Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 октиабр ад. 31—ад. 32, абз. 3
  • Ижәдыруама шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ижәдыруама шәара?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ачарыци амыркаџьи ирызку ажәамаана
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
  • Ажәларқәа «Иҳақәиҭу игәра азхаҵара» иазыҟаҵоуп
    Ахьчаратә бааш 2015
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 октиабр ад. 31—ад. 32, абз. 3

Ижәдыруама шәара?

Илшаҵәҟьозма аӡәы ажәытәан атәым мхурсҭаҿы амыркаџьы алаҵара?

1468 шықәса ҳ. ҳ. аан иҩу ҳәа иԥхьаӡоу аимператор Иустиниан иитәу Адигестқәа рыхҩылаа. Уи аусумҭаҿы, егьырҭ ажәытәтәи адокументқәа рҿы еиԥш, инарҭбааны иануп аӡбаратә усеилыргарақәа рыӡбахә

МАТФЕИ 13:24—26 рҿы иаагоуп Иисус иажәақәа: «Жәҩантәи Аԥсҳара зымхаҿы ажәла бзиа лазҵаз ауаҩы иеиԥшуп; Ауаа аныцәаз аамҭазы, аӷа дааин ача ахьылаз амхурсҭаҿ амыркаџьы жәла лаҵаны дцеит; аеҵәара ангыла, ианыхҳәа, амыркаџьы еинылт». Авторцәа шьоукы уи аҩыза ҟалар шалшоз агәра ргом, аха иахьанӡа иааз римтәи аиуристтә документқәа инарықәыршәаны уи хымԥада иҟалар алшон.

Абар абиблиатә жәарк аҿы иану: «Ашьоура иахҟьаны атәым мхурсҭаҿы амыркаџьы лазҵоз ауаҩы... римтәи азин инақәыршәаны, ацәгьоура ҟаиҵон. Уи аҩыза азакәан ахьыҟаз иунарбоит урҭ реиԥш иҟаз аусқәа лассы-лассы ишыҟалоз». Азиндырҩы Аластер Керр иҳаилиркаауеит 533 шықәсазы ҳ. ҳ. римтәи аимператор Иустиниан ишҭижьыз Адигестқәа — римтәи азинқәа реизга, насгьы аклассикатә иуристцәа рхыҭҳәаақәа рҟынтә ацыԥҵәахақәа (100—250 шықәсқәа ҳ. ҳ. раҟара.). Уи аусумҭаҿы аиуристцәа руаӡәк Ульпиан дазааҭгылеит римтәи аҳәынҭқарратә усуҩ Цельс еилиргоз аус (Адигестқәа, 9.2.27.14). Атәым мхурсҭаҿы амыркаџьы лаҵан, убри аҟынтә аҽаҩра ԥхасҭахеит. Адигестқәа рҿы иануп аԥшәма, мамзаргьы қьырала амхурсҭа змаз афермер ацәгьоуҩы иҟынтә закәанла иоур шилшоз ирҭаз аԥырхага ацынхәра.

Ус еиԥш иҟаз ацәгьоурақәа Римтәи аимпериа иаҵанакуаз атерриториақәа рҿы акәын иахьыҟаз, уи иаанарԥшуеит Иисус зыӡбахә иҳәоз ахҭыс шыҟаҵәҟьаз.

Иарбан мчроу актәи ашәышықәсазы Рим аиудеиатәи анапхгара ирнаҭаз?

АКТӘИ ашәышықәсазы Иудеиа Рим анапаҵаҟа иҟан. Уи далнахуан аруаа напхгара рызҭоз апрокуратор. Иара идын римтәи ахазынаҭрахь ицоз ашәахтә аизгара, насгьы аҭынчреи аиҿкаареи рхылаԥшра. Римаа рҽазыршәон аҿагыларақәа раанкылареи аилаҩынтра шьҭызхыр зылшоз рҭакреи. Даҽакала иуҳәозар, дара аҭыԥантәи аҳәынҭқарра азин арҭон Иудеиа анапхгара азыруларц.

Асинедрион аилатәара

Иудеиа иҟан Асинедрион — аиудеиатәи иреиҳаӡоу аӡбарҭа, насгьы азакәанрҵаҩцәа рхеилак. Уи адагьы, уаҟа аус ауан еиҵаз аинстанциа аӡбарҭақәа. Иҟалап урҭ аӡбарҭақәа Рим анапхгара аламырхәӡакәа ажәлар руси ацәгьоуратә усқәеи рыӡбозҭгьы. Аха аиудеиатә ӡбарҭақәа азин рымамызт ашьратә зыӡбарақәа рынагӡара. Уи азин змаз римаа ракәын. Уахь иаҵанакуамызт, Асинедрион ишаӡбаз ала, Стефан хаҳәла даныршьыз еицырдыруаз ахҭыс (Аус. 6:8—15; 7:54—60).

Ишаҳбо еиԥш, аиудеиатәи Асинедрион алшара дуқәа аман. Ус шакәызгьы, аҭоурыхҭҵааҩ Емиль Шиурер излеиҳәо ала, дара зегь реиҳа ирԥырхаган римтәи аиҳабыра ианаарҭаххоз иарбанзаалак аус рҽаладырхәыр, насгьы еилдыргар ахьрылшоз, убас иагьыҟарҵаҵәҟьон уск аполитика аилагара иадҳәалоуп ҳәа агәаанагара ыҟазҭгьы. Уи ҳзырбо ҿырԥштәуп римтәи атәылауаҩ апостол Павел иус иазкыз ахҭыс, усҟан ар реиҳабы Клавди Лиси Павел дҭеикит (Аус. 23:26—30).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра