Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • km 5/14 ад. 2
  • Ианаамҭоу анеира уҽазышәала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ианаамҭоу анеира уҽазышәала
  • Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
  • Иеиԥшу аматериал
  • Избан ақьырсианцәа Анцәа имҵахырхәаразы еизалар закәу?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
km 5/14 ад. 2

Ианаамҭоу анеира уҽазышәала

1. Иарбан ҿырԥшу Иегова иҳаиҭо?

1 Иегова зегьы ианаамҭоу иҟаиҵоит. Иаҳҳәап, имаҵзуҩцәа ианаамҭоу ацхыраара риҭоит (Аур. 4:16). Иара убри адагьы, иара «ианаамҭоу» адоуҳатә фатәы риҭоит (Матф. 24:45). Убри аҟынтә ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иааиуа иԥсахеибакра амш «шагымхо» (Авв. 2:3). Шаҟа ҳаигәырӷьозеи Иегова дахьыццакуа! (Ԥс. 70:5). Аха ҳара, еилахоу, инаӡам ауаа ианаамҭоу анеира ҳцәыцәгьоуп. Избан ҳара ианаамҭоу анеира ҳҽазаҳшәалар зҳахәҭоу?

2. Избан ианаамҭоу анеира Иегова дызҳаранакуа?

2 Иҟалалома убас, аусурахь ианаамҭоу ҳнеиуеит, аха атеократиатә еиқәшәарақәа рахь ҳанагхо? Ақьырсиантә еиԥыларақәа рахь ианаамҭоу ҳаннеиуа, насгьы раԥхьатәи ашәеи анцәаиҳәареи аныбжьаҳмыжьуа, ҳара иааҳарԥшуеит аиҿкаара злоу жәҩантә Ҳаб ҳшиҿыԥшуа (1 Кор. 14:33, 40). Арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа раан ауаа ианаамҭоу акгьы ҟарҵом, реиҳараҩык рхы-рыԥсы иашьҭоуп, насгьы ҽынкылашьа рымам (2 Тим. 3:1—3). Убри аҟынтә ҳара ианаамҭоу аусура, насгьы еиҿкаау аиқәшәарақәа рахь ҳаннеиуа, уи егьырҭ игәарҭоит, насгьы Иегова дҳаранакуеит (1 Пиот. 2:12).

3. Избан ианаамҭоу анеира егьырҭ рахь азҿлымҳара заанарԥшуа?

3 Иаанамҭоу ҳаннеиуа, ҳара иааҳарԥшуеит егьырҭ ҳашрызҿлымҳау (Флп. 2:3, 4). Иаҳҳәап, ианаамҭоу аизарахь ҳаннеиуа, ажәабжьҳәара иазку аиқәшәарақәагьы уахь иналаҵаны, ҳара ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ҳарԥырхагаӡам. Аха ҳара лассы-лассы ҳагханы ҳнеиуазар, егьырҭ ргәы иаанагар алшоит дара раамҭа аасҭа ҳара ҳаамҭа еиҳа ҳаиҷаҳауазшәа. Ианаамҭоу анеира иаанарԥшуеит ауаҩы уиқәгәыӷыртә дшыҟоу, ламысцқьарала, ҭакԥхықәрала иус дшазнеиуа. Арҭ аҟазшьақәа ауаа даара пату рзақәуп.

4. Иҟаҵатәузеи, агхара шьцыларас иҳамазар?

4 Уара агхара шьцыларас иумазар, уазхәыц уи зыхҟьо. Еиқәыршәа угәы иҭоукыз ианаамҭоу анагӡараҿы иуцхраауа иузыманшәалоу аамҭеихшара (Еккл. 3:1; Флп. 1:10). Уиҳәала Иегова дуцхраарц (1 Иоан. 5:14). Ианаамҭоу анеира ҳҽазаҳшәозар, ҳара иааҳарԥшуеит зегь раасҭа ихадоу ҩ-ԥҟарак — Анцәа бзиа ибареи иаҳзааигәоу бзиа ибареи — ҳашрықәныҟәо (Матф. 22:37—39).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра