Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • scl ад. 119—121
  • Иисус Христос

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иисус Христос
  • Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа
Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа
scl ад. 119—121

Иисус Христос

Рольс иалихызеи Иегова Иисус изы игәҭакы анагӡараҿы?

Аус 4:12; 10:43; 2Кр 1:20; Фп 2:9, 10

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 8:22, 23, 30, 31; Ин 1:10; Аат 3:14

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 16:13—17. Апостол Пиотр Иисус изкны иҳәеит иара Христос шиакәу, зыԥсы ҭоу Анцәа Иԥа.

    • Мф 17:1—9. Хҩык апостолцәа Иисус аҳ иаҳасабала иоураны иҟаз ахьӡ-аԥша лабҿаба ирбеит, насгьы Иегова уи Сԥа ҳәа шизиҳәаз раҳаит.

Дызлареиԥшымзеи Иисус егьырҭ ауаа?

Ин 8:58; 14:9, 10; Кл 1:15—17; 1Пт 2:22

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 21:1—9. Иисус аҽада аԥа дақәтәаны Иерусалим далалеит, убасала Иегова иалихыз мессиантәи Аҳ изкыз аԥааимбаражәа наӡеит.

    • Аур 7:26—28. Апостол Павел иҳәеит Иисус — зегь иреиҳау Аԥшьаҩ хада — егьырҭ аԥшьаҩ хадацәа дызлареиԥшым.

Иаҳдырҵозеи Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа Иаби иареи ирызкны?

Ин 3:1, 2; 5:36

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 4:23, 24. Иисус адемонцәа изыӡырыҩлартә еиԥш амч иман, насгьы чымазарас иҟоу зегь ихәышәтәыр илшон.

    • Мф 14:15—21. Иисус аџьашьахәы ҟаҵаны, зықьҩыла амла иакуаз ауаа хә-чаки ҩ-ԥсыӡки рыла акрырҿеиҵеит.

    • Мф 17:24—27. Иисус иҟаиҵаз аџьашьахәы абзоурала Пиотр аныҳәарҭазы еизыргоз ашәахтә ишәар илшеит. Убасала егьырҭ рыламыс иаԥырхагахар алшоз ҳәа акгьы ҟамлаӡеит.

    • Мк 1:40, 41. Иисус ацәеилабаара змаз ауаҩы дрыцҳаишьеит, дагьихәышәтәит. Уи иаҳнарбоит иара даараӡа ишиҭаху ачымазцәа рыхәышәтәра.

    • Мк 4:36—41. Иисус афырҭын бааԥс еиқәиртәеит. Уи иаҳнарбоит аԥсабаратә мчқәа инапаҿы иҟазартә еиԥш Иаб иҟынтә амч шиоуз.

    • Ин 11:11—15, 31—45. Иисус иҩыза Лазарь диҵәыуон; анаҩс уи иԥсы ҭеиҵеит. Убасала иара аԥсреи уи иаанаго ахьааи шицәымӷу ааирԥшит.

Иарбан жәабжьу зегь раԥхьаӡа иргыланы Иисус ауаа ирзеиҭеиҳәоз?

Мф 9:35; Лк 4:43; 8:1; Ин 18:37

Дзеиԥшра уаҩызи Иисус? Абар дзеиԥшра уаҩыз ҳзырбо ганқәак.

Абзиабара ааирԥшуан (Ин 13:1; 14:31; 15:13; 1Ин 3:16)

Агәымшәара илан (Мф 4:2—11; Ин 2:13—17; 18:1—6)

Ахынраалара илан (Мф 11:29; 20:28; Ин 13:1—5; Фп 2:7, 8)

Аҳәатәхаҵара ааирԥшуан (Лк 2:40, 51, 52; Аур 5:8)

Дҟәыӷан (Мф 12:42; 13:54; Кл 2:3)

Егьырҭ рхьаа рыцеиҩишон; арыцҳашьара илан (Мк 5:25—34; Лк 7:11—15)

Иацәажәара мариан (Мф 13:2; Мк 10:13—16; Лк 7:36—50)

Избан Иисус иԥсҭазаара ҳахҭынҵара дзазхиаз, насгьы иарбан лшароу уи иаҳзаанартыз?

Мф 20:28; Ин 3:16; Аус 10:43; 1Ин 4:9, 10

Избан ҳара ҳзеигәырӷьо Иисус Христос ажәҩан аҿы Аҳас дахьыҟоу?

Аԥс 72:12—14; Дан 2:44; 7:13, 14; Аат 12:9, 10

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аԥс 45:2—7, 16, 17. Ари аԥсалом иаҳнарбоит Анцәа иалихыз Аҳ иаӷацәа зегьы дшыриааиуа, насгьы «аҵабырги, ахынраалареи, аиашареи раҳаҭыр азы» напхгара шиуло.

    • Иса 11:1—10. Иисус напхгара аниуло, адгьыл џьанаҭхоит, насгьы аҭынчра ҟалоит.

Иҟаиҵозеи Иисус иаарласны?

2Фс 1:7—9; 2:8; Аат 19:11—21

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра