Атеократиатә маҵзура ашкол: аиҭахысра
Анаҩстәи азҵаарақәа еилыргахоит 2015 шықәса февраль 23 рзы иалаго амчыбжь азы.
Излеиԥшымзи ажәытә Израиль аҿы иҟаз аҽыҵәахырҭа-қалақьқәеи ацәгьоуцәа рзы иҟаз амурҭаҭтә ҽыҵәахырҭақәеи? (Иис. Н. 20:2, 3) (ианв. 5, bw104 1/11 ад. 15, абз. 4—6).
Избан Иисус Навин лакҩакрада иҳәар зилшоз Иисус Навин 23:14 аҿы иану ажәақәа, насгьы избан ҳара агәра ҳгар зҳалшо Иегова ҳзықәиргәыӷыз зегьы шынаигӡо? (ианв. 12, w07 1/11 ад. 26, абз. 19).
Избан Иуда ихылҵшьҭра зракәыз раԥхьаӡа адгьыл зауз? (Аӡб. 1:2, 4) (ианв. 19, w05 15/1 ад. 24, абз. 5).
Избан Варак дахьеибашьуаз аҭыԥ ахь аԥааимбарԥҳәыс Девора димгар зиимуз? (Аӡб. 4:8) (ианв. 19, w05 15/1 ад. 25, абз. 3).
Иаанарԥшуазеи Гедеон иргылаз аԥсаҭатәнагарҭа иаиҭаз ахьӡ, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Аӡб. 6:23, 24) (ианв. 26, bw543 15/2 ад. 22, абз. 9).
Иаҳнарҵозеи ҳара Гедеон ихымҩаԥгашьа ефремаа аҭыӡшәа илырхырц рҽаназыршәа? (Аӡб. 8:1—3) (фев. 2, w05 15/7 ад. 16, абз. 4).
Ауаҩытәыҩсатә ԥсхҭынҵара аӡбахә акәызма ииҳәоз Иеффаи аҿаҭахьа анышьҭеиҵоз? (Аӡб. 11:30, 31) (фев. 9, w05 15/1 ад. 25, абз. 6).
Илыцхраазеи Иеффаи иԥҳа Аӡбаҩцәа 11:35—37 иану инақәыршәаны, лаб ишьҭеиҵаз аҿаҭахьа анагӡара? (фев. 9, bw517 15/12 ад. 20, абз. 15, 16).
Израиль аҳ даныҟамыз «дасу ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡоз» аныҟаиҵоз иахылҿиаар акәызма уи аилаҩынтрақәа? Иҳаилшәыркаа. (Аӡб. 17:6) (фев. 16, w05 15/1 ад. 27, абз. 6).
Иаҳнарҵозеи ҳара уҽадцаланы анцәаиҳәара аганахь ала, Вениамин ихылҵшьҭра рабашьраҿы израильаа ҩынтә иахьаҵахаз? (Аӡб. 20:14—25) (фев. 23, bw514 15/9 ад. 32, абз. 1—4).