Атеократиатә маҵзура ашкол: аиҭахысра
Анаҩстәи азҵаарақәа еилыргахоит 2015 шықәса ииун 29 рзы иалаго амчыбжь азы. Ахыц иҭаку арыцхә иаанарԥшуеит азҵаара анеилыргаз, Ашкол ҳҽаназыҟаҳҵо уи ҭаҳҵаарц азы.
Избан Мелхола Давид дышиацәажәаз зиашамыз, насгьы иднарҵозеи уи аҭаацәарақәа? (2 Сам. 6:20—23) (маи 11, bp113-U ад. 12, абз. 2).
Иахиҳәаазеи аԥааимбар Нафан Анцәа ириашара, Иегова изы ауахәама аргылара Давид азин анииҭа? (2 Сам. 7:2, 3) (маи 11, bw519-U ад. 24, абз. 6, 7).
Избан Нафан Давид агәнаҳа ӷәӷәа шихароу иаразнак иамҳәаӡакәа, 2 Самуил 12:1—7 иану ажәамаана зизеиҭеиҳәаз? Ишԥаҳацхраауеи ҳара уи ахҭыс рҵаҩцәа бзианы аҟалара? (маи 18, bw519-U ад. 24, абз. 2, 3).
Излаилшазеи Авессалом израильаа ржьара, насгьы ишԥаҳалшо ҳара иахьатәи Авессаломқәа рҽырцәыхьчара? (2 Сам. 15:6) (маи 25, bw524-U ад. 13, абз. 7).
Дышԥаицхраауаз Иегова Давид иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа рҿы, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (2 Сам. 17:27—29) (ииун 1, w08-U 15/9 ад. 5—6, абз. 15, 16).
Иаҳнарҵозеи ҳара Давид атәымуаҩ Иттаи зыхьӡыз дышизныҟәаз? (2 Сам. 18:2) (ииун 1, w09-U 15/5 ад. 27, абз. 7).
Иднарҵозеи Верзелли иҿырԥшы зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи? (2 Сам. 19:33—35) (ииун 8, w07-U 15/7 ад. 15, абз. 1, 2).
Зыгәра ҳдыргозеи ҳара иахьа азиашара иазку Давид иажәақәа? (2 Сам. 22:26) (ииун 15, w10-U 1/6 ад. 26, абз. 6, 7).
Ишԥааирԥшуаз Нафан Иегова иахь азиашара, насгьы ишԥаҳалшо ҳара иахьа уи аҟазшьа аарԥшра? (1 Аҳ. 1:11—14) (ииун 22, bw519-U ад. 25, абз. 1, 4, 5).
Ишԥаилшо Анцәа имаҵзуҩы ииашам ахәыцрақәа рыла ихы ирқьиалар, Анцәа идҵа ахьынаимыгӡо азы, Соломон ишыҟаиҵаз еиԥш? (1 Аҳ. 3:1) (ииун 29, bw517-U ад. 10, абз. 12—14).