Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 декабр ад. 32
  • Аԥхьара — арҵаразы еиӷьу знеишьоуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьара — арҵаразы еиӷьу знеишьоуп
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 декабр ад. 32

Аԥхьара — арҵаразы еиӷьу знеишьоуп

«АГӘЫДИБАҲӘАЛАРАҚӘА рышьҭахь зегь раасҭа ихадоу ахәыҷқәа ирзышәкуа аамҭеи азҿлымҳареи роуп». Ари алабжьара Џьим Трелиз ишәҟәы «Руководство по чтению вслух» аҿы иҳаиҭоит.

Иаҭахузеи уи азы? Џьим Трелиз иҳәоит ахәыҷы дани инаркны лассы-лассы убжьы ҭыганы уизаԥхьалар шыбзиоу. Уи шәхәыҷи шәареи ахәарҭа ду шәзаанагоит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Акыр шықәса анҵлак ашьҭахьгьы, шәхәыҷқәеи шәареи урҭ агәалашәарақәа шәгәы иахәалоит. Иара убас шәхәыҷы ибзианы аԥхьашьа иҵоит, насгьы ашкол аҿы аҵара ҵара еиҳа изымариахоит. Асахьақәа данрыхәаԥшуа, урҭ ирну реиҩдыраашьа иҵоит. Иаҳҳәап, ахәыҷы шықәсыки бжаки анихыҵуа, асахьаҿы аласба ахьану иԥшаар илшоит, аԥхьашьа шизымдыругьы, уи ажәа иаанаго идыруеит. Шәхәыҷы аԥхьареи, аҩреи, ацәажәашьеи, ажәақәа реиҩдыраашьеи, ахаҿаагара алшара ахархәареи иҵоит, уи инеиҳангьы, иара ииашаҵәҟьаны аԥхьара бзиа ибоит.

«Иабаҳаԥшаари ахәыҷқәа рзаԥхьаразы аамҭа?» — иашшуеит аҭаацәа аӡәырҩы, избанзар дара аусуреи аҩнтәусқәеи аарла еихьырыгӡоит.

Џьим Трелиз иҩуеит: «Зны-зынла абацәа ирҳәоит рхәыҷқәа ашәҟәы рзаԥхьаразы амч шрымам, аха хәылбыҽхала ателевизор ахәаԥшра иааԥсаӡом».

Аҭаацәа ргәазыҟашьа аԥсахра дрыцхраарц азы, Џьим Трелиз иҳәоит:

1. Ииашоу ашәҟәқәа алышәхла. Имаҷуп аинтерес зҵам, ахымҩаԥгашьа узырҵо ашәҟәқәа згәаԥхо ахәыҷқәа. Дара бзиа ирбоит ихадоу аперсонажцәа ауадаҩрақәа иахьыриааиуа ажәабжьқәа ртәы зҳәо ашәҟәқәа. Аха ибзиоуп аҭаацәа заа ашәҟәы аҵакы иахәаԥшыр, ахәыҷы иқәра ишақәшәо агәра ргарц азы.

2. Ииашоу аамҭа алшәхла. Ашьыжь шаанӡа, ахәыҷы ацәа даналоу ашәҟәы изаԥхьара усҟак ииашам. Аҭаацәа шьоукы рхәыҷқәа акранырфо ирзаԥхьоит. Еиҳараҩык ахәыҷқәа иргәаԥхоит ицәаанӡа ашәҟәы ианырзаԥхьо. Уи аамҭазы зҿлымҳарыла аӡырҩра еиҳа ирзымариоуп.

3. Ауадаҩрақәа шәырцәымшәан. Ашәҟәаҿы ахәыҷы изеилымкаауа ажәақәа шәԥылозаргьы шәацәымшәан. Урҭ рҵакы иааркьаҿны ахәыҷы изеиҭашәҳәар, еиҳа имариоу ала ишәыԥсахыр, ма ибжьашәыжьыр шәылшоит.

4. Шәшаԥхьо шәацклаԥшла. Шәыбжьы ҭыганы ибзианы шәаԥхьаларц азы, шәыԥсыԥ алага-ҩагашьа шәацклаԥшлар, иара убас шәмыццакцәалар, насгьы еиҵышәымхцәалар ауп. Уи шәзыҟаҵом ҳәа шәгәы иаанагозар, шәыбжьы ҭаҩны шәазыӡырҩы, анаҩс еиӷьышәтәыша шәазхәыц.

5. Ахәыҷы илшарақәа шәрызхәыцла. Аинтерес зҵоу ажәабжь ахәыҷы игәарԥханы дазыӡырҩлар алшоит, аха шәзыԥхьаз зегь гәникылоит ҳәа шәазымԥшын. Аха уеизгьы, игәникылар алшо рацәоуп.

6. Ачҳара аашәырԥшла. Адуцәа иргәаԥхо афильмқәа зныкымкәа рыхәаԥшра бзиа ишырбо еиԥш, ахәыҷқәа иргәаԥхо ашәҟәқәа зныкымкәа ианырзаԥхьо бзиа ирбоит, избанзар еснагь дара рзы иҿыцу ак еилыркаауеит. Убри аҟынтә шәхәыҷы иигәаԥхаз ашәҟәы аҵәахра шәахымыццакын, аха уи аҟынтә маҷк шәанизаԥхьалак ашьҭахь, даҽа жәабжь ҿыцк изаԥхьара шәалага.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра