Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/2 ад. 32
  • Абиблиатә зҵаарақәа рҭак

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Иеиԥшу аматериал
  • Изакәызеи Анцәа Иаҳра?
    Изакәызеи Анцәа Иаҳра?
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/2 ад. 32

АБИБЛИАТӘ ЗҴААРАҚӘА РҬАК

Иҳауама ҳара знымзар-зны адунеизегьтәи еиҳабырак?

Адунеизегьтәи аиҳабыра еиднакылаз еиуеиԥшым амилаҭқәа рҟынтә ауаа

Ишԥалшо адунеизегьтәи аиҳабыра амилаҭқәа рҟынтә ауаа зегьы еиднакылар? (Исаиа 32:1, 17; 54:13)

Шәазхәыц шаҟа ибзиахоз, адунеи зегь еиҳабырак акәызҭгьы иахагылаз. Иахьа аӡәырҩы ауаа гәаҟуеит, избанзар егьырҭ ауаа амал рацәаны ианрымоу аамҭазы, дара даара иӷарны инхоит. Аха ауаа рҭахрақәа ирызхәыцуа еиҳабырак адунеи зегь иахагылазҭгьы, досу ииҭаху зегь иоуан. Ирылшома ауаа знымзар-зны уи аҩыза аиҳабыра ашьақәыргылара? (Шәаԥхьа Иеремиа 10:23.)

Аҭоурых иаанарԥшит аиҳабыра рҽазышәарақәа ауаа, еиҳарак иӷару, рҭахрақәа рынагӡаразы лҵшәада ишынхаз. Еиҳабырақәак руаажәлар гәымбылџьбарала ирызныҟәоит (Екклезиаст 4:1; 8:9). Аха Зегьзымчу Анцәа ҳақәиргәыӷуеит ишышьақәиргыло егьырҭ зегь зыԥсахуа аиҳабыра. Уи анапхгаҩы ииашаҵәҟьаны ауаа дрыцхраалоит. (Шәрыԥхьа Исаиа 11:4; Даниил 2:44.)

Иҟанаҵозеи ауаа рзы Анцәа Иаҳра?

Анцәа Иегова далихит зегьы иреиӷьу адунеи Анапхгаҩы — иԥа Иисус Христос (Лука 1:31—33). Иисус адгьыл аҿы данынхоз, еснагь ауаа рыцхраара дашьҭан. Ҳаԥхьаҟа Аҳ Иисус амилаҭқәа зегь рҟынтә ауаа еидикылоит, насгьы ргәаҟрақәа рҵыхәтәа ԥиҵәоит. (Шәаԥхьа Ԥсалом 72:8, 12—14.)

Дрыдыркылома ауаа зегь Иисус Напхгаҩыс? Мап. Аха Иегова ачҳара ааирԥшуеит (2 Пиотр 3:9). Иара ауаа зегьы ргәаанагара рыԥсахырц алшара риҭоит. Иаарласны Иисус адунеи ауаа цәгьақәа рҟынтә ирыцқьоит, аҭынчреи ашәарҭадареи шьақәиргылоит. (Шәаԥхьа Михеи 4:3, 4.)

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра