Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 декабр ад. 14
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 декабр ад. 14

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Абиблиа излаҳәо ала, аӡәы агәнаҳа шыҟаиҵаз ашьақәырӷәӷәаразы ҩыџьа ашаҳаҭцәа ирыдамзаргьы ыҟазар ауп (Ахыԥхь. 35:30; Ҩынтә. 17:6; 19:15; Матф. 18:16; 1 Тим. 5:19). Аха Анцәа Моисеи ила ижәлар ириҭаз Азакәан инақәыршәаны ахаҵа аӡәы изырҳәахьаз аҭыԥҳа «ақалақь анҭыҵ» амш лылеигазҭгьы, насгьы лара дыҳәҳәозҭгьы, уи акгьы лхарахомызт, аха иара акалҭшьҭаныҟәаҩ иеиԥш иқәыӡбон. Ари аҭагылазаашьаҿы ашаҳаҭцәа ыҟамызт, нас избан аԥҳәыс акгьы зылхарамыз, ахаҵа иакәзар, ахара идуп ҳәа зыԥхьаӡаз?

Ҩынтәзакәан 22:25—27 аҿы иану ахҭыс аӡбаҩцәа иахьрыцхраауаз ахаҵа ахара идзу-идымзу аилкаара акәӡам, уи шидыз шьақәырӷәӷәан, аха аҭыԥҳа ахара лыдзу-илыдымзу аилкаара ауп. Шәааи аконтекст ҳазхьаԥшып.

Ҩынтәзакәан 22:23, 24 аҿы иануп хаҵак аӡәы изырҳәахьаз аԥҳәызба «ақалақь аҿы» амш лылеигазҭгьы, иара акалҭшьҭаныҟәаҩ иеиԥш ишиқәыӡбоз, избанзар усҟантәи аамҭазы аӡәы изырҳәахьаз аԥҳәызба аҭаацәара далалахьеит ҳәа ԥхьаӡан. Иаҳҳәар ҳалшозеи уи иақәшәаз аԥҳәызба илызкны? «Лара ақалақь аҿы дыҳәҳәаӡомызт». Дыҳәҳәозҭгьы, ауаа уи хымԥада ираҳауан, насгьы деиқәдырхон. Убри аҟынтә ларгьы ахара лыдын ҳәа иԥхьаӡан. Ларгьы акалҭбааԥсразы илықәыӡбон. Ари аҭагылазаашьаҿы ахаҵагьы аԥҳәысгьы ршьуан.

Аха Ҩынтәзакәан 22:25—27 аҿы иану аҭагылазаашьаҿы аԥҳәыс лус даҽакала ирыӡбон. Уа иануп: «Иҳәаны ирымоу ӡӷабк ақалақь анҭыҵ хаҵак дибар, насгьы мчыла длыцышьҭалар, илыцышьҭалаз ахаҵа дыԥсыроуп, лара лакәзар, акгьы лзыумун. Аӡӷаб дыршьыртә еиԥш агәнаҳа ҟалымҵеит, избанзар ари аӡәы даҽаӡәы дижәлан данишьуа иеиԥшуп. Иара иҳәаны ирымаз аӡӷаб ақалақь анҭыҵ ауп дахьибаз, лара дшыҳәҳәозгьы, дзыхьчоз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт».

Ари аҭагылазаашьаҿы аӡбаҩцәа аԥҳәыс лыгәра ргон. Избан? Ишыԥхьаӡаз ала, «лара дшыҳәҳәозгьы, дзыхьчоз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт». Убри аҟынтә лара акалҭбааԥсразы ахара лыдырҵомызт. Аха ахаҵа аԥҳәыс лцәа ԥызҽыз, насгьы икалҭшьҭаныҟәаз аӡә иеиԥш иқәыӡбон, избанзар иара «аӡәы изырҳәахьаз аҭыԥҳа» длыцышьҭалеит.

Ари азакәан зегь раԥхьаӡа иргыланы хықәкыс иамаз аӡбаҩцәа аԥҳәыс акгьы шылхарамыз деилыркаара акәын, аха убри аамҭазгьы уи иаанарԥшуан ахаҵа аԥҳәыс лцәа ахьԥиҽыз, насгьы дахькалҭшьҭаныҟәаз азы ахара шидыз. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит аӡбаҩцәа ари аҩыза аҭагылазаашьақәа ибзиаӡаны ишҭырҵаауаз, насгьы ирыдыркылоз аӡбарақәа Иегова зныкымкәа идеилиркаахьаз инормақәа ишрықәшәоз (Ҩынтә. 13:14; 17:4; Ақәҵ. 20:14).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра