АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Анцәа Иаҳра 100 шықәса ахыҵуеит. Анкьа иҟаз ҳхамыршҭӡакәа, ԥхьаҟа ҳцоит»
Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа анхара зҭаху зегьы Аҳра иҟанаҵази иареи ирызкны ирылшо зегь еилыркаароуп. Избан? Урҭ адыррақәа Анцәа Иаҳра напхгара шауа ала ҳагәрагара дырӷәӷәоит, насгьы уи Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәара ҳгәазҭанаҵоит (Аԥсал. 44:2 [45:1, АдҾ] 48:4 [49:3, АдҾ]). Уахәаԥш авидео «100 лет Царству Бога. Идем вперед, не забывая о прошлом», насгьы анаҩстәи азҵаарақәа рҭак ҟаҵа:
Ишԥарныри «Фотодрама творения» иахәаԥшыз ауаа?
Ишԥацхрааи арадиодырраҭара ажәабжь бзиа аларҵәара?
Иарбан методқәоу еиҭа ажәабжь бзиа аларҵәараҿы усҟантәи аамҭазы рхы иадырхәоз, насгьы лҵшәас ирымази урҭ?
Ишԥеиӷьхеи аамҭа анца ажәабжьҳәаҩцәа рырҵара?
Иарбан зыхә ҳараку ҵароу Галаад ашкол аҿы аҵаҩцәа ироуаз?
Иарбан рольу Иегова ижәлар рырҵараҿы аконгрессқәа инарыгӡоз?
Агәра шәзыргозеи шәара Анцәа Иаҳра напхгара шыҟанаҵо?
Ишԥааҳарԥшуеи Анцәа Иаҳра ҳшадгыло?