Алаҳәарақәа
◼ Аларҵәаразы алитература. Август: асаит jw.org иазку абуклет ҿыц аларҵәаразы иҷыдоу акампаниа. Сентиабри октиабри: изаамҭанытәу аброшиурақәа. Ноиабри декабри: ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ма абуклетқәа «Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?», «Изакәызеи шәара шәзы Абиблиа?», «Ишԥажәбо шәара ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара?», «Иамоузеи шьаҭас аҭаацәаратә насыԥ?», «Знапаҿы иҟада ари адунеи?», «Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?». Абиблиатә ҵара рыдаагалоит. Ианвар: 32 даҟьа змоу анаҩстәи аброшиурақәа руак: «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә», «Уизыӡырҩла Анцәа», «Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала».
◼ Аҳратә Залқәа зегь рҿы аексплуатациа акомитет, ма азал ахылаԥшра зду аиашьа азал аҭагылазаашьа зеиԥшроу есышықәсатәи агәаҭара мҩаԥигароуп, абланк «Аҳратә Зал ахылаԥшреи ашәарҭадареи ргәаҭара апунктқәа реиқәыԥхьаӡа» (CN-14) захьӡу ихы иархәаны, насгьы иагу ириашар ауп, аиуристтә шәҟәқәа ирықәымшәо ыҟазар, аусмҩаԥгатәқәа наигӡароуп. Агәаҭара ашьҭахь ихарҭәаау абланк сентиабр 30-нӡа афилиал ахь ишьҭтәуп, уи акопиақәа ари Аҳратә Зал зхы иазырхәо аизарақәа рхеилакқәа зегьы ирыҭатәуп. Араионтә хылаԥшҩы аизара данаҭаауа, дахәаԥшуеит уи агәаҭара шыҟаҵаз, иагу шыриашаз, аиуристтә шәҟәқәа ирықәымшәо ыҟазҭгьы, зегьы шыӡбаз.