Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/12 ад. 31
  • Ижәдыруама шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ижәдыруама шәара?
  • Ахьчаратә бааш 2015
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/12 ад. 31

ИЖӘДЫРУАМА ШӘАРА?

Ииашоума Аҩынҩажәижәаба мшы аҽны 33 шықәса ҳ. ҳ. Иерусалимҟа иааз аиудеиаа «еиуеиԥшым атәылақәа рахьтә» иҟан ҳәа Абиблиа иану?

Аҩынҩажәижәаба мшы аҽны 33 шықәса ҳ. ҳ. уаа рацәала иҭәу Иерусалим амҩаду

Аусқәа 2:5—11 рҿы иану абиблиатә аацҳара инацҵаны, ҳара иҳамоуп усҟантәи аамҭазы инхоз ауриатә шәҟәыҩҩы Филон Александриатәи ииҳәаз ашьақәырӷәӷәара. Иара иҩит Аҩынҩажәижәаба мшы аҽны 33 шықәса ҳ. ҳ. Иерусалим ақалақь уаа рацәала ишҭәыз.

Анцәа имҵахырхәаразы Иерусалимҟа инеиуаз ирызкны Филон иҳәеит: «Ныҳәацыԥхьаӡа Аныҳәарҭахь ауаа рацәа аауеит еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтә, дгьыллеи мшынлеи, мрагылареи мраҭашәареи, аладеи аҩадеи рҟынтә». Уи адагьы, иара ацитата ааигеит Ирод Ду I имаҭа Агриппа I римтәи аимператор Калигула иахь ииҩыз асаламшәҟәы аҟынтә. Уа Агриппа Иерусалим иазкны иҩит: «Иԥшьоу Ақалақьгьы иазкны исҳәароуп... уи... Иудеиа мацара иаҳҭнықалақьым, аха егьырҭ аҭыԥқәагьы ираҳҭнықалақьуп, избанзар анкьа зны ҿыц иааз ауриацәа ааигәа-сигәа иҟаз атәылақәа рҿы анхара иалагеит».

Агриппа еиқәиԥхьаӡоит аиудеиаа рынхарҭа ҭыԥқәа, Месопотамиа, Аҩадатәи Африка, Азиа Маҷ, Бырзентәыла, насгьы Адгьылбжьаратәи амшын адгьылбжьахақәа реиԥш иҟаз ихараз аҭыԥқәагьы уахь иналаҵаны. Абиблиаҭҵааҩ Иоахим Иеремиас иазгәеиҭоит: «Анцәа имҵахырхәаразы Иерусалимҟа ацара атәы Агриппа дшаламцәажәогьы, ииҳәаз уи шаанаго еилукаартә иҟоуп, избанзар зықәра наӡахьаз аиудеиаа рзы Анцәа имҵахырхәаразы уи ақалақь ахь ацара уалны ирыдыз ак акәын» (Ҩынтәзакәан 16:16).

Иабаангылоз аиудеиаа рныҳәақәа разгәаҭаразы Иерусалимҟа иаауаз зықьҩыла ауаа?

Иерусалим иԥшааз аритуалтә ҽыкәабарҭа аилаҳарақәа

Есышықәса Иерусалим иазгәарҭон х-ныҳәак — Мшаԥы, Аҩынҩажәижәаба мшы, Ақьалақәа рныҳәа. Актәи ашәышықәсаан арҭ аныҳәақәа рахь иаауан шәнызқьҩыла ауаа Израиль зегь, иара убас аиудеиаа ахьынхоз егьырҭ аҭыԥқәа рҟынтә (Лука 2:41, 42; Аусқәа 2:1, 5—11). Анцәа имҵахырхәаразы иааз арҭ ауаа зегьы џьара иаангылар акәын.

Шьоукы рҩызцәа рҿы иаангылон, егьырҭ — асасааирҭақәеи аанҿасырҭа шҭақәеи рҿы. Аӡәырҩы рқьалақәа дыргылон ақалақь аҩныҵҟа, ма уи анҭыҵ. Иисус аҵыхәтәаны Иерусалим даныҟаз, даангылеит ааигәа иҟаз ақыҭа Вифаниа (Матфеи 21:17).

Иерусалимтәи аныҳәарҭа иазааигәаны иԥшаан аҽыкәабарҭақәа змаз аргыларақәа рацәаны. Иҟоуп агәаанагара, арҭ асасааирҭақәа Анцәа имҵахырхәаразы иаауаз ауаа аангылаларц азы, насгьы аныҳәарҭахь инеиаанӡа рҽыркәабаларц азы иргылан ҳәа. Арҭ аргыларақәа руак ианыз адҩылаҿы иҳәан Феодоти, аҭыԥантәи асинагога ԥшьаҩыс, насгьы еиҳабыс иамаз, «ари асинагога иргылеит ҳәа Азакәан аԥхьаразы, насгьы... асасцәа рзы аҩни, ауадақәеи, аӡы зҭаз ацистернеи, аангыларҭа змамыз атәымтәылауаа уи роурц азы».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра