«Сара шәлитература саԥхьоит, шәара сара стәы шәаԥхьозар»
Зны-зынла ари аҩыза уаҳар ауеит ажәабжь заҳҳәо ауаа рҟынтә. Ҳара ҳпубликациақәа даҽа динк иҭнажьуа алитература иаҭнаҳаԥсахлаӡом, иҩашьоу агәаанагарақәа зну, убри аҟынтә ишԥараҳҭарыз хаала аҭак? (Рим. 1:25). Иаҳҳәар ҟалоит: «Иҭабуп. Иаҳәозеи уа ауаа рыуадаҩрақәа шыӡбахо иазкны? [Уазыӡырҩы аҭак. Ауаҩы уаԥхьаны ухала аҭак уԥшаарц удигалозар, иазгәоуҭар ҟалоит уара алитература идугалаанӡа ианыз заа ишиоуҳәаз. Анаҩс уаԥхьа, ма еиҭаҳәа Матфеи 6:9, 10.] Иисус иаҳирбеит Анцәа Иаҳра абзоурала адгьылаҿ игәҭакы шынагӡахо. Убри аҟынтә сара сзыԥхьо алитература Анцәа Иаҳра атәы ахьаҳәо ауп. Азин сышәҭозар, ишәсырбоит Абиблиа аҿы Анцәа Иаҳра иҟанаҵо».