Алаҳәарақәа
◼ Аларҵәаразы алитература. Апрель: изаамҭанытәу аброшиурақәа. Маи ииуни: ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», ма абуклетқәа «Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?», «Изакәызеи шәара шәзы Абиблиа?», «Ишԥажәбо шәара ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара?», «Иамоузеи шьаҭас аҭаацәаратә насыԥ?», «Знапаҿы иҟада ари адунеи?», «Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?». Абиблиа аҵара рыдаагалоит. Ииульи августи: «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә», ма 32 даҟьа змоу анаҩстәи аброшиурақәа: «Уизыӡырҩла Анцәа», «Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала», «Даҳхылаԥшҵәҟьома ҳара Анцәа?».