АУРОК 5
Ииашаны уаԥхьала
1 Тимофеи иахь 4:13
ИҞАҴАТӘУ Иану мԥсахкәа, убжьы ҭыганы уаԥхьала.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
- Ибзианы уҽазыҟаҵала. Уазхәыц избан ари ацыԥҵәаха зҩыз. Уҽазышәала уанаԥхьо ажәақәа реидҳәалара, хаз-хазы рыԥхьара аҭыԥан. Ажәақәа ацумҵалан, ибжьоумыжьлан, иумыԥсахлан. Ааҭгыларатә дыргақәа зегьы гәаҭала. 
- Ажәақәа зегьы ииашаны иҳәала. Ажәа ииашаны ишҳәатәу узымдыруазар, ажәар уахәаԥш, апубликациа аудионҵамҭа уазыӡырҩы, ма ибзианы иаԥхьо аӡәы уиазҵаа. 
- Еилыкка иҳәала. Ажәақәа еилыкка иҳәала. Ухы шьҭыхны, насгьы уҿы ибзианы иаартны уаԥхьала. Анбанқәа бжьоумыжьлан.