Алаҳәарақәа
◼ Апрель: изаамҭанытәу аброшиурақәа. Маи Иуни: абуклетқәа: «Изакәызеи шәара шәзы Абиблиа?», «Ишԥажәбо ԥхьаҟатәи аԥеиԥш?», «Иамоузеи шьаҭас аҭаацәаратә насыԥ?», «Знапаҿы иҟада ари адунеи?», «Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?», насгьы «Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?».
◼ Аобласттә ма жәларбжьаратәи аконгресс алагаанӡа мчыбжьык шагу, амаҵзуратә еиԥылараҿы апрограмма ԥсахны, иалацәажәазар бзиахоит ари амза иатәу «Ҳаҳратә маҵзура» аҟынтәи агәылаҵа, насгьы асалам шәҟәы аизарақәа зегь рахь август 2013 шықәса аҟынтәи адоуҳатә еиԥыларақәа рҿы ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа ирызкны алабжьарақәеи агәаларшәарақәеи. Аконгресс ашьҭахь мызкы-ҩымыз рнаҩс апункт «Аҭыԥтә ҭахрақәа» аҭыԥан аконгресс апрограмма аҟынтәи ихархәагоу азхәыцрақәа реилыргара ҟалоит, ажәабжьҳәаҩцәа еиҳараӡак амаҵзураҿы ихәарҭоуп ҳәа ирыԥхьаӡаз иаҵыршьырц.