Алаҳәарақәа
◼ Аларҵәаразы алитература. Ииун: ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», ма абуклетқәа «Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?», «Изакәызеи шәара шәзы Абиблиа?», «Ишԥажәбо шәара ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара?», «Иамоузеи шьаҭас аҭаацәаратә насыԥ?», «Знапаҿы иҟада ари адунеи?», «Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?». Даҽазны ауаа шәанырҭаауа, шәҽазышәшәа Абиблиа аҵара алагара. Ииульи августи: «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә», ма 32 даҟьа змоу анаҩстәи аброшиурақәа: «Уизыӡырҩла Анцәа», «Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала», «Даҳхылаԥшҵәҟьома ҳара Анцәа?». Сентиабри октиабри: изаамҭанытәу аброшиурақәа.
◼ Хаҭала ауаа ирышәҭаз, мамзаргьы аӡәгьы дахьыҟамыз иааншәыжьыз абуклетқәеи ааԥхьарақәеи рхыԥхьаӡара анҵалатәуп ажәабжьҳәаратә маҵзура есымзатәи аҳасабрба аҟны «Абуклетқәеи аброшиурақәеи» захьӡу аколонкаҿы. Ауаҩы аинтерес ааирԥшуазар, насгьы алитература игозар, абуклет иадамзаргьы, усҟан иаҭахуп ҿыц ҳхынҳәны иааирԥшыз аинтерес аизырҳара.