Атеократиатә маҵзура ашкол: аиҭахысра
Анаҩстәи азҵаарақәа еилыргахоит 2015 шықәса декабр 28 рзы иалаго амчыбжь азы. Ахыц иҭаку арыцхә иаанарԥшуеит азҵаара анеилыргаз, Ашкол ҳҽаназыҟаҳҵо уи ҭаҳҵаарц азы.
Ииашаҵәҟьаны гәымбылџьбарала дрызныҟәозма Давид итҟәаны иигаз ауаа 1 Ашықәсынҵа [1 Летопись] 20:3 еиҭагақәак ишырҳәо еиԥш? (ноиабр 2, w05 15/2 ад. 27).
Игәазҭазҵазеи Давид аҳалалра аарԥшра, насгьы иҳацхраауазеи ҳара убас еиԥш аҳалалра аарԥшра? (1 Аш. [1 Лет.] 22:5). (ноиабр 9, w05 1/10, ад. 11, абз. 7).
Ииҳәарц ииҭахызи Давид Соломон ианиеиҳәа: «Уаб Анцәа дудыруаз»? (1 Аш. [1 Лет.] 28:9) (ноиабр 16, w10 1/11 ад. 30, абз. 3, 7).
Иаҳәозеи Соломон изкны 2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 1:10 аҟны иану Анцәа иахь иҟаиҵаз аҳәара, насгьы избан ҳара ҳанцәаиҳәарақәа рҵакы ҳрызхәыцлар зҳахәҭоу? (2 Аш. [2 Лет.] 1:11, 12) (ноиабр 23, w05 1/12 ад. 19, абз. 6).
Иарбан здаҟам лшароу 2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 6:29, 30 инақәыршәаны Иегова имоу, насгьы избан ҳара изҳахәҭоу ҳанцәаиҳәарақәа рҿы ҳгәы изаартра? (Аԥсал. 54:23 [55:22]) (ноиабр 30, w10 1/12 ад. 11, абз. 7).
Избан Аса ар рацәа риааиразы Анцәа диҳәар зилшоз, насгьы зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳазлахәу адоуҳатә еибашьра аганахьала? (2 Аш. [2 Лет.] 14:11) (декабр 7, w12 15/8 ад. 8, абз. 6 — ад. 9, абз. 1).
Агәра шԥаҳнарго Анцәа бзиа ҳшибо, Иегова аҳ Иосафат играқәа дшырзыҟаз, насгьы уи ианырлар шԥахәҭоу ҳара егьырҭ ҳшырзыҟоу? (2 Аш. [2 Лет.] 19:3) (декабр 14, w03 1/7 ад. 17, абз. 13; cl ад. 245, абз. 12).
Избан изхадоу ааԥхьара: «Шәҭыԥ аанышәкыл, шәгылаз» иахьа ақәныҟәара, насгьы ишԥаҟаҳҵо уи? (2 Аш. [2 Лет.] 20:17) (декабр 21, w05 1/12 ад. 21, абз. 2; w03 1/6 ад. 21, абз. 15, 16).
Иарбан акрызҵазкуа гәаларшәароу Иорам иԥсра иадҳәаланы 2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 21:20 аҟны иану? (декабр 21, w98 15/11 ад. 32, абз. 4).
Дызусҭадаз иқәыԥшыз Озиа анырра бзиа изҭоз 2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 26:5 инақәыршәаны, насгьы ишԥарылшо иахьа иқәыԥшу ақьырсианцәа аԥышәа ду змоу аишьцәа рҿы аҵара рҵалар? (декабр 28, w07 15/12 ад. 10, абз. 2, 4).