«Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?»
1. Ҳанбалаго аҵара аброшиура «Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?», насгьы излахәарҭоузеи абас еиԥш ахцәажәара?
1 Октиабр 28 рзы иалаго амчыбжь инаркны, аизараҿы Абиблиа аҵара аан ҳахыслоит аброшиура «Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?». Ари аброшиура ҿыц, «Угәы хьчала!» захьӡыз аобласттә конгресс аҿы иҳауз, хықәкыс иамоуп Абиблиа аҵара иаҿу аорганизациахь рхьарԥшра. Ари аброшиура аилыргара Иегова иорганизациа ҳахьахәҭаку азы аџьшьара аарԥшра мацара акәӡам иахьҳацхраауа, аха амаҵзуразы иҳамоу амыруга еиҳа еиӷьны еилаҳкаауеит (Ԥс. 48:13).
2. Ишԥамҩаԥысло аброшиура аҵара аизараҿы?
2 Аҵара шымҩаԥысло. Амҩаԥгаҩ аамҭа еиҟараны аихшара ихәҭоуп, иаагоу аурокқәа зегьы ибзианы дрыхцәажәарц. Ахцәажәара далагаанӡа зҵаарала ишьақәгылоу ахьӡ даԥхьоит, абас 28 урок зегьы. Уи ашьҭахь иара диҳәоит аԥхьаҩ раԥхьатәи абзац даԥхьарц. Анаҩс амҩаԥгаҩ азыӡырҩцәа абзац ахь ириҭоит азҵаара, ихала ишьақәиргылаз. Уи ашьҭахь иаԥхьаны ирыхцәажәатәуп ахәҭақәа зегьы иҟәазу ашрифт ала иаагоу аҳәоуқәа. Ахәҭа ианаԥхьалак ашьҭахь, амҩаԥгаҩ азыӡырҩцәа ахцәажәарц дрыҳәоит уи ахәҭа аурок аҿы иаагоу азҵаара аҭак шыҟанаҵо. Иара уи адагьы, аброшиураҿ ирацәоуп асахьақәа, зыхцәажәара ҟало. Ихадоу ажәеинраалақәа рыԥхьара ахәҭоуп, аамҭа азхозар. Анаҩстәи аурокахь диасаанӡа, амҩаԥгаҩ дахцәажәоит аматериал, ҵаҟа иаагоу азҵаарақәа ихы иархәаны. Аурок аҿы иаагазар арамка «Иацҵаны», иара диҳәоит аԥхьаҩ даԥхьарц, анаҩс азыӡырҩцәа дразҵаауеит арамкаҿ иаагоу алабжьара Абиблиа зҵо ауаҩы изы хәарҭарас иалоузеи ҳәа. Аамҭа нхозар, амҩаԥгаҩ аҵара анхиркәшо зҵаарала ишьақәгылоу аурок ахьӡ ихы иархәаны, иааркьаҿны дахцәажәар илшоит. Иазгәаҭатәуп, ари аиҿкаара уқәымныҟәалар ауеит ҭаацәашәалатәи Абиблиа аҭҵаараан.
3. Ишԥалхлатәу ахәарҭа ари аброшиура аҭҵаара?
3 Аизара ахәарҭа алшәхырц, ибзианы шәҽазыҟашәҵала. Излалшо ала аҭакқәа ашәҭала. Ахцәажәараан шәазхәыцла Абиблиа зҵо ауаа аматериал зларыхәо. Ари аброшиура ҿыц аҵарала ҳара егьырҭ ауаа ҳрыцхраарц ҳалшоит, Анцәа игәаԥхара нарыгӡаларц, насгьы наунагӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра рымазарц (1 Иоан. 2:17).