Аԥара
Избан аԥара бзиа абара зшәарҭоу?
Шәахәаԥш «Аԥара бзиа абара; амалрҳара»
Иарбан библиатә принципқәоу иаҳзырбо Анцәа имаҵзуҩцәа рҭаацәа ныҟәыргаларц азы аус рулар шрыхәҭоу?
Ек 7:12; 10:19; Еф 4:28; 2Фс 3:10; 1Тм 5:8, 18
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Аҟ 31:38—42. Иаков иҭаацәа ныҟәигаларц азы ламысцқьала иабхәа Лаван иҿы аус иуан, Лаван уи ииашамкәа дышизныҟәозгьы. Иегова Иаков иибоз аџьабаа азы дизылԥхеит.
Лк 19:12, 13, 15—23. Иисус еиҭеиҳәаз аҿырԥштәы иаҳнарбоит иара иаамҭазы ауаа ирымаз аԥара аус ахь ишырышьҭуаз, еиҳаны аԥара аладырҳарц азы.
Иарбан библиатә принципқәоу ҳзызхәыцыр акәу, аӡәы аԥара аниҳарԥсахуа, ма уалла аԥара анаҳго?
Аԥс 37:21; Ажәм 22:7
Избан иаҭахым ауалқәа ҟаҳамҵалар зеиӷьу?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Не 5:2—8. Неемиа иаамҭазы израильаа шьоукы руал зқәыз ауаа даараӡа игәымбылџьбараны ирызныҟәон.
Мф 18:23—25. Иисус иааигаз аҿырԥштәы иаҳгәаланаршәоит зуал ззымшәо ауаҩы иқәнага дақәдыршәар шалшо.
Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи аӡәи ҳареи уск ҳалагаанӡа, уи Иегова дыззымдыруа иакәзаргьы, ҳхаҵара ҳацеиҩызшо иакәзаргьы, ма ҳауа иакәзаргьы?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Аҟ 23:14—20. Авраам Сарра дижырц ахьиҭахыз аҭыԥ анааихәоз, уи егьырҭ ашаҳаҭцәа ишырбоз иҟаиҵеит, анаҩс уи иҽеим ак алымҵырц азы.
Иер 32:9—12. Иеремиа иаб иашьа иԥа иҿы амхы анааихәоз, ашаҳаҭцәа ааиԥхьеит, насгьы зегьы ақьаад ианҵаны еиқәиршәеит.
Избан шаҟа аԥара наҳхуа заа иӡбаны иҳамазар зыбзиоу?
Ажәм 21:5; Лк 14:28—30
Избан аԥара иадҳәалоу азҵаарақәа аизараҿы аҭынчра еиланагар заҳамуа?
Ҳхы иаҳархәалар шԥаҳахәҭоу аԥара, уи агәырӷьара ҳзаанагаларц азы?
Ажәм 11:25; 19:17; Лк 16:9—13; Аус 20:35