Асабша
«Иԥшьоу ихьӡ шәахыҽхәала. Иегова дзыԥшаауа ргәы ҭгәырӷьалааит» (Аԥсалом 105:3)
АШЬЫЖЬ
9:20 Авидеонҵамҭа зцу амузыка
9:30 Ашәа № 53, анцәаиҳәара
9:40 ЕИШЬҬАГЫЛОУ АЖӘАХӘҚӘА: Аҵаҩцәа разыҟаҵара иаҳзаанаго агәырӷьара. Амаҵзураҿы ишәымоу аҟазара еиӷьышәтәла:
• азҵаарақәа рышәҭала (Иаков 1:19)
• Анцәа Иажәа аус аулааит (Ауриацәа рахь 4:12)
• аҿырԥштәқәа аажәгала (Матфеи 13:34, 35)
• агәырӷьара шәмырӡын (Римаа рахь 12:11)
• агәрыцҳашьара аашәырԥшла (1 Фессалоникаа рахь 2:7, 8)
• Абиблиа зшәырҵо ишәҳәо игәаҵанӡа инажәгала (Ажәамаанақәа 3:1)
10:50 Ашәа № 58, алаҳәарақәа
11:00 ЕИШЬҬАГЫЛОУ АЖӘАХӘҚӘА: Аҵаҩцәа разыҟаҵара иаҳзаанаго агәырӷьара. Иегова ицхыраара шәыдышәкылала:
• Абиблиа аҭҵааразы амыругақәа (1 Коринфаа рахь 3:9; 2 Тимофеи иахь 3:16, 17)
• ҳаиашьара (Римаа рахь 16:3, 4; 1 Пиотр 5:9)
• анцәаиҳәара (Аԥсалом 127:1)
11:45 АӠӠААХРА ИАЗКУ АЖӘАХӘ: Аӡӡаахра — анасыԥ уоурц азы ихадоу шьаҿоуп (Ажәамаанақәа 11:24; Аатра 4:11)
12:15 Ашәа № 79
ШЬЫБЖЬЫШЬҬАХЬ
13:35 Авидеонҵамҭа зцу амузыка
13:45 Ашәа № 76
13:50 Аҵаҩцәа разыҟаҵара аус адунеи зегь аҿы аишьцәа агәырӷьара рзаанагоит
• Африка
• Азиа
• Европа
• Аладатәи Америка
• Океаниа
• Аҩадатәи Америка
14:35 ЕИШЬҬАГЫЛОУ АЖӘАХӘҚӘА: Абиблиа зшәырҵо шәрыцхраала...
• аҭҵаара амҩаԥгара (Матфеи 5:3; Иоанн 13:17)
• аизарақәа рҭаара (Аԥсалом 65:4)
• аҩызцәа бзиақәа ралхра (Ажәамаанақәа 13:20)
• Иегова игәамԥхо аусқәа рааныжьра (Ефесаа рахь 4:22—24)
• Иегова иҩызахара (1 Иоанн 4:8, 19)
15:30 Ашәа № 110, алаҳәарақәа
15:40 АВИДЕОДРАМА: Неемиа: «Иегова ишәиҭо агәырӷьара шәара шәзы баагәароуп» (актәи ахәҭа) (Неемиа 1:1—6:19)
16:15 Адунеи ҿыц аҿгьы аҵаҩцәа азыҟаҳҵалоит! (Исаиа 11:9; Аусқәа 24:15)
16:50 Ашәа № 140, анцәаиҳәара