Амаҵзураҿы еихьӡарас иҟаз
Ақалақь Атланта (Еиду Аштатқәа) ииуль 4 инаркны 6-нӡа имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконгресс агәырӷьара ду аазгаз хҭысуп. Уа иҟан 896-ҩык Урыстәылеи Беларуси рҟынтә аделегатцәа. Аҭыԥантәи аишьцәа рысасдкылареи реиҿкаашьа бзиеи иаадырԥшит шаҟа иссирхо Анцәа Иаҳра анапхгара аан адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара (Мих. 4:2—4). Ари адоуҳатә ныҳәаҿы аҟазаара зылшаз рацәамызт, аха аделегатцәа еиҭарҳәо угәы шьҭызхуа ахҭысқәеи егьырҭ жәларбжьаратәи аконгрессқәа шымҩаԥысыз рыхцәажәареи иаадырԥшуеит жәларбжьаратәи аиашьара ирыбжьоу абзиабара зегьы ишырныруа! (Ԥс. 133:1).