Алаҳәарақәа
◼ Аларҵәаразы алитература. Ииульи августи: «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә», ма 32 даҟьа змоу анаҩстәи аброшиурақәа: «Уизыӡырҩла Анцәа», «Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала», «Даҳхылаԥшҵәҟьома ҳара Анцәа?». Сентиабри октиабри: изаамҭанытәу аброшиурақәа. Ноиабр: ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», ма абарҭ абуклетқәа руак: «Ишәҭахума шәара ижәдырырц аиаша?», «Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?», «Изакәызеи шәара шәзы Абиблиа?», «Ишԥажәбо шәара ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара?», «Иамоузеи шьаҭас аҭаацәаратә насыԥ?», «Знапаҿы иҟада ари адунеи?», «Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?», «Изакәызеи Анцәа Иаҳра?», «Иабаԥшаатәу акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак?».
◼ 2016 шықәса ианвар 11 рзы иалаго амчыбжь инаркны аизараҿы Абиблиа аҵараан иахыслоит аԥсышәала иҟоу ашәҟәы «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара» захьӡу. Аизарақәа ари ашәҟәы заа иҿарҵароуп.