ҲАРХИВҚӘА РҞЫНТӘ
Миллионҩыла ауаа ирдыруаз арупор змаз амашьына
«Бразилиа Иҳақәиҭу имаҵ ауразы рхы иадырхәоит арупор змоу машьыназаҵәык, уи миллионҩыла ауаа ирдыруеит. Ари „Ахьчаратә бааш“ амашьына ауп» (Натаньел Иуилл, 1938 шықәса).
1930-ТӘИ АШЫҚӘСҚӘА рылагамҭазы Бразилиа Аҳра иазку аус хәыҷы-хәыҷла акәын ишымҩаԥысуаз. Аха 1935 шықәсазы пионерс амаҵ зуаз хаҵеи-ԥҳәыси Натаньели Моди Иуилл асаламшәҟәы изырҩит усҟантәи аамҭазы ажәабжьҳәара аус анапхгара азҭоз Џьозеф Рутерфорд. Асаламшәҟәаҿы дара рыцхыраара рыдыргалеит, насгьы ирҳәеит «иахьырышьҭуазаалакгьы ацара ишазхиоу».
Занааҭла Натаньел дынџьныр-ргылаҩын, аха атәанчара дцахьан. Иара 62 шықәса ихыҵуан. Уи Сан-Франциско (аштат Калифорниа, Еиду Америкатәи Аштатқәа) иҟоу аизарақәа руак аҿы маҵзуратә напхгаҩыс дыҟан. Уаҟа иара еиҿикаауан ажәабжьҳәара аус, насгьы абжьырдугатә аппаратура ихы иаирхәон ажәабжь бзиа рыларҵәаразы. Иара иԥышәеи игәацԥыҳәареи зылԥхарахеит, бызшәа рацәала ицәажәо ауаа ахьынхо Бразилиа иҟоу афилиал маҵзуҩыс данарҭа.
Натаньели иԥҳәыс Моди Бразилиаҟа иааит 1936 шықәсазы, урҭ дрыцны дааит еиҭагаҩыс иҟаз Антонио Андраде зыхьӡыз апионер. Дара иааргеит даара ихәарҭа́з аидара — 35 патефон, насгьы арупор змаз амашьына. Уи аамҭазы адунеи ахьынӡа-наӡааӡо ауаа рхыԥхьаӡарала ахәбатәи аҭыԥ аанызкылоз атәыла Бразилиа Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа 60-ҩык раҟара ракәын иҟаз! Аха арҭ иҿыцыз абжьырдугатә хархәагақәа рыбзоурала, шықәсқәак рыла дара Аҳра иазку ажәабжь миллионҩыла ауаа рызнагара рылшон.
Хаҵеи-ԥҳәыси Иуилл нхара ииасижьҭеи мызкы анҵы, раԥхьаӡа акәны Бразилиа Сан-Паулу ақалақь аҿы афилиал ажәабжьҳәаратә кампаниа зцыз аконгресс еиҿнакааит. Амашьына иамаз арупор аҟынтә иуаҳауан иаарту ажәахә ахь ааԥхьара, иҟалап уи амашьына аԥсҟы зкыз Мод лакәызҭгьы. Уи абзоурала ажәахә азыӡырҩра иааит 110-ҩык ауаа! Аконгресс апрограмма ажәабжьҳәаҩцәа ргәы шьҭнахит, насгьы ажәабжьҳәара аус еиҳаны рҽаладырхәларц ргәазҭанаҵеит. Дара еилыркааит ажәабжьҳәаразы рхы иадырхәалар шрылшо алитература, ажәабжьҳәаразы акарточкақәа, апатефон ҭаҩрақәа англыз, авенгер, аиспан, анемец, аполиак бызшәақәа рыла, ԥыҭрак ашьҭахь апортугал бызшәалагьы.
Арупор змаз амашьына миллионҩыла Бразилиа инхо ауаа ажәабжь бзиа аилкаара ирыцхрааит
1937 шықәсазы ақалақьқәа Сан-Паулу, Рио-де-Жанеиро, насгьы Куритиба имҩаԥысыз х-конгресск ажәабжьҳәара аус акырӡа идырҭбааит. Аконгресс ахь иааз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи арупор змаз амашьына рыцхрааит ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анырҳәоз. Усҟантәи аамҭазы зынӡа иқәыԥшыз Жозе Магловски ԥыҭрак ашьҭахь иҩит ажәабжьҳәаҩцәа астенд аҿы абиблиатә публикациақәа шықәдыргылоз, насгьы заа ианырҵахьаз аацҳара аҳәонаҵы, иҟалаз аилкааразы зыҩнқәа рҟынтә идәылҵуаз ауаа ишрацәажәоз.
Аӡӡаахра мҩаԥысуан аӡиасқәа рҿы, уи азааигәара амра ицәиаланы аԥсшьаҩцәа рыԥсы ршьон. Шаҟа илшара бзиоузеи «ицәажәо амашьына» ацхыраарала ауаа ажәабжь рылаҳәара! Аӡӡаахра иазку ажәахә зҳәоз аиашьа Рутерфорд ибжьы арупор ӷәӷәала иҭыҩуан. Иҟоу аинтерес змаз ауаа амашьына иадеизаланы, апортугал бызшәахьы еиҭагаз ажәахә иазыӡырҩуан. Анаҩс аӡӡаахра анымҩаԥысуаз, аполиак бызшәала иҟаз Аҳра ашәақәа аҳәон. Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи бызшәа рацәала уи ашәа иацырҳәон. 1938 шықәсазы иҭыҵыз «Есышықәсатәи аҭыжьымҭа» аҿы ианын: «Уи ахҭыс иугәаланаршәон дарбанзаалак ауаҩы ихатәы бызшәала ажәабжь иаҳар анилшоз Аҩынҩажәижәаба мшы».
Урҭ аконгрессқәа рышьҭахь есымҽыша амш зеиԥшразаалакгьы, арупор змаз амашьына аҟынтә абиблиатә ажәахәқәа уаҳауан. Убасала ажәабжь бзиа аӡбахә раҳартә алшара роуит аӡәырҩы ауаа апаркқәа, ауаа ахьынхо араионқәа, Сан-Паулу иҟоу афабрикақәа, насгьы ааигәа ишьҭаз ақалақьқәа рҿы. Уи амашьына абзоурала Сан-Паулу аҟынтә аҩада-мраҭашәарахь 100 километрак раҟара ахьыбжьаз иҟаз ацәеилабаара зыхьуаз ауаа ахьынхоз аҭыԥ аҿы 3 000-ҩык ачымазцәа есымза абиблиатә ажәахәқәа рзыӡырҩра алшара рыман. Аамҭақәак рышьҭахь уаҟа еиҿкаахеит доуҳала иӷәӷәаз аизара. Ачымазара ӷәӷәа шрымазгьы, урҭ Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа ацәеилабаара зыхьуаз ауаа ахьынхоз даҽа ҭыԥк аҭаара азин роуит, Абиблиа аҟынтә угәы зырҭынчуа ажәабжь уаҟа инхо ауаа рзеиҭаҳәаразы.
1938 шықәса анҵәамҭазы абжьыҭгаратә нҵамҭақәа португал бызшәала иҟалеит. Иԥсхьоу рзы аишәа андыргылоз амш аҽны арупор змаз амашьына анышәынҭрақәа ирылсуан ажәахәқәа «Иабаҟоу иԥсхьоу?», «Иегова», насгьы «Амал» ҳәа хьӡыс измаз рылаҳәо. Урҭ ажәахәқәа ирзыӡырҩыр рылшон 40 000-ҩык инареиҳаны игәырҩоз ауаа.
Зыԥсахы еибакны иҟаз аԥшьаҩцәа аргәамҵит абиблиатә ҵабырг убас иаартны ауаа иахьрыларҳәоз. Дара зныкымкәа аҭыԥантәи анапхгаҩцәа ирықәыӷәӷәон, «ицәажәоз амашьына» ааныркыларц азы. Аиаҳәшьа Иуилл илгәалашәоит аҭыԥантәи аԥшьаҩы ажәлар аҵәы шрыҵеиҵоз, амашьына иакәшаны иааныркыларц азы. Аха уахь ақалақь ахадеи аполициеи неин, апрограмма ахы инаркны аҵыхәанӡа иазыӡырҩит. Ақалақь ахада данцоз, абиблиатә литература даԥхьарц азы игеит. Уи амш аҽны ажәабжьҳәара аус аԥырхагахара рылымшеит. Аишьцәа аҿагыларақәа ишрықәшәозгьы, 1939 шықәса иазкны 1940 шықәсазтәи «Есышықәсатәи аҭыжьымҭа» аҿы ианын: «Ари иреиӷьу аамҭоуп, Ҳнапхгаҩ Ду имаҵ ауразы, насгьы ихьӡ рылаҳәаразы».
Бразилиа имҩаԥысуаз ажәабжьҳәаратә ус аҿы «Ахьчаратә бааш амашьына» ацәырҵра акрызҵазкуа хҭысхеит. Ари амашьына миллионҩыла ауаа Аҳра иазку ажәабжь аилкаара ирыцхрааит. 1941 шықәсазы еицырдыруаз амашьына шырҭиизгьы, шәнызқьҩыла Иегова ишаҳаҭцәа Бразилиа ахьынӡа-наӡааӡо гәыкала иҟоу ауаа ажәабжь бзиа рылаҳәара иаҿуп. (Бразилиа иҟоу ҳархивқәа рҟынтә.)