Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Ацәажәара аанызкыло ажәаҿархьрақәа рҭак шыҟаҵалатәу
Избан уи зхадоу. Иаҳҳәап уара аԥсабаратә рыцҳара шыҟалоз еилукааит. Ауаа ишәарҭам аҭыԥ аҿы ахыҵакырҭа анырмоу, иԥсуеит ауп иаанаго. Уара агәыла иахь уҩны уцоит игәиҽануҵарц, аха иара уажәа днаԥыҩланы, сара аха сымам ҳәа уаиҳәоит. Ҳәарада, иаразнак уҩагьежьны уцаӡом. Ауаа аӡәырҩы ҳара ҳтерриториаҿы ҳзыӡырҩра мап ацәыркуеит. Дара аҵыхәтәанынӡа ирзеилкааӡом ирызнаҳго ажәабжь рыԥсҭазаара еиқәнархар шалшо. Ҳара дара рахь ҳаннеиуа, дара амыцхә еилахазаргьы ҟалоит (Матф. 24:37—39). Ма ираҳауа уҳәан-сҳәан иахҟьаны, гәрамгарала иҳазнеиуазар ауеит (Матф. 11:18, 19). Дара ус ргәы иаанагозар ауеит, Иегова Ишаҳаҭцәа ихәарҭам алҵшәа аазго егьырҭ адинхаҵарақәа иреиԥшуп ҳәа (2 Пиот. 2:1, 2). Ауаҩы раԥхьа аинтерес ааимырԥшуазар, иаразнак агәкажьра иаԥсам.
Ухы иархәа амза аҩныҵҟа абри алабжьара:
Аҿархьра ашьҭахь аицәажәара аныхуркәшалак, уҩызеи уареи шәалацәажәа уи аҿархьра еиҳа еиӷьны аҭак шыҟаҵатәыз.