Амаҵзура хырԥашьа змам уск еиԥш азыҟазаара ацәанырра шеизырҳалатәу
Амаҵзура хырԥашьа змам уск еиԥш азыҟазаара ацәанырра еизырҳалатәуп, ус ҟаҳамҵалар, ҳара ари асистема аҵыхәтәа анааиуа ҳзеиқәхаӡом. Уи ацәанырра ӷәӷәахарц азы, ҳрықәныҟәалароуп абарҭ агәаларшәарақәа:
Иааиԥмырҟьаӡакәа Аҳра азы Анцәа уиҳәала (Матф. 6:10).
Ихьчала угәы есҽны Абиблиа аԥхьарала (Аур. 3:12).
Ҟәыӷарыла аамҭа ухы иархәала (Ефес. 5:15, 16; Флп. 1:10).
Убла «цқьаны» иумаз. Ари адунеи иатәу агәазыҳәарақәа мап рыцәкла (Матф. 6:22, 25; 2 Тим. 4:10).
Улахҿыхыз, абиблиатә ԥааимбаражәақәа рынагӡара уацклаԥшла (Мар. 13:35—37).
Хырԥашьа змам уск еиԥш азыҟазаара ацәанырра ҳамазар, уи макьана ихыркәшам аус инарҭбааны аҽалархәра ҳгәазҭанаҵоит! (Иоан. 4:34, 35).