Иҟашәҵалозеи шәара аныҳәамшқәа раан?
Адинхаҵаратә, насгьы аҳәынҭқарратә ныҳәақәа раан еиҳараҩык ауаа аҩны иҟоуп аҟынтә, ажәабжьҳәара аҽалархәра ари аамҭазы лассы-лассы алҵшәа бзиақәа аанагоит. Убри аҟынтә аизарақәа аарыԥхьоит активла ажәабжьҳәара рҽаладырхәырц ари аамҭазы. Аныҳәамшқәа раан шәеизара атерриториаҿы инхо ауаа реиҳараҩык абжьааԥнеиԥш ашьыжь имгылозар, иҟалап ажәабжьҳәара иазку аамҭа аԥсахра ақәшәар. Амаҵзуратә еиԥылараҿ алаҳәара ҟаҵазар ауеит уи аныҳәамшқәа раан ажәабжьҳәара иазку ԥсахрақәак ыҟазар, насгьы ргәазҭаҵатәуп зегьы ажәабжьҳәара зылшо рҽаладырхәырц. Ҳәарада ари аамҭазы ҳаԥсы ҳшьар, ма ҳхатә усқәа ҳрылагар ауеит. Аха ишәылшома шәара мышкахьы сааҭк иадамхаргьы ажәабжь аҳәара? Усҟан шәара ишәоуеит иԥшьоу амаҵзура аҽалархәра иузаанаго алахҿыхреи агәырӷьареи (Матф. 11:29, 30).