Ахәыҷқәа; аҿар
Анцәа ахәыҷқәа дшырзыҟоу
Иаҳзырбозеи Иегова ахәыҷқәеи аҿари рыхә шишьо?
Ҩнтә 6:6, 7; 14:28, 29; Аԥс 110:3; 127:3—5; 128:3, 4; Иак 1:27
Шәахәаԥш иара убас Иов 29:12; Аԥс 27:10; Ажәм 17:6
Шәахәаԥш иара убас «Аҭаацәара»
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Аҟ 1:27, 28. Иегова иҭахын ауаа ҿиаларц, адгьыл ықәдырҭәааларц.
Аҟ 9:1. Адунеизегьтәи аӡхыҵра ашьҭахь Анцәа еиҭах ауаа ҿиаларц, адгьыл ықәдырҭәааларц реиҳәеит.
Аҟ 33:5. Иаков ихәыҷқәа Анцәа иҟынтә иоуз аҳамҭа еиԥш дырзыҟан.
Мк 10:13—16. Иисус, жәҩантәи Иаб иеиԥш, ахәыҷқәа бзиа ибон.
Дышԥарзыҟоу Иегова ахәыҷқәа гәымбылџьбарала ирызныҟәо?
Ақәҵ 22:22—24; Ҩнтә 10:17, 18; Аԥс 10:14, 15
Иарбан библиатә принципқәоу иаҳзырбо ахәыҷқәа адуцәа реиԥш рхы мҩаԥыргалароуп ҳәа ҳазыԥшызар шҳахәҭам?
Ахԥ 1:3; 1Кр 13:11
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
Аҟ 33:12—14. Иаков амҩа данықәыз дыццакны дцаӡомызт, избанзар ихәыҷқәа ирласны ацара шрылымшоз еиликаауан.
Ихароума Анцәа ахәыҷқәа ахьгәаҟуа?
Агәра шԥаҳирго Иегова аҿаргьы зықәрахь инеихьоугьи зықәшәо агәаҟрақәа зегь шықәиго?
Иса 11:6—9; Ин 3:16; Аус 24:15; Аат 21:4
Ҳҭаацәа иҽеим аҿырԥшы ҳдырбозҭгьы, ма иҽеимкәа иҳазныҟәозҭгьы, иаанагома уи егьырҭ ҳреицәоуп ҳәа, насгьы ҳҭаацәа иҟарҵоз агхақәа ҳаргьы иҟаҳҵалоит ҳәа?
Ҩнтә 24:16; Иез 18:1—3, 14—18
Шәахәаԥш иара убас Ҩнтә 30:15, 16
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
2Аҳ 18:1—7; 2Аш 28:1—4. Иезекиа игәымбылџьбараз, зхәыҷқәа зшьыз аб дышимазгьы, аҳ бзиа иакәхеит, Иеговагьы дизиашаны имаҵ иуан.
2Аҳ 21:19—26; 22:1, 2. Иосиа иаб Амон Анцәа иҿаԥхьа гәнаҳамзар акгьы шыҟаимҵозгьы, Иосиа уеизгьы аҳ бзиа иакәхеит.
1Кр 10:11, 12. Апостол Павел иҳәеит ҳара егьырҭ рыгхақәа ак ҳдырҵалар шрылшо, ҳаргьы урҭ агхақәа ҟаҳамҵарц азы.
Фп 2:12, 13. Апостол Павел иҳәеит, гәыкала Анцәа имаҵ ҳуазар, ҳшеиқәхо.
Иегова ахәыҷқәеи аҿари рҟынтә дыззыԥшу
Дышԥарзыҟоу Иегова имаҵзуҩцәа рхәыҷқәа?
Аҭаацәа Анцәа изиашаны имаҵ руазар, иаанагома уи рхәыҷқәагьы ус ҟарҵалоит ҳәа?
Ажәм 20:11; Иез 18:5, 10—13
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Алв 10:1—3, 8, 9. Иегова аԥшьаҩ хада Аарон иԥацәа зҭаирхаз ижәны иахьыҟаз азы акәызҭгьы ҟаларын.
1См 8:1—5. Аԥааимбар Самуил Анцәа дизиашаны имаҵ шиуазгьы, иԥацәа Анцәа изакәанқәа еиларгон.
Иҟарҵалар акәзеи ахәыҷқәа, Анцәа ддыргәырӷьаларц азы?
Ажәм 1:8; 27:11; Еф 6:1—3
Избан ахәыҷқәа аизарақәа ирҭаалар зрыхәҭоу?
Ҩнтә 31:12, 13; Аур 10:24, 25
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
Мф 15:32—38. Иисус иҿы аҵара зҵоз рыбжьара ахәыҷқәагьы ыҟан.
Иабантәиҳдыруеи Иегова ахәыҷқәа имаҵ руларц шиҭаху?
Аԥс 8:2; 148:12, 13
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
1См 17:4, 8—10, 41, 42, 45—51. Иқәыԥшыз Давид Иегова ицхыраарала адау дииааит. Убас Анцәа Давид ила ихьӡ бзиа ихьчеит.
2Аҳ 5:1—15. Иегова аӡӷаб хәыҷ лыла сириатәи ар реиҳабы дицхрааит.
Мф 21:15, 16. Иисус Мессиа иеиԥш дҳаразкуаз ахәыҷқәа рыхә ишьон.
Дышԥарзыҟоу Иегова ахәыҷқәа, урҭ рҭаацәа иара имаҵ рымуазар?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Ахԥ 16:25, 26, 32, 33. Израильаа рҟынтә шьоукы аԥааимбар Моисеии аԥшьаҩ хада Аарони ианырҿагыла, Иегова дара рыдагьы, ирыдгылаз рҭаацәагьы рықәнага иақәиршәеит.
Ахԥ 26:10, 11. Иегова Кореи дҭаирхеит, аха уи иԥацәа рыԥсы ҭаны иаанхеит, избанзар Анцәа изиашан.
Избан ахәыҷқәа аҩызцәа бзиақәа алырхлар зрыхәҭоу?
Ҩызцәас ишьҭырхлар рыхәҭада иқәыԥшу ақьырсианцәа?
Шәахәаԥш иара убас «Аҩызцәа; аиҩызара»