Алаҳәарақәа
◼ Аларҵәаразы алитература. Марти апрельи: изаамҭанытәу аброшиурақәа. Маи ииуни: ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», ма абуклетқәа «Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?», «Изакәызеи шәара шәзы Абиблиа?», «Ишԥажәбо шәара ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара?», «Иамоузеи шьаҭас аҭаацәаратә насыԥ?», «Знапаҿы иҟада ари адунеи?», «Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?». Абиблиа аҵара рыдаагалоит. Ииульи августи: «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә», ма 32 даҟьа змоу анаҩстәи аброшиурақәа: «Уизыӡырҩла Анцәа», «Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала», «Даҳхылаԥшҵәҟьома ҳара Анцәа?»
◼ 2015 шықәсазы агәаларшәара Ахәылԥаз мҩаԥгахоит ахәаша, апрель 3 рзы. Шәара шәеизара хәашала имҩаԥыргозар, Аҳратә зал аҿы аамҭеихшара иалнаршозар, уи даҽа мшык ахь ииагатәуп. Амаҵзуратә еиԥылара амҩаԥгара алымшозар, аизара аиҳабацәа рхеилак акоординатор аизара аихшанҵа иԥсахыр илшоит, шәеизара ианаало апунктқәа убри амзазы имҩаԥгахо, даҽа еиқәшәарак аҿы еилдыргарц азы.