Аӡырҩра; аҳәатәхаҵара; аҳәатәы ацныҟәара
Шаҟа ихадоузеи зегь рыла Анцәа изыӡырҩра?
Ақәҵ 19:5; Ҩнтә 10:12, 13; Ек 12:13; Иак 1:22
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
1См 15:17—23. Аԥааимбар Самуил аҳ Саул дилабжьеит, уи Иегова иҳәатәы дахьазымӡырҩыз азы. Анаҩс Самуил аҳәатәхаҵара шаҟа ихадоу азгәеиҭеит.
Аур 5:7—10. Иисус еснагь Иаб дизыӡырҩуан, аха адгьыл ахь данаа, егьырҭ гәымбылџьбарала ианизныҟәоз, анаҩсгьы аӡырыҩра аарԥшышьа иҵалар акәын.
Ихы мҩаԥигалар шԥаихәҭоу ақьырсиан, аҳәынҭқарратә мчрақәа Анцәа инормақәа еилеигарц идырцалозар?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Дан 3:13—18. Гәыкала Анцәа изиашаз хҩык ауриацәа шәаҳшьуеит ҳәа шрарҳәазгьы, аҳ иргылаз абаҟа амҵахырхәара мап ацәыркит.
Мф 22:15—22. Иисус иҳәеит ҳара аҳәынҭқарцәа ирҳәо ҳазыӡырҩлар шҳахәҭоу, уи Анцәа инормақәа ирҿамгылозар.
Аус 4:18—31. Апостолцәа агәымшәара аарԥшны ажәабжь бзиа рҳәон, аҳәынҭқарцәа уи иаҟәыҵырц шрарҳәазгьы.
Иҳацхраауазеи еснагь Иегова изыӡырҩра?
Ҩнтә 6:1—5; Аԥс 112:1; 1Ин 5:2, 3
Шәахәаԥш иара убас Аԥс 119:11, 112; Рм 6:17
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Езд 7:7—10. Аԥшьаҩы Ездра игәы азыҟаиҵеит Иегова изакәанқәа наигӡаларц, егьырҭ уи дирҵаларц, насгьы аҿырԥшы бзиа дирбаларц азы.
Ин 14:31. Иисус иҳаилиркааит еснагь Иаб иҳәатәы дзацныҟәо.
Ҳгәазҭазҵалар акәзеи Иеговеи Иисуси рзыӡырҩра?
Ишԥеидҳәалоу аҳәатәхаҵареи ахаҵареи?
Рм 1:5; 10:16, 17; Иак 2:20—23
Шәахәаԥш иара убас Ҩнтә 9:23
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Аҟ 6:9—22; Аур 11:7. Нои Иегова ишиеиҳәаз еиԥшҵәҟьа аковчег ахьиргылаз ихаҵара аанарԥшит.
Аур 11:8, 9, 17. Авраам Анцәа ишиҳәаз еиԥш Ур ааныжьны дцеит, насгьы иԥазаҵә кәырбанс инагара дазхиан, убасала имаз ахаҵара ааирԥшит.
Изықәиргәыӷуазеи Иегова изыӡырҩуа ауаа зегьы?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Алв 26:3—6. Иегова иҳәеит изыӡырҩуа зегьы дшырзылԥхо, иагьшихьчо.
Ахԥ 13:30, 31; 14:22—24. Халев Иегова дизыӡырҩуан, уи азы Анцәа дизылԥхеит.
Иарбан лҵшәақәоу иаанаго аҳәатәхамҵара?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Аҟ 2:16, 17; 3:17—19. Адами Евеи Анцәа изымӡырҩӡеит, убри аҟынтә џьанаҭ дгьыли, анаӡареи, наӡаӡатәи аԥсҭазаареи рцәыӡит.
Ҩнтә 18:18, 19; Аус 3:12, 18, 22, 23. Иегова иҳәеит Моисеи иаҵкыс еиҳау аԥааимбар дшыҟало, насгьы ҳгәаҳҽаниҵеит уи изымӡырҩло зегьы ӷәӷәала ишахьырхәхо.
Иуда 6, 7. Анцәа иҿагылаз амаалықьцәеи Содоми Гоморреи инхоз ауааи аҳәатәхамҵара аадырԥшуан. Уи Иегова игәы ԥнажәеит.
Избан Иисус Христос ҳаизыӡырҩлар зҳахәҭоу?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
Ин 12:46—48; 14:24. Иисус иҳәеит изымӡырҩуа зегьы ахара ӷәӷәа рыдҵаны рус шыӡбахо.
Избан аизараҿы иҟоу ахылаԥшыҩцәа ҳарзыӡырҩлар зҳахәҭоу?
Избан аԥҳәыс лхаҵа иҳәатәы дацныҟәалар злыхәҭоу?
Избан ахәыҷқәа рани раби ирзыӡырҩлар зрыхәҭоу?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Аҟ 37:3, 4, 8, 11—13, 18. Иқәыԥшыз Иосиф иаб дизыӡырҩны иашьцәа рахь дцеит, урҭ иара дшырцәымӷызгьы.
Лк 2:51. Иисус инаӡаз ауаҩы шиакәызгьы, инаӡамыз иани иаби, Иосифи Мариеи, дырзыӡырҩуан.