АШӘА 104
Иԥшьоу адоуҳа Анцәа иҳамҭоуп
- 1. О, Иегова, гәшаҭара згымхо, - Улаԥш ҳахьӡоит, ҳара ҳгәы уеиҳауп. - Ҳхьаа ырманшәала, ҳаидара шьҭыхла, - Ҭынчракгьы ҳнаҭааит иԥшьоу удоуҳа. 
- 2. Бзанҵы ҳаԥсоума хьӡи-ԥшеи иумоу? - Ҳамҩа ҳахымҟьои лассы-лассы. - Гәаартыла ҳуҳәоит, Ҳаб, удоуҳала - Амҩа ҳазнылаша ҳурбаразы. 
- 3. Зны ҳа ҳааԥсаргьы, ҳамчқәа каԥсаргьы, - Умч ду ҳагәқәа зынӡа иарӷәӷәалап. - Амч ҿыцқәа шҳауҭо ҳгәыӷуеит есааира, - Ҳуарбақәаны ҳара ажәҩан ҳазцап. 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 51:11; Иоанн 14:26; Аус. 9:31.)