«Усышьҭаланы уаала»
Унхахьома уара зныкыр иҟауҵо узымдыруа, насгьы алабжьареи анапхгареи уҭаххахьоума? Иисус Христос — Анцәа иалихыз, ауаа зыда ԥсыхәа рымам Анапхгаҩ иоуп. Иара ихаҭа иҳәеит: «Сара сыхьча бзиоуп. Сара суасақәа здыруеит, суасақәагьы сара сырдыруеит» (Иоанн 10:14). Ибзианы дудыруама уара Ахьча бзиа — уи имаз аҟазшьақәа, насгьы ирылеиҳәоз ажәабжь? Иудыруама уара идыз адҵа шаҟа гәыкала инаигӡоз, насгьы ибзиабара шаҟа иӷәӷәаз? Ари ашәҟәы уцхраауеит Иисус еиҳа еиӷьны иабадырра, насгьы иахьынӡалшо ишьҭа ухыланы ацара.