Ииуль 4—10
АԤСАЛОМ 59—67 (60—68, АдҾ)
- Ашәа 104, анцәаиҳәара 
- Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны) 
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
- «Аҳәарақәа заҳауа Иегова дырҽхәала» (10 мин) - Аԥсал. 60:2, 9 (61:1, 8, АдҾ). Иегова уиҳәала, иуҭаз ажәа анагӡара дуцхраарц азы (w99-U 15/9 9, абз. 1—4) 
- Аԥсал. 61:9 (62:8, АдҾ). Угәы иҭоу зегьы Иегова изеиҭаҳәо, ушиқәгәыӷуа аарԥшла (bp157 ад. 25—26, абз. 6—9) 
- Аԥсал. 64:2, 3 (65:1, 2, АдҾ). Иегова иаҳауеит гәыкала иҟоу ауаа зегьы рыҳәарақәа (bp157 ад. 22, абз. 13, 14; w10-U 15/4 5, абз. 10; it-U «Молитва», абз. 6) 
 
- Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин) - Аԥсал. 62:4 (63:3, АдҾ). Избан Иегова бзиабарала иааирԥшуа ақьиара аԥсҭазаара аасҭа изеиӷьу? (w06-U 1/6 11, абз. 7) 
- Аԥсал. 67:19 (68:18, АдҾ). Изусҭцәадаз ауаа аҳамҭақәа? (w06-U 1/6 10, абз. 4) 
- Еилыскаазеи сара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә? 
- Исылшозеи смаҵзураҿы схы иасырхәар ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә? 
 
- Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Аԥсал. 62:2—63:11 (63:1—64:10, АдҾ) 
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
- Ари амзазы адгаларақәа еиқәҳаршәоит (15 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Идырба адгаларақәа шыҟаҵатәу узырбо авидеонҵамҭақәа зегьы, анаҩс еилырга ихадоу амоментқәа. Ргәазҭаҵа ажәабжьҳәаҩцәа рхатәы дгалара еиқәдыршәарц. 
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
- «Имариоу аԥсҭазаара Анцәа ирҳаракра иҳацхраауеит» (15 мин). Раԥхьа астатиа еилырга. Анаҩс идырба JW Broadcasting (ВИДЕОАРХИВ > СЕМЬЯ) аҟынтә авидеонҵамҭа «Ведем простую жизнь», насгьы иааркьаҿны уахцәажәа. Ргәазҭаҵа зегьы Иегова еиҳаны имаҵ ауразы рыԥсҭазаара дырмариарц шрылшо иазхәыцырц. 
- Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): ia ахы 13, абз. 1—12 
- Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин) 
- Ашәа 23, анцәаиҳәара