АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА
Ишԥажәдыруеи шәара Иегова ишаҳаҭцәа?
«Сара Маик акыр шықәса дыздыруан. Иара Иегова ишаҳаҭ иоуп. Аха идинхаҵара сара еснагь уамашәа избон. Дызусҭада Иегова? Избан Иегова ишаҳаҭцәа аныҳәақәа зазгәарымҭо? Исектазар ари?» (Беки, Калифорниа, Еиду Аштатқәа).
«Сара сгәылацәа Иегова ишаҳаҭцәа рҿы Абиблиа аҵара ианалага, саахәыцит: „Иегова ишаҳаҭцәа... Адинхаҵаразы уамашәа иубаша хьӡуп!“» (Зенон, Онтарио, Канада).
«Схатә ҩызеи сареи ҳгәы иаанагон Иегова ишаҳаҭцәа ауахәама ҳгәы ахьахшәаз рхы иадырхәарц рҭахуп ҳәа. Ҳара ҳхәыцит: „Еицырдыруа адинхаҵарақәа ҳара ҳзышьҭаз ҳаҭара рылымшазар, сектантцәақәак уи рылшома?“» (Кент, Вашингтон, Еиду Аштатқәа).
«Сара урҭ зусҭцәаз, насгьы зыгәра рго зынӡаск исыздыруамызт» (Сесилиа, Есбьерг, Даниа).
Шәара ижәбахьазар ауеит урҭ ҩнаҭацыԥхьаӡа, мамзаргьы амҩан џьара ажәабжь шырҳәо, Абиблиа шьаҭас измоу алитература шрыладырҵәо, насгьы хәыда-ԥсада иҟоу Абиблиа аҵара шрыдыргало. Иҟалап урҭ рҟынтәи аӡәы ари аброшиура шәиҭазар. Аха уеизгьы шәара ишәымоуп азҵаара: изусҭцәада Иегова ишаҳаҭцәа? Иҟалап шәара еилышәкаауазар хыхь иаагоу ауаа рцәаныррақәа.
Иабеилаҳкаари Иегова ишаҳаҭцәа ирызку аиаша? Зыгәра ргозеи дара? Ирызҭода афинанстә цхыраара? Избан дара шәыҩныҟа изнеиуа, насгьы амҩан ажәабжь зырҳәо?
«Сара аинтернет аҿы Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны ирацәаны саԥхьон,— лҳәоит хыхь зажәақәа аагаз Сесилиа.— Исаҳахьан иҽеимкәа ишрыхцәажәоз. Уи иахҟьаны дара иҽеимкәа срызхәыцуа салагеит». Аха анаҩс уи аԥҳәыс Иегова ишаҳаҭцәа хаҭала драцәажәеит, насгьы лызҵаарақәа рҭак лоуит.
Ишәҭахума шәара Иегова ишаҳаҭцәа ирызку аиаша аилкаара? Ҳара шәгәазҭаҳҵоит урҭ ирызку аинформациа инарҭбааны измоу рхаҭа шәрыдҵааларц,— ари аброшиура ҭзыжьыз Иегова ишаҳаҭцәа (Ажәаманаақәа 14:15). Ҳара ҳақәгәыӷуеит анаҩстәи астатиақәа ҳазусҭцәоу, зыгәра ҳго, насгьы иарбан усу ҳазҿу еиҳа еиӷьны аилкаара ишәыцхраауеит ҳәа.