«Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
1. Иарбан хықәку иамоу ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» аҭыжьра?
1 Ианвар 6 рзы иалаго амчыбжь инаркны ҳара еилҳаргалоит аԥсышәала иҟоу «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» захьӡу ашәҟәы. Ари ашәҟәаҿы иаагоу Иегова бзиа дызбо имаҵзуҩцәа рахь Анапхгаратә хеилак ирҩыз асалам шәҟәы аҵыхәтәаны иаҳәоит: «Ҳара гәык-ԥсык ала ҳақәгәыӷуеит ари ашәҟәы шуцхраауа ҵабыргла анхара, насгьы уҟазарц Анцәа ибзиабараҿ, наунагӡатәи аԥсҭазаарахь уназго (Иуда 21)».
2. Иарбан ганқәоу ҳаԥсҭазаараҿы ари ашәҟә ҿыц хәарҭа ахьҳзаанаго?
2 Ари ашәҟәаҿы еилыргахо. Иарбан библиатә принципқәоу ухы иаурхәаратә иҟоу аҭаацәалазаараҿы, аҩызцәеи агәырҿыхагақәеи ралхраҿы, ҳцәажәашьаҿы, ашьцыларақәеи, аҵасқәеи, насгьы аиҳабыра рахь апатуқәҵара аарԥшреи рганахь ала? Ҳара ҳаламыс ҳааӡарц ҳалшоит Анцәа Иажәа иану иҳараку ииашоу анормақәа инарықәыршәаны (Ԥс. 19:7, 8). Ҳара Иегова ихәыцшьа еиҳа еиӷьны ианеилаҳкаауа, игәаԥхо аҟаҵараз иҳамоу агәаҳәара ҳаԥсҭазаара аганқәа зегьы рҿы иара изыӡырҩра ҳгәазҭанаҵоит (Ажәам. 27:11; 1 Иоан. 5:3).
3. Избан ҳара есымчыбжьатәи ашәҟәы аилыргара аҽалархәра ҳамч зегь адаҳҵалар захәҭоу?
3 Ахцәажәара уҽалархәла. Аҽазыҟаҵараан хықәкыс иумаз аизараҿы Анцәа ирҳаракра (Аур. 13:15). Изыхцәажәо аматериал ахьмаҷу иабзоураны, ҳара иҳалшоит ибзианы аҩны аҽазыҟаҵара, нас еилаҳкааз аизараҿы егьырҭ рҟынӡа инаҳгарц. Ибзиаӡаны ҳазхәыцны, иааркьаҿны иҟаҳҵо аҭакқәа абзиабареи аус хирқәеи рахь ҳгәазҭарҵоит, насгьы аматериал инарҭбааны ахцәажәара иҳацхраауеит (Аур. 10:24). Насгьы убасала ҳхаҵара аарԥшуа, ҳара агәырӷьара дуӡӡа ҳауеит.
4. Избан Иегова иԥҟарақәа рықәныҟәара даараӡа изхадоу?
4 Иисус адгьыл аҿы аҵыхәтәантәи аҵх анихигоз иҳәеит Иегова иԥҟарақәа урықәныҟәозар ауп Анцәа ибзиабараҿ аанхара анулшо ҳәа (Иоан. 15:10). «Анцәа ибзиабара» захьӡу ашәҟәы ҳаԥсҭазаараҿы есҽны абиблиатә принципқәа рхархәара азхиараҿы ҳарӷәӷәоит, насгьы «Анцәа ибзиабараҿ» аанхара иҳацхраауеит (Иуда 21).