АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИОВ (ИОВ) 28—32
Иов азиашара аҿырԥшы ҳаиҭеит
Иов Иегова игәаԥхашәатә нормақәа дрықәныҟәон
31:1
Иара игәы хыҭ-хыҭуа егьырҭ аҳәсақәа дрыхәаԥшӡомызт, насгьы аромантикатә цәаныррақәа иԥҳәыс лахь мацара акәын иахьааирԥшуаз
Ихатә ҿырԥшы ала Иов иааирԥшит егьырҭ ҳрызныҟәалар шҳахәҭоу
31:13—15
Иара ахынраалареи агәшаҭареи илан, насгьы диашан. Еилых ҟамҵакәа ауаа рахь азҿлымҳара ааирԥшуан, рхылҵшьҭреи рматериалтә ҭагылазаашьеи зеиԥшразаалакгьы
Иов аҳалалра илан, насгьы егьырҭ дрызхәыцуан
31:16—19
Иара дазхиан акы згыз рыцхраара