АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АԤСАЛОМ 10—17 (11—18, АдҾ)
Изылшарыда Иегова инхарҭаҿ аҟазаара?
Иегова инхарҭаҿ аҟазаара иаанагоит иара иҩызас, насгьы игәра зго, иҳәатәы хазҵо иакәны аҟазаара. 14-тәи (15-тәи, АдҾ) Аԥсалом иаҳнарбоит Иегова иҩызцәа рҟынтә дыззыԥшу.
ИЕГОВА ИНХАРҬАҾ ИҞОУ...
Анцәа дизиашазароуп
игәы аиаша ҭазароуп
Иегова имаҵзуҩцәа рахь аҳаҭырқәҵара ааирԥшлароуп
ианизымариамгьы иажәа дацәхьамҵуазароуп
ак згу дицхраауазароуп, ацымхәра дазымԥшыкәа
ИЕГОВА ИНХАРҬАҾ ИҞОУ...
уҳәан-сҳәан, насгьы аӡәы ацәгьа изимҳәозароуп
изааигәоу ацәгьа изыҟаимҵалароуп
идинхаҵара ицеиҩызшо феида рылихырц ихы иаимырхәалароуп
Иегова имаҵ зымуа, изымӡырҩуа ҩызцәас ишьҭимхлароуп
аҵарҭыша имгозароуп