АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АԤСАЛОМ 119—133 (120—134, АдҾ)
«Нцәа Ҳазшаз иҟынтә ауп сара ацхыраара ахьсоуа»
Аԥсаломқәа 119—133 (120—134, АдҾ) «ахалара ашәақәа» рыхьӡуп. Иԥхьаӡоуп израильаа иҳараку Иуда ашьхақәа рҿы иҟаз Иерусалимҟа ианхалоз урҭ ашәақәа игәырӷьаҵәа ирҳәон ҳәа. Уа дара есышықәсатәи аныҳәақәа азгәарҭон.
Иегова ҳаиқәырхаҩ шиакәу анаҩстәи аиҿырԥшрақәа иаҳдырбоит:
120:3—8 (121:3—8, АдҾ)
лацәеихьшь ҟазымҵо ахьча
аҭакар аныҟоу ашәшьыра
азиашара аазырԥшуа аибашьҩы