Ижәдыруама шәара?
Асинагога актәи ашәышықәсазы. Ари асахьаҿы иарбоуп актәи ашәышықәсазы асинагогақәа зеиԥшразар алшоз. Уи аԥҽыхақәа ԥшаан Гамала. Гамала аҟынӡа Галилеитәи амшын алада-мрагыларатәи аган аҟынтә жәа-километрак бжьоуп
Иабантәиааи асинагогақәа?
АЖӘА асинагога абырзен бызшәаҟынтә иааит, уи иаанагоит «аизара, мамзаргьы аиқәшәара». Ари ажәа даара ианаалоит, избанзар жәытә-натә аахыс аиудеиаа уа аҵара рҵаларц, насгьы Анцәа имҵахырхәаларц азы еизон. Ауриатә Ҩырақәа рҿы асинагогақәа рыӡбахә анӡам, аха Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа иаҳдырбоит актәи ашәышықәсазы урҭ шыҟаз.
Аҵарауаа аӡәырҩы ирҳәоит асинагогақәа анцәырҵ ауриацәа вавилонтәи атҟәара ианҭашәа ашьҭахь ауп ҳәа. «Иудеиатәи аенциклопедиа» иануп: «Зтәыла иахыргаз, насгьы зуахәама зцәыӡыз ауаа атәымтәылаҿы агәырҭынчра иашьҭан, дара зны-зынла еизон, иҟалап сабшала, Аҩыра иаԥхьаларц азы». Атҟәараҟынтә ахақәиҭра анроу ашьҭахьгьы ауриацәа Анцәа иҳәаларц, насгьы Аҩырақәа ирыԥхьаларц азы еиқәшәон, убри аҟынтә дара ахьцалакгьы асинагогақәа дыргылон.
Актәи ашәышықәсазы Адгьылбжьаратә мшын иаакәыршаны иҟоу атәылақәеи, Мрагылара Ааигәеи, Израильи рҿы асинагогақәа ихадоу аҭыԥ ааныркыло иалагеит, избанзар уа ауриацәа Анцәа имҵахырхәареи ауаажәларратә еилазаараҿы ицәырҵуаз азҵаарақәеи рыӡбон. Иерусалим иҟоу ауриацәа руниверситет апрофессор Ли Левин асинагогақәа ирызкны иҳәоит: «Уахь иаауан аҵара рҵаларц, Асабшазы, мамзаргьы, егьырҭ аныҳәақәа рзы иԥшьоу афатә рфаларц. Уа аусӡбарақәа мҩаԥыргон, еизыргоз аԥара рҵәахуан, иара убас аполитикатә, насгьы ажәлар рызҵаарақәа ирылацәажәарц азы аиԥыларақәа мҩаԥыргон». Иара иациҵоит: «Аха зегь раԥхьаӡа иргыланы изеизоз, Анцәа имҵахырхәаларц азы ауп». Убри аҟынтә иџьашьатәӡам Иисус уахь лассы-лассы дахьныҟәоз (Марк 1:21; 6:2; Лука 4:16). Уа иара ауаа аҵабырг дирҵон, насгьы ргәы шьҭихуан. Ақьырсиантә еизара анеиҿкааз ашьҭахь апостол Павелгьы Иисус иеиԥш асинагогақәа рҿы ажәабжь иҳәон. Доуҳала имлагоз ауаа асинагогақәа рахь иныҟәон, убри аҟынтә апостол Павел ақалақьқәа рахь даннеиуаз раԥхьаӡа иргыланы асинагогақәа рахь дцон, уа ажәабжь иҳәарц азы (Аус. 17:1, 2; 18:4).