳара еиҭаҳаурц ҳалшоит инаӡоу аԥсҭазаара, инаӡоу ҽаӡәы ихы ҳақәиҵар, мамзаргьы аԥсра аҟнытә ҳҿихыр (1 Коринфаа рахь 15:45; Римаа рахь 5:19, 21).
37 Иисус Анцәа Иԥа иакәын. Иара инаӡаз уҩын. Гәнаҳара ҟаимҵацызт (Ауриацәа рахь 5:9; 7:26).
38 Анцәа дызҭахымыз ауаа иара ишьра иақәиҭитәит (Аусқәа 2:23).
Абасалагьы иара ихы хҿыхгас иаҳзааигеит (1 Тимофеи иахь 2:6).
39 Иисус дыржит иҭаԥҟаз аҳаԥаҿы ма адамраҿы. Иара дыԥсны дыкҿан хымш. Нас Анцәа уи иԥсы ҭеиҵеит (Аусқәа 2:24).
40 Иара ажәҩан ахь дхынҳәит. Уажәшьҭа илшоит иаб диҳәарц, Анцәа изыӡырҩуа ауаа дрыцхраарц азы (Ауриацәа рахь 9:24; 1 Иоанн 2:1, 2).